06-03-2015

Гагра ақалақь иаартуп АҞӘАФОН абонентцәа рзы аҩбатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ

news_name

Гагра ақалақь иаартуп АҞӘАФОН абонентцәа рзы аҩбатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ

Хәажәкыра 5 рзы Гагра ақалақь Нарҭаа рымҩаду, аҭыӡҭыҧ 93а ала иаартын АҞӘАФОН абонентцәа рзы Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыц. Ари аҩбатәи Ҭыԥуп Гагра ақалақь аҿы, иара убасгьы Аҧсны зегьы аҿы АҞӘАФОН ажәахатәи Амаҵзуратә Ҭыԥны иҟоуп.  

 Абонентцәа рзы Амаҵзуратә Ҭыԥқәа раартра – АҞӘАФОН аклиент изырхоу аполитика амҩаҧгара аус аҿы акрызҵазкуа хәҭакны иҟоуп.

АҞӘАФОН аҿы рабонентцәа рырманшәаларазы Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыцқәа раартразы есымшааира иашьҭоуп алшарақәа рыҧшаара. Умҩашьо иуҳәар ауеит, ҿыц иаарту Амаҵзуратә Ҭыԥ цыҧхьаӡа АҞӘАФОН абонентцәа еиҳа ирзааигәахоит, еиҳа еилнакаауеит урҭ ргәаҳәарақәеи рааҧхьарақәеи.

АҞӘАФОН егьырҭ Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы ишаҧу еиҧш, ари Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыц аҿгьы аклиентцәа ирзыҧшуп зквалификациа бзиоу аспециалистцәа ргәыҧ инарыгӡо, зыҩаӡара ҳараку асервиси зхаҭабзиара нагоу комплексла амаҵзуреи.

Амаҵзуратә Ҭыԥқәа АҞӘАФОН акциақәа ахьымҩаҧырго, уи алахәцәа аҧхьахәқәа ахьырзыршо ҭыҧны иҟоуп еснагь. АҞӘАФОН азы акциақәеи, архәмаррақәеи, авикторинақәеи абонентцәеи ахеидкылеи реимадареи реинырреи ирдырганы иҟоуп. Хаҭала убри азоуп АҞӘАФОН есааира уи ахырхарҭа изазнарҳауа.

Ари аус аҿы иҿыцраны иҟалоит хәажәкыра 5 рзы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы ихацыркхо абонентцәа рзы акциа - «Check-in АҞӘАФОН».

Асоциалтә аҳақәа Facebook-и Instagram-и рҿы иҭаҩу АҞӘАФОН абонентцәа рзы ари ақциа алахәхаразы ихымҧадатәиуп Ахеидкыла амаҵзурақәа зегьы рҟынтә акы (амаҵзура “Ахыҧхьаӡара ахарҭәаара” ада) ахархәара азуны, Амаҵзуратә Ҭыԥқәа иарбанзаалак руак аҿы, акьыҧхь аҿы аиҭаҳәара, афото ацҵаны, агеолокациа аҿы «АҞӘАФОН» алхра.

АҞӘАФОН аусзуҩцәа рҽазыршәоит рмаҵзуратә хархәарақәа ауаа рзы иманшәаланы мацара акәымкәа, аинтерес аҵаны аҟаҵара. Ҿырҧшыс иаагозар, абонентцәа еиҭарҳәар рылшоит иарбан хәыхшәааратә плану иалырхыз, иарбан маҵзуроу активациа ззыруз, мамзаргьы иарбан ҳамҭақәоу рхатәы бонустә баллқәа зыҭнырыҧсахлаз Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы. Акциа иалҵшәаны – амза анҵәамҭазы зегь реиҳа еиҳаны Facebook-и Instagram-и рҿы “ачекинқәа” зманы знапы аҵазҩыз абонент АҞӘАФОН аҟнытә аҧхьахә ҷыда иоуеит.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша