25-12-2014

Ақалақь Афон Ҿыц аҿы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыц аанартуеит

news_name

Ақалақь Афон Ҿыц аҿы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыц аанартуеит

2006 шықәсазы АҞӘАФОН иаанартит абонентцәа рзы раҧхьаӡатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ. Аҟәа ақалақь аҿы раҧхьатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ аартра ихацнаркит АҞӘАФОН ахатәы маҵзуратә Ҭыԥқәа активла реизырҳара иадҳәалоу апрограмма. Жәшықәса рыҩныҵҟала АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа аартын Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал, иара убас Ҧсоу аҳәааҿы.

Ҧхынҷкәын 24 рзы Афон Ҿыц ашәқәа аанартит ажәаҩатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ. Аартра иазкны еиҿкааз аныҳәа иалахәын ақалақь Афон Ҿыц администрациа  ахаҭарнакцәа, ақалакьуааи асасцәеи. Аартра аныҳәа хацыркын ацаха ҟаҧшь аҧҟарала. Анаҩс асасцәа рзы еиҿкаан  аныҳәатә программа, ачеиџьыка, аицлабрақәеи аҳамҭақәеи.

Ари нахыс иманшәаланы еибыҭоу Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы Афон Ҿыц иқәынхо ауааи асасцәеи ирылшоит есымша еиуеиҧшым асервистә маҵзура аиура: АҞӘАФОН аҳа аҿакра, ахәхшәааратә план алхра,ихымҧадатәиу иацу  амаҵзуратә еизгақәа реиқәыршәара, иара убасгьы Аҧсны зегь реиҳа илаҟәу ахәқәа рыла  истильтәу Huawei адеваисқәа раахәара.

Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥқәа – ахеидкыла иахаҿуп. Урҭ рҿы абонент имаҵ аура мацара акәымкәа,  акыраамҭала агәрагара зцу аизыҟазаашьақәа шьақәдыргылоит. АҞӘАФОН ахатәы маҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы рҽазыршәоит ахархәаҩ ииҭаху аинформациа иоуртә, ажәалагалақәа зегьы дрызхәыцыртә еиҧш  иманшәалоу аҭагылазаашьа  изаҧҵара.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша