30-03-2015
АҞӘАФОН аусзуҩцәа асабшазы ақалақь арыцқьара иҭыҵит
АҞӘАФОН аусзуҩцәа асабшазы ақалақь арыцқьара иҭыҵит
Хәажәкыра 28 рзы АҞӘАФОН аусзуҩцәа рхы аладырхәит асоциалтә ҳа Facebook аҿы “Сықалақь цқьазар сҭахуп” иалахәу ргәыҧ асабшаҽны еиҿыркааз арыцқьаратә усурақәа. Ахеидкыла аусзуҩцәа 70-ҩык инареиҳаны Аҟәа ашьха (афуникулиор) арыцқьара иҭыҵит. Имҩаҧгаз аусурақәа ирылҵшәаны, ирыцқьан Афуникулиор амардуан хада, иара убасгьы аӡыршә хыхьтәи аҭып, ишәын ҵаҟатәи аӡыршә, уи ашҟа инагоу аҭыҧ акәша-мыкәша асқамқәеи агәам ахьҭарыҧсо аурнақәеи ргылан.
Иара убас АҞӘАФОН ахахьы иагеит ари акциа аинформациатә цхыраара азыҟаҵара: уи азы ирхиан асоциалтә баннерқәа. Урҭ авторс дрымоуп Аҧсни Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа рылахәҩы, Д.Е. Гәлиа ипремиа алауреат Баҭал Џьапуа. Урҭ абаннерқәа кнаҳахоит АҞӘАФОН иатәу 50 ҭыҧ рҟны.
«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша