04-11-2016

Аклип «Sukhum» - Janil Natas аӡыргара

news_name

Аклип «Sukhum» - Janil Natas аӡыргара.

Абҵара 4,  2016 ш. рзы аресторан  «Rinna» аҿы имҩаҧысит 2016 шықәсазтәи аҧхынразы ихитхаз  авидеоклип – аҧсуа репер қәыҧш Janila Natas (Асҭан Аџьынџьал) инаигӡаз ашәа «Sukhum» аӡыргара иазкыз ахәылҧаз.  

Асҭан (арҿиараҿы Janil Natas) амузыка ҷыдала дазҿлымҳан ашкол данҭаз аахыс, 14 шықәса анихыҵ инаркны ихатәы ашәақәа раҧҵара далагеит.   2014 шықәсазы  Асҭан Аџьынџьал иҽалаирхәит “Black Star саеҵәахар  сҭахуп” зыхьӡыз аконкурс. Уи еиҿкаан Ҭимур Иунусов(Тимати) Урыстәылатәи ихьыҧшым ибжьҭаҩратә леибл -  Black Star Inc. ала.  Аконкурс аҿы грантс иҟалеит  ари алеибл аклип Асҭан Аџьынџьал ихатәы ашәа «Janil Natas – Jump» ала. Уи иахьазы  имоуп акымкәа-ҩбамкәа ихатәы музыкатә композициақәа. Анагӡаҩ ҿа иажәақәа рыла, уи еснагь иҭахын иаҧиҵарц Аҧсны ашҟа имоу ацәаныррақәа аазырҧшуа ашәа. “Сара саагылазар Урыстәыла сынхон, аха еснагь игәхьаазгон сыҧсадгьыл, сықалақь. Сара агәаҳәара сырҭеит аинструменталтә минусовкақәа, наҟ-наҟгьы урҭ сашәа ажәақәа иманшәаланы ирыцааиуан. Ҽнак зны агаҿа ашҟа снықәлан, аминусовка наҿаскын, сааҭбжак рыҩныҵҟала, акгьы мыриашаӡакәа, ажәақәа зҩит, - иҳәеит уи.    

Аресторан азал ду аҿы асасцәа рацәаҩны иҟан. Иазырхиан аинтерес зҵаз, хашҭшьа зқәым апрограмма. Аӡыргара иалахәыз асасцәа иреиуан  Ерик Миқаа, Azamat Music Band, Алиас Думаа уҳәа убас егьырҭгьы.  АҞӘАФОН  ахит анагӡаҩ ипартниор хадас иҟан.

Аклип аӡыргара ссиршәа имҩаҧысит, уи агәахәара рнаҭеит  иалахәыз асасцәа зегьы, аиҿкааҩцәа, иара убас, ҳәарада, иара артист ихаҭагьы.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша