12-03-2015

Асоциалтә ӡыргара афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа”

news_name

 Асоциалтә ӡыргара афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа”  

Аҟәа ақалақь Лакоба имҩа, 107 аҭыӡҭыҧ ала хәажәкыра 12 рзы имҩаҧысраны иҟоуп асоциалтә ӡыргара 1-тәи афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа”.

Афестиваль аиҿкааҩцәа –Аҟәа ақ. администрациа, аспонсор Хада – АҞӘАФОН. Аицлабра аҧхьахәтә фонд 60 000 мааҭ ыҟоуп. 

Жьырныҳәа 12 инаркны хәажәкыра 10 рҟынӡа ирыдыркылон аицлабратә усумҭақәа абарҭ атемақәа рыла:

1.”Ҳара – Аҧсны ҳатәылауаауп”

2. “Гәыцқьарала аҧсҭазаашьа”

3. «Сара сҭаацәа – сара смал»

4. «Ауаажәларреи атәылеи рзы»

5. «Ҳара ҳкультура»

6. «Азин сымоуп…»

 7. «Аус бзиақәа рымҩала»

8. «Аҧсҭазаара ашәарҭадара»

9. «Ихьча аҧсабара»

10. «Зхы иақәиҭу атема».

Афестивальтә еицлабра алахәхаразы ааҧхьара рыҭан аӡыргара аганахьала апрофессионалцәа реиҧш, зықәра еиуеиҧшым зхы иақәиҭу авторцәагьы.

Аицлабра алахәразы иаашьҭын 111 усумҭа инареиҳаны. Уи, ҳәарада, агәра унаргоит афестиваль иамоу азҿлымҳара ҷыда, иара убасгьы аицлабра алахәцәа иаадырҧшуа активра ҳаракы. 

Аицлабратә усумҭақәа цәыргоуп х-номинациак рҿы: аплакат, авидеоролик, ақалақьтә скульптура.

Алахәцәа русумҭақәа рыхә ршьоит зкомпетенциа ҳараку ажиури, уи иалахәуп:

Ирисова К.В. – Аҟәа ақалақь администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ, ажиури ахантәаҩы;

Лакрба Т.К. – Аҟәа ақалақь архитектор хада;

Ҟаитан Т.Д. – Аҟәа ақалақь асахьаҭыхҩы хада;

Гыцба А.А. – Аҟәа ақалақь администрациаҿы аӡыргареи, аинформациеи, ақалақь аҩычареи рзы Ахадара аиҳабы;

Арӡынба Г.Л. – «АҞӘАФОН-GSM» аӡыргареи адәныҟатәи аимадарақәеи рыҟәша анапхгаҩы;

Сақаниа С.М. – аҟазараҭҵааҩ, Аҧсны Амилаҭтә Сахьаҭыхымҭақәа Ргалереиа адиректор;

Лакоба М.Н. – аграфикатә дизаин азы аспециалист, ААУ арҵаҩы.

Ас еиҧш иҟоу аицлабра Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧыргоит, убри инадҳәаланы, хықәкы хадас аиҿкааҩцәа рҿаҧхьа иқәдыргылаз – иҵару ауаажәларратә проблемақәеи урҭ рыӡбаразы иҟоу амҩақәеи ирызкны арҿиаратә ҿар рхатәы креативтә гәаанагарақәа аадырҧшыртә еиҧш алшара рыҭара ауп.

Ари апроект алыршараҿы Аҟәа ақ. администрациа гәахәарыла иадгылеит АҞӘАФОН, избанзар араҟа агәра ганы иҟоуп ас еиҧш аицлабрақәа абаҩхатәра злоу аҿар рпотенциал аартреи, аизырҳареи иаҷыдангьы, аҿар рсоциалтә активра шьҭызхуа, ҳреспублика асоциалтә проблемақәа рыӡбараҿы рхы аладырхәыртә еиҧш агәаҳәара рызҭо акакәны ишыҟало.

Хаҭала аҿар роуп знапы иану ҳтәыла уаҵәтәи аҧеиҧш. Иахьа ахықәкы змоу, абаҩхатәра злоу аҿар рыдгыларала, ҳара ҳацхраауеит ҳ-Аҧсны аҭынчреи, ақәҿиареи, аманшәалареи ахьыҟоу тәыланы ашьақәгылара!

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша