Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Акорпаротивтә маҵзура – зегь реиҳа иманшәалоу формоуп аиуристтә хаҿқәа рзы. АҞӘАФОН ианакәзаалак аклиентцәа ргәаҳәара иацклаҧшуеит, убри азы ирыднагалоит амобилтә еимадара анаплакы аҿы  аеффект ҳаракы змоу асистема ашьақәыргылара иацхраауа, зхаҭабзиара акыр иҳараку асервиси амаҵурақәеи.   

 

Ҧыжәарас иамоузеи АҞӘАФОН акорпоративтә маҵзура?

  • Амобилтә еимадаразы  инухуа акыр еиҵахартә еиҧш алшара аҟаҵара.
  • Клиент цыҧхьаӡа хаҭала изнеира   
  • Ахә агырхареи, ихарҭәаау амаҵзуратә пакетқәеи зцу ҷыдалатәи ахәҧса жәалагалақәа  
  • Акорпоративтә гәыҧ аҩныҵҟа ааҧхьарақәа – хәыда-ҧсада
  • «Аофистә номер» ашҟа ааҧхьара  - хәыда-ҧсада
  • Иалало асрақәа зегьы – хәыда-ҧсада

Ихымҧадатәины иҟоузеи, акорпортивтә гәыҧ аклиентхаразы?

  • Абанк аҿы аҧхьаӡаратә шәҟәы змоу аиуристтә хаҿра, мамзаргьы хаҭалатәи анаплакҩы истатус амазаара.
  • Аиуристтә хаҿы, ма хаҭалатәи анаплактәы усзуразы аҳәынҭқарратә ҭаҩра зыршаҳаҭуа ашәҟәы ахҩылаа.   
  • ИНН анашьаразы аршаҳаҭга ахҩылаа   
  • 10-ҩык абонентцәа инареиҳаны агәыҧ рымаҵ ауразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара  

Азгәаҭа. Ихымҧадатәны иҟам ашәҟәқәа анотариус иҿы рырҵабыргра, иазхоит Шәара шәеиҿкаара иатәу амҳәыр аархара.

 Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рахь аҿакра иадҳәало азҵаарақәа рзы шәадыҧхьалар шәылшоит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ. Уи аҭыӡҭыҧ:  Аҟәа ақ., Аҭынчра апроспект, 80.