Условия предоставления услуг сотовой связи

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Иарку акционертә еилазаара «АКВАФОН-GSM» аимадаратә маҵзурақәа рыҟаҵаразы
                                         АԤҞАРАҚӘА

I-тәи АҞӘША. Азеиԥштә ԥҟарақәа
Арҭ аԥҟаррақәа ирықәыршәаны Аоператор  иҟаиҵо амаҵзурақәа мҩаԥгахоит ахәҳахәҭратә дырга «АКВАФОН-GSM» ахьӡ аманы.
Ахәҳахәҭратә дырга «АКВАФОН-GSM» ишахәҭоу еиԥш ашәҟәы иҭагалоуп, иара убасгьы Ареспублика Аԥсны аус зуа азакәанԥҟара инақәыршәаны ихьчоуп.

 1-тәи ахәҭаҷ. Аусура асфера.
1.1. Арҭ аԥҟарақәа аус рыдулоуп Аԥсны Ареспубликаҿы иҟоу азакәанԥҟара инақәыршәаны,  насгьы Амаҵзурақәа зхы иазырхәо Абоненти аимадара Аоператори рыбжьара аизыҟазаашьа еиҿнакаауеит.
1.2. Аимадаратә маҵзура амҩаԥгаразы Аиқәышаҳаҭратә ԥҟарақәа шьақәиргылоит Аоператор ихала, урҭ  Аԥсны Ареспублика Аграждантә Кодекс 426-тәи ахәҭаҷ аҵакы ала, уи Аԥҟарра  хаз игоу атәылауаҩы, аиндивидуалтә наплакҩы, мамзаргьы аиуристтә хаҿы,  даҽакала акәымкәа, ишынеибакәу мацара   идикылар зылшо иаарту офертоуп (жәалагалоуп).


 2-тәи ахәҭаҷ. Аҳәаақәҵарақәа.
2.1.     Арҭ  Аԥҟарақәа рхықәкқәа рзы рхы иадырхәоит  ихадоу абарҭ аилкаарақәеи аҳәаақәҵарақәеи:
2.1.1. «Абонент» - арҭ ахықәкқәа рзы  абоненттә номер (аномерқәа) рзылхра аан зыҟны Аиқәышаҳаҭра  бжьарҵаз хаз игоу ахаҿы (атәылауаҩы), аиндивидуалтә наплакҩы, мамзаргьы аиуристтә хаҿы иоуп ;
2.1.2. «Абоненттә интерфеис» - Аоператор иеимадаратә хархәагақәа Абоненттә шьақәыргыламҭа рымадара алзыршо Абоненттә шьақәыргыламҭа  анашьҭратә хышәара-ҵышәара, иара убасгьы иформалратәу  урҭ русеицуратә еизгара ауп;
2.1.3. Аиқәышаҳаҭра аус ауанаҵы, Аимадаратә аҳаҿы Аоператор абонент изылихуа аномер ауп. Уи хымԥада иҳәаақәнаҵоит (аиденфикациа азнауеит) зыҟны SIM-карта мамзаргьы eSIM шьақәыргыланы, Аоператор иеимадаратә аҳа иаҿаку Абоненттә шьақәыргыламҭа;
2.1.4. «Абоненттә хәԥса» -  Иҳәаақәҵоу (Аҳасабыркратә) аамҭа  иалагӡаны зҽызмыԥсахуа, абонент фактла иоуа Амаҵзура амҽхак иахьыԥшым шәагаауп. Абоненттә хәԥса аныхратә ԥҟара ҳәаақәҵоуп атарифтә план, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацу аилаӡарақәа рыла;
2.1.5. «Абоненттә шьақәыргыламҭа» - Абонент закәанла иитәу техникатә хархәагоуп, уа иалоуп Абонент Аоператор Имаҵзурақәа ихы иаирхәартә еиԥш алшара изҭо апрограмматә еиқәыршәарақәа; Абоненттә шьақәыргыламҭа иамазароуп  Атарифтә план аҿы иарбоу атехнологиақәа рыла аусура алзыршо ацҵақәа (Абоненттә интерфеис).  Урҭ рыцхыраарала ауп ишалыршахо Амаҵзурақәа рымҩаԥгара.
2.1.6. «Автоматизациа зызу ацентр» —иавтоматтәу адкылареи аелектроеимадареи (иара убас аамҭакала еицнеиуа ателефон асрақәеи, афакс ала аацҳарақәеи, аелеқтронтә пошьҭеи, SMS уҳәа иҵегьы), иара убасгьы аелеқтроеимадаратә аацҳарақәа еихшаны рышьҭра алзыршо маҭәахәуп;
2.1.7. «SIM-карт активациа азура» - SIM-карта активтәра» - SIM-картеи, мамзаргьы  eSIM-и  Амаҵзурақәа рышҟа инеиртә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭара;
2.1.8.  «Абонент Ихаҿытә ҳасабырба абаланс» - Абонент ихы иаирхәо Амаҵзурақәеи  Абонент зыхә ишәаз Амаҵзурақәеи рыбжьара иҟоу реиԥшымра аҳасабала, ҳасабыркрала иҳәаақәҵоу ахыԥхьаӡара;
2.1.9. «Абиллингтә система» - Иҟаҵоу амаҵзурақәа рымҽхак аԥхьаӡаразы, Амаҵзурақәа рыхә ашәаразы иалаҵоу, иныху аԥарақәа ҳасаб рзуразы иҟоу асертификациа зызу иавтоматтәу Аоператор исистема;
2.1.10. «Аномер аблокада азура» - Абонент ихацыркрала, Амаҵзурақәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭакахьала раанкылара (Аоператор иеимадара Аҳа ацхыраарала ахархәара змоу иҳәаақәҵоу Амаҵзурақәа рыхәҭак аԥкра);
2.1.11. Аԥсны Аҳәынҭқарра  азакәанԥҟара иаҵанакуа ишьақәыргылоу ихымԥадатәиу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәаланы Аоператор иеимадаратә Аҳаҿы аус зуа Абоненттә шьақәыргыламҭа;
2.1.11. Аԥсны Аҳәынҭқарра  азакәанԥҟара иаҵанакуа ишьақәыргылоу ихымԥадатәиу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәаланы Аоператор иеимадаратә Аҳаҿы аус зуа Абоненттә шьақәыргыламҭа;

 2.1.12. «Ахәшәара амш» - (а)  Аоператор иаҳасабырбаратә     ԥхьаӡара ашҟа инапынҵадоу   хшәаарала аԥарақәа анҭаҵахо амш; (б) Абанктә картала аҳасабырбара аан абанктә карта авторизациа аназухо амш; (в) Аоператор икассаҿы, мамзаргьы Аоператор ихьӡала аԥара адкылара  азин змоу  ркассаҿы напынҵала аԥара анрыдыркыло амш; (г)Аинтернет ала ахә ашәара анымҩаԥысуа,  ахәшәаратә система асаит аҟнытә ианымҩаԥырго амш; (д) Атерминал аҿы ахәшәара анымҩаԥысуа, ахәшәаратә терминал ала ахәшәара анымҩаԥырго амш;
2.1.13. «Аимадаратә маҵзурақәа рыҟаҵаразы аиқәышаҳаҭра» (Аиқәышаҳаҭра) – Аоператор ишьақәиргылаз аԥҟаррақәа ирҭагӡаны, Абоненти Аоператори ирыбжьарҵо аиқәышаҳаҭра. Уи Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхо хәҭақәаны иҟоуп: Абонент инапы зҵаиҩуа, Амаҵзура амҩаԥгаразы  Аганқәа реизыҟазаашьа ҳәаақәызҵо аинформациатә карта, мамзаргьы иарбанзаалак даҽа документк, ари Аԥҟарра, Атарифтә план.
2.1.14. «Ихарҭәаау амаҵзурақәа» - Аоператор ихаҭа, иара убас/ мамзаргьы Аимадаратә Маҵзурақәа технологиатәла иузаҟәымҭхо ирыдҳәалоу егьырҭ ахаҿқәа  адгаланы имҩаԥырго, ахархәаҩ иҭахрақәа ҩаӡара ҳаракыла рынагӡара хырхырҭас измоу Амаҵзурақәа.  Урҭ рынагӡашьеи, рыхә ашәареи, иара убасгьы Ихарҭәаау амаҵзурақәа ирышьашәалоу ахәԥсеи ҳәаақәызҵо Аоператор иоуп. Мамзаргьы уи ахәԥса ашәашьа  даҽа мҩакала абонент иҟынӡа инагахоит. Уи зегьы  Аоператор ишьақәиргылаз аԥҟаррақәа Абонент ианидикыла нахыс, Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхо иахәҭакны иҟалоит;
2.1.15. «Атарифыркра ак» - аимадара аамҭа, Амаҵзурақәа рымҽхак, Абонентә шьақәыргыламҭа ахархәарала абонент иҭаз ( иоуз) аинформациа амҽхак, иара убас Абонент иҟаиҵо иарбан зҵаатәхәызаалак, абонент иҳәаақәиҵо Атарифтә план ала ишьақәыргылоу, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацу аиқәышаҳаҭрақәа рыла еилкаау ахәԥса ашәара аиҿкаашьа ;
2.1.16. «Аоператор иеимадаратә аҳа амаҵзура ахьымҩаԥысуа азона» - Аоператор иеимадаратә аҳа аус ахьауа, Амаҵзура амҩаԥгаразы аоператор ишьақәирӷәӷәаз атехникатә лшарақәа рҳәаа аҩныҵҟа иҟоу, аҳа аимадаратә еиҿаԥсарҭақәа зегьы рыдгьылҵакырақәа реидкыла аҿы;
2.1.17. «Аидентификациа ҟазҵо» - Аоператор ишьақәиргылаз аформеи, иара убасгьы Абонент аидентификациа изуразы ахархәара зиҭо абоненттә номер, адокумент, ажәа, адыргақәа реишьҭагылашьа (анбанқәа, ахыԥхьаӡара), мамзаргьы даҽа информациак ауп;

2.1.18. «Аоператор изы аконтакттә Центр» - Амаҵзурақәа зегьы ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иара убасгьы аинформациатә-еилкааратә маҵзура назыгӡо маҵзуроуп;

2.1.19. «Абонент ихаҿытә ԥхьаӡара» - Абонент изыҟаҵоу Амаҵзурақәа раҳасабырбаразы, иара убас  Амаҵзурақәа рыхә ашәаразы абонент ихаҿытә ԥхьаӡараҿы  иҭаҵои иныхыуи аԥарақәа знырҵо Аоператор и-Биллингтә система;

2.1.20. «Ахатәы кабинет» - Аоператор абонент ихамаҵзуратә системазы  еиҿикаауа ауп. Уахь аҭалара рылшоит авторизациа змоу Абонентцәа - Аинтернет аҳа ацхыраарала, рхала Амаҵзурақәа анапхгара рыҭаразы, иара убас урҭ ирыдҳәалоу аинформациа аиуразы;
2.1.21. «Ароумингла ахыԥхьаӡарала» - Ароуминг аҿы даныҟаз аамҭа иалагӡаны, Абонент  Аоператор ироумингтә партниорцәа изынарышьҭыз адыррақәа рышьаҭала, Абонент ихаҿытә ԥхьаӡараҿы ианыԥшуа Амаҵзурақәа рыхәԥса (Ароуминг аҿы даныҟаз изыҟаҵаз Амаҵзурақәа рыхәԥса;
2.1.22. «Аоператор» - Иаркыу акционертә уаажәларра «АКВАФОН-GSM», Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу, ИНН 11000770, КПП 111000226, ОГРН 107РА000319,  ҭыӡҭыԥс измоу: Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ.. Аҟәа, ул. Гәымысҭатәи амҩаду, 14;

2.1.23. «Аҿакра» ( анашьҭразы алшара аҟаҵара)   Аоператор иеимадаратә Аҳа ашҟа абонент инашьҭра» -  Аоператор и-SIM-картеи, мамзаргьыи- eSIM, убас аимадара Аҳа иалоу аимадаратә хархәагақәеи разырхиаразы, иара уи SIM-картеи, мамзаргьы eSIM-и рхархәарала Абонент имаҵзура алыршаразы  иҟаиҵо аиҿкааратә-техникатә усзурақәа зегьы реизакыра;
2.1.24. «Аҿыхра ашәхымс» - Збаланс аҩаӡара минималтәны иҟалар зылшо  Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡара. Уи аҟынӡа ианнеи нахыс Абонент Имаҵ аура  аанкылахоит. Аҿыхра ашәхымс арбоуп Атарифтә план аҿы;

2.1.25. «Аоператор ихаҭарнак» - Аоператор ихьӡала аиуристтә ҵакы змоу, иара убас егьырҭ аусқәагьы рыҟаҵаразы Аоператор анапынҵа зиҭо ахаҿы;

2.1.26. «Аимадара аҳала еихшаны ашьҭра» – Иласу ардиотелефонтә еимадарала икьаҿу атексттә дырраҭарақәа (иҳәаақәҵоу еишьҭагылашьа еиқәыршәоу анбанқәеи, мамзаргьы адыргақәеи рыла иҟаҵоу), иара убасгьы икьаҿу атекст еиқәыршәаны икьаҿу адырраҭара адәықәҵара, иара убасгьы автоматтә ҳасабла аамҭакала, мамзаргьы еишьҭагылашьала изаураны иҟоу абонентцәа заанаҵы иҳәаақәҵоу рсиа ашҟа икьаҿу атексттә дырраҭарақәа рышьҭра. Аоператор иеимадаратә аҳа ала еихшаны адырраҭара ашьҭра ҟарҵоит ашьҭрақәа ралыршаразы Амаҵзурақәа ирызку аиқәышаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны;

2.1.27. «Аԥхьаӡаратә аамҭа» -  Аоператор даҽа аамҭак шьақәыимыргылазар, уи аамҭа мызктәи амзартә аамҭа иаҟароуп;
2.1.28. «Ароуминг» -  Абонент Аоператор иеимадаратә аҳа анҭыҵ даныҟоу, (Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра иаҷыдангьы, анҭыҵ) Аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу SIM-акартеи, мамзаргьы eSIM-и рыцхыраарала, Ароумингтә партниор иеимадара аҳала, абонент Амаҵзурақәа рхархәаразы алшара иҭароуп. Ароуминг аҭара ҟалоит Аоператор иҳәаақәиҵо иацу аԥҟаррақәа рыла. Ароуминг аҭараан Амаҵзурақәа ирыҵаркуеит иара убасгьы Аоператор и-Роумингтә партниорцәа иҟарҵо амаҵзурақәагьы;

2.1.29. «Аоператор и-Роумингтә партниор» - Аоператор иеимадаратә Аҳа анҭыҵ Абонент Амаҵзурақәа риуразы алшара иҭара азыҳәан Аоператор иҟаиҵо аиқәышаҳаҭратә шьаҭала Абонент амаҵзурақәа изыҟазҵо аимадаратә аоператор;
2.1.30. «Аоператор исаит» -  Аинтернет  аҳаҿы  Аоператор исаит www.aquafon.com;



 I-тәи Аҟәша. Азеиԥштә ԥҟарақәа

Арҭ аԥҟарақәа инарышьашәаланы Аоператор иҟаиҵо аусурақәа зегьы мҩаԥгахоит ахәҳахәҭратә дырга «АҞӘАФОН- GSM» ала. Ахәҳахәҭратә дырга «АҞӘАФОН – GSM» иахьазы аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа инарықәыршәны, ишахәҭоу ала ашәҟәы иҭагалоуп, иагьыхьчоуп.

1-тәи ахәҭаҷ.  Аусура ахырхарҭа

1.1. Арҭ аԥҟарақәа иахьазы аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара ианқәыршәаны аус рыдулоуп, хықәкыс ирымоугьы Амаҵзурақәа здызкыло Абоненти Аоператори амаҵзурақәа рыҟаҵараан реизыҟазаашьақәа рырманшәалароуп.
1.2. Аоператор ихала ишьақәиргылоит  Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа.
     Урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Кодекс  426-тәи ахәҭаҷ  ишаҳәо ала, иаарту офертоуп (жәалагалоуп), атәылауаҩы, ихазхаҭалатәу анаплакҩы, мамзаргьы аиуристтә хаҿы ирыдыркылар алшоит хымԥада ишынеибакәу Аԥҟарақәа зегьы еидкыланы рыдкылара мацарала.  
Статья 2.  Аҳәаақәҵарақәа.
2.1. Арҭ Аԥҟарақәа рхықәкы азы ахархәара рымоуп абарҭ аилкаара хадақәеи аҳәаақәҵарақәеи.:
2.1.1. «Абонент» - арҭ ахықәкқәа инарықәыршәаны, абоненттә номер (аномерқәа) изылхразы Аиқәышаҳаҭра зыбжьарҵо хаз игоу ауаҩы (атәылауаҩы), ихазхаҭалатәу анаплакҩы, мамзаргьы аиуристтә хаҿы;
2.1.2. «Абоненттә интерфеис» - Аоператор иеимадаратә хархәагақәеи Абонент ишьақәыргыламҭеи реидҳәалара, иара убасгьы урҭ реидҳәалара формалтә ҳасабла реизга алзыршо Абоненттә нашьҭра ашәагаақәа;
2.1.3. «Абоненттә  номер» - Аоператор иеимадаратә аҳаҿы, Аиқәышаҳаҭра аамҭа иҭагӡаны, Аоператор Абонент изалихуа аномер. Уи хымԥада иҳәаақәнаҵоит (аидентификациа азнауеит) Аҳаҿы иаҿаку, SIM-картеи, мамзаргьы  eSIM-и змоу ашьақәыргыламҭа;  
2.1.4. «Абоненттә хәшәара» - Иҳәаақәҵоу (Аҳасабырбаратә) аамҭа иҭагӡаны, ԥсахра зқәымкәа иҟоу, фактла абонент иоуа Амаҵзурақәа рымҽхак иахьыԥшым, абонент иишәо ахәԥса. Абоненттә хәԥса аныхшьа - атарифтә план, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацҵоу аиқәышаҳаҭрақәа рыла иҳәаақәҵоуп;
2.1.5. «Абоненттә шьақәыргыламҭа» - Апрограмматә еиқәыршәара уахь иналаҵаны, Абонент Аоператор Имаҵзурақәа рышҟа дназышьҭуа, Абонент закәанла инапаҵаҟа иҟоу  атехникатә хархәагақәа.  Абоненттә шьақәыргыламҭа иамазароуп Атарифтә план аҿы иарбоу, урҭ атехнологиақәа русура алзыршо, зыцхыраара ала Амаҵзурақәа зланарыгӡо ацҵақәа (Абоненттә интерфеис);
2.1.6. «Иавтоматтәу ацентр» -   аелеқтроеимадарала иҟаҵоу адырраҭарақәа (уа иҟоуп аамҭакала инеиз ателефон асрақәа, факсла, елеқтронтә пошьҭала, SMS уҳәа рыла  инеиуа адырраҭарақәа) автоматтәла рыдкылареи аус рыдулареи алзыршо ашьақәыргыламҭа. Иара убасгьы уи иалнаршоит  аелеқтроеимадаратә дырраҭарақәа реихшара;
2.1.7. «SIM-карта активтәра азура» -  SIM-картеи, мамзаргьы  eSIM-и, Амаҵзурқәа рышҟа анеира алыршахартә еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы рнагара;
2.1.8. «Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡара абаланс» -  Абонент ихы иаирхәаз Амаҵзурақәеи уи азы иишәаз ахәԥсеи реиԥшымра аҳасабала, Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡараҿы иҟоу адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны, ҳасабырбарала иҳәаақәҵоу ахыԥхьаӡара;
2.1.9. «Абиллингтә система» - абонент изыҟаҵоу Амаҵзурақәа рымҽхак  ҳасаб азуразы, Амаҵзурақәа рыхә ашәаразы иҭагалоу аԥарақәа рҭалареи рныхреи агәаҭаразы иҟоу асертификатра зызу иавтоматтәу Аоператор исистема;
2.1.10. «Аномер аблок аҿы ақәыргылара» - Абонент ихацыркрала, Аоператор иҟаиҵо зынӡаск, мамзаргьы хәҭакахьала Амаҵзурақәа раанкылара (Аоператор иеимадаратә Аҳа ацхыраарала, абонент иоуа Амаҵзурақәа рҟнытә иҳәаақәҵоу хәҭак аԥкра) ;
2.1.11. «Абоненттә шьақәыргыламҭа ахкы (атип)» - Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аус зуа азакәан ишьақәнаргылаз атехникатә ҭахрақәа хымԥада ирышьашәалоу, Аоператор иеимадаратә Аҳаҿы аус зуа Абоненттә шьақәыргыламҭа;
2.1.12. «Ахә ашәара амш» - (а) Инапынҵадоу хәшәарала Аоператор иаҳасабырбаратә ԥхьаӡара ашҟа аԥарақәа анҭало амш; (б) абанктә картала ахә ашәара анымҩаԥысуа аан, абанктә карта авторизациа аназыруа амш; (в) Аоператор икасса ашҟа, мамзаргьы Аоператор ахәԥса адкыларазы азин зиҭаз ихьӡала аус зуа  ркассақәа рышҟа напынҵала ахә ашәара амш; (г) Аинтернет ала ахә ашәараан асаит аҟнытә ахәшәара анымҩаԥысуа амш; (д) Ахә ахьыршәо атерминал аҿы ахә ашәара анымҩаԥысуа аан, ахәшәаратә терминал ала ахә аныршәо амш;
2.1.13. «Аимадаратә маҵзура аҟаҵаразы Аиқәышаҳаҭра» («Аиқәышаҳаҭра») - Абоненти Аоператори ирыбжьарҵо, Аоператор ишьақәиргылаз аформала иҟаҵоу Аиқәышаҳаҭра. Уи иалоуп Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхо иҟоу ахәҭақәа: аинформациатә карта, мамзаргьы Абонент инапы зҵаиҩуа даҽа документк, арҭ Аԥҟаррақәа, Амаҵзурақәа рыҟаҵараан Аганқәа реизыҟазаашьа ҳәаақәызҵо Атарифтә план;
2.1.14. «Иацҵоу амаҵзурақәа» - Хаҭала Аоператор, мамзаргьы технологиала аоператор иеимадаратә маҵзурақәа иузырҟәымҭхо ирыдҳәалоу, урҭ рхархәара ахаҭабзиара аҳаракра хырхарҭас измоу  егьырҭ ахаҿқәа адгаланы имҩаԥго амаҵзурақәа. Амаҵзурақәа рыҟаҵашьеи, ахә ашәареи, иара убасгьы Иацҵоу амаҵзурақәа рыхәԥсеи шьақәзыргыло Аоператор иоуп. Абонент уи идырдыруеит иашьашәалоу амаҵзурақәа рыҟаҵара инақәыршәаны, иара убасгьы Аоператор ишьақәиргылаз аԥҟарақәа инарықәыршәаны.  Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхуа хәҭакны иҟоуп;
2.1.15. «Атарифркра» - аимадаразы иаҭаху аамҭа, Амаҵзурақәа рымҽхак, Абоненттә шьақәыргыламҭа ахархәарала, ирыҭоу (ироуз) аинформациа амҽхак, иара убас Абонент  изыҳәара цыԥхьаӡа, Абонент итарифтә план ала иҳәаақәҵоу ахәԥсеи ахәшәашьеи, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацҵоу азааибагарақәа;
2.1.16. Аоператор иеимадаратә «Аҳа амаҵзуратә зона» – Амаҵзурақәа рыҭаразы Аоператор ишьақәырӷәӷәаны имоу атехникатә лшарақәа аус ахьыруа аҳәааҿы иҟоу, Аоператор иеимадаратә Аҳақәа зегьы реиҿаԥсарҭақәа зымаҵ руа адгьылаҵакырақәа реидкыла;
2.1.17. «Аидентификациа ҟазҵо» - Аоператор ишьақәиргылаз аформеи, иара убасгьы Абонент аидентификациа изуразы ахархәара зиҭо абоненттә номер, адокумент, ажәа, адыргақәа реишьҭагылашьа (анбанқәа, ахыԥхьаӡара), мамзаргьы даҽа информациак ауп.
2.1.18. «Аоператор изы аконтакттә Центр» - Амаҵзурақәа зегьы ирыдҳәалоу азҵаарақәа, иара убасгьы аинформациатә-еилкааратә маҵзура назыгӡо маҵзуроуп;
2.1.19. «Абонент ихаҿытә ԥхьаӡара» - Абонент изыҟаҵоу Амаҵзурақәа раҳасабырбаразы, иара убас  Амаҵзурақәа рыхә ашәаразы абонент ихаҿытә ԥхьаӡараҿы  иҭаҵои иныхыуи аԥарақәа знырҵо Аоператор и-Биллингтә система;
2.1.20. «Ахатәы кабинет» - Аоператор абонент ихамаҵзуратә системазы  еиҿикаауа ауп. Уахь аҭалара рылшоит авторизациа змоу Абонентцәа,   Аинтернет аҳа ацхыраарала, рхала Амаҵзурақәа анапхгара рыҭаразы, иара убас урҭ ирыдҳәалоу аинформациа аиуразы;
2.1.21. «Ароуминг ала ахыԥхьаӡарала» - - Абонент Ароуминг аҿы даныҟаз, Аоператор и-Роумингтә партниорцәа рҟнытә иоуз адырраҭарақәа шьаҭас иҟаҵаны, уи Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡараҿы иаирбо  Амаҵурақәа рзы Абонент иишәо ахәԥса;
 2.1.22. «Аоператор» - Иаркыу акционертә уаажәларра «АКВАФОН-GSM», Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу, ИНН 11000770, КПП 111000226, ОГРН 107РА000319,  ҭыӡҭыԥс измоу: Республика АбхазияАԥсны Аҳәынҭқарра, ақ.. Аҟәа, ул. Гәымысҭатәи амҩаду, 14;
2.1.23. «Аҿакра ( анашьҭразы алшара аҟаҵара)   Аоператор иеимадаратә Аҳа ашҟа абонент инашьҭра» -  Аоператор и-SIM-картеи, мамзаргьы eSIM, убас аимадара Аҳа иалоу аимадаратә хархәагақәеи разырхиаразы, иара уи SIM-картеи, мамзаргьы eSIM рхархәарала Абонент имаҵзура алыршаразы  иҟаиҵо аиҿкааратә-техникатә усзурақәа зегьы реизакыра;
2.1.24. «Аҿыхра ашәхымс» - Збаланс аҩаӡара минималтәны иҟалар зылшо  Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡара. Уи аҟынӡа ианнеи нахыс Абонент Имаҵ аура  аанкылахоит. Аҿыхра ашәхымс арбоуп Атарифтә план аҿы;
2.1.25. «Аоператор ихаҭарнак» - Аоператор ихьӡала аиуристтә ҵакы змоу, иара убас егьырҭ аусқәагьы рыҟаҵара Аоператор знапы ианиҵаз ауаҩы;
2.1.26. «Аимадара аҳала еихшаны ашьҭра» – Иласу ардиотелефонтә еимадарала икьаҿу атексттә дырраҭарақәа (иҳәаақәҵоу еишьҭагылашьа еиқәыршәоу анбанқәеи мамзаргьы адыргақәеи рыла иҟаҵоу), иара убасгьы икьаҿу атекст еиқәыршәаны икьаҿу адырраҭара адәықәҵара, иара убасгьы автоматтә ҳасабла аамҭакала, мамзаргьы еишьҭагылашьала изаураны иҟоу абонентцәа заанаҵы иҳәаақәҵоу рсиа ашҟа икьаҿу атексттә дырраҭарақәа рышьҭра. Аоператор иеимадара аҳа ала, адырраҭара еихшаны ашьҭра ҟарҵоит  ашьҭрақәа ралыршаразы Амаҵзурақәа ирызку аиқәышаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны;
2.1.27. «Аԥхьаӡаратә аамҭа» - Аоператор даҽа аамҭак шьақәыимыргылазар, уи аамҭа мызктәи амзартә аамҭа иаҟароуп;
2.1.28. Ароуминг» -  Абонент Аоператор иеимадаратә аҳа анҭыҵ даныҟоу, (Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра иаҷыдангьы,  анҭыҵ) Аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу SIM-картеи, мамзаргьы eSIM-и рыцхыраарала, Ароумингтә партниор иеимадара аҳала, абонент Амаҵзурақәа рхархәаразы, алшара иҭароуп. Ароуминг аҭара ҟалоит Аоператор иҳәаақәиҵо иацу аԥҟаррақәа рыла. Ароуминг аҭараан Амаҵзурақәа ирыҵаркуеит иара убасгьы Аоператор и-Роумингтә партниорцәа иҟарҵо амаҵзурақәагьы;
2.1.29. «Аоператор и-Роумингтә партниор» - Аоператор иеимадаратә Аҳа анҭыҵ Абонент Амаҵзурақәа риуразы алшара иҭара азыҳәан Аоператор иҟаиҵо аиқәышаҳаҭратә шьаҭала, Абонент амаҵзурақәа изыҟазҵо аимадаратә аоператор;
2.1.30. «Аоператор исаит» -  Аинтернет  аҳаҿы  Аоператор исаит www.aquafon.com;
2.1.31. «Аоператор иеимадаратә аҳа» - аимадара ахархәагақәеи ацәаҳәақәеи рыла ишьақәгылоу,  иашьашәалоу алицензиақәа рышьаҭала, Аоператор иаҳаҿы иҟоу Абонентцәа рымаҵ ауразы ихымԥадатәиу атехнологиатә система;

2.1.32. «Аимадара (Аоператор иеимадаратә Аҳа ала аимадара)» - Ателефон асра, мамзаргьы аимадаратә хархәагақәа рыбжьара заа ишьақәыргылоу реицыҟаҵара иабзоураны, ибжьтәу, ма ибжьтәым аинформациа ашьҭреи адкылареи рзы  Абонент алшара изҭо;
2.1.33. «Аганқәа» - Абоненти  Аоператори  рыхьӡ анеицырҳәо;
2.1.34. «Атарифтә план» - Аоператор Абонент Маҵзурак, мамзаргьы Амаҵзурақәа рхархәаразы идигало ахәшәаратә ԥҟарақәа ;
2.1.35. «Аԥҟарақәа» - Уажәтәи (ҳаамҭазы ахархәара змоу) Адокумент, иара убасгьы уи иазырханы иҟалар зылшо ацҵарақәеи аԥсахрақәеи. Урҭ ҟаҵоуп аус зуа Адокумент аԥҟарақәа ирышьаршәаланы;
2.1.36. «Аимадара Амаҵзура» - Аелеқтроеимадаратә дырраҭарақәа рыдкылареи, аус рыдулареи, рыҵәахреи, рыҭареи, рнагареи иазку аусура. Аԥҟаррақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, урҭ Амаҵзурақәа ҳәа ирыԥхьаӡоит, ишьақәыргылоу Аԥҟарақәа ирышьашәаланы, Аоператор  Абонент изыҟаиҵо еиҭаҵуа арадиотелефонтә еимадара иадҳәалоу амаҵзурақәа, ателематтә маҵзурақәа, адыррақәа рынашьҭразы иҟоу амаҵзурақәа;
2.1.37. «Амаҵзурақәа» - еицҵаны зыхьӡ рҳәо «Аимадаратә маҵзурақәеи», иара убасгьы «Иацҵоу амаҵзурақәеи» ртерминқәа.
2.1.38. «Ашлиуз» - Аоператор иеимадаратә аҳаи егьырҭ аимадаратә аҳақәеи рыбжьара ибжьтәу, ма/мамзаргьы ибжьтәым информациа аҟаҵара алзыршо аппараттә-программатә комплекс, асервер мамзаргьы иарбанзаалак даҽа шьақәыргылмаҭак. Уи алшара ҟанаҵоит Аоператор иеимадаратә Аҳа амаҵзурақәа зхы иазырхәо абонентцәа егьырҭ аимадаратә аҳақәа рынашьҭразы (аиҭаҵратә еимадаратә аҳақәеи, ишьақәыргылоу аҳаи, адыррақәа реимдара уҳәа егьырҭгьы уахь иналаҵаны), иара убас, мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа Аоператор иеимадаратә Аҳа ашҟа анеира азин рынаҭоит;
2.1.39. «SIM - карта» - Аопертор имаҵзурақәа зхы иазырхәо Абонент, мамзаргьы Азинтә хаҿы змоу, ма аиндивидуалтә наплакҩы аидентификациа изуразы ацхыраара ҟазҵо, иара убасгьы Аоператор иеимадаратә Аҳа ашҟа Абоненттә шьақәыргыламҭа анашьҭра алзыршо Аоператор имодуль ;
2.1.40. «eSIM» - Абонент ихархәаратә маҭәахәы иҭаҵоу аидентификациатә модуль. Уи ацхыраарала, Абонент, ма  аимадаратә маҵзурақәа зхы иазырхәо Азинтә хаҿы змоу абонент, ма аиндивидуалтә наплакҩы ихархәаратә маҭәахәы аидентификациа алыршахоит. Уи аидентификациатә модуль ахархәарала, Абоненттә шьақәыргыламҭа Аоператор иеимадаратә Аҳа ашҟа инашьҭхоит, Иара убасгьы акод ацхыраарала,  Аоператор уи аус аируеит.
2.2. Аганқәа абри ахәҭаҷ аҟны иаагоу аҳәаақәҵарақәа уажәтәи Аԥҟарақәа реилыркаараҿы рхы иадырхәоит.


Статья 3. Арманшәалара
3.1. Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рыла даҽакы шьақәыргыламзар, Аԥҟаррақәа инарышьашәаланы, ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа зегьы рҿы рхы иадырхәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә нормақәа;
3.2. Аганқәа хазы иҟаҵоу аиқәышаҳаҭрала, Аоператортә маҵзурақәа Абонент иҭараҿы,  Аԥҟара аҿы иазԥхьагәаҭоу иаҷыданы, даҽа ԥҟарақәак шьақәдыргылазар, усҟан ахархәара роуеит хазы иҟаҵоу аиқәышаҳаҭрақәа.
3.3. Аоператор иарбанзаалак  Маҵзуратә хкыс иҟаиҵо зегьы мҩаԥигоит  Амаҵзурақәа рзыҟаҵаразы аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә еизҳареи рсериақәа  АА № 0001131, 0001132, 0001133, 0001134, 0001135, 0001136, 00011371 шьаҭас иҟаҵаны.


 II-тәи аҟәша. Аиқәышаҳаҭра абжьаҵара аиҿкаареи аԥҟарақәеи.
 4-тәи ахәҭаҷ. Аиқәышаҳаҭра абжьаҵара аиҿкаареи, аԥҟарақәеи, аԥсахрақәеи, аус ахьынӡауа аҿҳәареи.
4.1. Абонент Амаҵзурақәа изыҟаҵахоит уи  Аԥсны Аҳәынтқарра азакәанԥҟарала ишьақәыргылоу, уажәазы аус зуа ихымԥадатәиу атехникатә ҭахрақәа инарықәыршәаны, Аоператор иеимадаратә аҳаҿы аус зуа, Абоненттә шьақәыргыламҭа, иара убасгьы   Аоператор иеимадаратә аҳа иатәу SIM-картеи мамзаргьы eSIM имазар, уи  амаҵзурақәа иҭаразы даҽакы азԥхьагәаҭамзар2
4.2. Амаҵзурақәа рымҩаԥгара алыршахоит дарбанзаалак уи азы аҳәара ҟазҵаз иганахьала, Аоператори Абоненти рыбжьара иҟаҵоу иаарту, қәнагала иҟоу Аиқәышаҳаҭра  шьаҭас иҟаҵаны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә кодекс ахә. 417 амчала, ари Аиқәышаҳаҭра адҵаратә еиқәышаҳаҭроуп, даҽакала иуҳәозар, Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа ҳәаақәҵоуп Аоператор ишьақәиргыло ганкалатәи аиҿкаарала. Абонент уи инапы анаҵаиҩуа, уи иаанаго, Абонент иҟоу Аԥҟаррақәа (Аоператор ишьақәиргылаз) дрықәшаҳаҭуп, урҭ иналх-аалхны акәымкәа, ишынеибакәу идикылоит ҳәа ауп. Уи инапаҵаҩрала ирҵабыргуеит атарифтә плани, иалыршахо Амаҵзурақәеи рхыԥхьаӡареи, урҭ ртарифқәеи (Ароуминг атарифгьы уахь иналаҵаны), Аоператор иеимадаратә аҳа амаҵзуратә зонагьы шидыруа, дышрықәшаҳаҭу;.
4.3. Аиқәышаҳаҭра еиқәдыршәоит ҩ-екземплиарк иҟоу итиптәу аформа (аинформациатә карта) ахарҭәаарала, уи рнапы аҵарҩуеит аҩ-ганкгьы. Аиқәышаҳаҭра анрыбжьарҵо, дистанциатә ҳасаблагьы аиқәышаҳаҭра абжьаҵарагьы уахь иналаҵаны, аелеқтронтә напынҵара ахархәара ҟалоит, мамзаргьы хаҭалатәи анапынҵара аналогра зуа ( Абонентцәа автоматлатәи рмаҵзура алзыршо апрограмматә-аппараттә комплекс ахархәарала, аграфикатә сахьала ишьақәгылоу, Аганқәа абонент ихаҭара ашьақәыргыларазы иазхарҵо, Аиқәышаҳаҭра рыбжьаҵаразы иазхоуп ҳәа , уи хаҭалатәи анапынҵара иаҩызаны ирыԥхьаӡо,  аформала.  Аиқәышаҳаҭра екземплиарк Абонент ирҭоит. Аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа иԥхьаӡоуп Аганқәа уи рнапы ананырҵалакь ашьҭахь.
4.4. Аиқәышаҳаҭра аҿҳәара аганқәа ҩырала  иазԥхьагәаҭаны иҟарымҵазар, Аиқәышаҳаҭра аҿҳәара ҳәаақәҵам ҳәа иԥхьаӡоуп.
4.5. Аганқәа даҽакы еицырмыӡбазар,  Аиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩы, ахәшәара анымҩаԥгаха ашьҭахь хымш ирхымгакәа, Аоператор далагоит Атарифтә плани Аиқәышаҳаҭреи рыла иазԥхьагәаҭоу аимадаратә Маҵзурақәа рынагӡара.
4.6. Аиқәышаҳаҭра анрыбжьарҵо аамҭазы Абонент изылырхуеит Абоненттә номер, мамзаргьа номерқәак, иара убас ирҭоит SIM-карта-еи (SIM-картақәеи) , мамзаргьы eSIM аус аруразы акод. Насгьы уи ирҭоит убарҭ ирышьашәалоу адокументқәа зегьы.
4.7. Аганқәа ирыдыркылаз аиқәышаҳаҭрала даҽакы азԥхьагәаҭамзар, Аоператор иҿы иарбоу Абоненттә номер Абонент имазаауеит Аиқәышаҳаҭра аус анауа аамҭазы мацара.
4.8. Аиқәышаҳаҭра аԥыхра ҟалоит Аганқәа реиқәышаҳаҭрала, ианакәзаалак, иарбан аамҭазаалакгьы.
4.9. Абонент ианакәзаалакгьы азин имоуп  Аиқәышаҳаҭра ганкы мацара аҭаххарала аԥыхра, уи изыҟаҵаз Амаҵзурақәа зегьы рыхә ишәахьазар.
4.10. Абонент Ароуминг аҿы даныҟаз Абонент имаҵзурақәа ихы ишаирхәоз ала Аоператор адырра имазар, уи ганкы мацарала Аиқәышаҳаҭра аԥыхра илшоит Ароуминг ала ихыԥхьаӡалоу, иара убас иҭаз Амаҵзурақәа рыхә анишәалакь ашьҭахь.
4.11. Абонент ганкы мацарала Аиқәышаҳаҭра аԥыхра, мамзаргьы акы ма еиҳаны Абоненттә номерқәа рхархәара мап ацәикыр ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара инақәыршәаны,  Аиқәышаҳаҭраҿы иҳәаақәҵоу аԥҟаррақәа ихы иархәаны, ганкы мацарала Аиқәышаҳаҭра аԥыхра шиҭаху атәы зҳәо арзаҳал аҩрагьы уахь иналаҵаны. Аоператор уи арзаҳал анидикылаз арыцхә, мамзаргьы арзаҳал аҿы иарбоу, еиҳа ихьшәоу даҽа рыцхәк - Аиқәышаҳаҭра анаԥыхыу, мамзаргьы уи иашьашәалоу Абоненттә номер ахархәара ианаҟәыхыу иарыцхәны  иҟалоит.
4.12. Абонент «Аимадара» азы ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭарра азакәанԥҟараҿы ишьақәырӷәӷәоу, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу аԥҟарақәа анеилеига, изыҟаҵоу Амаҵзурақәагьы ианаамҭоу рыхә ашәара, ма Абонент изы, мамзаргьы аимадаратә Маҵзурақәа зхы иазырхәо Аиуристтә хаҿқәа, убас анаплакҩцәа рганахьала ииашам адыррақәа анрыҭаха, Аоператор Амаҵзурақәа рыҭара ааникылар азин имоуп урҭ аилагарақәа дыриашаанӡа. Урҭ аилагарақәа мзызс ирымаз азы даҽакы закәанԥҟарала ишьақәыргыламзар. Аилагарақәа рзы адырра Аоператор иҟнытә Абонент ианиоу нахыс, фымз рыҩнуҵҟала урҭ аилагарақәы анмыриашаха, Аоператор азин имоуп ганктәы мацарала Аиқәышаҳаҭра аԥыхра.
4.13. Абонент хымз инеиԥынкыланы, ма уи аҿҳәара иашьашәалоу атариф аҿы еиҳагьы еиҵаны иазԥхьагәаҭазар, аимадаратә Маҵзурақәа ихы ианаимырхәа, Аоператор азин имоуп ганкы мацарала Аиқәышаҳаҭра аԥыхра.
4.14. Аиқәышаҳаҭра ԥсахзар ҟалоит ҩыратә формала, мамзаргьы  ари Аԥҟарра 7-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, ҵакызаҵәыкла Абонент аидентификациа изыруа алзыршо, уи иҭахра аазырԥшуа ҷыдалатәи ахархәагақәа рыла (аконклиутендтә ҳасабла).


Статья 5.  Абонент изы адыррақәа
5.1. Аиқәышаҳаҭра абжьаҵараан, Аиқәышаҳаҭра аҟаҵара зҭаху изкны ириҭо адыррақәа ҵабыргызтәуа ракәны иҟоуп ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоу адокументқәа:
5.1.1. Аиуристтә хаҿы иинтересқәа рзы Аиқәышаҳаҭра аԥҵаразы анапынҵа змоу ахаҿы Аоператор ишҟа ицәыригароуп:
а) Аганқәа Аиқәышаҳаҭра рыбжьаҵара аан аиуристтә хаҿы иинтересқәа ирхылаԥшуа шиакәу шьақәзырӷәгәо адокумент;
б) Аиуристтә хаҿы аҳәынҭқарратә ҭаҩра шимоу шьақәзырӷәӷәо адокумент, мамзаргьы уи ахкьыԥхьаа;
5.1.2. Ахазхаҭалатә наплакҩы Аоператор иирбоит ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент, иара убасгьы иара хазхатә наплакҩык иаҳасабала имоу аҭаҩра, мамзаргьы уи ахкьыԥхьаа;
5.1.3. Аиқәышаҳаҭра абжьаҵараан Атәылауаҩы Аоператор ишҟа ицәыригоит ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент. Уи ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рхыԥхьаӡара Абонент иҳәаақәиҵоит аус зуа  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара ала.
5.2. Аиқәышаҳаҭра ала, агәраргага шаԥырху, мамзаргьы аиуристтә усқәа рымҩаԥгаразы азин узҭо даҽа документк азы ҩырала иҟоу арзаҳал Аоператор иоуаанӡа, уи агәраргага ала, мамзаргьы даҽа документқәак рышьаҭала аусура ишахәҭоу инагӡоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.


 III-тәи Аҟәша. Амаҵзурақәа рымҽхак, рхыԥхьаӡара, рхаҭабзиара
 6-тәи ахәҭаҷ. Абонент изыҟарҵо амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара.
6.1. Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара ҳәаақәҵоуп Атарифтә плани, Аԥҟаррақәа рҿы иазԥхьагәаҭоу аформала иҟаҵоу ихарҭәаау аҿаҵарақәеи, мамзаргьы ихарҭәаау Аоператор иҳәаақәҵашьатә ҳасаблеи. Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара иара убасгьы иҳәаақәҵоуп алицензиақәеи, Аоператор иеимадаратә Аҳа алшарақәеи ирышьашәаланы.  Ароуминг ахархәараан Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара, иара убасгьы Аоператор и-Роумингтә партниор и-Аҳа алшарақәа ирхьыԥшуп.
6.2. Хазы игоу амаҵзурақәа Абонент изыҟаҵазахар алшоит, уи и-Абоненттә шьақәыргыламҭа ус еиԥш иҟоу Амаҵзурақәа рзыҟаҵара(рхархәара) алзыршо аҭахрақәа ирышьашәалазар.
6.3. Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡареи рсиеи  рыԥсахразы аҿаҵа Аоператор иҭара ҟалоит Абонент аидентификациа изура алзыршо Аоператор итехникатә хархагақәа рыла. Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡареи рсиеи рыԥсахразы аҿаҵа аҭараан Абонент ихы иаирхәоит Аоператор иҳәаақәиҵаз Аидентификаторқәа.
6.4. Абонент иҟаиҵо аҳәарала, Аоператор уи ииҭароуп Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡаразы аинформациа.  


Статья 7. Абонент аидентификациа изуреи Аоператори Абоненти русеицыҟаҵареи.
7.1. Аоператор иеимадаратә аҳаҿы Абонент аидентификациа изыуразы иара изышьақәдырӷәӷәо ракәны иҟоуп: Абоненттә номер, апароль, акодтәра зуа ажәа, SIM – карта, мамзаргьы  eSim рномер, ажәла, ахьӡ, аб ихьӡ уҳәа Аоператор иԥҟаррақәа инарықәыршәаны хазы, ма еицҵаны ахархәара змоу адыррақәа.
7.2. Абонент и-Идентификаторқәа ахархәара рымоуп Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара аԥсахраан, Амаҵзурақәа рыхә ашәараан, аинформациа-еилкааратә маҵзураан, иара убас Аоператори Аԥҟаррақәеи ирызԥхьагәаҭоу хаз игоу егьырҭ Амаҵзурақәа рымҩаԥгараан.
7.3. Аоператор иҟаиҵаз аҳәаақәҵарала, Абонент уи адҵа Аоператор иҟнытә ишаауа шьақәзырӷәӷәаша Аидентификаторқәа (акодқәа, апарольқәа, иара убас егьырҭ ахархәагақәа) ихы иархәаны, Аоператор иҳәаақәиҵаз ашәымҭақәа раан илшоит ахәшәара, мамзаргьы атехникатәи, мамзаргьы/иара убасгьы аелеқтронтә хархәагақәа, иара убас егьырҭ ахархәагақәеи  рыцхыраарала, Аиқәышаҳаҭра аԥҟаррақәа рыԥсахра.  
7.4. Аидентификаторқәа рхархәара ишьақәнарыӷәӷәоит Аоператор ишҟа инашьҭу азыҳәарақәеи адҵақәеи Абонент ишыҟаиҵаз. Абонент аидентификациа изура аҳасабала  иҟаҵоу азыҳәарақәеи, адҵақәеи, иара убас Абонент ителефонограммақәеи Абонент Аоператор ихаҭарнак хаҭала инаганы ииҭазар еиԥшҵәҟьа аиуристтә мчы амоуп.


Статья 8.  Ахатәы кабинет
8.1. Абонет азин имоуп Ахатәы кабинет ахархәара абарҭ, ҵаҟа еиқәыԥхьаӡо аусқәа рзы:
 - Амаҵзуратә Еиқәышаҳаҭрала ахархәара ззиуа Амаҵзурақәа рзы аинформациа аиура, Аиқәышаҳаҭра анагӡаразы иаҭаху Ахаҿытә ԥхьаӡара Абаланс аҭагылазаашьеи, Аиқәышаҳаҭра ала ахәшәарақәеи, даҽа информациаки рдырра, иара убасгьы Аиқәышаҳаҭра иадҳәаланы, Аоператор изышьҭу ихымԥадатәиу адыррақәеи, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иадҳәаланы иҟаҵоу аҽԥынкыларақәеи;
 - аҿаҵа ҟаҵареи, иара убас/ мамзаргьы   Амаҵзуратә хкқәа зегьы рыла ахәԥса хәҭа-хәҭала ашареи;
 - Аоператор инаигӡо Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара/рсиа аԥсахрақәа, Атарифтә план аԥсахра, иара убас Аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа иарбанзаалак рыԥсахра;
 - Аоператори Абоненти   изҵарҩыз еиҭаҵуа арадиотелефонтә еимадара Амаҵзурақәа ирызку аиқәышаҳаҭрақәа рзы аинформациа аиура;
8.2. Ахатәы кабинет ахархәара ауеит Абоненттә номери ҷыдала абонент иҭоу апароли арбаны авторра аныҟаҵо ашьҭахь. Ахатәы кабинет ахь Абонент инашьҭра алыршахоит Аоператор исаит аҿы авторра аныҟаҵоу, иара убасгьы Аинтернет аҳаҿы аус зуа иҳәаақәҵоу аинтерфеисқәа (ацҵақәа) рхархәарала ианыҟоу;
8.3. Ахатәы кабинет ашҟа уназышьҭуа апароль ахьчаразы аҭакԥхықәра зду  Абонент иоуп. Иара убас уи ихахьы игоит апароль ахԥатәи ахаҿы, мамзаргьы уи азы азин змам даҽаӡәы иҭара иахҟьаны, иҟалар зылшо ахҟьа-ԥҟьақәа, аԥара аныхрагьы уахь иналаҵаны;
8.4. Аоператор исаит аҿы, иара убас Ихатәы кабинетгьы уахь иналаҵаны, иҟаҵахо аусқәа зегьы ҳәаақәызҵо Аоператор иоуп, урҭ рыԥсахрагьы Аоператор ганкы мацарала иалиршар ҟалоит;
8.5. Абонент қәҿиарала авторизациа аныҟаиҵа нахыс, Аоператор исаит аҿы, Ихатәы кабинетгьы уахь иналаҵаны, иҟаҵахо аусқәа зегьы Абонент иҟаиҵеит ҳәа иԥхьаӡоуп;
8.6. Аоператор Ахатәы кабинет ала инаишьҭуа ардыррақәа, азыҳәарақәа уҳәа иарбанзаалак егьырҭ адокументқәа зиндыррала акрызҵазкуа документқәоуп, урҭ зинла ақьаад ианҵаны, хаҭала изҵаҩны иҟоу адокументқәа ираҟароуп. Убри аҟнытә урҭгьы реилагара заа иазгәаҭоу азинтә хҟьа-ԥҟьақәа ахылҿиаар алшоит;
 9-тәи ахәҭаҷ. Амаҵзурақәа рхаҭабзиара
9.1. Аоператор иеимадаратә Аҳа азона аҩныҵҟа, аимадаратә Маҵзурақәа рыҟаҵаразы иҭоу алицензиа инақәыршәаны, уахи-ҽни, ес-ҽны Амаҵзурақәа алиршоит.
9.2. Арадиоцәқәырԥақәа рыларҵәараҿы анырра ҟарҵар ауеит аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа, арелиеф илокалтәу аҷыдарақәа, иара убас аргыларақәа, аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа   уҳәа егьырҭгьы, ахыбрақәа рзааигәара, атуннельқәа, аӷәаҵақәа, аҩнаҵаҟа иеиԥшу аргыларақәа, иара убас егьырҭ асигнал адкылара зырудаҩуа арадио ԥынгылақәа, , конкретла аамҭак азы аимадаратә каналқәа русура мыцхәы арацәахара, Абонент ишьақәыргыламҭаҿы иамоу апрограмматә еиқәыршәара, ма уи иамоу егьырҭ аҟазшьарбагақәа.
9.3. Аимадаратә аҳа аконструктивтә ҷыдарақәа рымчала, аҭыԥантәи аоператорцәа ртелефонтә мҩангагатә цәаҳәақәеи жәларбжьаратәии ақалақьбжьаратәии аоператорцәа рымаҭәахәқәеи рхаҭабзиара  ауп изхьыԥшу Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа.


 IV-тәи аҟәша. Аганқәа раҳасабркрақәа.
 10-тәи ахәҭаҷ.  Амаҵзуразы ахәқәеи атарифқәеи.
10.1. Аиқәышаҳаҭрала Амаҵзуразы иҟоу атарифқәа шьақәзыргыло Аоператор иоуп. Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра анымҩаԥысуаз арыцхә азы Абонент иалихыз, аус зуа атарифқәа Атарифтә план аҿы иарбоуп. Уи Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхуа иахәҭакны иадҳәалоуп.
10.2. Аоператор азин имоуп ганкы мацарала атарифқәа (Атарифтә план), атарифркратә хкқәа, атарификациа Аки, иара убас ихарҭәаам атарификациа Ак ахә ашәашьеи рыԥсахра, уи заа  урҭ аԥсахрақәа ирызкны  иҟоу аинформациа, урҭ аԥсахрақәа рымҩаԥгара амзартә мшқәа 10 (жәаба)мшы  иреиҵамкәа ишыбжьоу Аоператор исаит аҿы ианиҵахьазар, иара убасгьы Аоператор и-Абоненттә маҵзуратә ҭирҭатә ҭыԥқәа рҿы зегьы ирдыруа, мамзаргьы Абонент изыҟарҵаз амаҵзурақәа рыхә аҿы уи аинформациа атекст ацҵаны ирзырышьҭхьазар.
Зтариф рыԥсахуа хазы игоу абонентцәа рышҟа урҭқәа ирҷыдангьы ирышьҭуеит аус зуа атарифқәа рыԥсахра атәы зҳәо икьаҿу атексттә дырраҭара.
Хаз игоу абонент азин имоуп атарифқәа рыԥсахра атәы икьаҿу атексттә дырраҭарала аиура мап ацәикыр, усҟан уи игәаҳәара шьақәзырӷәӷәо хымҩаԥгашьала, иаҳхәап Аоператор икол-центр аҿы днеины, мамзаргьы Аоператор идигало рҟнытә даҽа ҳәашьак иԥшаароуп.
Атариф аԥсахразы Абонентцәа-аиуристтә хаҿқәа аинформациа рыҭара мҩаԥысуеит ари апункт аԥхьатәи абзац аҿы ишазԥхьагәаҭоу ала.
10.3. Аоператор иеимадаратә Аҳа иамоу аидара рационалла аихшара хықәкыс иҟаҵаны, Аоператор азин имоуп уахи-ҽни аамҭала, амчыбжь амшқәа рыла, аԥсшьара мшқәеи, аныҳәатә мшқәеи, иара убасгьы иҟаиҵо Амаҵзурақәа реизгеи рымҽхаки ала   еихшоу Атарифтә план ашьақәыргылара. Атарифтә планқәеи Амаҵзуразы атарифқәеи еихшазар ҟалоит Аоператор ишьақәиргыло даҽа шьаҭақәак рылагьы.
10.4. Абонент Амаҵзурақәа ирхишәаауа амҽхак, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра аԥҟаррақәа рынагӡара иадҳәаланы, Абонент инаигӡаз даҽа хышәара-ҵышәарақәак ирыбзоураны, Аоператор азин имоуп Абонентцәа рзы ахә еиҵатәрақәа (апремиақәа), иара убас иҷыдоу жәалагалақәак рыҟаҵара.
      Абонентцәа рзы ахә еиҵатәрақәа (апремиақәа), иара убас  иҷыдоу даҽа жәалагалақәак  шьақәдыргылоит еснагьтәиу, мамзаргьы иаамҭалатәиу (заамҭа ԥку) ажәалагалақәеи, ақциақәеи рҿы. Урҭ рыԥҟаррақәа Аоператор исаит аҿы ианырҵоит, мамзаргьы Аоператор иҭирҭақәеи и-Абоненттә маҵзураҭә ҭыԥқәеи рҿы зегьы ирдырыртә иҟарҵоит.
10.5. Иҟаҵоу Амаҵзурақәа рыхәԥса ҳәаақәырҵоит телефонла аимадара заҟа аамҭа ицои, Абонент иҟаиҵо азыҳәарақәа рхыԥхьаӡареи, Амаҵзурақәа рымҽхаки, ирыдыркылои, иара убас (мамзаргьы) инарышьҭуеи, иара убас (мамзаргьы) идәықәырҵои, иара убас (мамзаргьы) аус здырулои, иара убас (мамзаргьы) Атарификациа Ак ахыԥхьаӡарала, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьатәи азакәанԥҟара иазԥхьагәаҭоу егьырҭ ахышәара-ҵышәареи рхыԥхьаӡара, мамзаргьы рымҽак ала.   SMS/MMS-дырраҭарақәа рышьҭразы Аоператор Имаҵурақәа фактла иҟаҵоуп ҳәа иԥхьаӡоуп Абонент еиқәыршәаны иишьҭыз SMS/MMS-дырраҭарақәа Абонент ишьақәыргыламҭа аҟынтәи Аоператор и- SMS-центр аҟынӡа ианынашьҭу.
10.6. Аимадара заҟа аамҭа ицо аԥхьаӡара мҩаԥгахоит Аоператор идикылаз Атарификациа Ак инашьашәаланы.
10.7. Ихаҭәаам Атарификациа Ак Аоператор ихаҭәаау Атарификациа Ак аҳасабала иԥхьаӡоит.
10.8. Абжьтәы информациа анашьҭра хықәкыс иҟаҵаны, аимадаразы Амаҵзурақәа рыдкылараан, Атрификациа Ак аамҭа заҟа ыҟоу Аоператор ишьақәиргылоит, уи Атарифтә план аҿы иаирбоит, аха уи аамҭа  1  минуҭк иеиҳамзароуп3.
10.9. Абонент Тарифтә планс иалихуазаалакгьы, Аоператор иеимадаратә Аҳа ала аимадара атарификациа азуразы ишьақәыргылоуп ихымԥадатәиу, анаҩстәи   аԥҟарра: Ахәшәара аҳәаақәҵаразы, Аоператор иеимадаратә Аҳа ала иалыршоу аимадара аамҭа рыԥхьаӡоит ателефон иззасуа Абонент  аҭак аныҟаиҵа, ма уи Абонент иҭак иаҟараны ирыԥхьаӡоу,  ашьақәыргыламҭа асигнал аныҟанаҵа раԥхьатәи асекунд инаркны иасуа Абонент, ма иззасуа аҭел ықәиҵаанӡа, ма ус еиԥш иҟоу ашьақәыргыламҭа ааникылаанӡа.  
10.10. Абжьтәы информациа анашьҭраан изыԥсоу ахә аҳәаақәҵаразы, Аҳа ала адыррақәа рынашьҭра аимадара аамҭа аура (аимадара асеанс) рыԥхьаӡоит  аҭак аныҟаҵоу нахыс раԥхьатәи асекунд инаркны иззасыз, ма иасуа аҭел ықәиҵаанӡа, мамзаргьы Абонент даныҟам  дзыԥсахуа ашьақәыргыламҭа асигнал дкылара иаҟәыҵаанӡа. Бжьыла акәымкәа  аинформациа  ашьҭраан – инашьҭу 1 баитк аҟынтәи.
10.11. Ателефон ала аицәажәара ахыркәшаразы иаҭахуп иҟаҵоу ааԥхьара ашьҭахь, Абоненттә шьақәыргыламҭа иацу аинструкциа ишаҳәо инақәыршәаны,  арыд ақәыӷәӷәара.
10.12. Иззасуа ауаҩы иҟаиҵо аҭак иаҟараны, насгьы аимадара аамҭа заҟа ицо аԥхьаӡара хацзыркуаны ирыԥхьаӡо Абоненттә шьақәыргыламҭақәа ракәны иҟоуп:  
- адыррақәа назышьҭуа аппаратура (амодем, WAP - порт, абжьтәы пошьҭа атерминал );
- афаксимилтә аппарат;
-  автоҭак ҟаҵагала еиқәыршәоу Абоненттә шьақәыргыламҭа;
- Аномер автоматтә ҳасабла еилызкаауа Абоненттә шьақәыргыламҭа;
- Ашьақәыргыларатә телефонтә станциа;
- Абонент даныҟам дзыԥсахуа, иара убасгьы уи аинформациатә еимдарала деиқәзыршәо (мамзаргьы уи аҩыза аимитациа ҟазҵо) егьырҭ Абоненттә шьақәыргыламҭақәа3;
10.13. Аоператор иеимадаратә аҳа анашьҭразы ахә игоит зныкны адыррақәа рыҭара фактла иалыршахацыԥхьаӡа4.  Аимадаратә аҳа ашҟа аҿакреи, насгьы адыррақәа рышьҭразы аҳа ашҟа анеира алыршарази рыхәԥса, уи аҳасабтәшьеи Атарифтә план аҿы иарбоуп «Раԥхьатәи ахәшәара» ҳәа зыхьӡу асоциалтә графаҿы.  
10.14. Роумингла ахыԥхьаӡалара мҩаԥыргоит Аоператор и-Роумингтә партниор ишьақәыргыламҭа ианнаҵо адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны, Абонент фактла изыҟаҵоу Амаҵзурақәа рзы.
10.15. Аинформациа  аимдара амҩаԥгара аганахьала, Аоператори Аоператор и-Роумингтә партниори рыбжьара атехникатә ҷыдарақәа ахьыҟоу азы  Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рымҽхак азгәаҭаны, Ароуминг ала ахыԥхьаӡалара алыршахар ҟалоит Аоператор и-Роумингтә партниорцәа рҟынтәи Абонент изыҟаҵоу Амаҵзурақәа рымҽхак иазкны аинформациа шнеиуа ала. Уи неир ҟалоит 30 (ҩажәижәаба) мшы рҟынӡа иагханы.  Уи инадҳәаланы, Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡараҿы изыҟаҵоу Амаҵзурақәа рзы  ауал иқәхар алшоит.
10.16. Ароуминг ахархәараан иҟоу атарифқәа, Ароуминг аҭара ахьыҟало аҵакырадгьылқәа рзы аинформациа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ иҟоу Абонентцәа Рмаҵура алыршаразы атарифқәа ирызку аинформациа зегьы Аоператор исаит аҿы иҟоуп. Уи Абонент идырдыруеит Аоператор и-Контактә центр аҿы, иара убас Аоператор иабонентцәа Рмаҵуратә ҭыԥқәеи аҭирҭақәеи рҿы.


Статья 11. Амаҵзуразы ахәшәара
11.1. Амаҵзуразы ахәшәара мҩаԥысуеит Аоператор и-Биллингтә система аҳасаббаратә дыррақәа инарышьашәаланы,   Аоператор иҟаиҵо Амаҵзурақәа рзы.
11.2. Абонент Амаҵзурақәа рыхә ишәарц илшоит ахәшәара аванстә система ҳасабала (аванстә хәшәара) ала, уи Аиқәышаҳаҭра ала, Атарифтә план ала, хаз игоу Амаҵзурақәа рыҟаҵаразы аԥҟаррақәа рыла, мамзаргьы ихарҭәаау еиқәышаҳаҭрак ала ишьақәыргыламзар, иалшоит акредиттә системала ахәшәара (иахырԥоу ахәшәара) , мамзаргьы иарбоу ахәшәаратә системақәа (ахәшәарақәа) реилагӡара.
11.3. Аоператор азин имоуп Абонент Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩраан Аоператор иҟнытә иоураны иҟоу  Амаҵзурақәа рзы иалаигало заахәшәара ахыԥхьаӡара ашьақәыргылара.
11.4. Аванстә системала ахәшәара (Заахәшәаратә система):
11.4.1. Аванстә хәшәарала Амаҵзурақәа рыхә ашәараан Аоператор ишҟа  ииаргоит зхыԥхьаӡара ҳәаақәҵоу аԥарақәа. Урҭ  Абонент ихаҿытә ԥхьаӡараҿы иҟалоит, рныхрагьы алыршахоит Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рыхә ашәара аҳасабала.
11.4.2. Аванстә системала ахәшәара аан Абонент азин имоуп Аоператор Имаҵзурақәа рхархәара, Абонент Ихаҿытә Ԥхьаӡара абаланс аҿы иҟоу аԥара, Аоператор ишьақәыргыланы имоу Аҿыхратә Шәхымс еиҳаны иҟазар. Аоператор итарифқәа инарышьашәаланы, абонент иҿеиҵоу Амаҵзурақәа рхыԥхьаӡара иахылҿиаауеит аванстә хәшәара ахыԥхьаӡарагьы. Уи Абонент ихала иҳәаақәиҵоит. Абонент аҿыхра ашәхымс еиҳаны аԥара Ихаҿытә Ԥхьаӡара ашҟа  иҭаиҵаанӡа Аоператор имаҵзурақәа рхархәаразы алшара иоуӡом.
11.5. Атарифтә план дахьыԥшны, Аоператор азин имоуп Аҿыхра Ашәхымс ашәагаа ашьақәыргылара. Аоператор азин имоуп Абонент изы Амаҵзурақәа раԥкра, уи Ихаҿытә ԥхьаӡара абаланс аҭагылазаашьа аҿыхратә Шәхымс аҟны инеихьазар, мамзаргьы уи Аҿыхратә Шәхымс иахысны ҵаҟа ицахьазар.
11.6. Аҳасабыркратә аамҭа иалагӡаны Абонент изыҟарҵаз Амаҵзурақә рзы ауал иқәханы дыҟазар, уи иарбоу ауал шәатәуп  Аҳсабыркратә аамҭа ашьҭахь ицо амзартә мза нҵәаанӡа. Ауал нагӡаны ишәатәуп, Абонент Имаҵурақәа рыԥкразы  ари Аԥҟаррақәа 11.5.--тәи апункт аҿы иарбоу аԥҟарра инашьашәаланы,  уи хаҭала ари  Абонент иганахьала Амаҵзурақәа раԥкра ахархәара амазаргьы, иамамзаргьы.  
11.7. Амаҵзурақәа рыҟаҵара иҿыцны ихацыркхоит Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡара ашҟа аҿыхра Ашәхымс еиҳау аҩаӡара аҟынӡа ианхаирҭәаа ашьҭахь мышкы (1) аҩныҵҟала.
11.8. Акредиттә хәшәаратә система:
11.8.1. Амаҵзурақәа рыхә ашәара иахырԥоу ахәшәаратә системала ианымҩаԥысуа, Амаҵзурақәа рыхә ршәоит Аҳасабыркратә аамҭа анынҵәо аамҭа иақәыршәаны. Абонент изыҟарҵаз Амаҵзурақәа рыхә ишәароуп Аҳасабыркратә аамҭа анынҵәалакь ашьҭахь 30 мзартә мшқәа ирхымгакәа, уи азы Аоператор даҽакы шьақәыргыланы имамзар.
11.8.2.Акредиттә системала ахәшәараан Абонент азин имоуп Аоператор Имаҵзурақәа рхархәара, Аоператор иҳәаақәиҵо, иара иаԥихыргьы илшо аҿыхра Ашәхымс аҳәаақәа рҿы. Ахаҿытә ԥхьаӡара  аҿыхратә Шәхымс аҿы ианнеилакь, Аоператор азин имоуп Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа раԥкра.
11.9. Амаҵзурақәа русура ҿыц иаларгазар ҟалоит Абонент Ихатә ԥхьаӡараҿы аҿыхра ашәхымс еиҳаны аԥара анҭаиҵа нахыс.
11.10. Ари Аԥҟара апунктқәа 11.5., 11.8.2. рҿы иарбоу аԥкрақәа Аоператор ахархәара аиҭаӡом абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан:
11.10.1. Абонент ишьақәиргылаз аимадара хыркәшахаанӡа;
11.10.2. Атарифтә плани, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацу егьырҭ аиқәышаҳаҭрақәеи рҿы иазԥхьагәаҭоу аԥҟарақәеи аҟаҵашьеи инарықәыршәаны Абоненттә хәшәара ананырхуа аамҭазы;
11.10.3. Ари Аԥҟара апункт 10.15 инашьаршәаланы, Ароуминг аҿы Амаҵзурақәа аныҟарҵо, ма атарификациа аназыруа;
11.10.4. Аиқәышаҳаҭраҿы, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иацу ихарҭәаау аиқәышаҳаҭрақәеи рҿы  иазԥхьагәаҭоу егьырҭ аҭагылазаашьақәа аныҟоу;
11.11. Иҟаҵоу Амаҵзурақәа раҳасабырбара мҩаԥыргоит Аоператор идикылаз Атарификациа Ак ахархәала. Аҳасабыркрақәа зегьы мҩаԥыргоит Урыстәыла афедерациа иатәу амааҭқәа рыла.
11.12. Иҟаҵоу Амаҵзурақәа  рыхәԥса аганахьала аҳәоуеиқәымшәарақәа аныҟала аамҭазы, Аганқәа раҳасабырбаразы шьаҭас иҟоуп Аоператор и-Биллингтә система ирнаҭо адыррақәа.
11.13. Абонент ишәарц азы изықәдыргылаз аԥхьаӡараҿы иарбоу ахыԥхьаӡара дақәшаҳаҭымзар, уи азин имоуп уи ахыԥхьаӡара ахьынтәааз еилдыркаарц азы Аоператор иахь ашәҟәы иҩырц. Абонент иҟаиҵаз аҽԥынкыла иахәаԥшны еилдыргоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ишьақәыргылоу аҿҳарақәеи амҩаԥгашьақәеи инарықәыршәаны.
11.14. Абонент Аоператор Имаҵзурақәа рыхә ашәара мҩаԥигоит, ахәшәаратә документқәа рҿы хымԥада Ихаҿытә ԥхьаӡара аномери, мамзаргьы иабоненттә номери арбаны.
11.15. Апунктқәа 11.6-и 11.8.1.-и рҿы ари Аԥҟарала (анаҩс – Ауалқәха) ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан Абонент Амаҵзурақәа рыхә ашәаразы иигаз  ахыдҵақәа анынаимыгӡа аамҭазы, Аганқәа ақәшаҳаҭхоит ауалқәха ахә ашәашьазы иргаз ахыдҵақәа раанкылара, уи инашьаршәаланы ахыдҵақәагьы аԥыххоит:
11.15.1. Абонент изы – иҟалаз Ауалқәха ашәаразы ахәҭаҿы;
11.15.2. Аоператор изы –Абонент иқәу ауал ахыԥхьаӡара иаҟароу иарбанзаалак егьырҭ, аганқәа ус ала ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭрақәа рганахьала иҟоу ахәҭаҿы.  Ари аԥҟара ахархәара анаиулакь ашьҭахь аганқәа ирыбжьаҵоу егьырҭ аиқәышаҳаҭрақәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡара абаланс ҵоураны иаанхоит.
Ари аԥҟара ахархәара шаҭахоу ала, Аоператор Абонент изицҳар ҟалоит лшарақәас имоу зегьы рхархәарала, икьаҿу атексттә дырраҭара анашьҭрагьы уахь иналаҵаны.
Абонент ари аԥҟара аԥыхра илшоит,  уи азы иашьашәалоу ашәҟәы ҩны Аоператор иеилиркаар, иҟаҵоу Амаҵзурақәа рзы Аоператор иҿаԥхьа ауалқәха иоуаанӡа.
11.16. Аоператор дарбан Абонентзаалакгьы  уи хәыда-ԥсада хырԥашьа змам амаҵзурақәа рааԥхьара изыҟаиҵоит уахи-ҽни. Уи азы иаҭахуп хырԥашьа змам аоперативтә маҵзурақәа рзы иаку аномер алхра, иара убасгьы хырԥашьа змам аоперативтә маҵзурақәа рзыҟарҵоит иҟоу асистемеи иазԥхьагәаҭоу аномер ақәыргылареи  ирышьашәаланы ишьақәыргылоу амаҵзурақәа.
11.17. Аоператор иабонентцәеи уи Имаҵзурақәа рхархәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы хырԥшьа змам аоперативтә Маҵзурақәа рышҟа анеиразы алшара рымазарц азы рхы иадырхәоит  иашьашәалоу абарҭ аномерқәа:
«911», «112» - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа Чыдақәа рзы аминистрра;
«001» - Абылра аҽацәыхьчаратә Маҵзуреи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан анырра ҟаҵареи рмаҵзура;
«020» - Амилициа;
«030» - Иласу амедицинатә цхырааратә маҵзура;
«040» -  Агазтә маҵзура.
11.18. Ахәшәарақәа идикылоит Аоператор, мамзаргьы уи знапы ианиҵаз Ауаҩы. Аԥарақәа Абонент ихаҿытә ԥхьаӡараҿы иарбахоит ахәшәара анымҩаԥгаха адырҩаҽны иахымгакәа.
11.19.  Аиқәышаҳаҭра анаԥыхха аамҭазы Абонент азин имоуп аимадаратә маҵзурақәа рзы аванс ҳасабла  заа иалаиҵахьаз аԥарақәа рырхынҳәразы Аопертор идҵаалара. Аоператор инымхкәа иаанхаз аԥарақәа ирхынҳәуеит урҭ рыбжьара аҳасабырбарақәа зегьы анымҩаԥигалакь ашьҭахь, аха Аиқәышаҳаҭра анаԥыхха ашьҭахь  30  мшы иахымгакәа.
11.20. Аоператори Абоненти рыбжьара аҳасабырбарақәа рыҟаҵара ауеит напынҵала, иара убас напынҵаладатәи аформала, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟарала даҽакы азԥхьагәаҭамзар.


 12-тәи ахәҭаҷ. Аԥхьаӡара
12.1. Аоператор ашәатәбӷьыц ықәиргылоит Аҳасабыркратә аамҭа иҭагӡаны, Абонент Аиқәышаҳаҭраҿы иаирбаз  иреквизитқәа рыла. Абонент аԥхьаӡара изнагаразы ҷыдала аҿаҵа ҟаимҵазар, Аоператор уи анагара алиршоит Аҳасабырбатә аамҭа иашьҭанеиуа амза 5-тәи (ахәбатәи) амш иахымгакәа, уи Абонент Ихатәы кабинет аҿы анҵарала. Абонент ашәатәбӷьыц ирҭар ҟалоит Аоператор имаҵзуратәи иҭирҭатәи аҭыԥқәа рҿы. Абонент ашәатәбӷьыц хаҭала изнагара ҿеиҵазар, усҟан  Аиқәышаҳаҭраҿы ишьақәиргылоит уи ахьнарго аҭыӡҭыԥи, анагашьатә формеи.  Абонент ашәатәбӷьыц изнагара – хәшәарала ишьақәгылоу маҵзуроуп.  
12.2. Ашәатәбӷьыц ианызарц  ахәҭоуп абарҭ адыррақәа:
а)  Аоператор иреквизитқәа;
б)  Абонент иреквизитқәа;
в) Ашәатәԥхьаӡара ззықәыргыло аҳасабырбатә аамҭа;
г) Абонент Ихаҿытә ԥхьаӡара аномер;
д) Абонент изыҟаҵоу Амаҵзуратә хкқәа, хкы цыԥхьаӡа азы иҟаҵоу аимадаратә Маҵзура амҽхак арбаны;
е) Хкы цыԥхьаӡала иҟаҵоу Амаҵзурақәеи Абоненттә номер цыԥхьаӡеи рзы ашәара азыҳәан абонент идыргало аԥара ахыԥхьаӡара;
ж) Маҵзура цыԥхьаӡа еихшаны Абонент ашәаразы идыргало азеиԥштә еицалыҵ (ахыԥхьаӡара);
з) Ахаҿытә ԥхьаӡараҿы иаанхаз аԥара ахыԥхьаӡара;
и) Абонент Ашәатәбӷьыц ашәаразы ианизықәыргылаз арыцхә;
к) Аԥара аншәатәу аҿҳәара (уи ахәшәаразы  Аоператор иқәиргылахьазар).
л) Аҳасабыркратә аамҭа иалагӡаны (аамҭа-аамҭалатәи аҳасабырбара аан) адырраҭарақәа реимдара анымҩаԥысуа (аимадаратә сеансқәа) аамҭазы еицҵаны иҟоу  адыррақәа рзы4;
м) Адырраҭарақәа реимдаразы аимадаратә Маҵзурақәа рыцыԥхьаӡа Абонент  ианизыҟаҵаз арыцхә5.
12.3. Абонент ашәатәбӷьыц изымнеира, ма уи аҿҳәара иагханы иоура, зынӡаскгьы иаанагаӡом Абонент азин инаҭоит ҳәа  изыҟаҵоу Амаҵзурақәа ианаамҭоу рыхә амшәара, мамзаргьы рыхәшәара аҽҳәара ахыгара, ма урҭ аамҭа-аамҭала реихшара.


 V-тәи аҟәша. Аганқәа рзинқәеи рыԥхықәрақәеи
 13-тәи ахәҭаҷ.  Абонент изинқәа
13.1. Абонент азин имоуп:
а) Аоператор, иара убас уи иҟаиҵо Амаҵзурақәа ирыдҳәалоу, ихымԥадатәиу, насгьы ииашоу аинформациа аиура;
б) Амаҵзурақәа рыҟамҵара, мамзаргьы ишахәҭоу еиԥш урҭ рхаҭабзиара аныҟаҵам аамҭазы, абонет азин имоуп Абоненттә хәшәара аиҭаԥхьаӡаразы, ианаҭахха уи ишынеибакәу архынҳәра Аоператор  идцалара, уи Абонент ихарала иҟамлазар;  
в)  Амаҵзурақәа рыхә ашәара мап ацәкра, урҭ иара дақәмыршаҳаҭкәа, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭраҿы иазԥхьагәаҭамкәа изыҟаҵазар;
г) Аоператор ишьақәиргылаз аԥҟарақәа рыла, иара убасгьы хаз ҷыдала ахәшәарала, Абонент дзызҵаауа аамҭа иалагӡаны   изыҟаҵаз Амаҵзурақәа хкы-хкыла зегьы, ианыҟаҵаз арыцхәи аамҭеи, насгьы урҭ заҟа аамҭа ицози, абоненттә номерқәа хаз-хази иарбаны иқәыршәара;
д) Амаҵзурақәа реизгазы ахә ашәареи, насгьы Аоператор Аиқәышаҳаҭраҿы иҳәаақәиҵаз Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа, Абонент иҟынтәи адҵа шыҟаҵоу шьақәзырӷәӷәо атехникатә иара убас/мамзаргьы  аелеқтронтә хархәагақәеи, даҽа формақәаки Аидентификаторқәа (акодқәа, апарольқәа, егьырҭ ахархәагақәа) рыцхыраарала, егьырҭ  аԥсахрақәа ралагалара.
  Аоператор иҟаиҵо Амаҵзурақәа ирыдҳәаланы, Аоператор иганахь ажәалагалақәеи аҽԥынкыларақәеи рыҟаҵара;
е) Аоператор ишьақәиргылаз аԥҟарақәа рыла, жәларбжьаратәи ахырхарҭақәа рышҟа Аоператор иеимадаратә аҳа иалҵуа аҟнытә ааԥхьарақәа рыҟаҵара.
13.2. Абонент азин имоуп Абоненттә номер аблокада азуразы  Аоператор ишҟа аҳәара аҟаҵара. Аномер аблокада азуразы иминималтәу, иара убасгьы имақсималтәу аҿҳәара Аоператор иԥикыр илшоит. Иара убри аамҭазы, Абонент, иарзаҳал инақәыршәаны,  аблокада аныҟаҵоу аамҭа иалагӡаны, Абонент итарифтә план аҿы иарбазар,  Аоператор изыҟаиҵараны иҟоу Амаҵзурақәа  рыхә ишәоит.  
13.3. Абонент иҟынтәи адҵа шыҟаҵоу шьақәзырӷәӷәо атехникатә иара убас/мамзаргьы  аелеқтронтә хархәагақәеи, даҽа формақәаки ахархәара рзуны, Аидентификаторқәа (акодқәа, апарольқәа, егьырҭ ахархәагақәа) рыцхыраарала, Абонент идикылар ҟалоит Аоператор ишьақәиргылаз акциа аԥҟарақәа (Аԥҟарақәа рҿы апункт 10.4).  Абонент уи акциа аԥҟарақәа анидикыла нахыс урҭ Аиқәышаҳаҭра иузаҟәымҭхуа хәҭакны иҟалоит. Урҭ акциа амҩаԥгара цонаҵы Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рыԥсахуеит.


 14-тәи ахәҭаҷ.   Абонент иԥхықәрақәа
14.1. Абонент иуалуп:
14.1.1. Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рынагӡара;
14.1.2. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аус зуа азакәанԥҟара ишьақәнаргылаз ихымԥадатәиу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәалоу Абоненттә шьақәыргыламҭа Аоператор иеимадаратә аҳа аҿакразы ахархәара;
14.1.3. Аоператор Абонент изыҟаиҵо Амаҵзурақәа зегьы, Аиқәышаҳаҭраҿы иҳәаақәҵоу амҽхаки аҿҳәарақәеи инарықәыршәаны, ишынеибакәу ршәара;
14.1.4. Ижәлеи, ихьӡи, иаб ихьӡи, инхарҭатә ҭыԥи, ихаҭара шьақәзырӷәӷәо идокумент ареквизитқәа, имиграциатә карта адыррақәа, даҽа ҳәынҭқаррак иатәылауаҩу, ма атәылауаҩра змам ауаҩы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аамҭала иҟазаара (инхара) азин изҭо адокумент, Абонентцәа – аиуристтә хаҿқәа рҭыԥқәа (рфирмақәа рҭыԥӡыҭқәа) ирызкны  иҟалаз аԥсахрақәа рзы, иара убас ашәахтә режимаҿы иҟало аԥсахрақәа рзы   арзаҳал аҳасаб ала иҩны, мамзаргьы хаҭала Аоператор ирдырра,  урҭ аԥсахрақәа аныҟала инаркны 10 (жәамш) иахымгақәа.
14.1.5. Аиқәышаҳаҭра абжьаҵараан, ма/ мамзаргьы Аоператор иазыҳәарала, Абонент ихази, иара убас Абонент иеимадара ахархәара азызуа – аиурсттә хаҿқәеи, мамзаргьы индивидуалтәу анаплакцәеи ииашоу адыррақәа рыҭара;
14.1.6. Абоненттә шьақәыргыламҭақәа рҿы ахархәаратә ԥҟарақәа разгәаҭара;
14.1.7. Абоненттә шьақәыргыламҭақәа еиқәышәшәа аус руртә еиԥш аҟаҵара;
14.1.8. Абонент иитәым Аоператор иеимадаратә аҳа ахәҭақәак (ашьақәыргыламҭа, ма апрограмматә еиқәыршәара)  ишахәҭоу ала ишьақәгылоу русура иаԥырхагоу иарбанзаалак акы аҟаҵара алмыршара;
14.1.9. Аиқәышаҳаҭра аусура ианаҟәыҵуа аамҭазы Абоненттә номер ахархәарала, ахԥатәи ахаҿқәа инарыгӡо рымаҵзурақәа раанкылара.
14.1.10. Абонент иара убасгьы иуалуп:
14.1.10.1. Аиқәышаҳаҭраҿы ишазԥхьагәаҭоу инақәыршәаны, Амаҵзурақәа рыхә ашәара.
14.1.10.2. Иҟаҵоу Амаҵзурақәа рзы ауалқәха аныҟала, ианаамҭоу уи ашәара.
14.1.10.3. «Аимадаразы» ишьақәырӷәӷәоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара анагӡара, аимадаратә маҵзурақәа  ирышьашәалоу аԥҟарақәа  рынагӡара, ари Аиқәышаҳаҭрақәа рҿы иарбоу, ииашоу адыррақәагьы Аоператор изнагара, Аоператор изы ишахәҭоу еиԥш зынагӡара хымԥадатәины иҟоу ахыдҵақәагьы уахь иналаҵаны.  
14.1.10.4. Абарҭ ҵаҟа иарбоу ахҭысқәа аҭыԥ шрымоу аоператор анидыр нахыс, зыԥшрак ҟамҵакәа ҿырҳәала, иара убас хымш (амзартә мшқәа хԥа) ирылагӡаны ҩырала Аоператор аинформациа иҭатәуп - Абонент:
14.1.10.5. Асанқциа ҟамҵакәа, Ахархәаҩ ихаҭара ашьақәырӷәӷәаразы, иара убас Ихатәы кабинет аҭаларазы иҭоу (акод) апароль даҽаӡәы, ма даҽа џьоукы (ахԥатәи ахаҿы/ахаҿқәа) ирдыруа ианыҟала;
14.1.10.6.; Аоператор иеимадаратә аҳа аҩныҵҟа аус зуа, Абонент иҭоу SIM-карта/акартақәа, мамзаргьы eSIM амодуль зҭаҵаны иҟаҵоу ашьақәыргыламҭа рцәыӡра, рыӡра, ма рӷьычра;  SIM-карта/акартақәа, мамзаргьы eSIM амодуль зҭаҵаны иҟаҵоу ашьақәыргыламҭа аницәыӡ ашьҭахьгьы Абонент урҭ рзы ари Аԥҟарақәа рҿы иазԥхьагәаҭоу аԥхықәреи аҭакԥхықәреи идзаауеит, урҭ шицәыӡыз ала Аоператор ишҟа адырра ҟаиҵаанӡа;
14.1.10.7. Абонент иганахьала абанкротратә процедура алагара азы, Абонент – аиуристтә хаҿы хатәгәаԥхарала иусура ааникыларц азы аӡбара шидикылаз азы;
14.1.10.8. Аиқәышаҳаҭра анагӡара иаԥырхагоу, ма уи алымшартә иҟазҵо егьырҭ аҭагылазаашьақәа рзы;
14.1.11. Арадио дырраҭаратә шьақәыргыламҭақәа рхархәаразы, мамзаргьы арадиошәахәоушьҭратә ҩаӡара анормақәа азыԥҵәаны иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы  Амаҵзурақәа рхархәара ахьаанкылоу;
14.1.12. Амҩаҿы атранспорттә хархәага аԥсҟы акраан, амҩаҿы Абоненттә шьақәыргыламҭа напыда аиҿцәажәара алзыршо техникатә маҭәахәыла еибыҭамзар, ахархәара ҟалом.
14.1.13. Аоператор иаҳа аҿы маӡала аинформациа аиура алзыршо ҷыдалатәи атехникатә хархәагақәа аус рылаура ҟалаӡом.
14.2.
Абонент ишьақәирӷәӷәоит Аоператор иҟнытә Абоненттә номери SIM-картеи /  eSIM активратә коди аимадаратә Маҵзурақәа рынагӡара мацара хықәкыс иҟаҵаны ишиоуа ала. Аоператор - ателефонтә еимадареи Абоненттә номер қәнагала аусура алыршаразы ацхыраара азҭо техникатә нагӡаҩуп.  Абонент иарҳәоит, иагьеиликаауеит абанктә маҵзурақәа, Абоненттә номер азы Аиқәышаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иалху абанктә маҵзурақәа раҿакра, ашәарҭарагьы шацу, уи акредиттә еиҿкаарақәа, ма зхаҭара еилкаам ауаа ирыԥсахыз SIM-карта / eSIM активтәра акоди рыла,  Абонент иаҳасабркратә ԥхьаӡарақәа рҿы  аԥарақәа рӷәычыр алшоит. Убри инадҳәаланы, абонент технологиала Абоненттә номер иадҳәалоу рдыргала атранзақциақәа рзы, апароль аҿыхразы, егьырҭ аиҿкаарақәа рҿы аидентификациа азуразы аӡбарақәа анидикыло, уи иадҳәалоу – азарал аиура, акредитә еиҿкаарақәа рхаҿытә ԥхьаӡара аҟнытә аԥара ацәыӡра  уҳәа ашәарҭарақәагьы идикылоит. Урҭ ацәыӡрақәа рзы аҭакԥхықәра ихала ихахьы игоит, Аоператор иҟнытә ицәыӡыз архынҳәра, иара убас даҽа ҽԥныҳәак Аоператор имаҵзурақәа рышҟа иҟаиҵаӡом.  
Иара убас Абонент  Аинтернет аҳа еиуеиԥшым аресурсқәа, аелеқтронтә пошьҭа, асоциалт ә аҳақәа, амессенџьер уҳәа егьырҭ аресурсқәа рышҟа анеира алыршаразы Абоненттә номер идентификаторк аҳасабала ихы ианаирхәо, уи  мап ацәикуеит иоуа азарал ахә Аоператор иршәаразы аҽазышәарақәа рыҟаҵара.  Абонент адырра ирҭоит, Аиқәышаҳаҭрала иҭоу  Абоненттә номер аккаунтқәеи, иара убас технологиала уи Аиқәышаҳаҭрала  иҭоу аномер иадҳәалоу егьырҭ асервисқәеи рхархәара ашәарҭарақәа шацу, избанзар урҭ даҽа џьоукы иԥырҽыр ҟалоит.
Абонент ихахьы игоит ахԥатәи ахаҿқәа иҟарҵо аҿаҵарақәеи,  Аинтернет аҳаҿы Аоператор ииҭо атехнологиатә лшарақәа -   аматериалқәеи, аинформациеи, аккаунтқәеи, амаҵзурақәеи, аалыҵқәеи ицырхырааны иҟаиҵо  ахархәарақәа ирхылҿиаар алшо ашәарҭарақәа зегьы рзы аҭакԥхықәра.
14.3. Анаплакратә усура иадҳәаланы,  изиндароу  иара убас ззин ыҟам даҽа наплактәы усурак амҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны, ахаҿытә ԥхьаӡарала аԥарақәа ирыдҳәалоу аоперативтә усурақәа рымҩаԥгаразы Аоператор иҟаиҵо Амаҵурақәа рхархәара ҟалаӡом.
14.4. Аоператор иҟаиҵо Амаҵзурақәа иарбанзаалакгьы - аӡыргаратә кампаниа, аконцертқәа, авикторинақәа, ауаа азҵаарақәа рыҭара, массалатәи азышьҭрақәа, Автоматтә центрқәа реиҿкаара, ашлиузқәа, урҭ аусқәа рышьақәырӷәӷәара хықәкыс иаманы,  аутентификациа (авторизациа) аҟаҵаразы ателефон асрақәа реиҿкаара, иара убас иарбанзаалак  ахашәалахәы аиура хырхарҭас измоу даҽа усқәак реиҿкаара ахархәара ҟалаӡом, Аоператори Абоненти уи азы реиқәышаҳаҭрақәа ҩырала ирҵабыргны иҟамзар.
Абонент дақәшаҳаҭхоит, атехникатә лшарақәа аныҟоу мцҳәарыла ацәгьауцәа иҟарҵо аӷьычрақәа раанкылара хықәкыс иҟаҵаны, Аоператор аблокада азиур шалшо, хыхь зыӡбахә ҳәоу аԥҟарақәа ирышьашәаланы иалалоу аелеқтроеимадаратә дырраҭарақәа, мамзаргьы урҭ абжьтәы пошьҭа ашҟа рышьҭра.
14.5. Ателематикатә маҵзурақәа рхархәараан:
14.5.1. Абоненттә шьақәыргыламҭа иаԥырхагоу апрограмматә еиқәыршәагақәа рцәыхьчаразы аусқәа рымҩаԥгара;
14.5.2. Ахатәы Абоненттә шьақәыргыламҭа аҟнытә аспам, ма аԥхасҭа ҟазҵо апрограмматә еиқәыршәагақәеи рыларҵәара аҿагылара. Иара убасгьы:  
а) Аелеқтронтә шәҟәқәа ззырышьҭуа заа иажәа рымамкәа Амаҵзура ахархәара ҟалаӡом аӡыргаратә, акоммерциатә, ма агитациатә ҟазшьа змоу, иара убас имҽыӷу, ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәуа асалам шәҟәқәеи ажәалагалақәеи амассатә, ма хаз игоу аихшаратә нашьҭрала. Амассатә зынашьҭра ҳәа иашьҭоуп шәҟәык хыԥхьаӡара рацәала пошьҭак ашҟа ианнеиуа, мамзаргьы пошьҭак ашҟа ирацәаны ус еиԥш иҟоу азынашьҭрақәа аннеиуа;
б) Иҟалаӡом иарбанзаалак  конференциак, форумк, мамзаргьы астатиақәеи адырраҭарақәеи елеқтронтә ҳасабла рзынашьҭраҿы уи аконференциа иадҳәалам, ма азынашьҭратә сиа иаҵанамкуа ашәҟәқәа рышьҭра, урҭ уи аконференциа, ма афорум аԥҟарақәа ирышьашәаламзар;
в) иҟалаӡом аршәареи, ацәахыхратә, ма иламысдароу, ихьымӡӷыргагоуп ҳәа ирыдыркылар зылшо аинформациа аларҵәара. Хәҭакахьала, иҟалаӡом апарнографиеи, ауаҩы имилаҭтәи идинхаҵаратәи цәаныррақәа лазырҟәуа, ацәҳара, ацензура иаҵанамкуа ажәақәа зну, ма мчмырхара ашҟа ауаҩы иԥхьо ашәҟәқәа рышьҭра ;
г) иҟалаӡом азин змоу, мамзаргьы уи изинқәа назыгӡо ихаҭарнак дақәшаҳаҭымкәа, аинформациа,  Аелеқтронтә Пҳьаӡагатә машьына азы апрограмма, иара убас аинтеллектуалтә усура алҵшәақәа рыларҵәара;
д) иҟалаӡом Абонент иитәым, Аоператор иеимадаратә аҳа (амаҭәахәы, ма апрограмматә еиқәыршәага)  ахәҭақәа ишахәҭоу еиԥш русура аԥырхагахара, Аоператор имаҭәахәтә рхиагақәа, мамзаргьы ипрограмматә еиқәыршәагақәа рыԥсахрагьы уахь иналаҵаны;
е) иалыршатәым Аинтернет аҳа ашҟа асанкциа ыҟамкәа анеира хырхарҭас измоу аусқәа рыҟаҵара, иара убас иҟалом уи анеиразы  алшара ахархәарагьы;
ж) иҟалом акомпиутерқәеи, мамзаргьы Аинтернет аҳаҿы акомпиутерқәеи, мамзаргьы ашьақәыргыламҭақәеи иҵаҵӷәыдоу урҭ рҿы амчхареидара ҟазҵо, иара убасҵәҟьагьы Аинтернет аҳа абжьаӡаратә ҭыԥқәа рҿы хаз игоу урҭ ахәҭақәа рнеиразы мҽхакыла еиҵаны иаҭахыу аҵкьыс еиҳау,  хра злам, иҵакыдоу аинформациа рыҭара, иара убасҵәҟьагьы Аинтернет аҳаҿы аԥырхага ҟазҵо апрограмматә еиқәыршәарақәа рыҟаҵара, мамзаргьы урҭ раларҵәаразы ацхыраара аҟаҵара;
иаҭахуп аинформациатә, ма  Аинтернет аҳа атехникатә ресурсқәа рхархәаразы иҟоу иарбанзаалак аԥҟарақәа рықәныҟәара, мамзаргьы зыԥшрак ҟамҵакәа уи ахархәара мап ацәкра. Аинтернет аҳа аресурсқәа рхархәаразы аԥҟарақәа, мамзаргьы урҭ рахь азхьарԥш урҭ аресурсқәа зхатәу, ма администраторцәа урҭ аресурсқәа  рхархәаразы аԥҟарақәа Аинтернет аҳа иахьаҿаркуа аҭыԥқәа рҟны иркьыԥхьуеит, урҭ  рынагӡарагьы уи Аинтернет аҳа  аресурсқәа рынагӡарагьы  хымԥадатәины иҟоуп;
и) иҟалаӡом ахԥатәи ахаҿқәа ридентификациатә дыррақәа (рыхьӡқәа, рҭыӡҭыԥқәа, ртелефонқәа уҳәа иҵ. рхархәара, дара ахаҿқәа хаҭала урҭ  рхархәаразы Абонент азин ирымҭазар. Иара убри аамҭазы Абонент ихаҭагьы илшо зегьы ҟаиҵароуп иара ихьӡала ахԥатәи ахаҿқәа Аинтернет аҳа ахархәара алдмыршарц азы ( автор дақәыршаҳаҭны анеира ахьалыршо апарольқәеи, иара убас егьырҭ акодқәеи рыхьчара алыршара) ;
к) иҟалаӡом Аинтернет аҳаҿы адырраҭарақәа реимдараан ухатәы IP-ҭыӡҭыԥ, иара егьырҭ  аҳатә ԥкаанҵақәа рҿы ахархәара змоу аҭыӡҭыԥқәа афальсификациа рзура, ма  маӡала рыԥсахра.
л) Аелеқтронтә корреспонденциа адәықәҵараан иҟам-ианым шьҭахьҟатәи аҭыӡҭыԥқәа рхархәара ҟалаӡом;
м) Даҽа џьоукы ахатәы ресурсқәа ламысдарала рхы иадмырхәарц  азы ашьақәыргыламҭа иазыԥшаатәуп уи аԥзырҟәҟәааша, ишахәҭоу еиԥш иҟоу архиаратә ресурсқәа, насгьы ус еиԥш ахархәарақәа аназгәаҭаха (иаҳҳәап, Аелеқтронтә пошьҭа аретранслиатор анаарту; апроқси-серверқәа анаарту; зегьы еилыркаауа, инарҭбааны аҳәара ахьалшо алокалтә аҳақәа уҳәа, убас егьырҭгьы) раан   зыԥшрак ҟамҵакәа оперативтә ҳасабла анырра ҟаҵатәуп;
н) иҟаҵатәым Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадареи атәылахьчаралшареи, иара убас ауаа ргәабзиареи ршәарҭадареи рзы ашәарҭа;
о) иҟалаӡом Аоператор Имаҵзурақәа егьырҭ аоператорцәеи иара убас аимадаратә аҳақәеи ирылҵуа атрафик  ашьҭразы ахархәара;
п) Ахатәы абоненттә шьақәыргыламҭа убас еиԥш ашьақәыргылара, уи аресурсқәа ахԥатәи ахаҿқәа ламысдарала рхы иадмырхәарц азы иахәҭоу аусқәа рыҟаҵара алыршара, иара убас ус еиԥш ахархәарақәа рыҟаҵара иадҳәалоу аҽазышәарақәа ангәаҭаха, оперативтә ҳасабла ишахәҭоу еиԥш рҿагылара;
14.6. Иалыршатәым ахԥатәи ахаҿқәа рхархәарала ахатәы SIM-карта мамзаргьы  eSIM аҟынтәи аинформациа аныхра, уи аинформациа ахҩылаа аҟаҵара, иара убас изинтәым егьырҭ аусқәа рыҟаҵара
14.7. Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩраан уи Аиқәышаҳаҭра аусура аҿҳәара нҵәаанӡа, Аобонент Аоператор азин ииҭоит:
14.7.1. Иперсоналтәым (абоненттә номер, ахәшәаразы адыррақәа уҳәа егьырҭгьы, имаӡоу аимадара аамҷыдарахаз) Абонент изку адыррақәа, ишынеибакәу, мамзаргьы хәҭакахьала, Аоператор Аиқәышаҳаҭрала ихахьы иигаз адҵақәа рынагӡара, мамзаргьы Аиқәышаҳаҭра иадҳәалоу ахыдҵақәа рынагӡаразы ахԥатәи ахаҿқәа рыцхыраара алыршара хықәкыс иҟаҵаны, аимадаратә маҵзурақәа реиӷьтәразы, аӷьычрақәеи, ахәымгарақәеи, иаҭахым ателефон асрақәеи, аимадаратә маҵзура ахархәара иадҳәалоу аԥырхага ҟазҵо апрограмматә еиқәыршәарақәа рыларҵәара аҿагыларазы, аинформациатә-статистикатә информациа маҵзурақәа рыҟаҵаразы, иара убас ауалқәхазы аинформациа аҟаҵаразы, аиқәышаҳаҭра аԥыхрагьы уахь иналаҵаны, Аоператор ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара;
14.7.2. Амаҵзурақәа рхархәараан аӡыргара аиура, иара убас арҭ Аԥҟарақәа инарышьашәаланы, Абонент изы адыррақәа ахархәара рзура (амаӡа злоу адыррақәа аламҵакәа), атауарқәеи, аусурақәеи, Аоператор имаҵзурақәеи амҩа рыҭара хықәкыс иҟаҵаны, убас ахԥатәи ахаҿқәа уахь иналаҵаны, аимадара ахархәагақәа рыцхыраарала  Абонент иҿы ишиашоу  иҟоу аконтактқәа рыҟаҵара.

