26-12-2017
Ашықәс Ҿыцазтәи акциа «АССИР ӼАМҬАС»
Ашықәс Ҿыцазтәи акциа «АССИР ӼАМҬАС»
«АССИР ӼАМҬАС» - агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара “Кьараз” Ашықәс Ҿыц азы традициала имҩаҧнаго акциоуп. Сынтәа ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рҟнытә хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду асалам шәҟәқәа изырҩит. Салам шәҟәы цыҧхьаӡа ахәыҷқәа досу зегь реиҳа иззеиҧхыӡуа ргәаҳәарақәа анырҵеит. Агәаҳәаратә сиа даараӡа еиуеиҧшымызт: азараҟьа хәша инаркны, аконфеҭқәа, ақәыршәқәа, арҧхагақәа, амаланыҟәақәа, амобилтә телефонқәа рҟынӡа.
Сынтәа АҞӘАФОН ахахьы иагеит ақыҭақәа Лыхны, Дәрыҧшь, Мықә, Ҷлоу, иара убас ақалақь Аҟәа рыҟнытә иҕару 6 ҭаацәарак рахьтә 20-ҩык ахәыҷқәа Ашықәс Ҿыцтәи ргәаҳәара анагӡаразы аҭакҧхықәра. Иааидкыланы, 450 нызықь мааҭ рыхә аҳамҭақәа.
АҞӘАФОНИ КЬАРАЗИ русзуҩцәа ҧхынҷкәын 26 азы ихацдыркит традициала Ашықәс Ҿыцтәи аҳамҭақәа ршара. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыҩны инаганы ирыҭан иззыҧшыз аҳамҭақәа.
Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа аламҭалазы ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирыҭан аныҳәатә еишәа архиаразы афатәқәа, иара убас аҩны азы арҧхагақәа! Акциа “Ассир Ҳамҭас” агәыҳалалратә еиҿкаара ахылаҧшра зызнауа ауаа ирынаҭеит рыгәқәа зырҧхаз, аџьашьахә агәрагара рызҭаз Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәеи агәырҕьареи рнырра!
АУЕ “Кьараз” иҟанаҵаз ахацыркра раҧхьаӡа иадгылаз АҞӘАФОН аханатә нахыс иацхраауеит имҩаҧнаго акциақәа ралыршараҿы, уи иалҵшәаны жәаҩыла аҭаацәарақәа ироуит аматериалтә цхыраара. 2015 шықәса, цәыббра мза инаркны Раҧхьатәи амобилтә аоператор ахахьы иагеит АУЕ “Кьараз” официалла партниорс аҟаларазы аҭакҧхықәра. Убри нахыс есымза аҧара аханаҧхьаӡалоит аофис аусуразы.
«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа