Ноль аныҟоу<br>алшарақәа

Ноль аныҟоу алшарақәа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Ибзоу ноль

Амаҵзура «Ибзоу ноль» – ари иалало асрақәеи SMS-қәеи зегьы рыдкылара алшара, абаланс ноль мамзар ноль ианеиҵаха раан.

Амаҵзура «Ибзоу ноль» – ари иалало асрақәеи SMS-қәеи зегьы рыдкылара алнаршоит, абаланс ноль мамзар ноль ианеиҵоу 30 мшы ( ахәхшшәааратә план «МОРЕ» азы 3 мшы)ирылагӡаны  абонент ибаланс ноль ианаҟараха мамзаргьы ианеиҵаха раан.

 

Амаҵзура ахә

Амаҵзура «Ибзоу ноль» рыдгалахоит хәыда-ԥсада.

 

Рыдгалашьа

1.Амаҵзура «Ибзоу ноль» рыдгалахоит аҿакразы иаарту ахәхшәааратә планқәа зегьы рабонентцәа, иара убас акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы уахь иналаҵаны, иаразнак, хазы аҿакра аҭаххом.

2.Амаҵзура «Ибзоу ноль» рыдгалахом архивтә хәыхшәааратә планқәа рҿы.

3.Амаҵзура рыдгалахоит 30 мшы ирылагӡаны абонент ибаланс 0 ианаҟараха мамзаргьы ианеиҵаха инаркны, 30 мшы рнаҩс амаҵзура аҿыххоит.

4.Ахәхшшәааратә план «Море» аҿы амаҵзура адгалахоит 3 мшы ирылагӡаны, абонент ибаланс 0 ианаҟараха, мамзаргьы ианеиҵаха инаркны, 3 мшы рнаҩс амаҵзура аҿыххоит.

5.Абонент илшоит амаҵзура «Ибзоу ноль» анаҿаку Аҟәафон Аимадаратә Центр 999 99 99 ахь иалҵуа асрақәа рыҟаҵара.

 

Уара усзас

Амаҵзура «Уара усзас» алшара шәнаҭоит хәыда-ԥсада АҞӘАФОН абонентцәа аацҳамҭа рзышьҭра, асразы шәбаланс аԥара ҭамзаргьы Аԥсни Урыстәылеи егьырҭ аоператорцәа рахь шәара шәысзас аҳәарала.

Амаҵзура «Уара усзас» алшара шәнаҭоит хәыда-ԥсада АҞӘАФОН абонентцәа аацҳамҭа рзышьҭра, асразы шәбаланс аԥара ҭамзаргьы Аԥсни Урыстәылеи егьырҭ аоператорцәа рахь шәара шәысзас аҳәарала.

 

Амаҵзура шаҿактәу/ишаҿыхтәу

Амаҵзура ишыҟаҵәҟьоу рзаҿакуп акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа абонентцәа зегьы хәыда-ԥсада, иара убас акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа, аиуристтә хаҿқәа, амаҵзуратә хәыхшәааратә планқәа уахь иналаҵаны.

Амаҵзура «Уара усзас» аацҳамҭа аиуразы ақәиҭымтәра ашьақәыргыларазы илшәх USSD-адҵа: *151*02#.

Амаҵзура «Уара усзас» ала аацҳамҭа аиура арҿыцра шәҭахызар илшәх USSD-адҵа: *151*01#.

«Уара усзас» амаҵзура анапхгараҭара алыршахоит «Ахаламаҵзура асистема» ахархәарала.

 

Ахархәашьа

Даҽа абонентк иҵәҵәа шәшазыԥшу изышәыцҳарц азы шәтелефон аҿы илшәх USSD-адҵа:

*151*7ххх ххх хх хх# - абонент изҵаатәы +7ххх ххх хх хх аацҳамҭа зҟынтәы ишәоуз иномер ахь асра.

 

Абонент иномер ылхтәуп инеиҵыху жәларбжьаратәи аформат адырга + аԥхьа имыргылакәа, иаҳҳәап: 7940 9 хх хх хх.

Абри ашьҭахь азҵаатәы аҿы иашәырбаз аномер ахь инеиуеит SMS-аацҳамҭа атекст ацны: «Абонент +7ххх ххх хх хх дшәыҳәоит Шәара шәизасырц».

 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа:

1. АҞӘАФОН аимадара аҩныҵҟеи ароуминг аҿи абонентцәа зегьы амаҵзура рыдгалахоит хәыда-ԥсада, аҿакра аҭахым.

2. Уахыки-ҽнаки рзы азҵаатәқәа рхыԥхьаӡара – 10 иреиҳамзароуп.

3. Абоненттә номерқәа рылхра аҭахуп инеиҵыху жәларбжьаратәи аформат ала, адырга + аԥхьа имыргылакәа, иаҳҳәап: 7ххх ххх хх хх.

4. Амаҵзура «Уара усзас» ахархәара азухоит абаланс акагьы анҭам, амаҵзура «Ибзоу ноль» аус анауа.

 

Аҧхьаӡара сызхарҭәаа

Амаҵзура «Аҧхьаӡара сызхарҭәаа» ишәынаҭоит алшара, Aquafon абонент аҧара шәызҭеиҵарц азы хәыда-ҧсада аҳәара изыцҳара , уи аамҭазы Шәара шәтелефон аҧара зынӡа иҭамзаргьы.

Амаҵзура ахәҧса

Ари амаҵзура хәыда-ҧсада ирыҭахоит.

Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа
*155*02# – амаҵзура «Аҧхьаӡара сызхарҭәаа» ала аацҳарақәа риуразы ақәиҭымтәра ықәыргалара

*155*01# –амаҵзура «Аҧхьаӡара сызхарҭәаа» ала аацҳарақәа риуразы алшара аиҭахацыркра

 Ахы ишҧархәатәу?

Умобилтә телефон аҟнытә ухаҿытә ҧхьаӡарахь  аҧара аҭаҵаразы  аҳәара ушьҭырц инагӡатәуп абас еиҧш иҟоу акоманда:

*155*7940 9хх хх хх#,  араҟа  7940 9хх хх хх – аҧара аҭаҵаразы аҳәара ззырышьҭуа абонент иномер ауп.

 Уи ашьҭахь азыҳәараҿы иарбо аномер ашҟа инеиуеит абас еиҧш иҟоу атекст зну SMS: «Абонент 7940 9хх хх хх дшәыҳәоит иҧхьаӡара хашәырҭәаарц азы».

 

Азгәаҭарақәа:

1.      Азыҳәара адәықәҵара алшоит Aquafon аҳаҿы иҟоу абонентцәа мацара рышҟа.

2.       Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала идәықәҵо азыҳәарақәа – 10 иреиҳамзароуп.

3.      Аҧара дәықәызҵо абонент иҧхьаӡараҿы иаанхароуп – 100 мааҭк иреиҵамкәа.

4.      Абоненттә номерқәа рҭагалара ахәҭоуп инагӡоу жәларбжьаратәи аформат аҿы плиус ацымҵакәа, иаҳҳәап: 7940 9хх хх хх.

Абаланс аиагара

Амаҵзура «Абаланс аиагара» ишәынаҭоит алшара шәхаҿытә ҧхьаӡараҿы иҟоу аҧарақәа рыхәҭак иреалтәу аамҭа арежим аҿы Aquafon иабоненту даҽаӡәы ихыҧхьаӡара ашҟа аиагара.

Амаҵзура ахәҧса

Аҧара аиагаразы акомиссиа - 0 мааҭ.

Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа


*146# – амаҵзура аҿыхра

 

Ахы ишҧархәатәу?

Аҧара  ахаҿытә ҧхьаӡара аҟнытә даҽаӡәы итәы ашҟа аиагаразы иаҭахуп:

 1 ашьаҿа.  Ишьҭтәуп  USSD-акоманда:

*144*YYY* 79409хххххх#, 

араҟа «YYY» – аҧара ахыҧхьаӡароуп,  «79409хххххх» - жәларбжьаратәи аформат ала аҧара зоураны иҟоу абонент иномер ауп.

USSD-акоманда анышәышьҭлакь ашьҭахь Шәара ишәоуеит аиагара шымҩаҧысыз ашьақәрыӷәӷәаразы иуникалтәу PIN-код змоу USSD-аҭак. Ус еиҧш иҟоу USSD-аҭак аҿырҧшы:

«Илышәх *145* PIN-код# абонент 79409хххххх ишҟа YYY мааҭ аиагаразы», араҟа «YYY» – аҧара ахыҧхьаӡароуп,  «79409хххххх» - жәларбжьаратәи аформат ала аҧара зоураны иҟоу абонент иномер ауп.

 

 2 ашьаҿа.  Ишәоуз PIN-код ала илышәх USSD-акоманда :

PIN-код ала USSD-акомандақәа рҿырҧшы : *145*1234#.

Араҟа «1234» – аҧара  аиагара шьақәзырӷәӷәо  PIN-код  ауп.

 PIN-код  аусура  аҿҳәара  5 минуҭк иреиҳам.   5 минуҭк анцалакь ашьҭахь аиагаразы алшара аблокада азухоит.   Абонент PIN-код аиуразы  даҽазнык азыҳәара  ҟаиҵароуп.

 

Азгәаҭарақәа:

1.      Зныктәи аиагаразы иреиҵоу ахыҧхьаӡара – 30 мааҭ. Имақсималтәу – 3 000 мааҭ.

2.      Аҧара зышьҭыз абонент, аиагара анымҩаҧига  ашьҭахь, иара ихатәы ҧхьаӡараҿы 10 мааҭк иреиҵамкәа  иаанхароуп (акредиттә абонентқәа рзгьы уахь иналаҵаны)  .

3.      Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала аиагарақәа рхыҧхьаӡара – 10  иреиҳамзароуп

Усҩызаха

Амаҵзура «Усҩызаха» иалшоит даҽа абонентк ихыҧхьаӡалоу аҧарала ааҧхьарақәа рыҟаҵара, иззасуа абонент ари амаҵзура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ааҧхьара ахә ашәара дақәшаҳаҭзар.

Ишҧаҟаҵатәу уи?

Дзацәажәо   ихыҧхьаӡарала ааҧхьара аҟаҵаразы абонент хымҧада ихәҭоуп :

1. Иҷыдоу аҧхьангыла зыцҵоу* (аеҵәа) ихарҭәаау аформат аҿы ателефон аномер алхра: *79409хххххх, насгьы  автоинформатор иҭак азыҧшра.

Асистема иззасуа абонент иднагалоит ааҧхьара идикыларц, мамзаргьы мап ацәикырц.

 Иззасуа абонент аҭак аныҟаиҵа, асистема ианаҳәоит ари ааҧхьара аҭак азы ахә иара ишәар шакәу, усҟан абонент алшара имоуп ари ааҧхьара адкылара, мамзаргьы мап ацәкра.

Ааҧхьара зауз абонент абжьтәы мениу даназыӡырҩлакь ашьҭахь акгьы дақәмыӷәӷәар, ҧыҭрак ашьҭахь аимадара алыршахоит.

Иззасуа абонент зыхә шәатәу ааҧхьара идимкылар, ааҧхьара еиҧырҟьахоит.

 

2.  Абжьтәы автоинформатор ахархәара:

Ателефон асраан, абонент Б изасуа абонент А  иалҵуа ааҧхьара аҟаҵаразы ихыҧхьаӡараҿы  иазхо аҧара  изҭамзар, автоинформатор  уи абонент А ианаҳәоит ааҧхьара аҟаҵаразы аҧара шизымхо, иднагалоит «1» дақәыӷәӷәарц, абонент Б ихыҧхьаӡарала аҭелефон асразы уи ишҟа азыҳәара изыишьҭырц.  (Амаҵзура «Усҩызаха»).

 

Амаҵзура ахәҧса

Амаҵзура аҿакра – 0 руб.

Амаҵзура аҿыхра – 0 руб.

Ааҧхьара ҟазҵо абонент  изы амаҵзура ахархәара ахәҧса  – 0 руб.

 «Злимит ҧкым» АТ зхы иазырхәо абонент иҟаиҵо ааҧхьаразы амаҵзура ахархәара ахәҧса   – минуҭк 0,55 мааҭ.

Егьырҭ атарифтә планқәа зхы иазырхәо иззасуа абонентцәа рзы амаҵзура ахархәаразы ахәҧса –  минуҭк 2,50 мааҭ.

 

Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа

 

*137*01# – амаҵзура аҿакра

*137*02# –  амаҵзура аҿыхра

*137*00# –  амаҵзура астатус

*137# –  амаҵзура аилкааразы

 

 

Азгәаҭарақәа:

      1.      Амаҵзура «Усҩызаха» ароуминг аҿы ирыҭахаӡом

  1. Амаҵзура «Усҩызаха» аус ауеит Aquafon аҳа аҩныҵҟа мацара
  2. Ааҧхьара ҟазҵо абонент амаҵзура «Антиаилкаага» изаҿакызар, аҧыжәара аиуеит амаҵзура «Усҩызаха», усҟан  абонент иномер анылоит.
  3. Амаҵзура «Усҩызаха» абонент ирҭаӡом, дыззасуа абонент иҿы аиҭаҭыӡҭыҧк  ахь адәықәҵара аус анауы.
  4. Изацәажәо абонент ишҟа иҟаҵо аҭелефон  асрақәа рхыҧхьаӡара -  имҩаҧгаз ааҧхьарақәа 10 иреиҳамзароуп.

Гәрагаралатәи ахәшәара – VIP

Амаҵзура «Гәрагаралатәи ахәшәара - VIP» – ари абаланс аҿы аҧара зынӡа ианҭам, ма ауал аныҟоу Aquafon аоператор иҿы аҧараҧсахра алыршара ауп. «Гәрагаралатәи ахәшәара - VIP» аус арура абаланс иазнарҳауеит ишәатәу ахәҧса аҟынӡа. Ахәшәаразы ҧшьымш аҿҳәара ыҟоуп. Амаҵзура аҿакразы хымсс (изхымсуа) иҟоуп – 50 мааҭ.

Амаҵзура ахәҧса

Зныктәи амаҵзура аус арура – 20 мааҭ иаҧсоуп. Комиссиа ҳасабла аҧара   ахырхуеит «Гәрагаралатәи ахәшәара - VIP» аҿҳәара анынҵәалакь.

 

 Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа

 

*181*01# – амаҵзура аус аруразы

*181*02# –  амаҵзура аҿыхразы

*181*00# –  Ишәырҭо «агәрагаратә хәҧса» заҟа ыҟоу аилкааразы азҵаатәхәы

 

 

 

Аимадаратә маҵзуразы  абонент ихарџьқәа (бжьаратәла хымз рыҩныҵҟа)

«Агәрагаратә хәҧса» ҳәа заҟа  рыҭара алшо 

Мызкы 2000 инаркны  4999 мааҭ рҟынӡа

500 мааҭ.

Мызкы 5000 мааҭ рынахыс

1000 мааҭ.

 

Азгәаҭарақәа:

1.       Ари амаҵзура  рхы  иадырхәар алшоит Aquafon аҳаҿы хымз (90 мшы) инареиҳаны иҟоу ахархәацәа,    хымз рыҩныҵҟала бжьаратәла иахырыҧхьаӡалоит 2000 мааҭ рҟынтәи инеиҳаны.

2.      Аҧхьатәи ахә мшәакәа, агәрагаратә хәҧса еиҭа аус арура ҟалаӡом.

 

3.      Амаҵзура «Гәрагаралатәи ахәшәара – VIP» анаҿырхлакь, аиҭаҿакра алыршахар ҟалоит Aquafon абонентцәа Рмаҵзуратә центр аҿы,  иара убасгьы  Аконтакт центр ашҟа аҳәара аныҟаҵоу.  Аконтакттә центр ашҟа аҳәара аныҟаҵоу, ари амаҵзура аиҭаҿакра – 0 мааҭ иаҧсоуп. 

 

«Усҩызаха»

Абоненттә хәҧсазы гәрагаралатәи ахәшәара

Амаҵзура «Абоненттә хәҧсазы гәрагаралатәи ахәшәара» - ари атарифқәа рсериа «Еснагь аимадараҿы», «Аконструктор», атариф «Аицәажәаратә» рҟны абоненттә хәҧса аҟынӡа абаланс аизырҳаразы алшара аиуроуп. Ахәшәара аҿҳәара – хымш ыҟоуп.

Ари амаҵзура аҿакра ҟалоит абоненттә хәҧса аныхра мышкы шыбжьо, иара убас ианнырх инаркны хәымш рыҩныҵҟа.

Амаҵзура ахәҧса

Амаҵзура аус аруразы акомиссиа – 30 мааҭ.  

 

 

Атариф

 

 

Абоненттә хәшәара

     

 

Агәрагаратә хәшәара ахыҧхьаӡара

(аҿакразы ахә азгәаҭаны)

 

Аҿакразы ахәшәара

Разговорный

550 руб.

600 руб.

30 руб.

Конструктор 2.0 S

550 руб.

600 руб.

30 руб.

Конструктор 2.0 M

750 руб.

800 руб.

30 руб.

Конструктор 2.0 L

1150 руб.

 1200 руб.

30 руб.

Конструктор 2.0 XL

1450 руб.

1500 руб.

30 руб.

Конструктор 2.0 XXL

2050 руб. 2100 руб. 30 руб.

Pronto

250 руб./300 руб. 300 руб./350 руб. 30 руб.

Мега Хит S

600 руб./700 руб. 650 руб./750 руб. 30 руб.

Мега Хит M

800 руб./900 руб. 850 руб./950 руб. 30 руб.

Мега Хит L

1000 руб./1100 руб. 1050 руб./1150 руб.

30 руб.

 


 

 

 

 Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа

 

 

*191# –  амаҵзуразы  аилкааратә информациа азыҳәара

*191*01# – ахәшәара аус арура

*191*00# – амаҵзура анеишьа агәаҭара

*191*02# – амаҵура аҿыхра

 

Азгәаҭарақәа:

1.      Амаҵзура аус ауеит иҵоурам абаланс аангьы.

2.       «Агәрагаратә хәшәара» даҽазнык аус арура залыршахаӡом, уаанӡатәи ауал  мырцәакәа.

3.      Амаҵзура ахархәара рылшоит Aquafon аҳаҿы хымз иреиҳаны (90 мшы) хархәаҩцәас иҟоу абонентцәа мацара.

4.      Аномер аблокада аназу аан, ари амаҵзура рырҭаӡом.

5.       Амаҵзура «Абоненттә хәҧсазы гәрагаралатәи ахәшәара» анаҿырхлакь, аиҭаҿакра алыршахар ҟалоит Aquafon абонентцәа Рмаҵзуратә центр аҿы,  иара убасгьы  Аконтакт центр ашҟа аҳәара аныҟаҵо.  Аконтакттә центр ашҟа аҳәара аныҟаҵо, ари амаҵзура аиҭаҿакра – 0 мааҭ иаҧсоуп.

 6.       «Абоненттә хәҧсазы гәрагаралатәи ахәшәара» аусура аҿҳәара анынҵәалакь, абонент иҧхьаӡара аҟнытә заа ишьақәыргылаз ахәҧса  иаҟароу ахыҧхьаӡара аныххоит, усҟан абаланс иагхоит   иарбоу ахыҧхьаӡареи, насгьы уи азы иныху акомиссиа ахәҧсеи.

Аванстә акартақәа аус дрыура

Авансла ахәшәаразы акартақәа - ари абонент ихала ихыҧхьаӡара ацҵаразы иманшәалоу ахәҧсатә лагалашьоуп.

Заахәлатәи ахәшәаразы акартақәа абонент ихы иаирхәар алшоит  Aquafon аҳа аус ахьауа азонаҿы еиҧш, жәларбжьаратәи ароуминг аҿы даныҟоугьы. Номиналла еиуеиҧшым  заахәлатәи ахәшәаразы акартақәа  раахәара ауеит Aquafon абонентцәа Рмаҵзуратә центр аҿы, иара убас аилахәыра адилертә ҭыҧқәа рҿы. 

 

int(0)