14-03-2018

Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” VII-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара.

news_name

Хәажәкыра 14 рзы имҩаҧысит Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” У11-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара. Уаҟа Ахеилак АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит зегь реиҳа активла “Ҳаицхырааны еиқәҳархап аҧсҭазаара” зыхьӡыз акциа зҽалазырхәыз абонентцәа.

2017 шықәсазы  “Ҳаицхырааны еиқәҳархап аҧсҭазаара” зыхьӡыз акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизган 9 181 220 мааҭ аҧара. 23-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы рыхә шәан  ахәшәтәратә курсқәа 36. 

 “Зегь реиҳа агәыҳалалра аазырҧшыз абонент” зыхьӡу аноминациаҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа иалыркааит хәҩык абонентцәа. Урҭ ҳамҭас ирырҭеит “Ацыгәхьааратә лаҕырӡы” ҳәа зныз агәалашәаратә стелақәа, ачымазцәа хәыҷқәа ирзыҟарҵаз агәыҳалалратә цхырааразы аҳаҭыртә шәҟәқәеи, асувенирқәеи, ашәҭқәеи. Абонентцәа ҧыҭҩык изныкымкәа “Зегь реиҳа агәыҳалалра аазырҧшыз” абонентцәақәаны иҟалахьеит. 

 Хәҩык“Зегь реиҳа агәыҳалалра аазырҧшыз абонентцәа” рыхьӡқәа :

  • Џьынџьалҧҳа Анжелика Сергееи-иҧҳа
  • Каҷараа Руслан Омистер-иҧа
  • Костаниан Сусанна Пиотр-иҧҳа
  • Ҭаниаҧҳа Бела Ибрагим-иҧҳа
  • Чукбарҧҳа Асҭа Лев-иҧҳа

АҞӘАФОН афонд “Ашана” акциа иалалеит 2012 шықәса алагамҭазы. Убри аамҭа аҩныҵҟала жәанызықьҩыла АҞӘАФОН абонентцәа ирышьҭит  аномер 5050 ашҟа ажәа “ДОБРО” ҳәа анҵаны зқьыла SMS-дырраҭарақәа ҕәҕәала ичымазцәоу ахәыҷқәа  рыхәшәтәразы.

«АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша