29-12-2017
Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ркомплекс
Ашықәс Ҿыц АҞӘАФОН азы иҷыдоу аамҭоуп. Ари АҞӘАФОН абонентцәа рзеиҧш, ҳтәыла иқәынхо егьырҭ ауаа рзгьы асиурпризқәеи аҳамҭақәеи ираамҭоуп. Есышықәса, илаҧшхырҧагоу аныҳәа аламҭалазы АҞӘАФОН имҩаҧнагоит еиуеиҧшым акциақәа.
Сынтәа аҳамҭақәа рыҭара хацыркын зымҽхак ҭбаау акциа “Ашықәсҿыцтәи асиурприз”. 2017 шықәса, цәыббра 20 инаркны 2018 шықәса жьырныҳәа 5 рҟынӡа АҞӘАФОН абонентцәа Амаҵзуратә Центрқәа руак аҿы рхыҧхьаӡара ашҟа 200 мааҭ, ма еиҳаны иҭаҵаны, ироуан ҧшь-смартфонк Apple iPhone X акы ҳамҭас аиуразы алшара . Акциа алҵшәақәа рыла, актәи аетап аҿы аиааира ргеит аидентификациатә кодқәа 1867-еи 3096-и.
Акциа цоит жьырныҳәа 5 рҟынӡа, абонентцәа ироуз аномерқәа анаҩстәи ҩ- iPhone X рырхәмарра иалахәхоит. Аиааира згаз ирыҭахоит жьырныҳәа 9, 2018 шықәса рзы.
Убас, инеишьҭаргыланы АҞӘАФОН имҩаҧнаго Ашықәс ҿыцтәи акциақәа зегьы:
Ҧхынҷкәын 21 рзы Гәдоуҭатәи Акультура Ҩны аҿы апроект “Аҧсны ақалақьқәа рҿы агастрольқәа” зыхьӡу акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит ахәыҷтәы аестрадатә-музыкатә ансамбль “Каданс” агастрольқәа рхыркәшаратә концерт.
Ҧхынҷкәын 25 рзы ақ.Аҟәа Москва Аҩны аҿы уажәшьҭа хышқәсоуп АҞӘАФОН иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны, Ахәыҷтәы ашьапықәыргыларатә центр ахадара изхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы имҩаҧыргоижьҭеи ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ ныҳәа. Уи иазкны ирхиан илашоу аныҳәатә программа. Апринцесса Софиеи, иара убас егьырҭ алакәтә персонажцәеи ирыцны ахәыҷқәа аҧсаӡ иакәшаны аибаркыра ҟарҵон, ашәа рҳәон, ихәмаруан, Аҵаа Бабадуи Ас-ҭыҧҳаи ирызкны ажәеинраалақәа ирыҧхьон, аҳамҭақәа рыдыркылон. Аспектакль ашьҭахь ахәыҷқәа ирзырхиан ҳтәыла аестрадатә “еҵәақәа” злахәыз аконцерт.
Иара убас ҧхынҷкәын 25 инаркны аусура хацыркын «Аҿакраан азы амзар» зыхьӡу акциа. Уи иабзоураны, иаҿазкыз АҞӘАФОН абонентцәа, “Аиааира 25 ” зыхьӡу аиубилеитә корпоративтә амзар аиуразы алшара рзаҧҵахеит.
Ҧхынҷкәын 26, 2017 шықәсазы ақалақь Ҧицунда АҞӘАФОН аспонсоррала, Аҧсны асоциалтә-культуратә хацыркырақәа Рфонди ақалақь ахадареи ақалақь уаа рзы еицымҩаҧыргеит Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа “Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла”. Ахәыҷқәа рзы ирхиан ирацәаны асиурпризқәа: “Алазертә шоу ду”, аестрада “аеҵәақәеи” абаҩхатәра қәыҧшцәеи злахәыз аконцерт, иара убас ақалақь Ахада аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит ашықәсан зусураҿы алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз, зегь реиҳа активра аазырҧшуа аҿар, аспортсменцәеи, иреиҕьӡоу аҵаҩцәеи.
Ҧхынҷкәын 26 рзы ихацыркын итрадициатәу акциа “Ассир ҳамҭас”. Гәдоуҭеи, Очамчыреи, ақалақь Аҟәеи рҟнытә ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа 8 ирҭааит афонд “Кьараз”-и АҞӘАФОН-и рхаҭарнакцәа. Акциа иазалхын 450 нызықь мааҭ аҧара, уиала иаахәан ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рыла аҳамҭақәа 100, 50 рҧхага, аныҳәатә еишәазы афатәқәа, ателефонқәа 10, иара убас DVD 10. АҞӘАФОН иҟанаҵаз ахатәы хацыркрала, Ахеилак аҩызцәа рыцхыраара иабзоураны, Ҷлоу ақыҭан инхо Фаина Воуба-Агрба лзы еизган аплазматә телевизор злаахәаз 15 000 мааҭ аҧара.
Ҧхынҷкәын 28 рзы имҩаҧган ареспубликатә СПИД-центр аҿы зҽызхәышәтәуа ачымазцәа рзы акциа. Ахеилак уи акциазы 110 000 мааҭ аҧара азоунашьҭит.
Ҧхынҷкәын 29 рзы Аҭынчра амҩаду аҿы иҟоу Амаҵзуратә Центр аҿы имҩаҧысит iPhone X ҩба абонентцәа рыҭара иазкыз ацеремониа. Аиааира ргеит Арутиун Арзуманиани Адгәыр Ажьибеи.
Ҧхынҷкәын 30 рзы Тҟәарчал ақалақь аҿы имҩаҧысит араионтә мҽхакы змаз ашықәс ҿыцтәи аныҳәа. Уи спонсорс иаман АҞӘАФОН. Аҧсаҵла акәша хәыҷгьы-дугьы еиднакылеит аныҳәатә программа!
Аныҳәатә программа хыркәшан АҞӘАФОН традициала имҩаҧнаго, ашықәс ҿыцтәи аҳамҭақәеи асувенирқәеи рызшара. АҞӘАФОН аусзуҩцәа Ахеилак апартниорцәеи аҩызцәеи ирзыршеит 350 ҳамҭа. Ихадоу атрибутны иҟан 2018 шықәсазтәи амзар “Аиааира 25”.
«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа