26-02-2016

АҞӘАФОН иаланарҵәоит зхы иақәиҭу ақәҧаразы адунеи ачемпион Асланбек Гәарамиа исахьа зну абанерқәа

news_name

АҞӘАФОН  иаланарҵәоит зхы иақәиҭу ақәҧаразы адунеи ачемпион Асланбек Гәарамиа исахьа зну абанерқәа

Асланбек Гәарамиа –  ари аҧсуа спортсмен ҿа ихьӡ адунеи зегь иалаҵәеит ҳазнысыз ашықәс нанҳәа мзазы ақәыҧшцәа рыбжьара зхы иақәиҭу ақәҧаразы Адунеитәи Ачемипионат аҿы. Еизгоу Урыстәылатәи акоманда  иахаҭарнакны Ачемпионат аҿы иқәгылаз ари ақәҧаҩ аиааира игеит зыкапан 76 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара, иагьианашьахеит уи акапантә категориаҿы адунеи Ачемпион ҳәа атитул.  

Ари аспортсмен адунеитә Чемпионат ашҟа амҩа изаанартит  1998-1999 шықәсқәа рзы ииз акадетцәа рыбжьара зхы иақәиҭу ақәҧаразы Урыстәыла имҩаҧысуаз аҧхьагылараҿы иигаз аиааира. Хаҭала усҟан АҞӘАФОН раҧхьаӡа акәны азҿлымҳара инаҭеит абаҩхатәра злаз, зхықәкы анагӡара зҽазҵәылхны иашьҭаз арҧыс. Абаҩырҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә комитет аҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа Асланбек иигаз аиааира идныҳәаланы,  иаҧхьаҟа иҟалараны иҟоу аспорттә  еицлабрақәа рҿы ақәҿиара дуқәа изеиҕьашьо, ҳамҭас ирҭеит асмартфон Apple iPhone 6. 

Сынтәа Раҧхьаӡатәи амобилтә оператор ақәҧаҩ ҿа  даҽазныкгьы азҿлымҳара изыҟанаҵеит, ахатә ӡыргаратә қәыҧшыларақәа рҿы аспортсмен ифотосахьақәа ранҵарала. 

Аспорт – зегь раҧхьаӡагьы амчха аҕәҕәароуп. Иарбан қәҿиаразаалак, медальзаалак, лыҵшәа ҳаракызаалак хымҧада аџьабаа ду ацуп, аҽазыҟаҵара ду аҭахуп. Аҳаракырахь игоу амҩа – аусура хьанҭеи, агәыхыҭхыҭра дуи рыла еиларҭәоуп. Ақәҿиара бзиа аиура иахҭынҵогьы даара ирацәоуп.  

Аџыр еиҧш иҕәҕәоу аҟазшьа, алеишәа ҷыда, адоуҳара аҕәҕәара, ахықәкынагӡара  - арҭ зегьы ҟазшьа ҷыданы имоуп доуҳалагьы цәеижьлагьы  иҕәҕәоу ауаҩы, аспортсмен иаша. АҞӘАФОН аҿы агәра ганы иҟоуп аспорт аганахьала активла зхы аазырҧшуа аҿар алкаауа, ган рацәала ацхыраара рыҭо, ҳтәыла аҿар аспорт ашҟа рхьарҧшра, урҭ ҳаҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы алҵшәа ҳаракқәа риура ишацхраауа ала.   

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша

Приложение Aquafon

Установите мобильное приложение Aquafon — это бесплатный и удобный способ управлять своими услугами связи. С его помощью легко проверить и пополнить баланс, сменить тариф, подключить дополнительные услуги и опции.

  • QR‑код приложение Aquafon

    Отсканируйте камерой смартфона QR‑код.

  • Нажмите кнопку Загрузить.

    Загрузите файл на ваш смартфон. Нажмите «Да», если поступит запрос.

  • Дождитесь окончания загрузки и войдите в приложение Aquafon

    Нажмите на скачанный файл, чтобы запустить установку приложения.

  • Дождитесь окончания загрузки и войдите в приложение Aquafon

    Нажмите «Установить». Если смартфон запросит разрешение — выдайте его, нажав «Разрешить из этого источника».

  • Готово

    Готово

    Заходите в приложение и управляйте своим номером и услугами.

  • Скачать

    Нажмите кнопку «Скачать» — начнется загрузка файла на ваш смартфон. Нажмите «Да», если поступит запрос.

    Скачать
  • Нажмите на скачанный файл, чтобы запустить установку приложения.

    Скачать
  • Нажмите «Установить». Если смартфон запросит разрешение — выдайте его, нажав «Разрешить из этого источника».

    Скачать
  • Дождитесь установки. Заходите в приложение и правляйте своим номером и услугами.

    Скачать
  • QR‑код приложение Aquafon

    Отсканируйте QR‑код — откроется страница приложения в App Store.

  • Нажмите кнопку Загрузить.

    Нажмите кнопку Загрузить.

  • войдите в приложение Aquafon

    Дождитесь окончания загрузки и войдите в приложение Aquafon.

  • Готово

    Готово

    Заходите в приложение и управляйте своим номером и услугами.

Приложение Aquafon доступно в магазинах