19-12-2014
Ҵаҟатәи Ешыра ақыҭаҿы ишьҭыхуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ
Ҵаҟатәи Ешыра ақыҭаҿы ишьҭыхуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ
2009 шықәса инаркны АҞӘАФОН аспорти аҿари русқәа рзы Ареспубликатә комитети Аҿар Реиҿкаарақәа Рассоциациеи алархәны аларҵәара иаҿуп “Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы” зыхьӡу апроект.
Хәышықәса рыҩныҵҟала ари апроект иабзоураны, Аҧсны аиааиреи ахақәиҭреи рсимвол ықәыргылан ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы, Гәылрыҧшь аҳаблаҿы, Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби равтор Валери Гамгьиа инышәынҭра ахаҿы - ақыҭа Кәтол, иара убас аибашьратә гәыҧ “Дед” ахьҭахаз аҭыҧ – ақыҭа Аҽгәара.
АҞӘАФОН апроектқәа рҟынтә зегь реиҳа апатриоттә ҟазшьа змоу ари аус иацҵо иӡбан сынтәа ҳреспубликаҿы Аҳәынҭқарратә бираҟқәа даҽа ҩба рықәыргылара.
Ҧхынҷкәын 19, асааҭ 12:00 рзы аҧсуа ҳәынҭқарратә бираҟ шьҭыхын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт иаҿықәыз Ҵаҟатәи Ешыра ақыҭаҿы.
Абираҟ ашьҭыхра иадҳәалаз аусмҩаҧгатәы иалахәын АҞӘАФОН адиректор Хада А.И.Аргәын, Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Ш.О. Аӡынба, Аҟәатәи араион администрациа Ахада Б.Ш. Аҩӡба, Аҧсны аҿар реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Ақәгыларақәа рышьҭахь Аҟәатәи араион ашколқәа рҵаҩцәа 32 квадраттә метр иҟаз абираҟ ахьышьҭырхуаз аҭыҧ ашҟа инаргеит. Анаҩс Аҧсны аҳәынҭқарратә гимн арҳәаны, “Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы” зыхьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьҭыхын ажәаҩатәи Аҳәынҭқарратә бираҟ.
“Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы” – АҞӘАФОН апроектқәа зегь реиҳа идуу ируакуп. 2009 шықәсазы ихацырку ари апроект, атәыла ахьыҧшымра асимвол хада – Аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭыхуа, Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи ирылсуеит.
2014 шықәса нҵәаанӡа АҞӘАФОН иазҧхьагәаҭаны иамоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ даҽаџьарагьы ақәыргылара. Уи ықәыргылахоит Тамшь ақыҭа Ануаа-рхәаҿы. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ари аҭыҧ аҿы изныкымкәа имҩаҧысхьан ишьаарҵәыроу ажәыларақәа.
ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша