19-11-2015

АҞӘАФОН еиҿнакааит зымҽхак ҭбаау аусмҩаҧгатә “Абиҧарақәа реимадара”

news_name

АҞӘАФОН еиҿнакааит зымҽхак ҭбаау аусмҩаҧгатә “Абиҧарақәа реимадара”

Абҵара 18 рзы аҭоурыхтә центр Лыхнашҭа имҩаҧысит АҞӘАФОН еиҿнакааз зымҽхак ҭбаау аетнокультуратә усмҩаҧгатә ”Абиҧарақәа реимадара”.  

“Зымҽхак ҭбаау абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы” зыхьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ аҭоурыхтә шҭаҿы   ашьақәыргылара иақәыршәан ари жәлар рырҿиаратә ныҳәа.  

Аусмҩаҧгатә рҽаладырхәит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Апремиер ихаҭыҧуаҩ Шамил Аӡынба, Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба.

Ари амш азы хнызықьҩык инареиҳаны Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра  шаҳаҭҵәас иаиуит Лыхнашҭа имҩаҧысыз афольклортә традициақәа рфестиваль ҧшӡа.

Ари аҭоурыхтә шҭаҿы имҩаҧысуа жәлар реиқәшәарақәа зегь раан еиҧш, араҟагьы аныҳәа «Абиҧарақәа реимадара»  хацыркын итрадициатәу аҽырыҩрақәа рыла.

Аныҳәа анцоз аамҭазы ари аҭоурыхтә ҭыҧ ажәытә фотографиақәа иргалереианы иҟалеит. Урҭ  ирнубаалон ажәытә аамҭақәа рзы инхоз аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа.

Ашҭаҿы еиҿкаан аҧсуа традициақәеи, аҵас-қьабзқәеи ирызкыз амастер-классқәа ахьымҩаҧысуаз атематикатә ҭыҧқәа.  Аныҳәа асасцәа иддырҵон аҧсуа милаҭтә костиум иахәҭаку ахҭырҧа аҿаҳәашьақәа, уи ахаҵашьа формақәа зегьы. Иара убас амилаҭтә цәамаҭәа ашәҵашьа аҧҟарақәа, иддырдыруан амилаҭтә маҭәа, абџьар уҳәа рыхәҭақәа рыхьӡқәа.

Акультура аҵараиурҭа арҵаҩцәа ахәаҧшцәа ирзеиҭарҳәон аҧсуа милаҭтә кәашарақәа рҷыдарақәа ртәы.

Аҧсыуала аҽы аиқәыршәаразы амастер-класс иалахәыз  имаҷымкәа ирдырит аҧсуа ҽыбӷаҟазацәа ажәытә аахыс изықәныҟәо атрадициақәеи аҧҟарақәеи.

Иара убас  аныҳәа асасцәа ирзыҧшын жәлар рнапҟазареи, жәлар рмузыкатә рҳәагақәеи рзы амастер-классқәа, аҧсуа лафҳәацәа реиндаҭлара, ажәлар рыхәмаррақәа “Алабашьаршәреи” “Алабақәырсреи”.

Раҧхьаӡа акәны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи  араҟа имҩаҧнагеит анҭыҵтәи ацәыргақәҵа. Амузеи аусзуҩцәа асасцәа ирзеиҭарҳәон аҧсуа ҳәынҭқарра шьақәгылеижьҭеи азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа иҟаз аҳәынҭқарратә бираҟқәа рҭоурых. Иара убас араҟа ицәырган азеижәтәи ашәышықәса иатәу напылаҟаҵаратәи ауарҳалқәа, абжьарашәышықәсқәа рзтәи аҧсуа еибашьцәа рабџьар, акәадырқәа. 

Аусмҩаҧгатә иацырҵеит аҿар рфольклортә ансамбль “Ахьышьҭреи”, Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль “Адаци”, Гагратәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбли, Акультура аҵараиурҭа астудентцәеи, жәлар ринструментқәа роркестр “Аҿырпыни”.

Аныҳәа аилашымҭазы абжьы геит ажәытәӡатәи аҧсуа быкь, уи иаанагоз ижәытәӡатәиу Лыхнытәи абаа ахыжәжәарақәа рҟнытә зымҽхак ҭбаау Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ адәылгара аамҭа шааиз акәын.

Абираҟ ашьҭыхымҭазы аусмҩаҧгатә асасцәа рҿаҧхьа дықәгылеит АҞӘАФОН адиректор Хада Алхас Иури-иҧа Аргәын. Уи иазгәеиҭеит ари амш азы имҩаҧысыз аныҳәа ду аҵакы аҳаракыра, иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аиҿкаара зхы алазырхәыз зегьы.

Анаҩс Лыхны ахылаҧшҩы Сергеи Шьаҟрыл  дақәныҳәаны, абираҟ шьҭихит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Нури Камлиа.

Ахәылҧаз иакульминацианы иҟалеит шәагаала 10х20м иҟоу, ареспублика Агерб  асахьа зну аш ду аиҵыхра. Уи аҧсуа еибаркыра кәашара “Аураашьа” икәашо  ицәырыргеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбли аныҳәа асасцәеи. 

Аныҳәатә усмҩаҧгатә хыркәшан аицлабрақәеи авикторинақәеи рыла. Урҭ рҿы аиааира згаз Раҧхьатәи амобилтә оператор иҟнытә аҳамҭақәа рзыршон.

Аныҳәа анхыркәшаха ашьҭахь гәыҩбарада иуҳәар алшон ари амш уи зхы алазырхәыз асасцәа зегьы хымҧада жәлар ркультура иахьазааигәахаз иаҷыдангьы, ирылшеит рылаҧшҳәаа арҭбаара, иҿыцу, илашоу аныррақәа риура. 

Ас еиҧш иҧшӡоу аетнокультуратә усмҩаҧгатә алыршахеит аҧсуа милаҭтә культуреи атрадициақәеи реиҭарҿиара иазыгәышьуа  ауаа рацәа  рхы алархәреи рыцхыраареи ирыбзоураны.

АҞӘАФОН ҭабуп ҳәа ранаҳәоит Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа  рхадарақәа, Лыхны ақ. ахадара, аныҳәа аҽазыҟаҵараан абжьагарақәеи ацхыраареи рызҭоз апоет Р. Смыр, аусмҩаҧгатә ақәыргылаҩ-арежиссиор В. Сақаниа, абжьы арежиссиор З. Зыхәба, Аҟәатәи акультура ҵараиурҭа аусзуҩцәа, иара убас ари аныҳәа ду аиҿкаара зҽалазырхәыз зегьы. 

10 шықәса инарзынаҧшуа иҵуан акыраамҭа еиуеиҧшым абиҧарақәа еимаздоз иҷыдоу цҳаны ирыбжьаз жәлар  ртрадициатә ныҳәа аҭоурыхтә центр Лыхнашҭа имҩаҧырымгеижьҭеи.  АҞӘАФОН аҿы агәыҕра рымоуп аныҳәатә усмҩаҧгатә “Абиҧарақәа реимадара” цхыраагӡаны иҟалап ҳәа жәлары зегьы ирзеиҧшу аныҳәа “Лыхнашҭа” аиҭарҿыцразы. 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша