USSD-амениу

Амобилтә телефон ацхыраарала амаҵзура хәыда-ԥсада ирласны анапхгара азушьа

USSD-амениу – амобилтә телефон ацхыраарала амаҵзура хәыда-ԥсада ирласны анапхгара азушьа ауп, аимадара АҞӘАФОН ирыднагало иеиуеиԥшым амаҵзурақәа раҿакреи/раҿыхреи Шәара ишәылзыршо, иара убас дара ирызку иаазыркьаҿу аилыркаагатә информациа шәызҭо ауп.

USSD-амениу аҭаларазы илхтәуп ٭100#, иақәыӷәӷәатәуп   асразы арыд.

 

Амаҵзура адгалашьа:

USSD-амениу рыдгалахоит акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа зегьы рҟны.

  • Шәара шәыхәхшәааратә план аҟны ишәыдгалоу амаҵзурақәа инарықәыршәаны иеиқәыршәахоит амениу апунктқәа реиқәыԥхьаӡа.
  • USSD-амениу ахархәара, апунктқәа рыбжьара аиасра хәыда-ԥсадоуп.
  • Интерес ишәымоу амениу апункт ахь аиасразы, Шәара илышәхроуп «Аҭакҟаҵара» (Yes/Ok), анаҩс иарбоу апункт иашьашәалоу  аԥхьаӡац аҭагалара, анаҩс  илхтәуп «Ашьҭра» (Ok/Send). Секундқәак рышьҭахь ателефон адисплеи аҟны ицәырҵуеит изызҵаау аинформациа.
  • Амениу аҟны пунктқәак екранк иеиҳау аҭыԥ ааныркылоит, усҟан шәақәыӷәӷәа «Анаҩс». Шәызхысыз амениу аҩаӡарахь ахынҳәразы шәақәыӷәӷәа «Шьҭахьҟа».
  • Амаҵзура иацу  аилыркаага атекст аҟны иарбан маҵзуразаалак аҿашәкаанӡа Шәара ишәыдгалахоит иара зыԥсоу азы аинформациа.

 

٭Амаҵзура «USSD-амениу» ателефон амодельқәа зегьы ирыдыркылом.

Амобилтә телефон ацхыраарала амаҵзура хәыда-ԥсада ирласны анапхгара азушьа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99