15-08-2016
АКӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр!
АКӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр!
Нанҳәа 12 рзы Ҧсоу Агәаҭара-аушьҭырҭатә пункт аҟны иаартын жәафтәи АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр.
Аилахәыра АҞӘАФОН еснагь иазыҳаҵ-ҳаҵо иашьҭоуп уи абонентцәа рмаҵзура маншәаланы икомфортны аҟаҵара. Убри азы ари Амаҵзуратә Центр ҿыц андыргылоз уи аҭыҧ алхраан хырхырҭа хадас иҟаз Урыстәыла Афедерациа аганахьалантәи Аҧсныҟа иаауа асасцәа уи ахьгылоу аҭыҧ рзыманшәаланы аҟазаара акәын.
Хаҭала АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр ахьгыло аҭыҧ аоптималтәра, атуристцәа ирнаҭоит алшара, ҷыдала Аҧсны асасцәа рзы ирманшәаланы аус зыдулоу атарифтә планқәа рдырра, Аҧсны анҭыҵҟа ицо ҳтәылауаа ракәзар, аҧышәа змоу аусзуҩцәа рыцхыраара - ааигәа ирҿыцу, акыргьы ирманшәалоу жәларбжьаратәи ароуминг архиараҿы. Уажәшьҭа иалалогьы иалҵуагьы аҭелтә ааҧхьарақәа зегьы, иара убасгьы Аинтернет- трафик 1МБ – 7 мааҭк роуп изыҧсоу.
Аҧсныҟа иаауа асасцәа мақсималла рырманшәаларазы, Амаҵзуратә Центр аҵакырадгьыл аҿы еиҿкаауп Wi-Fi хақәиҭрала ахархәара, иҟаҵоуп еиуеиҧшым ашьақәыргыламҭақәа раккумулиаторқәа реиҵаҵаразы ахышәқәа. Уи еиҳаракгьы иманшәалоуп акыраамҭа ныҟәара иҟаны иаауа рзы. Амаҵзуратә Центр ааигәара иҟоуп Аҵәахырҭатә банк, уаҟа аныҟәаҩ идыргалоит атәылаҿы аҟазааразы иазҧхьагәаҭатәу аусқәа рсиа нарҭбааны. Иаҳҳәап, акредиттә карта аҟнытә аҧара аныхра, мамзаргьы аҧара аҧсахра. Ари Амаҵзуратә Центр ҷыда ҟазшьаны иамоу иреиуоуп адизаинер-архитектор ҿа Кама Кациа-ҧҳа зпроект ҟалҵаз ҳаамҭа иашьашәало астильтә дизаин. Уи Аилахәыра АҞӘАФОН ҭабуп ҳәа ланаҳәоит аидеиа лашази, уи хаҭабзиарала, иҧшӡаны, профессионалтәрала аҧсҭазаара аҭаразы, иара убас ари нахысгьы иақәгәыҕуеит наҟ-наҟтәи лҵшәа бзиала аусеицура.
Иара убас, ари Амаҵзуратә Центр аҿы иҟоуп Аилахәыра АҞӘАФОН партниорс иамоу акоманда Colors of Nation иаанартыз Аинформациатә Туристтә Центр. Ари ацентр хықәкы хадас иамоуп атуристцәа хәыда-ҧсада ииашоу аинформациа рыҭара, Аҧсни ихадоу уи ақалақьқәеи рзеиҧштә хсаала кьыҧхьылааны рыҭарагьы уахь иналаҵаны. Уи инацҵаны аҭааҩцәа ирымоуп алшара асувениртә аалыҵ аахәара, убасгьы аҧсуа фотоҭыхыҩцәеи асахьаҭыхҩцәеи русумҭақәа зну апошьҭатә сахьамҭақәа рышьҭра.
Ацентр аартра иалахәын аилахәыра АҞӘАФОН адиректор Хада Алхас Аргәын, Аҧснытәи Аҵәахырҭатә банк аиҳабы Ҭемыр Бганба, апроект Colors of Nation аҧҵаҩы Лаура Тарнаа, иара убас егьырҭ асасцәагьы.
Традициала ишаҧу еиҧш, аартра ацеремониа хацыркын адныҳәаларатә ажәалеи ацаха ҟаҧшь аҧҟаралеи. Анаҩс ари аныҳәа асасцәа ирзыҧшын афуршети, аконкурсқәеи, аҳамҭақәеи. Абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа аилахәыра иахаҿны иҟоуп, араҟоуп иреалтәуи потенциалла иклиентцәахараны иҟоу ахархәаҩцәеи иахьынӡалшо икомфорттәу аҭагылазаашьаҿы зхаҭабзиара ҳараку ацхыраара ахьрырҭо.
«АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша