15-07-2014

АҞӘАФОН аҳамҭа рынаҭеит акциа «Имшу абонент» аҟны аиааира згаз

news_name

АҞӘАФОН  аҳамҭа рынаҭеит акциа «Имшу абонент» аҟны аиааира згаз

 

2014 ш. азы, ԥхынгәымза 1 инаркны 11-нӡа  Аилахәыра  АҞӘАФОН Амаҵзура   Ҭыԥқәа зегьы  рыҟны имҩаԥысуаз «Имшу абонент» захьӡу акциаҿы  аиааира згаз уи аԥҵеижьҭеи 11 шықәса аҵра инамаданы, ԥхынгәымза 15 аҽны  аҳамҭақәа рырҭеит.

АҞӘАФОН  абонентцәа  11 мшы рыҩныҵҟа Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы иҟоу АҞӘАФОН  Абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥқәа 11 рыҟны  иргылаз акәалаԥ ҷыдақәа ирҭадыршәуан  иршәоз ахәԥса  ачекқәа.

*хынгәымза  12  аҽны урҭ ачекқәа зегьы рыҟнытә изтәу  дызусҭоу иахәамԥшӡакәа иалырхуа мацара иалкаан аиааира згаз 11-ҩык:

  • Аӡынба Ирина
  •  Адлеиба Олег
  • Аиба Сандра
  • Аҭрышба Саид
  •  Гогьиа Давид
  • Ӡиӡариа Алиас
  • Қардаа Даур
  • Кәыҵниа Рита
  • ?әыџьба Гарри
  • Цхадаиа Виолетта
  • Шефер Александра

Арҭ зегьы  iPad Air  планшетқәа ҳамҭас  рыҭаразы инаԥхьан Аилахәыра АҞӘАФОН ашҟа.

*хынгәымза 15  аҽны акциаҿы аиааира згаз зегьы ааԥхьара рыҭан Аҭынчра апроспект, 80 аҭыӡҭаҿы иҟоу Амаҵзура Ҭыԥ аҿы имҩаԥысуаз агәырӷьаратә еилатәара ашҟа. «Имшу абонентцәа» зегьы  АҞӘАФОН  аусзуҩцәа  рнапала ирырҭеит дасу  ирықәнагаз  аҳамҭақәа. Алахәыҩцәа реиҳараҩык ирҳәеит Аилахәыра  аҟнытә  ргәырҽанӡамкәа аиааира шыргаз азы аҭел иасны ирарҳәаз ажәабжь ргәы ишахәаз.

Есышықәса, иара анаԥҵаз Амш аҽны, АҞӘАФОН иара  абонентцәа рзы аҳамҭақәа архиоит. Аилахәыра имҩаԥнагаз «Имшу абонент» захьӡу акциа ҟалеит АҞӘАФОН Амш ира  инамаданы, иара алшарақәеи  аихьӡарақәеи  еснагь иззынархоу АҞӘАФОН  ахархәаҩцәа рахь иаанарԥшуа  аҳаҭырқәҵара  атәы зҳәо  аҳамҭақәа ируакны.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша