15-07-2015

Аицлабраҿы иаиааиз – АҞӘАФОН аҟнытә аҳамҭақәа рыҭан

news_name

 

Аицлабраҿы иаиааиз – АҞӘАФОН аҟнытә аҳамҭақәа рыҭан

 

АҞӘАФОН амшира аламҭалазы  аҳамҭақәа рзыҟанаҵеит “АҞӘАФОН-12 шықәсеи”   “АҞӘАФОН алоготип - иреиҕьу аҧшаамҭеи” зыхьӡыз  аицлабрақәа ирылахәызи урҭ рҿы аиааира згази абонентцәа. Арҭ аицлабрақәа аҩбагьы мҩаҧысуан асоциалтә ҳа Instagram аҿы.

Ҧхынгәы 14 рзы Раҧхьатәи амобилтә оператор Амаҵзуратә Ҭыԥ хадаҿы АҞӘАФОН еизнагеит аицлабра иалахәыз аиааира згаз аҳамҭа рыҭаразы.  

АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа рҟнытә раҧхьа аҳамҭақәа роуит “АҞӘАФОН алоготип - иреиҕьу аҧшаамҭа” зыхьӡыз   аицлабра алахәцәа. Ари аконкурс аҧҟарақәа инарышьаршәаланы, уи алахәцәа ирыҧшаар акәын АҞӘАФОН алоготип - апеизажқәеи, анырҧшрақәеи, аинсталлиациақәеи, аинтериер амаҭәарқәеи уҳәа иарбанзаалак акреативтә знеишьала иалҧшаау,  афото ҭыхны, уи аҧшаамҭа а-Instagram аҿы ахештег #находкааквафон ҳәа анҵаны   рхатә даҟьа аҟны иркьыҧхьыр акәын.

Ари аицлабраҿы аиааира лгеит Аҧсны иблахкыгоу аҭыҧқәа ируаку  Черниговка афотосахьа автор Викториа Басариа. Уи иланашьан аицлабра аҳамҭа хада -  апланшет HUAWEI MediaPad M1 8.0 LTE.

   Ахәаҧшцәа ргәы зызцаз ҳәа аҳамҭа ианашьан ахештег #находкааквафон  аҵаҟа зегь реиҳа алаикқәа зауз аицлабра алахәҩы  Ҭемыр Зыхәба. Уи АҞӘАФОН аҟнытә иоуит илыҧшааху асувениртә аалыҵ.

Уи ала аконкурс аҿы иазҧхьагәаҭаз аноминациақәа зегьы   рылаҳәан, аха уи аиҿкааҩцәа завымсит даҽа усумҭакгьы, убри аҟнытә иацырҵеит “Зегь реиҳа згьама бзиоу” зыхьӡыз аноминациа. Уи ланашьахеит акулинартә знеишьала АҞӘАФОН алоготип аазырҧшыз Лиудмила.

  Анаҩс АҞӘАФОН аусзуҩцәа  рхеилак иақәлоу, 12 шықәса зхыҵуа абонентцәа қәыҧшцәа  алшара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны дара  рзы ҷыдала иаҧҵаз  “АҞӘАФОН – 12 шықәса” зыхьӡыз аицлабраҿы иаиааиз аҳамҭақәа рыҭара ашҟа ииасит.

 Уи аконкурс алахәхаразы Instagram ахархәаҩцәа рдаҟьақәа рҿы ианырҵар акәын  АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵра иазку атемала иҭыху асахьа #деньрожденияаквафон ҳәа ахештег ацҵаны.

Акомпозициаҿы ихымҧадатәиу хәҭақәаны иҟан:  ахыҧхьаӡара 12, АҞӘАФОН алоготип, уи акорпоративтә ҧшшәқәеи аҧхынтәи атематикеи.

Аконкурстә усумҭақәа рыхә ршьон ипрофессионалтәыз ажиури – Москватәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи алахәыла Мариа Ҧлиеи, Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла Саид Возбеи.

Зегь реиҳа аинтерес зҵаз аусумҭа ҳәа иҧхьаӡан Есма Шамба авторс дызмаз акомпозициа. Уи иагьланашьахеит аицлабра аҳамҭа хада – ацхыраагӡа LTE зцу  апланшет HUAWEI MediaPad M1 8.0.

     Иара убас аконкурс АҞӘАФОН – 12 шықәса” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵан “Ахәаҧшцәа иалыркааз изы аҳамҭа”. Уи аҿы аиааира лгеит зҭыхымҭа зегьы иреиҳаны алаикқәа еизнагаз, аашықәса зхыҵуа абонент қәыҧш Ариана Аиба. Ари аноминациаҿы ҳамҭас иҟан АҞӘАФОН иазнархиаз аексклиузивтә футболкақәа 10  рҿы автор лҭыхымҭа рынҵара.

    “АҞӘАФОН – 12 шықәса” зыхьӡыз  аконкурс иалахәыз егьырҭ зегьы ирыҭан аҳаҭыртә бҕьыцқәеи АҞӘАФОН асувениртә аалыҵқәа реизгеи.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша