16-12-2017

Михаил Казиник илекциа-аконцерт.

 Михаил Казиник илекциа-аконцерт. 

Ҧхынҷкәын 16 рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы АҞӘАФОН  иҟанаҵаз аспонсорра Хадарала имҩаҧысит аҟазараҭҵааҩы, зеиҧш дыҟам амузыкарҳәаҩы, ашәҟәыҩҩы, апоет, арежиссиор, ҳаамҭазы аерудициа ҳаракы змоу ауаа ируаӡәку, адунеитә музыкатә культура иазкны 60 фильм равтор – Михаил Казиник илекциа-аконцерт.

Мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы  уи “акультура апостол” ҳәа ишьҭоуп. Уи асцена днықәланы ацәажәара даналагалакь, азал аҿы бжьык умаҳауа, иҭынчрахоит, ахәаҧшцәа иаразнак ихнахуеит еиқәтәашьа змам  уи иҩныҵҟатәи иенергиа. Уи имузыка-литературатә лекциақәа адунеи иахыҵәахьеит. Хыҧхьаӡара рацәала ауаа агәаран иқәгылоит  иқәгыларақәа рахь анеиразы, иазыӡырҩырц азы ҳаамҭазтәи еицырдыруа амузыкаҭҵааҩы, Нобельтәи аконцерт амузыкатә еқсперт, зҟазара ҳараку аскрипка рҳәаҩы ииҳәо, ииныруа раҳарц азы.

Встреча с ним, без преувеличений, буквально переворачивает весь мир - и внутренний и внешний. Михаил Казиник - не просто фантастический эрудированный человек, но и тонкий наблюдатель, который способен посмотреть на все привычные вещи под новым, неожиданным углом. Уи иҧылара, ииашаҵәҟьаны, ауаҩы идунеи – иҩныҵҟатәгьи идәныҟатәгьи -  зегь шьаҭанкыла иаанарҳәуеит. Михаил Казиник – уаҩы ихаҿы изаамго аерудициа змоу уаҩуп, аха уи мацарагьы акәым ухызхуа.  Уи – акрыздыруа  наҧшҩуп, уамашәа илшоит ибжьааҧнытәу ацәырҵрақәа, амаҭәахәқәа -  иҿыцу, даҽаӡәы изгәамҭо, уззыҧшым блала рыхәаҧшра.

Уи ахәылбыҽхазы Афилармониа азал аҿы аҳра ауан уаҩы ихаҿы изаамго арҿиаратә ҳауа. Ахәаҧшцәа атәнатәит афырҭын иаҩызоу Казиник иенергиа, ихнахит ари ауаҩы-џьашьахәы имоноспектакль! Аҟаза ахәаҧшцәа ирзааиртуан аклассикатә музыка иаҵоу амаӡатә хшыҩҵакқәа. Мшәан  еилкаами, уа ишыҵәаху иҵаулаӡоу,  иҳаракӡоу ахшыҩҵакқәа, аха цәыргашьас ирымоузеи, ишҧеилкаатәу, дыршьас ирымоузеи урҭ? Иалшома амелодиа гәахәарала азыӡырҩра, уи иаҵаҵәаху аҵакы узеилымкаауазар?!

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша