01-09-2016
Аҟәатәи абжьаратәи 10-тәи Ашьхаруаа рышкол ацхыраара азыҟаҵара.
Аҟәатәи абжьаратәи 10-тәи Ашьхаруаа рышкол ацхыраара азыҟаҵара.
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи 10-тәи Ашьхаруаа рышкол даара ибеиоу аҭоурых ду амоуп. Уи хацыркын 1859 ш. аурыс император Алеқсандр Аҩбатәи иҟаиҵаз аусҧҟа ала, иахьатәи аамҭазгьы, Аҧсны аҵараиурҭақәа зегьы рыбжьара иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит. Араҟа абжьаратә ҵара роуит академикцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи, артистцәеи, аспортсменцәеи, акымкәа-ҩбамкәа рабиҧарақәа. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳтәыла ахақәиҭра рхы ақәырҵеит шәҩыла апатриотцәа - ари ашкол аушьҭымҭацәа.
Аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы аилахәыра АҞӘАФОН 120 нызықь мааҭ рҟынӡа афинанстә цхыраара ҟанаҵеит ари аҵараиурҭа акабинетқәа (аклассқәа) руак аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы. Аҵарадырра иадҳәалоу аусқәа ари аилахәыра асоциалтә политика иузаҟәымҭхо хәҭакны иҟоуп. АҞӘАФОН анеиҿкааха инаркны, абарҭ ашықәсқәа зегьы уи изныкымкәа аҽрыланарахәуеит, ҳ-Республика азеиҧштә ҵараиурҭақәа рыцхыраара иазырхо, еиуеиҧшым апрограммақәа.
«АКВАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша