04-05-2017

Аҧсуа автоеиҧхнылаҩ Дмитри Гвазава аус ицура.

Аҧсуа автоеиҧхнылаҩ Дмитри Гвазава аус ицура.

Дмитри Гвазава ихьӡ Аҧсны аҩныҵҟеиҧш, хара уи анҭыҵгьы инарҭбааны ирдыруеит. Ари арҧыс раҧхьатәи аҧсуа профессионалтә автоеиҧхнылаҩуп. Уи макьана 29 шықәса роуп ихыҵуа, аха Ачемпион ититул Mitjet 2L 2016 асериала Урыстәыла Акубок ианаршьахьеит. Уи инаҷыдангьы, Дмитри Краснодар атәылаҿацәтәи Mitjet 2L иатәу араӡнытә ҧхьахә  ианашьоуп. Уи далахәын  амашьынақәа реиҧхныҩларазы Moscow Indoor Karting Cup адгыларатә еиндаҭлара, изныкымкәа аиааира игахьеит Moscow Indoor Karting Cup аиҧхныҩларақәа рҿы.  

2016 шықәса, жьҭаарамзазы аҧсуа  автоеиҧхнылаҩи ахеилак  АҞӘАФОН-и аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа аӡыргаратә кампаниа хаҿыс иҟаларазы.  Хаҭалаубри ашықәс азоуп  ианымҩаҧысызгьы Дмитри Гвазава апрофессионалтә автомашьынатә спорт хкы  Mitjet 2L иалахәхара.

2017 шықәсазы АҞӘАФОН-и акоммерциатә банк “Амра-Банк”-и еилахәны  автоеиҧхнылаҩ аспонсортә  цхыраара изыҟарҵеит иболид аӡыргаратә ҩычара аҿы, аиҧхныҩларатә комбенизони ахылҧеи раахәараҿы, иара убасгьы F1 2017 Урыстәыла Гран-при алагамҭазы Mitjet Series Russia- еиҧхныҩлара алахәхара азы.

Mitjet 2L асериа инарҭбааны алаҵәара амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Еидгылоу Америкатәи аштатқәа рҿы. Mitjet асериа ашьаҭаркҩы – еицырдыруа франциатәи аиҧхнылаҩ Жан-Филипп Даиро иоуп. Mitjet – имариоу, иласу, аихатәы баҩи апластикатә корпуси рыла еибарку  еиҧхныҩларатә автомашьыноуп. Уи арныҟәага 2.0L 16V иҟоуп, амҽхак – 260 ҽы рымч аҟынӡа инаӡоит, ф-шьаҿаҧсак змоу асеквенттә аимадаратә ҭреи, ашьҭахьтәи ахарҭеи змоу машьыноуп. MITJET 2L акласс иатәу амашьына  акапан – 750 килограмм ыҟоуп, абылтәыҭра абак  ашәага-зага -37 литра. Раҧхьаӡа акәны арҭ амашьынақәа рыла Франциа аҩныҵҟа аиҧхныҩра мҩаҧган 2006 шықәса рзы, убри аахыс уи ирласӡаны аларҵәара аиуит Урыстәыла, лаҧшхаларала ираҧхьагылоу адунеитә спорттә еицлабрақәа ирыҵамхо иҟалеит.

Дмитри Гвазава ипартниорк аҳасабала, АҞӘАФОН есааира ари аусеицура аиҿкаара еиҕьнатәуеит.  Убас, абҵарамза 2016 шықәса рзы имҩаҧысит  зымҽхак ҭбааз акциа “Амҩаҿы атранспорттә машәырқәа рыҟалара ҳаицаҿагыланы”. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан Дмитри Гвазавеи Mitjet 2L асериа апилотцәеи рҧылара, урҭ еиҭарҳәон амҩадуқәа рҿы иласцәаны амашьына арныҟәара шшәарҭоу атәы. Адрамтеатр ашҭаҿы еизганы ицәыргақәҵан апрофессионалтә болидқәеи амҩақәа рҿы реалла амашәыр иахҟьаны  иҧҽу амашьынақәеи.

Mitjet Series Russia 6 хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Раҧхьатәи ахәҭа мҩаҧган Шәачатәи автодром аҿы, Дмитри иникылеит 5-тәи аҭыҧ. Егьырҭ аиҧхныҩларақәа мҩаҧысраны иҟоуп 2017 шықәса рзы Казани Москвеи.

 «АҞӘАФОН-GSM» аимадарақәа адәныҟатәи рыҟәша