27-09-2017

Араион Ҿыц аҿы Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә Дырга ашьҭыхра

news_name

Араион Ҿыц аҿы Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә Дырга ашьҭыхра

2008 шықәсазы АҞӘАФОН ихацнаркит апатриоттә проект “Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы”. Уи апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәыла  абираҟқәа шьақәыргылан Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы, иара убас хьӡы-ҧша змоу  аибашьратә ҭыҧқәа акыр рҿы.

Цәыббра 27 – ҳтәыла иқәынхо ауаа зегь рзы игәаларшәагоу рыцхәуп. Уи амш азы, 24 шықәса уажәаҧхьа, аҧсуаа рыр  ақырҭуа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа ақалақь ацентр ашҟа икылсит. Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы ицоз аоперациа иалҵшәаны асааҭ 15:30 рзы  Аҧсны Ареспублика абираҟ Аиҳабыра рхыбра Хада  иахашәыршәыруан, аҳҭны қалақь ахы иақәиҭтәын!

Хаҭала уи арыцхә инақәыршәаны, Аҧсны  ақалақьтә еизара адепутатцәа Ҭымыр Аршбеи Денис Инаҧшьбеи рхацыркрала  имҩаҧган Араион Ҿыц аҿы абираҟ ашьақәыргылара.

Араион Ҿыц Ашҭа хадаҿы еиҿкаан аныҳәа ду.  Ари аусмҩаҧгатәы рхы аладырхәит ақалакь Ахада, ақалақьтә еизара адепутатцәа, АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа, иара убас араион аҿы инхо ауаа. Аусмҩаҧгатәы аҧхьатәи ахәҭаҿы уи иалахәыз ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит 1992-1993 шш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зыҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа рбаҟа амҵан, анаҩс  имҩаҧысит аофициалтә уаа рықәгыларақәа, иарҳәан ареспублика агимн, урҭқәа зегь рышьҭахь зхы иақәиҭу аҳҭны қалақь гәадурала  иахашәыршәырит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи Рҳәынҭқарратә Дырга. Ари аусмҩаҧгатәы хыркәшан  ақалақь Аҟәа ахақәиҭтәра Амш иазкны еиҿкааз  аныҳәатә концерт ала.

Апроект ари аҿы иаанкылахаӡом. 2017 шықәса,  жьҭаарамзазы Аҧсны Ареспублика абираҟ шьақәыргылахоит  Гәдоуҭа ақалақь аҧырҩцәа ирызку амемориал аҿы.

«АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша