25-12-2014
Адокументалтә фильм “Мрагыларатәи афронт”
Адокументалтә фильм “Мрагыларатәи афронт”
Ҧхынҷкәын 25, 26, 27 асааҭ 21:50 рзы Аҧсуа телехәаҧшра аефир аҿы иддырбараны иҟоуп х-сериак змоу адокументалтә фильм “Мрагыларатәи афронт”. Афильм авторс дамоуп Аҧсни Урыстәылеи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла – Б.Р.Џьапуа.
АҞӘАФОН аспонсорра ҟанаҵеит афильм асериақәа ахҧагьы профессионалтә бжьыла аҭаҩразы. Уи еиҿкаан абжьҭаҩратә студиа «АМА RECORDS» аҿы. “Мрагыларатәи афронт” – Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҿы имҩаҧысуаз аибашьратә хҭысқәа ирызку фильмуп. Уи шьаҭас иаиуит Аҧсны атәылахьчаратә министрреи Аҧсуа ҳәынҭқарратә архиви рдокументқәа.
Автор иажәақәа рыла, афильм аҧҵара зегь раҧхьаӡагьы изыдҳәалоу 1992-1993 шш. рзтәи аибашьра аҭоурых аҿы Мрагыларатәи афронт ишахәҭоу еиҧш иҭҵаам. Афильм аҿы инарҭбааны ицәыргахоит аибашьратә хҭысқәа рыхсаалақәеи асхемақәеи, ашифрограммақәеи, аҧсацәа рган аҟнытә еиҧш ақырҭцәа рган аҟнытәгьы иҟаҵаз адҵақәа, аҕа ирадиобжьҧаарақәа.
ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша