06-10-2014

Ателехәаҧшратә проект “Атеатри аамҭеи”

news_name

Ателехәаҧшратә проект “Атеатри аамҭеи” 

Цәыббрамза 28 рзы АҞӘАФОН спонсор хадас иаманы ихацыркын ателехәаҧшратә проект “Атеатри аамҭеи”. Уи хықәкы хадас иамоуп амилаҭтә театри аҧсуа хәаҧшцәеи ртрадициатә еимадарақәа реиҭарҿиара.

Апроект автор – атеатрҭҵааҩы, аҟазараҭҵаара акандидат, ажурналист Светлана Корсаиа.

Ари апроект ҳаамҭазтәи ателехәаҧшцәа иднардыруеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иреиҕьу ақәыргыламҭақәа рҭоурых, иналукааша уи аҟазацәа рырҿиара, иара убасгьы аҽазнашәоит ателехәаҧшцәа ирҿыцу, ҳаамҭазтәи атеатр арҿиаратә процесс  ралархәра.

Апроект агәҭакы хадақәа – аҧсуа театртә ҟазареи аҧсуа ҳәынҭқарратә бызшәеи раларҵәара, аҧсуа уаажәларреи ҳаамҭазтәи амилаҭтә театри реимадара арыҕәҕәараҿы ацхыраара аҟаҵара, иреиҕьу атеатртә традициақәа реиҭарҿиара.

Аамзы рыҩныҵҟала апроект “Атеатри аамҭеи” аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсуа телехәаҧшра аефир аҿы ицәырҵуеит атематикатә ҭыжьымҭақәа ааба: “Атеатр Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраан”, “Раҧхьаӡатәи аҧсуа театртә студиа 80 шықәса ахыҵра”, «Аҧхарра аамҭа», «Н.Ешба лтеатр», “Атеатр 70-тәи ашықәсқәа рзы. Д.Кәартаа. М.Мархолиа.”, “Аиҭакрақәа раамҭа. Атеатр 80-тәи ашықәсқәа аҩбатәи азыбжа инаркны”, “Агастрольтә ҧсҭазаара”, “Атеатртә сахьаҭыхҩы”, “Амузыка атеатр аҿы”, “Атеатр иахьа”.

  Адырраҭара асасцәа –  Аҧсуа театр аҭоурыхи, иахьатәи амши, уаҵәтәи аҧеиҧши ртәы згәалазыршәо, еиҭазҳәо  актиорцәеи арежиссиорцәеи.

 

 ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша