12-05-2017
Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкны.
Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкны.
2017 шықәсазы иазгәарҭоит Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра. Ари арыцхә азгәарҭоит Аҧсны аҩныҵҟеиҧш, хара уи анҭыҵгьы.
Уи инадҳәаланы АҞӘАФОН спонсор хадас иҟан “Баграт Шьынқәба ипоезиа аныхабаа” зыхьӡны апоет имшира аҽны, лаҵара 12 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр ашҭаҿы имҩаҧысыз, асахьаҭыхҩы Диана Воуба авторс дызмоу аинсталлиациа ацәыргара. Уи апроект авторс даман Леуан Миқаа.
Аинсталлиациа аҧҵан иҿырҳәалатәым алфавит адыргақәа рыла ишьақәыргылоу асимволқәеи зыгәҭа ахәышҭаара ыҟоу “Ашьхауаҩ” зыхьӡу аскульптурақәа 12 рылеи иҟаҵоу агьежь аҳасабала.
Ахәышҭаара, ахәышҭаара ахаҳә, архнышьна уҳәа асимволқәа Баграт Шьынқәба илитература иалалеит амифологиеи, афольклори рҟынтәи иагьныркылеит уи ипоезиеи ипрозеи рҿы акрызҵазкуа аҭыҧ: “ Аха иаанҳажьып акҿыҩра, ашә нкыдҵаны, ҳхынҳәып амаҵурҭахь: мшәан сара макьана ишәасымҳәаӡац зегь реиҳа ихадоу атәы, исымҳәацт ахәышҭаара аӡбахә...
Аҧсуа жәлар зегь рзы, урҭ рҭоурыхи рлитературатә ҭынхеи рзы лаҵара 12 1917 шықәсазы иҟалеит акрызҵазкуа ахҭыс! Ҷлоу ақыҭан, анхаҩы Уасил Шьынқәба иҭаацәараҿы диит, шықәсқәак рышьҭахь Аҧсни, Адыгеиеи, Ҟабарда-Балкариеи рҿы жәлар рышәҟәыҩҩы, рпоет ҳәа ахьӡ ҳаракы занаршьаз, аҧсуа литература аҿиараҿы злагала ду ҟазҵаз ахаҵарҧыс Баграт.
Баграт Шьынқәба ипоезиатә мҩа хациркуеит 1935 шықәса инаркны. Уи ашықәсан А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт астудент раҧхьаӡа акәны иажәеинраалақәа акьыҧхь аҿы ибеит. 1938 шықәсазы иҭыҵыз уи ишәҟәы “Раҧхьатәи ашәақәа” ҳәа ахь ӡ змоу апоет ҿыц дышииз ала шаҳаҭра руан .
Б.Шьынқәба ихьӡ иадҳәалоуп аҧсуа литератураҿы ажанр ҿыц ацәырҵра – иажәеинраалоу ароман: “Аҿатә уаа”, “Ахра ашәа”.
Анаҩс, 50-тәи ашықәсқәа рзы ашәҟәыҩҩы иҭҵаарадырратә усура ҧсаххоит ауаажәларра-политикатә усурала, аха ишәҟәыҩҩратә усура ахааназ инимыжьцызт. Уи далырхит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩыс.
Баграт Уасил-иҧа иуаҩыбжара данҭагылаз иаҧиҵеит аҧсуа литератураҿы ихҭыс дуӡӡаны иҟалаз ароман “Ацынҵәарах”. Уи ароман еиҭагоуп адунеи егьырҭ ажәларқәа ирацәаны рбызшәақәа рахь. Раҧхьаӡа акәны икьыҧхьын 1974 шықәсазы ажурнал “Алашара” аҿы.
”Ацынҵәарах” аҿы автор еиҭеиҳәоит Урыстәылеи Кавкази реибашьраан зыҧсадгьыл ааныжьны ақәҵра зықәшәаз, аамҭа кьаҿла аҭоурых ианыӡааз итрагедиахаз аубых жәлар рразҟы. Ароман ишьақәнарыҕәҕәоит: ажәытәантәи ахҭысқәа хшыҩзышьҭра рыҭара - ҳазҭагылоу аамҭа аилкаареи уаҵәтәи амш азхьаҧшреи ирыцхраауеит. Уи инаҷыдангьы, ароман ицәырнагоит афилософиеи, аҭоурыхи, аетноси ирыҵаркуа азҵаарақәа рацәаны.
Баграт Шьынқәба ирҿиамҭақәа даҽакы иалаҩашьом ахшыҩҵак уамашәа аҵаулара, асахьаркыратә ҩаӡара аҳаракырала, аха убри аамҭазгьы имариоуп уи иҩымҭақәа ргәынкылара. Б.Шьынқәба ирҿиаратә лагала ду азы хынтә ианашьан “Аџьатә Бираҟ Ҟаҧшь” аорден, Ленин иорден. В 1967 ш. уи ианашьан Аҧсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ҳаракы, иара убас ароман “Ахра ашәа” азы ианашьан Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, 1988ш. Асоциалсттә Џьа афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан. Анаҩс уи ианашьан Аҧсны Аҳәынҭқарра зегь иреиҳау аҳамҭа – “Ахьӡ-аҧша” Актәи аҩаӡара. 1997 шықәсазы Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академикс далхын. Жәлар рпоет иҧсҭазаара далҵит жәабран мза 2004 шықәсазы.
Еиқәуп ахәышҭаара мца
Алҩаҵә ҩеиуеит
Амҿы ақәҵара – ухаумыршҭын!
Абиҧарала еимырдауеит
«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша