21-07-2014

АҞӘАФОН ашьапылампыл азы ицоз адырраҭара ахәаԥшҩы аҳамҭа инаҭеит

АҞӘАФОН ашьапылампыл азы ицоз адырраҭара ахәаԥшҩы аҳамҭа инаҭеит

Ԥхынгәымза 13 аҽны Бразилиа имҩаԥысит Ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи  ачемпионат ахыркәшаратә еиԥылара. Уи аҽны Аԥснытәи Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аканал астудиа аҿынтә аефир ашҟа ицәырҵит ари Ачемпионат иазкыз апроект хзыркәшоз ателедырраҭара. Рашәарамза  12 инаркны ԥхынгәымза 13-нӡа,  Ачемпионат амшқәа зегьы рыҩныҵҟа адырраҭара иаҭаауаз асасцәа  ишиашоу аефир аҿы иалацәажәон ари амш азы зегь раасҭа  аинтерес зҵаны имҩаԥысыз аматчқәа. Апроекти ишиашаз ицоз аматчқәа дырбареи ԥарала реиқәыршәара ахахьы иагеит   аспонсор Хада – Аилахәыра  АҞӘАФОН.  

Ателедырраҭарақәа  активла рхы  аладырхәуан  ахәаԥшцәагьы. Абонентцәа есыҽны шәҩыла изхәаԥшуаз аиндаҭларақәа  шхыркәшахо ҳәа ирызцәырҵуаз агәаанагарақәа  нарыцҳауан абри аномер ҷыда  3004  ала.  Аиндаҭлара абас ихыркәшахоит ҳәа аҭак иаша зегь раԥхьа SMS  ала иназыцҳаз Аилахәыра ари апроект азы ҷыдала иармазеиз адизаинертә маикақәа ҳамҭас ирырҭон.

Аилахәыра  АҞӘАФОН иаԥнаҵеит ахәаԥшҩцәа рзы  аҳамҭа  хадагьы – Apple iPad Air апланшеттә  компиутор. Уи аҳамҭа игеит афинал  ахь инашьҭыз акомандақәа ииашаны рыхьӡ зҳәаз, аиндаҭлара абас ихыркәшахоит ҳәа  адырра иаша азы зегьы раԥхьа  SMS-аацҳамҭа ҟазҵаз  Анри Папаа.

Аилахәыра АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аицлабраҿы аиааира  згаз днарыԥхьеит адырраҭарақәа аефир ахь иахьыршьҭуа ателедырраҭаратә студиа ашҟа, уаҟа уи аҳамҭа хадагьы ирҭеит.

 Абас, угәы иахәо аус  ала  ихыркәшан  Аилахәыра  АҞӘАФОН еиҿнакааз, аинтерес зҵаз аспорттә проект, апроект иабзоураны ҳара ҳҳәынҭқарраҿы инхо ашьапылампыл абзиабаҩцәа зегьы  Ачемпионат аматчқәа анцоз ишиашоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә теледырраҭараҿы  ирбартә еиԥш  алшара роуит, иара убас ираҳаит ҳтәылауаа аӡәырҩы ргәаанагарақәагьы.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша