18-12-2014

Амузыкатә проект “Сара сашәа” агала-концерт

news_name

Амузыкатә проект “Сара сашәа” агала-концерт

2013 шықәса ҧхынҷкәын мзазы раҧхьаӡа акәны Аҧсуа Радио аефир аҿы ицәырҵит амузыкатә проект “Сара сашәа” актәи аҭыжьымҭа. Уи апроект аҧҵараан автор Сусанна Саӡба хықәкы хадас ишьҭылхит аҧсуа естрадатә музыка аларҵәара, аҧсуа ашәаҧҵаҩцәеи анагӡаҩцәеи рыцхраара, аҧсуа милаҭтә музыкарҳәаҩцәа рырҿиареи, рылшарақәеи, реихьӡарақәеи азыӡырҩцәа рызнагара.

Арадиоконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны есымчыбжьа имҩаҧыргон амузыкатә композициақәа рхит-парад. Уи аиҿкаараҿы анырра ҟарҵон арадиозыӡырҩцәа рыбжьқәа. Дарбанзаалак арадиозыӡырҩы илшон игәаҧхаз акомпозициа анҵаны SMS-аацҳамҭа ашьҭра.  Амчыбжь анынҵәоз иалкаахон ахит-парад аҧхьагылаҩцәа – мызкы аҩныҵҟа зегь реиҳа ирылаҵәаз анагӡаҩи зегь реиҳа активра аазырҧшыз азыӡырҩи рзыҳәан. Уи анаҩсангьы амчыбжь анҵәамҭазы ахит-парад аҿы аиааира згази игәаҧхаз акомпозициа дадгыланы зегь иреиҳаны SMS-аацҳамҭақәа зышьҭызи АҞӘАФОН ирынаҭон аимадара акорпоративтә аалыҵқәа реизга.

Ҧхынҷкәын 15 рзы  Аҧсны раҧхьатәи арҿиаратә радиоконкурс хыркәшан ашықәс ҿыц аламҭалазтәи агала-концерт ала. Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы иқәгылеит апроект иалахәыз зегьы, иара убасгьы аҧсуа естрада артистцәа.

Унацәа узрыламҵо азал ҩынзырҭәааз ахәаҧшцәеи акыраамҭа еихымсыҕьуаз анапеинҟьабжьқәеи зеиҕьҭам ала агәра удыргон апроект қәҿиарала ишхыркәшахаз.

Есышықәса рхыҧхьаӡара иазҳауеит АҞӘАФОН ацхыраарала иалыршахо, ҳреспублика акультура аизырҳара иазырхоу апроектқәа. Аҧсуа авторцәа рырҿиаратә ҧсҭазаара иацхрааз амузыкатә проект “Сара сашәа”, хымҧада, ахатәы лагала ҟанаҵеит амилаҭтә естрадатә ашәа аизҳареи аларҵәареи рус аҿы.

  

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша