23-12-2014

АҞӘАФОН аҟнытәи Ашықәсҿыцазтәи акциа

news_name

АҞӘАФОН аҟнытәи Ашықәсҿыцазтәи акциа

Ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 19 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы имҩаҧгахоит “АҞӘАФОН аҟынтәи ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа” зыхьӡу акциа.

Уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 4G-ахәхшәааратә план иатәу («Сара салхымҭа 4G»,  «Онл@инер», «Онлаин MAXI», «Афырҭын», «Алимитдатә интернет-1250», иара убас  «Алимитдатә интернет-1750») рҟынтәи иарбанзаалак акы аҿазкыз, илшоит  асупер-ҧхьахәқәа ҧшьба: ҩ-смартфонк IPhone 6, асмартфон IРhone 6+, иара убас апланшет HUAWEI MediaPad X1 7.0 LTE ахьыршо архәмарра алахәхара!

Уи адагьы, АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа руак аҿы ҧхынҷкәын 31 рҟынӡа иаҿазкыз абонентцәа Раҧхьаӡатәи амобилтә еимадара аҟнытә асувениртә ҳамҭақәа рзыҧшуп.

Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа» алахәхара илшоит дарбанзаалакгьы,  Аҧсны Аҳәынҭқарра иатәылауаҩу, 18 шықәса ирҭысхьоу АҞӘАФОН абонент.

Акциа алахәхаразы 4G-ахәхшәааратә планқәа рахьтә иарбанзаалак акы аҿакраан, иаҭахуп Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы абланк ҷыда харҭәааны аурна аҭаршәра. Акциа анхыркәшахо амш азы абланкқәа зҭоу аурнақәа зегьы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҟнытә аҭыӡҭыҧ: Аҟәа, Аиааира апроспект, 80 аҿы иҟоу Амаҵзуратә Ҭыԥ ашҟа инаргоит. Иара уаҟа ажьырныҳәа 19 рзы абланкқәа машәыршәа ралхрала акциаҿы аҧхьахә згаз еилкаахоит.

АҞӘАФОН ахаҭарнак аҭел дасны аиааира згаз аинформациа риҭоит.

Аҧхьахәқәа рыҭара ныҳәаҵас имҩаҧгахоит ажьырныҳәа 22 рзы Аиааира апроспект, 80 аҿы иҟоу Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы.

Иаиааиз аҧхьахә игарц азы Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩы ишәҟәы дирбароуп.

Аилкааразы аҭел: 999 99 99.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша