12-02-2018
Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018»
Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018»
Ҳазегьы ибзианы иаҳгәалашәоит изакәытә қәҿиараз иамаз, заҟа аларҵәара аиуз ҵыҧх имҩаҧысыз аконкурс “ААҦЫНРАЗЫ АҞӘАФОН”
Уи мҩаҧысит илашаны, емоциа ҳаракыла, иухамышҭуа!!! Аха АҞӘАФОН ахаангьы иаангылаӡом инанагӡаз ақәҿиара аҩаӡараҿы. Ҳара имҩаҧаҳгоит зынӡаск иҿыцу даҽа конкурск «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018».
Аҭыҧҳа ҧшӡа! Сынтәа бара ибылшоит ҳӡыргаратә кампаниа ахаҿра! Акы бацәымшәакәа, бҽалархә ари аконкурс, багьыҟала 2018 шықәса азы АҞӘАФОН бахаҿны! !! Ҳара бара ҳабзыҧшуп – илашоу, агәаҕьра злоу аҭыҧҳа ҧшӡа!!
ҲДАҞЬА АНАПАҴАҨЦӘЕИ ҲАРЕИ ДЕИЦАЛАҲХУЕИТ апроект «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» иахаҿхараны иҟоу аҭыҧҳа. Бара илашоу, зхы агәра зго ҭыҧҳаума? Ус анахәха, хаҭала бара ибылшоит 2018 шықәса зегьы ҳӡыргаратә кампаниа еқсклиузивтә хаҿны аҟалара!
Аконкурс акритериақәа:
16 инаркны 23 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, Аҧсны атәылауаҩра змоу, аконкурс анымҩаҧысуа аамҭазы ҳтәыла адгьылҵакыраҿы инхо аҭыҧҳацәа . Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» алахәҩы лыхцәы аузароуп (уи ус заҭаху апроект афинал аҿы ишәҳардыруеит).
Аконкурс аетапқәа:
1.12 жәабран(20:00 сааҭ) инаркны жәабран 18 (00:00сааҭ) рҟынӡа:
- Instagram аҿы aquafon4g адаҟьа аҽаҵаҩра ;
- ари апубликациа арепост азура;
- Шәхатәы фотографиа шәдаҟьаҿы аҭагалара, иуникалтәу ахештег #аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН 2018 ацҵаны
- Жәабран 12, 2018 ш. инаркны жәабран 24, 2018 шықәса рҟынӡа Instagram аҿы ахатәы даҟьа аартра.
2.19 жәабран:
- Ахеилак аусзуҩцәа рхыҧхьаӡара аҟынтәи ишьақәыргылоу акомиссиа иалнахуеит 16-ҩык аконкурс алахәцәа, урҭ ааҧхьара рырҭоит АҞӘАФОН Аҟәатәи аофис ашҟа.
3.21 жәабран:
- аибадырра иалҵшәаны, апроект акоманда иалнакаауеит 4-ҩык (ҧшьҩык) афиналбжа алахәцәа. Урҭ рфотографиақәа кьыҧхьхоит абжьыҭиразы Instagram аҿы aquafon4g Stories адаҟьаҿы.
4.Аконкурс афиналбжа алахәцәеи аиааира згази алырхуеит aquafon4g анапаҵаҩцәа, адаҟьа Stories аҿы Instagram аҟны:
22-23 жәабран (17:00 сааҭ) – афиналбжа аконкурс. 4-ҩык (ҧшьҩык) аҭыҧҳацәа рҟнытә анапаҵаҩцәа иалырхуеит 2 (ҩыџьа) афиналистцәа;
23-24 жәабран (17:00сааҭ) - анапанҵаҩцәа рыбжьы рҭиуеит аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» рҿы иаиааиз лзы.
Ҳара ҳабзыҧшуп, АҞӘАФОН 2018 ахаҿы ҿыц!