16-03-2018

Лыхны игылоу Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рмемориалтә баҟаҿы аҳәынҭқарратә бираҟ ашьақәыргылара.

Хәажәкыра 16 – ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. Марттәи ажәылара ҟалеижьҭеи 25 шықәса аҵра аламҭалазы, Лыхны ақыҭан, Афырхацәа рымҩаду алагамҭаҿы, 1992-1993шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рыхьӡала иргылоу амемориалтә баҟаҿы АҞӘАФОН ишьақәнаргылеит аҳәынҭқарратә бираҟ.  

2008 шықәсазы АҞӘАФОН ихацнаркит апатриоттә проект “Зымҽхак ҭбаау абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы”.  Ари 

апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, абираҟқәа шьақәыргылан Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рҿы, иара убас акрызҵазкуа ажәыларақәа ахьымҩаҧысуа ахьӡ-аҧша зауз аҭыҧқәа рҿы.

 «АКВАФОН-GSM» «АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша