07-04-2014

Ашахмат асразы V Жәларбжьаратәи аиндаҭлара «АҞӘАФОН-OPEN»

news_name

Ашахмат асразы V  Жәларбжьаратәи аиндаҭлара  «АҞӘАФОН-OPEN»

Мшаԥымза  5 инаркны 6-нӡа Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысуан V Жәларбжьаратә шахматтә  аиндаҭлара «АҞӘАФОН-OPEN». 2010 шықәса раахыс Аилахәыра АҞӘАФОНи,  Аԥсны ашахмат Афедерациеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки есышықәса А. Карпов ихьӡ зху ахәыҷтәы шахматтә школ аҿы еизыргоит ашахмат асыҩцәа зегьы еилых ҟамҵакәа. Аиндаҭлара рхы аладырхәуеит Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿынтәи аспортсменцәеи Аладатәи Урыстәылантәи асасцәеи.

Мшаԥымза  5  рзы Аиндаҭлара аартын, ара  еизеит аспортсменцәа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала абзиабаҩцәагьы.

Ҩымш рыҩныҵҟа иалкаахеит 2014-тәи  ашықәсазы аветеранцәа инадыркны ахәыҷӡақәа рыҟнынӡеи зегьы иреиӷьхаз ашахмат асыҩцәа. Аиндаҭлара аноминациақәа зегьы рҟны аиааира згаз зегьы рзы имазеин агәаларшәагатә медалқәеи, аграмотақәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи. Аицлабразы иаԥҵаз аҳамҭатә фонд сынтәатәи ашықәс азы  77 000 мааҭ итәеит.

Аицлабрақәа аԥхьатәи амш инаркны  алахәыҩцәа  иаадырԥшит ашахмат асразы зыда ԥсыхәа ыҟам ахәыцра ҵаулеи акрычҳареи.

Ҳәарада, ҩымш ицоз Аиндаҭлара аспортсменцәа ирнаҭеит аемоциа бзиақәа, иара убас рықәлацәеи дареи гәаартыла еицәажәаратәы алшара, иара убас зегьы ирыцку – ашахмат асраҿы дасу имч-илша аԥышәара.

Аилахәыра  АҞӘАФОН асоциалтә хықәкқәа рыҟны Аԥсны аспорт арҿиара ацхыраара аҭара аҭыԥ хада ааннакылоит. Гәабзиарала иҭәу аԥсҭазаареи, аспорт  амассатә ҟазшьа аҭареи  рзы АҞӘАФОН апропаганда ҟаҵо аԥаратә цхыраара рнаҭоит аспорт иадҳәалоу аусқәа  рымҩаԥгараҿы, иара убас ахахьы иагоит  аспорттә еиндаҭларақәа хкы рацәала раԥшьгаратә усқәагьы. Ашахмат асразы Жәларбжьаратәи аиндаҭлара «АҞӘАФОН-OPEN» урҭ рахь рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша