Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Ауаажәларратә ҵысрақәа, ассоциациақәа, аидгылақәа 

Ианышьақәгылаз инаркны Аилахәыра АҞӘАФОН активла ахы аланархәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә ҧсҭазаара. Ауаажәларратә ҵысрақәеи, ассоциациақәеи, аидгылақәеи афинанстә цхыраара рзыҟаҵо,  ирацәоуп Аилахәыра АҞӘАФОН иаӡбо асоциалтә проблемақәа. 

--------------

Ақалақьтә парк арҧшӡара

2012 шықәсазы  АҞӘАФОН жәышықәса ахыҵра аназгәанаҭоз аламҭалазы имҩаҧнагеит еицырдыруа аҧсуа поет, жәлар рпоезиа аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы ацәырҵра  зыхьӡ адҳәалоу – Иуа Коҕониа (1903-1928) ибаҟа ахьгылоу апарктә зона арыцқьареи арҧшӡареи иазкыз  агәыҳалалратә акциа. Абаҟа ахаҭеи уи ахьгылоу апарки ааха ҕәҕәа роуит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан. Ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршан арымӡ ҿыцқәа рыргылара, алашара аркыгақәеи ашьаҟақәеи рарсра, ашәҭқәа реиҭаҳара, иқәҵан атротуартә ҳәаҟьақәа, акьыртә хаҳәырҷҷа ықәыҧсаны ишьақәыргылан ауаа ахьныҟәо амҩахәасҭақәа. 

 -------------

Амилаҭзегьтәи акциа «Агәалашәаратә цәашьы»

Лаҵара 14, 2010 шықәсазы ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы В. Г. Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра амш азы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала, Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаҧысит амилаҭзегьтәи акциа “Агәалашәаратә цәашьы”. Акциа еиҿыркааит аҿар рхеидкылақәа “АҦСИЛААИ” “АМРЕИ”. Ари акциа еизнагеит Ахақәиҭра ашҭаҿы хә-нызықьҩык инареиҳаны ауаа.

Жә-нызықь цәашьы рыла акаҭран аҿы нбан дула ианҵан ВЛАДИСЛАВ ихьӡ. Ашҭаҿы иқәыргылаз аекран аҟны еизаз иддырбон игәаларшәагоу акадрқәеи Владислав Григори-иҧа ифотосахьақәеи. 

--------------

Апроект “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара”

2011 шықәсазы  АҞӘАФОНи акреативтә гәыҧ «Imaginarium»-и, Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, иара убас Ареспубликатә арҩашьыга маҭәашьарқәа рыҭҵааратә диспансери, аҿари аспорти русқәа рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Еилаки, ахеидкылақәа «Эго-Дизайн», арадио «SOMA»-и, арадио «Риорита»-и, ажурнал “ЛЕДИ Босс”-и ирпартниорцәаны,    еицхацыркҩыс иқәгылеит   амилаҭзегьтәи асоциалтә проект   “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара” анагӡаразы.

Апроект “Ҳаицаҿагылап амҩаҿы амашәырқәа рыҟалара”хықәкыс иаман – иахьа Аҧсны амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакҧхықәра, дарбанзаалак уи иалахәу иҿаҧхьа ишышьҭоу, ауаа рхаҿы анагара, амашәыр аҽацәыхьчаразы иреиҕьу ҳәа иҟоу – амҩақәа рҿы ашәарҭадаратә ҧҟаррақәа рықәныҟәареи ҳаҭырла аизыҟазаареи шракәу. 

--------------

Апроект "Аҧсны ашьхара”

2011 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, иалыршан “Аҧсны ашьхара” зыхьӡу апроект аларҵәара.  Ари апроект хықәкыс иаман – атуристцәа рзы аинтерес зҵоу ашьапыламҩатә ҭыҧқәа Аҧсны анавигациатә хсаала ранҵарала ашьха-шьапыламҩатә туризм аизырҳара.  Афинанстә цхыраара иаҷыдангьы, АҞӘАФОН ари апроект аинформациатә дгыларагьы анаҭеит – ажурналитстцәа, адыҧхьаланы, еиуеиҧшым аинформациатә хархәагақәа рҿы ари апроект иазкны адырраҭарақәа ҟаҵан.  Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, гәыҧҩык аспециалистцәа шьапыла ианысит ашьхатә мҩа. Урҭ рымҩаҿы иазгәарҭон ухы иаурхәаша “аҧхьарҭатә” ҭыҧқәа, аӡыхьқәа, иналукааша аҭыҧқәа (аҧсабара аҧшӡара,  архитеқтура - ҭоурыхтә баҟақәа), амҩақәеи амҩахәасҭақәеи рыҟазаара, урҭ ахьынӡацо агәаҭара.  Ари адырраҭарақәа дәықәҵан GPS-анавигациала аалыҵхкы ҭызҵаауа, еицырдыруа америкатәи  ахеидкыла Garmin москватәи ахаҭарнакра ашҟа. Уаҟа уи аинформациа аус анадырула ашьҭахь, Аҧсны анавигациатә хсаала ианҵан  ашьха-шьапыламҩатәи амаршрутқәа 12.

Иахьатәи аамҭазы анавигациатә хсаала рбар рылшоит аинтернет ахархәаҩцәа зегьы  Ареспублика Аҧсны аофициалтә туристтә саит аҿы, иара убас АҞӘАФОН асаит аҿы.

--------------

Аконкурс “Аҧсны абизнес-ҧҳәыс”

2010 шықәса инаркны АҞӘАФОН спонсор Хадас иамоуп “Аҧсны аусуҩ-ҳәсақәа” захьӡу Ауаажәларратә еиҿкаареи ажурнал “Леди Босс”-и  ҳтәылаҿы есышықәса имҩаҧырго амилаҭтә еиндаҭлара “Аҧсны абизнес-ҧҳәыс”.

Аконкурс идеиа хадас иамоуп – рнапы злаку аус аҿы алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз, иара убасгьы асоциалтә хырхарҭа змоу абизнес иаҿу, ҳтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә зус здыруа аҳәса раҳаҭыр ашьҭыхра.

--------------

АҞӘАФОН ахатәы социалтә политикаҿы есышықәса имҩаҧнагоит лаҵара 9, цәыббра 30, хәажәкыра 8, рашәара 1 реиҧш иҟоу аныҳәатә рыцхәқәа инарыдҳәаланы асоциалтә программақәа.

--------------

Есышықәса 1941-1945 шш рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира амш азы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит инарҵауланы апатриоттә хырхарҭа змоу аусмҩаҧгатәқәа. Ари амш азы АҞӘАФОН ҳаҭыр ду рықәҵаны ирыдныҳәалоит аибашьраан  зфырхаҵарала Аиааира аҕа инапы хәымгақәа ирымпыҵызхыз аветеранцәа.

Есышықәса АҞӘАФОН еиҿнакаауеит ари аныҳәа дуӡӡа иазку агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа.

Аха афырхацәа раҳаҭыр абара – адныҳәаларақәа рымацарала ихдыркәшом. Агәыҳалалратә хацыркра аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН есышықәса аибашьра аветеранцәа ирырҭоит аныҳәатә ҳамҭақәа, ртәанчаҩхәы иацҵаны ирзыҟарҵоит аматериалтә  цхыраара.

--------------

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира мшы азы АҞӘАФОН азҿлымҳара рзыҟарҵоит иҭахаз рҭаацәеи аибашьра ахымхәацәеи.

2007 шықәса раахыс 1 агәыҧ змоу 125-ҩык  ахымхәацәа, Ареспублика Аҧсны хаҭалатәи атәанчаҩцәа ҳәа ахьӡ занашьоу, ахеидкыла АҞӘАФОН аҟнытә ртәанчаҩхәы иацҵаны рыҧсы ҭанаҵы есымза зықь мааҭ аҧара роуеит.

Аиааира 17 шықәса аҵра инақәыршәаны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәаанырцәынтәи иааны еибашьуаз ҳџьынџьуаа рыхшара  АҞӘАФОН ирнаҭеит 225 нызықь мааҭ аҧара.

Забацәа Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибацәа рзы АҞӘАФОН иҟанаҵеит зныктәи ацхыраара – дасу х-нызықь мааҭ аҧара иҭан.

2011 шықәсазы АҞӘАФОН  ацхыраара рнаҭеит ахшара рацәа змоу 16 ҭаацәара  хымхәацәа, Аҧсны араионқәа зегьы рҟнытә ҩба-ҩба ҭаацәара. 320 нызықь мааҭ рыхә абзазаратә техникатә комплектқәа аахәаны аветеранцәа рҭаацәарақәа ирыҭан.

2012 шықәсазы АҞӘАФОН аҟнытә хаҭалатәи ацхыраара зауз аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара жәаа рҟынӡа иазҳаит.

--------------

Аилахәыра АҞӘАФОН алахәны инагӡан Аиааира Амш иазкыз  апроектқәа акыр: зҭоурыхтә ҧсадгьылахь ихынҳәыз ҳџьынџьуааи, Аҧсны активла иҟоу аҿари, ахәыҷтәы кәашаратә коллективқәеи рныҟәара; “Ҳиааира 16 шықәса ахыҵит!” зыхьӡыз ахәыҷтәы сахьақәа рконкурс; ҳтәыла ахәыҷқәа рзы акостиумтә ныҳәатә қәгылара,  АҞӘАФОН аҟнытә ахәмарратә ҧхьахәқәа ацны; Ҳреспублика иқәынхо рзы Аиааира мшы азы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирсимволу – аиааиратә цахаҧҟақәа (алентақәа) ҳамҭас рыҭара ;  Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟқәа 200 ҳамҭас аҿартә еиҿкаарақәа быжьбеи Аспорти аҿари русқәа рзы Акомитети рыҭара.

--------------

Есышықәса Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы АҞӘАФОН рыдныҳәалоит акрызҵазкуа асоциалтә сфераҿы аус зуа,  еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵаркуа аҳәсақәа.

2013 шықәса, хәажәкыра 8 рзы АҞӘАФОН рыдныҳәалоит аҳәынҭқарра абжьаратә школқәа рырҵаҩцәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи. Уи амш азы Раҧхьатәи амобилтә оператор азҿлымҳара зырҭаз арҵаҩцәа бзиақәа мацара ракәым, урҭ иалкааны ирыдныҳәалеит ҳтәыла аамҭа уадаҩ ианҭагылаз,  1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра активла зхы алазырхәыз аҳәса. Урҭ рыхәҭак рашьцәеи рабацәеи ирывагыланы афронт аҧхьатәи ацәаҳәаҿы иҟан, даҽа хәҭак ҧсеиҭакрак ҟамҵакәа Кавказ жәлар рконфедерациа аштаб аҿи Гәдоуҭатәи апресс-центр аҟни  аус руан.  Имҩаҧгаз акциа иалҵшәаны, арҵаҩра ус знапы алаку 42-ҩык арҵаҩцәа ирыҭан аматериалтә цхыраара хәба-хәба нызықь аҧара.

2012 шықәсазы  АҞӘАФОН адныҳәалара рзыҟанаҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҩыџьа аҳәса-хымхәацәа. Урҭ ртәанчаҩхәы иацҵаны рхаҿытә ԥхьаӡара ашҟа ирзынашьҭын аҧара.

2011 шықәсазы АҞӘАФОН аҳамҭа рзыҟанаҵеит еиуеиҧшым ҩ-занааҭк ирҿу ҩыџьа аҳәсақәа – аџьеи асоциалтә ҿиареи рминистрра аҿы аус зуа  аҧҳәыс – асоциалтә усзуҩи Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы аус зуа аҧҳәыс- аҵарауаҩи. Урҭ ирзыҟаҵан аныҳәазы зныктәи афинанстә цхыраара, иара убасгьы АҞӘАФОН аҟнытә дасу ҳамҭас илыҭан АҞӘАФОН акорпоративтә комлект.

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рнаҭеит Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы иҟоу ашколқәранӡатәи азеиҧшҵаратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа-ҳәсақәа, Аҧсны ашкол-интернатқәа рырҵаҩцәа, иара убас аныҳәа аламҭалазы зныктәи аматериалтә цхыраара азыҟаҵан Аҧсны Анацәа Рхеидкыла  “Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы”. 

--------------

Уажәшьҭа акыр шықәса инеиҧынкыланы  Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит илахҿыху ахәыҷтәы ныҳәақәа.

2012 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсортә дгылара иабзоураны Аҟәа ақалақь ҩ-ҭыҧк рҿы еиҿкаан акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа.

Ацәыргақәҵатә Зал Хадаҿы имҩаҧысит ахәыҷтәы ҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аартра. Ахәыҷқәа рырҿиара иазку Ареспубликатә ҩны «Аинар» жәашықәсахыҵра аиубилеи инадҳәаланы еиҿкааз аекспозициа еиднакылеит еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ари арҿиаратә ҩны аҿы аҵара зҵоз ахәыҷқәа русумҭақәа.

Уи амш ахәылбыҽхан имҩаҧысит анагӡаҩцәа қәыҧшцәа рконкурс “Аҧсны аҿар рыбжьы” алахәцәа рымчала ишьақәгылаз аныҳәатә концерт.

2011 шықәсазы ахшара рацәа змоу 8-ҭаацәарак АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирыҭан абзазаратә техника иаиуоу акомплектқәа.  Урҭ АҞӘАФОН ахьӡала ироуит архьшәашәагақәа, аӡәӡәага машьынақәа, агазтә плитақәа, ателевизорқәа, амикроцәқәырҧатә печкақәа, ахәыҟаҵагатә комбаинқәа. Ари абзазаратә техника зегьы аҭаацәарақәа ианрырҭоз хаҭала далахәын Аԥсны  Аҳәынҭқарра Аџьеи асоциалтә ҿиареи аминистр Ольга Виктор-иҧҳа Колтукова.

2010 шықәсазы Аилахәыра АҞӘАФОН абзоурала аамҭакала Аҧсны ҩ-қалақьк рҿы – Аҟәеи Гәдоуҭеи имҩаҧысит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Урҭ аусмҩаҧгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны еиҿкаан  илахҿыху ақьачақьцәеи, ахәыҷтәы ансамбль “Шьараҭын”-и, иара убас аконкурс “Аҧсны аҿар рыбжьы” аҟны 2010 шықәса рзы Гран-при занашьаз ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәеи рықәгыларала ишьақәгылаз аныҳәатә концерт.

Шықәсык уи аҧхьа, АҞӘАФОН Аҟәа ақалақь абонентцәа рмаҵуразы Ацентр аҿаҧхьа еиҿнакааит  акостиумтә ныҳәатә қәгылара “Ахәыҷра аныҳәа”. Аҷкәынцәеи аӡҕабцәеи хәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара бзиа рнаҭеит ухызхуаз апрограммеи, иблахкыгоу костиумқәа зшәыз ақьачақьцәеи, ахәмаррақәеи, асувенирқәеи.

2008 шықәсазы АҞӘАФОН акрызҵазкуа аматериалтә цхыраара рынаҭеит Гәдоуҭатәи Очамчыратәи араионқәа рҿы инхо хә-ҭаацәарак. АҞӘАФОН аусзуҩцәа хаҭала ирҭааит арҭ аҭаацәарақәа зегьы. Урҭ аҧара адагьы ахәыҷқәа ҳамҭас ирызнаргеит ахәмаргақәеи ахаа-мыхаақәеи. 

--------------

АҞӘАФОН аусура иузаҟәымҭхо  акакәны иҟоуп асоциалтә ҭакҧхықәра. АҞӘАФОН азы абизнес асоциалтә ҭакҧхықәра– ари ауаажәлар рҿиара аус аҿы хатәгәаҧхаралатә лагамҭоуп, уи – ҧҟарраӡам, етикатә принципны  иҟоуп. Араҟа ауалҧшьа иахәҭоуп ҳәа акәымкәа,  ҩныҵҟалатәи цәанырраны ауп ишыҟоу, уи шьаҭас иамоуп ламысла ахымҩаҧгареи адоуҳатә мазарақәеи.  АҞӘАФОН ҧсахрак ҟамҵакәа адгылара рызнауеит, аматериалтә цхыраара рзыҟанаҵоит Аилахәыраашҟа ацхырааразы инеиуа еиуеиҧшым аиҿкаарақәа реиҧш, хаҭала атәылауаагьы.