06-06-2014

Калдахәаратәи ашкол-интернат акоманда цеит ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи злахәыз II Жәларбжьаратәи афестиваль «PETERSBURG CUP – 2014» ашҟа.

news_name

Калдахәаратәи ашкол-интернат акоманда цеит ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи злахәыз II Жәларбжьаратәи  афестиваль «PETERSBURG CUP – 2014» ашҟа.

Рашәарамза 1 инаркны 7-нӡа Санкт-Петербург имҩаԥысуан ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи злахәыз II  Жәларбжьаратәи афестиваль «PETERSBURG CUP – 2014». «Аԥеиԥш унапаҿы иҟоуп» захьӡыз ареспубликатә хәмарраҿы аиааира згаз Калдахәаратәи ашкол-интернат аиҵбыратәи аиҳабыратәи, акомандатә гәыԥқәа  ашьапылампыл асратә фестиваль «PETERSBURG CUP-2014» ахь ааԥхьара рырҭеит уи аиҿкааҩцәа. 

Ҳара ҳарԥарцәа алахәын Германиа, Голландиа, Мексика, )ырқәтәыла, Азербаиџьан, Латвиа уҳәа 14 ҳәынҭқарра рыҟнытә ашьапылампыл абзиабаҩцәеи  апрофессионалцәеи ркомандақәа 100 инеиҳаны излахәыз аспорт азы еиҿкааз аныҳәа ду.

Араҟа иазгәаҭатәуп, аиҵбыратәи агәыԥ иатәу ари ашьапылампыл асыҩцәа ркоманда анаԥҵаз  сынтәатәи аҵарашықәс алагамҭазы шакәу, насгьы урҭ Аԥсны аҳәаа инҭыҵны  раԥхьаӡа акәны рхы шаладырхәуа абас ихатәроу актәи аҭыԥ агаразы имҩаԥысуа аицлабра.

Убри аҟнытә ҳара еиҳагьы ҳаигәырӷьоит қәрала аиҵбыратәи акатегориа иаҵанакуа, хаҭала, Калдахәаратәи ҳара ҳшьапылампыл асыҩцәа аиндаҭлара атаблицаҿы  аҩбатәи аҭыԥ ахьааныркылаз! :әрала аиҳабыратәи категориа иаҵанакуа рҿы еиҭагьы ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Калдахәараа!

Ари ашьаҿа маншәала аихгара зыбзоуроу, хаҭала, калдахәаратәи аспортстмен ҿарацәа иаадырԥшуаз  агәзыҳәареи, инеиԥынкыланы аҽазыҟаҵарақәа имҩаԥыргози, азыҟаҵаҩцәа рҟазареи, иара убас, жәаҳәарада, Аилахәыра АҞӘАФОН зегьы рыла Калдахәаратәи акоманда иааиԥмылҟьаӡакәа ганрацәала  иазыҟанаҵоз аԥаратә цхыраареи роуп!

Аицлабра ӡбаҩцәас иаман Санкт-Петербург ашьапылампыл Афедерациа арбитрцәа  Рколлегиа аҟнытә аӡбаҩ ҟазацәа. Аспорттә еицлабрақәа мҩаԥысит Санкт-Петербург зегьы иреиӷьны иҟаҵоу аспорттә комплексқәа ирыҵаркуа абарҭ – аспорттә комплекс «Петровски» Арена Маҷ, Ашьапылампыл Академиа иатәу аспорттә комплекс «Зенит», аспорттә комплекс «Динамо», астадион «Локомотив» уҳәа рыдәқәа рҿы.

Ашьапылампыл асыҩцәа ҿарацәа аицлабратә еицыхәмаррақәа мҩаԥыргон аҩадатәи аҳҭнықалақь  иреиӷьу ашьапылампыл асырҭатә дәқәа рҿы, иара убасгьы активла рхы аладырхәуан Урыстәылатәи ашьапылампыл асыҩцәа еизаку ркоманда иалахәыз Алықьса Смертини, Урыстәыла хынтә иачемпионхахьоу Сергеи Самаки имҩаԥыргоз амастер-классқәеи, атеориатә лекциақәеи.

 

Аилахәыра  МегаФон ашьапылампыл асыҩцәа  рфестиваль «PETERSBURG CUP – 2014» аԥаратә хаҵгыла изинқәа инарықәыршәаны ахахьы иагеит арҭ аицлабрақәа рыҟны аԥсуа спортсменцәа ралархәра иаҭаххоз аԥаратә цхыраара. Арԥарцәа Питерҟа рцара амҩақьыреи рынхарҭа ҭыԥ ахәԥсеи Мегафон иашәеит.

Афестиваль асасцәеи алахәыҩцәеи зегьы рзы  еиҿкаан ақалақь абаразы аныҟәарақәа, иара убас  аттракционқәа рпарк «Диво Остров» уҳәа рҭаарақәа зҵазкуаз, акыр зымҽхак ҭбааз акультуратә программақәа. Ҳтәылауаҩ Алхас Берулааи, ҳашьа  абаза Мусса Екзекови рыбзоурала Аԥснытәи арԥарцәа раԥхьаӡа акәны рыԥсҭазаараҿы Санкт-Петербург» иҟоу, зегь реиҳа ихатәроу  ТРК «Гранд-Каньон» аҵаа дәы аҟны иқәшьқьрааны ичаразратәы еиԥш алшара роуит, уи азы ҳара урҭ иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!

Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа изныкымкәа «Аԥеиԥш унапаҿы иҟоуп» захьӡу ареспубликатә хәмаррақәа рҿы аиааирақәа ргахьеит. *шьышықәса Аилахәыра  АҞӘАФОН арԥарцәа Шәача ақ. аҟны  мҩаԥысуаз  ачемпионат ахыркәшаратә хәмаррақәа рахь ирыцны ицон, иара убас иҳаҩсыз ашықәс азы аиааира згаз арԥарцәа Лондонҟа ирыманы ицеит. Акоманда «Риҵа-Калдахәара» Санкт-Петербургтәи аицлабрақәа еиҿызкааз рыҟнытә ааԥхьара анроу, Аилахәыра АҞӘАФОН арԥарцәа уахь рцара амҩақьыра ахәԥсашәара адагьы, ахахьы иагеит афестиваль  «PETERSBURG CUP – 2014» ахь ицоз 28-ҩык  аделегатцәа  рцара иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы рыӡбара. Убри анаҩсан, 22-ҩык ашьапылампыл асыҩцәа еидызкыло агәыԥқәа ҩба рзы иаархәеит ашьапылампыл асразы иаҭаху ашәҵатәқәа.

 

Аилыркаага:

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы ашьапылампыл асразы имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль «PETERSBURG CUP – 2014» - ари аспорти аҵарадырра-культуратәи апрограммақәа еиҿыбаауа  еиқәыршәоу проект лыԥшаахуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербурги, Урыстәылеи, адунеи егьырҭ атәылақәеи рыҟнытә  ахәыҷқәеи, ақәыԥшцәеи, аҿари ашьапылампыл асразы ркомандақәа злахәыз аицлабрақәа мҩаԥыргоит.

 

Афестиваль мҩаԥысуеит аспорти абҩарҵәыратә культуреи рзы Санкт-Петербургтәи Акомитети ашьапылампыл асратә клуб «Зенити» иҟарҵо ацхыраарала, насгьы уи  Европа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы имҩаԥырго аныҳәа дуӡӡақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, ашьапылампыл асратә хҭысқәа ртәы зҳәо амзар аҿгьы  уи ахатә ҭыԥ ылхны иамоуп.

http://petersburgcup.ru/

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша