18-12-2014
Амузыкатә проект “Сара сашәа” агала-концерт

Амузыкатә проект “Сара сашәа” агала-концерт
2013 шықәса ҧхынҷкәын мзазы раҧхьаӡа акәны Аҧсуа Радио аефир аҿы ицәырҵит амузыкатә проект “Сара сашәа” актәи аҭыжьымҭа. Уи апроект аҧҵараан автор Сусанна Саӡба хықәкы хадас ишьҭылхит аҧсуа естрадатә музыка аларҵәара, аҧсуа ашәаҧҵаҩцәеи анагӡаҩцәеи рыцхраара, аҧсуа милаҭтә музыкарҳәаҩцәа рырҿиареи, рылшарақәеи, реихьӡарақәеи азыӡырҩцәа рызнагара.
Арадиоконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны есымчыбжьа имҩаҧыргон амузыкатә композициақәа рхит-парад. Уи аиҿкаараҿы анырра ҟарҵон арадиозыӡырҩцәа рыбжьқәа. Дарбанзаалак арадиозыӡырҩы илшон игәаҧхаз акомпозициа анҵаны SMS-аацҳамҭа ашьҭра. Амчыбжь анынҵәоз иалкаахон ахит-парад аҧхьагылаҩцәа – мызкы аҩныҵҟа зегь реиҳа ирылаҵәаз анагӡаҩи зегь реиҳа активра аазырҧшыз азыӡырҩи рзыҳәан. Уи анаҩсангьы амчыбжь анҵәамҭазы ахит-парад аҿы аиааира згази игәаҧхаз акомпозициа дадгыланы зегь иреиҳаны SMS-аацҳамҭақәа зышьҭызи АҞӘАФОН ирынаҭон аимадара акорпоративтә аалыҵқәа реизга.
Ҧхынҷкәын 15 рзы Аҧсны раҧхьатәи арҿиаратә радиоконкурс хыркәшан ашықәс ҿыц аламҭалазтәи агала-концерт ала. Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы иқәгылеит апроект иалахәыз зегьы, иара убасгьы аҧсуа естрада артистцәа.
Унацәа узрыламҵо азал ҩынзырҭәааз ахәаҧшцәеи акыраамҭа еихымсыҕьуаз анапеинҟьабжьқәеи зеиҕьҭам ала агәра удыргон апроект қәҿиарала ишхыркәшахаз.
Есышықәса рхыҧхьаӡара иазҳауеит АҞӘАФОН ацхыраарала иалыршахо, ҳреспублика акультура аизырҳара иазырхоу апроектқәа. Аҧсуа авторцәа рырҿиаратә ҧсҭазаара иацхрааз амузыкатә проект “Сара сашәа”, хымҧада, ахатәы лагала ҟанаҵеит амилаҭтә естрадатә ашәа аизҳареи аларҵәареи рус аҿы.
Приложение Aquafon
Установите мобильное приложение Aquafon — это бесплатный и удобный способ управлять своими услугами связи. С его помощью легко проверить и пополнить баланс, сменить тариф, подключить дополнительные услуги и опции.
- Android
- iOS
-
Отсканируйте камерой смартфона QR‑код.
-
Загрузите файл на ваш смартфон. Нажмите «Да», если поступит запрос.
-
Нажмите на скачанный файл, чтобы запустить установку приложения.
-
Нажмите «Установить». Если смартфон запросит разрешение — выдайте его, нажав «Разрешить из этого источника».
-
Готово
Заходите в приложение и управляйте своим номером и услугами.
-
Нажмите кнопку «Скачать» — начнется загрузка файла на ваш смартфон. Нажмите «Да», если поступит запрос.
-
Нажмите на скачанный файл, чтобы запустить установку приложения.
-
Нажмите «Установить». Если смартфон запросит разрешение — выдайте его, нажав «Разрешить из этого источника».
-
Дождитесь установки. Заходите в приложение и правляйте своим номером и услугами.
-
Отсканируйте QR‑код — откроется страница приложения в App Store.
-
Нажмите кнопку Загрузить.
-
Дождитесь окончания загрузки и войдите в приложение Aquafon.
-
Готово
Заходите в приложение и управляйте своим номером и услугами.
-
Нажмите кнопку ниже — откроется страница приложения в App Store.
-
Нажмите кнопку «Загрузить».
-
Дождитесь окончания загрузки. Заходите в приложение и управляйте своим номером и услугами.