02-05-2017
«АҞӘАФОН – OPEN» Х аиубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир

Мшаҧымза 29-30 рзы С.У.Багаҧшь ихьӡ зху Аспорттә Хан аҿы имҩаҧысит Х-тәи иубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-ОПЕН”. Уи еицеиҿыркааит Аҧснытәи ашахматтә Федерациеи, абаҩырҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә комитети, ари аицлабра аспонсор Хада АҞӘАФОН-и.
Аҧсны ашахматтә турнир ҳтәылаҿы зегьы реиҳа иззыҧшу спорттә усмҩаҧгатәуп, уи еизнагоит Аҧсни Алада Урыстәылеи иреиҕьу ашахмат асҩцәа. Аҧхьахәтә фонд 140 000 мааҭ ыҟоуп.
Традициала атурнир мҩаҧысуан ҩымш, уи рҽаладырхәит қәрала еиуеиҧшым, апрофессионалцәа реиҧш, ари аинтеллектуалтә спорт абзиабаҩцәагьы.
Аицлабрақәа мҩаҧысуан ҩ-гәыҧк рҿы: А (агәыҧ хада), В (11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы). Атурнир мҩаҧган ФИДЕ аҧҟарақәа ирышьашәаланы швеицариатәи асистемала, 10 турк атурнир А аҿы, 8 – агәыҧқәа В рҿы. Аамҭа ахылаҧшра – Агәыҧ А аҿы 15 минуҭ партиак аҿы иалахәу рыцыҧхьаӡа рзы, 10 секундк ашьаҿа аҟаҵаразы иацҵаны. Атурнир В аҿы 25 минуҭ партиак аҿы иалахәу рыцыҧхьаӡа рзы 10 секундк ашьаҿа аҟаҵаразы инацҵаны.
Мшаҧы 29 рзы имҩаҧысит Х аиубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN» аартра ацеремониа. Уи иалахәын Аҧснытәи ашахматтә федерациа аиҳабы К.Ҭыжәба, АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа Г.Арӡынба, А.Барцыц, ҳәарада, атурнир алахәцәа.
Сынтәатәи аиубилеитә шықәсазы иаҧҵан аҧхьахә занаршьоз агәыҧ ҿыцқәа – аҳәсеи, аҭыҧҳацәеи, насгьы иҧсахын алахәцәа аҧхьахә рыҭара асистема. Акатегориа А аҿы актәи аҭыҧ нызкылаз алахәцәа ирырҭон аҧаратә ҳамҭа – 15 000 мааҭ, аҩбатәи аҭыҧ азы – 10 000 мааҭ, ахҧатәи – 8 000 мааҭ, аҧшьбатәи – 5 000 мааҭ, ахәбатәи – 4 000 мааҭ. Иара убас аматериалтә џьшьара рырҭеит “Амилаҭтә реитинг змоу ашахмат асҩцәа”, “Аветеранцәа”, “Ашколхәыҷқәа”, “Аҳәса”, “Аҭыҧҳацәа” ркатегориаҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа аанызкылаз ахәмарцәа.
Агәыҧ Б иалахәыз ахеилак АҞӘАФОН аҟнытә ирыҭан Аҳаҭыртә дыргақәеи, амедалқәеи асувенирқәеи. Атурнир мҩаҧысит аиҩызаратә спорттә ҭагылазаашьала, уи еизнагеит 205-ҩык алахәцәа, урҭ рахьтә иҟан 185-ҩык ашколхәыҷқәеи зықәра маҷу ахәыҷқәеи.Ҩымштәи ҽазҵәылхрала аицлабра иабзоураны, мшаҧы 30 рзы еилкаахеит аиубилеитә турнир аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа, ныҳәаҵас еиҿкаан ацеремониа. Уи амш азы С.У.Багаҧшь ихьӡ зху аспорттә Ҩны ҷыдала иҩычан, уи ашахматтә фигурақәа аимитациа рзызуа амҿы иалхыз афигурақәеи ампышҭақәеи рыла ирхианы, ашахматтә дәы еиҧшны иҟаҵан.
Аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара иазкыз ацеремониа иалахәын Аҧсны аҧыза ихаҭыҧуаҩ Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутат Лаша Ашәба, абаҩырҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә комитет аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Рафаель Амҧар, АУЕ “Кьараз” ахантәаҩы Кама Гоҧиаҧҳа.
Асасцәа аицлабра иалахәыз зегьы ирырҭеит агәалашәаратә ҧхьахәқәа, ирзеиҕьаршьеит ҧхьаҟазы аиааирақәа! Аҧхьахә хада – 15 000 мааҭ иҭан Луганскынтәи агроссмеистер Борис Харченко, уи ирҭаз аҧара зегьы аспорттә Ҩны ашҭаҿы иқәгылаз агәыҳалалратә ҧара еизгарҭа иҭеиҵеит Санель Ажьиба лзы.
Аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рзы 2017-тәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир астатус ҷыда аман, избанзар уи иубилеитәын! Шықәсык ашьҭахь “АҞӘАФОН-OPEN” еиҭах иаанартуеит ашәқәа аинтеллектуалтә спортсменцәа рзы!

Х аиубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН – OPEN» аиааирагаҩцәа
Агәыҧ А
I аҭыҧ |
Харченко Борис |
II аҭыҧ |
Танькович Денис |
III аҭыҧ |
Шагбазиан Тарон |
IV аҭыҧ |
Маратканов Евгении |
V аҭыҧ |
Шанаа Тимур |
Аветеранцәа
I аҭыҧ |
Пак Леонид |
II аҭыҧ |
Горбунов Леонид |
III аҭыҧ |
Хачецуков Нурбии |
Ашколхәыҷқәа
I аҭыҧ |
Бигәаа Роланд |
II аҭыҧ |
Чкадуа Леон |
III аҭыҧ |
Шамба Леон |
IV аҭыҧ |
Шелиа Даниель |
V аҭыҧ |
Нерсесиан Карпо |
VI аҭыҧ |
Асланиан Размик |
VII аҭыҧ |
Ҟаитан Алан |
VIII аҭыҧ |
Цишба Дамир |
Аҭыҧӽацәа
I аҭыҧ |
Амыҷба Деиа |
II аҭыҧ |
Асланиан Алина |
III аҭыҧ |
Аруаа Асиа |
Агәыҧ В
I аҭыҧ |
Кәарацхелиа Тристан |
II аҭыҧ |
Ҭаркьыл Михаил |
III аҭыҧ |
Рипсов Сергеи |
9 шықәса зхыҵуа рыбжьара (аҷкәынцәа)
I аҭыҧ |
Хәырхәмал Аинар |
II аҭыҧ |
Задорожныи Артем |
III аҭыҧ |
Қиртбаиа Еснат |
9 шықәса зхыҵуа рыбжьара (аӡӷабцәа)
I аҭыҧ |
Цулукиа Валериа |
II аҭыҧ |
Лакәытаа Фарида |
III аҭыҧ |
Карчелиа Диана |
7 шықәса зхыҵуа рыбжьара (аҷкәынцәа)
I аҭыҧ |
Ӽалбад Даниил |
II аҭыҧ |
Амыҷба Давид |
III аҭыҧ |
Аушев Магомед |
7 шықәса зхыҵуа рыбжьара (аӡӷабцәа)
I аҭыҧ |
Аҩӡба Александра |
II аҭыҧ |
Пачлиа Анна |
III аҭыҧ |
Рипсова Екатерина |