14.7.3. Аоператори ахԥатәи ахаҿқәеи ирыбжьарҵо аиқәышаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны, Аоператор  урҭ ахԥатәи ахаҿқәа ириҭоит инхарҭәааны, ма хәҭакала Абонент изкны адыррақәа,  аперсоналтә дыррақәагьы уахь иналаҵаны, Аиқәышаҳаҭра анагӡара, ма уи Аиқәышаҳаҭра инадҳәаланы (иҟаҵо аимадаратә маҵзурақәа рзы Аиқәышаҳаҭрақәа рыхьчарагьы уахь иналаҵаны) ари Аԥҟарақәа рпункт 14.7.2. аҿы иазԥхьагәаҭоу, аԥхықәрақәа рзы анормативтә зинтә актқәа рыла Аоператор  аимадаратә маҵзурақәа реиӷьтәра хырхарҭас иҟаҵаны, имоу  ихыдҵақәа рынагӡара алыршаразы (цәгьаурала идырҳаз ахашәалахәқәа рцәыргара (рыӡәӡәара) аҿагыларазы, иара убас атерроризм аҿагылара алыршаразы, аӷьычреи, иаҭахым ателефон асрақәеи, иара убас аимадаратә маҵзура ахархәара иадҳәалоу аԥырхага ҟазҵо апрограмматә еиқәыршәагақәа рыларҵәара аҿагыларазы, аинформациатә-статистикатә информациа маҵзурақәа рыҟаҵаразы, иара убас ауалқәхазы аинформациа аҟаҵаразы, аиқәышаҳаҭра аԥыхрагьы уахь иналаҵаны, зыҿҳәара ахыганы ирырҭо ахәшәара  ахыԥхьаӡара инадҳәаланы  ирыдыркыло аӡбара, иара убас ахԥатәи ахаҿқәа рҟнытә Абонент аинформациа аиуразы (акредиттә ҳасабырба иаҷыданы) аскоринг аҟаҵара;
14.7.4.
       Аоператор аус рыдиулоит абиометрикатә персоналтә дыррақәа:  абжьи, ахаҿы ифото-и ивидео сахьеи, даҽакала иуҳәозар,  автоматтә хархәагақәа рыбзоурала, мамзаргьы урҭ ахархәагақәа рыда аперсоналтә дыррақәа риура (аизгара, аҭаҩра, асистематизациа рзура, аизакра, аҵәахра, цқьа аилкаара (арҿыцра, аԥсахра), аҭыгара, ахархәара, амадара (аҭара, анашьҭра), ахаҿыдатәра, аблокада азура, ақәгара  (аперсоналтә дыррақәа рықәхра) алыршара, иара убасгьы аиқәышаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны, Аиқәышаҳаҭра анагӡара иадҳәалоу Абонент ихаҿы аидентификациа азура, иара убас/мамзаргьы  аутентификациа азуразы Аоператор ахԥатәи ахаҿқәа ириҭо адҵа.
       Ас еиԥш иҟоу аизааибагара аус ауеит Аиқәышаҳаҭра аҿҳәара зегьы, иара убас аиқәышаҳаҭра анаԥырх ашьҭахь инаркны даҽа 5 шықәса, мамзаргьы аус адуларақәа рхыкқәа наӡаанӡа, ма  уи аус адулара мап ацәкхаанӡа. Уи аизааибагара мап ацәкра алыршахар ҟалоит ианакәзаалакгьы, иҩны ишьҭаҵоу арзаҳал шьаҭас иаҭаны.
14.8. Аинформациатә-еилкааратә маҵзура хықәкыс иҟаҵаны, Абонентцәа ирызку, зегь еилыркаауа абаза анаԥҵоу аамҭазы,   Аоператор Абонент-атәылауаҩы иҟнытә   иоуеит уи ихьӡи, ижәлеи, иабхьӡи, иара убас иабоненттә номерқәеи уи абаза  рҭагалара дшақәшаҳаҭу ала арзаҳал ҩҩны.
14.9. Абонент азин имоуп ари Аԥҟарақәа ирыҵаркуа апунктқәа 14.7.2., 14.7.3., 14.7.4 рҿы еиқәыԥхьаӡо рықәшаҳаҭхара мап шацәикуа абас ала  арбара:
 - аинформациатә карта аграфа ҷыдаҿы «сақәшаҳаҭым» ҳәа ақәыргылара ала. Иара убри аамҭазы, арҭ Аԥҟаррақәа рпункт 14.7.2. аҿы иазԥхьагәаҭоу аизааибагара мап ацәкра аус ауеит  аиқәышаҳаҭра анрыбжьарҵа нахыс 30 (ҩажәижәаба)  мзартә мшы рыҩныҵҟа;
 - ма  уи иашьашәалоу аҩыратә дырра ҟаҵаны, Абонент аидентификациа изура алзыршо ҳасабла, Аоператор изнагара. Усҟан  имапкра аус ауеит Абонент иаирбо аамҭа иалагӡаны, мамзаргьы уи ҿҳәара амаӡам.
14.10. Аоператор итехникатә лшарақәа аныҟоу, Абонент иара убасгьы азин имоуп ари Аԥҟаррақәа рпункҭқәа 14.7.2, 14.7.3, 14.7.4 рҿы иарбоу аизааибагарақәа риура мап ацәкра, Абонент идентификациа аилкаареи, уи игәаҳәара шьақәзырӷәӷәо Аидентификатор ихы иархәаны,   Аоператор иҳәаақәиҵо аконклиуденттә усқәа рыҟаҵарала.
14.11. Аоператор ахархәаҩ иперсоналтә дыррақәа рзы аҵаатәхәы аныҟаиҵо аамҭазы ишьақәырӷәӷәатәуп аиқәышаҳаҭраҿы иарбоу адыррақәа, абонент ихаҭара зырҵабыргуа адокументқәа Аоператор Имаҵуратә офис аҿы инаганы, мамзаргьы Аоператор иаирбо даҽа ҳасабла.


 15-тәи ахәҭаҷ.  Аоператор изинқәа
Аоператор азин имоуп:
15.1. Аоператор иеимадаратә аҳа амодернизациа азура, иара убас уи аҟны атехникатә ԥсахрақәа, иараубас/мамзаргьы Амаҵзура ахархәара анырра азҭо аԥсахрақәа рымҩаԥгара. Усҟан Аоператор азин имоуп Амаҵзурақәа рыҟаҵара аҳәаа аԥкра, ма аамҭала зынӡаскгьы раанкылара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра  азакәанԥҟараҿы иазԥхьагәаҭоу аҿҳәара ҟаҵаны, Абонент заа адырра иҭаны, Абоненттә номер аԥсахра.
15.2. Абонент интересқәа азгәаҭаны, уи «ааԥхьара» арыд  машәыршәа дахьақәыӷәӷәаз азы аԥара ицәымӡырц азы Аоператор илшоит иԥикырц аимадаразы ишьақәыргылоу аамҭатә интервал.
15.3. Аоператор азин имоуп Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рҿы аԥсахрақәа ралагалара, иара убас/мамзаргьы  урҭ рхарҭәаара, арҭ Аԥҟарақәа  рыхәҭаҷ 23 аҿы  ишьақәыргылоу Аԥҟарақәа реиҿкаашьагьы уахь иналаҵаны.
15.4. Аоператор ихала ишьақәиргылоит Амаҵзурақәа ртарификациа ак ашәагааи ихаҭәаам  атарификациа ак  ахә ашәашьеи.
15.5. Аоператор азин имоуп атексттә, иара убас/мамзаргьы аелеқтронтә нашьҭрак аҳасабала ихарҭәаау аинформациа Абонент изнагара.
15.6. Аоператор азин имоуп Амаҵзурақәа рыҟаҵара аанкылара, Абонент аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟарақәа, иара убасгьы/ма ари Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа анеилеига аамҭазы.
15.7. Аоператор азин имоуп SIM-картеи мамзаргьы eSIM активизациа азуратә коди ианакәзаалакгьы рыԥсахра, уи азы мзызс иҟазаалакгьы,  Абонент Амаҵзурақәа иҭаразы иарбанзаалак харџьк ацымҵакәа, уи аԥсахра иадҳәалоу амзызқәеи аԥҟарақәеи заа Абонент ирдырны.
Абонент и-SIM-картеи мамзаргьы и-eSIM активациа азуратә коди даҽа абонентк ихьӡала рыԥсахра, мамзаргьы реиҭаҭагалара аан, Абонент ихацыркрала, ҿҳәарала 24 сааҭ аблокада рзыухоит икьаҿу атексттә дырраҭарақәа зегьы. Абонент азин имоуп заа иҟаиҵаз иҭахра мап ацәикырц  15 минуҭ рыла иаармарианы, амаҵзуратә сервисқәа рхархәарала.
15.8. Аоператор азин имоуп Абонент ирҭо Амаҵзурақәа реизга аԥсахра, ма ҽԥныҳәак аҟаҵара, иара убасгьы аинформациа аиура хықәкыс иҟаҵаны, Абонент Аимадаратә центр Аоператор ҭелла даниацәажәо, урҭ телефонла реицәажәара  аҭаҩра.
15.9. Аоператор азин имоуп Абонент изыҟаиҵо Амаҵзурақәа раанкылара, уи Абонент Аоператори, иара убас егьырҭ Абонентцәеи, иара убас/мамзаргьы даҽа хаҿқәак Амаҵзурақәа рхархәала аԥхасҭа риҭозар. Иара убас уи Абоненттә номер убас/мамзаргьы Абоненттә шьақәыргыламҭа  аимадаратә аҳала еиҿикаауазар, Аоператор иҿы хаз аиқәышаҳаҭра ҟамҵакәа, еихшаны адәықәҵарақәа,  Автоматтә центрқәа, алотереиақәа рымҩаԥгара, абжьыҭирақәа, аконкурсқәа, аӡыргарақәа, массала ашьҭрақәа, Ашлиузқәа рышьақәыргылара, русурақәа аутентификациа/авторизациа  ашьақәырӷәӷәаразы ааԥхьарақәа рымҩаԥгара, иара убасгьы Аоператор дақәмыршаҳаҭӡакәа ааԥхьаратә системемеи, Ашлиузқәеи,  иара убас ус еиԥш иҟоу аусқәа рымҩаԥгаразы алицензиа, ма азин змам ауаа аимадара амаҵзура рыҭара. Иара убасгьы Аоператор Амаҵзурақәа раанкылара илшоит ахашәалахәы аҟаҵара, изакәаным аусқәагьы уахь иналаҵаны, хықәкыс изманы амаҵзурақәа зхы иазырхәо рганахьала, иара убасгьы уи урҭ Амаҵзурақәа аанкылазар ҟалоит аимадара аҳақәеи аимадаратә хархәагақәеи рыцхыраарала иҟарҵо ацәгьаурақәа раԥырҟәҟәааразы, урҭ ралмыршаразы.  
15.10. Аоператор ихатә хацыркрала азин имоуп Абонент изалху Абоненттә номер аԥсахра,  иарбоу уи аномер ахархәарала Амаҵзурақәа рыҟаҵара уаҳа иалымшозар. Усҟан аԥсахра мҩаԥгахаанӡа 60 (хынҩажәа) мзар мшы шыбжьоу ҩырала, мамзаргьы икьаҿу атексттә дырраҭарала Аоператор ихәҭоуп Абонет  изицҳарц  уи иабоненттә номер ҿыц. Уи аԥсахра иаалырҟьаны, ишақәымгәыӷӡоз, мамзаргьы иҷыдоу хҭысқәак ирыхҟьаны иаҭахымхазар, мамзаргьы ианирҭоз аҽны  Абоненттә номер закәандарыла ишҭагалоу еикаамхазар. Абоненттә номерқәа массала рыԥсахра аҭаххозар, Абонентцәа Аоператор исаит, , иара убас/мамзаргьы Аоператор иеимадаратә хархәагақәа (автоинформатор) рыла ирзырыцҳауеит. Абонент изалху аномер Аоператор  иԥсахроуп уи иҟынтәи  арзаҳал ҩны ианиоу аамҭазы. Аоператор ихацыркрала абоненттә номер аԥсахра хәыда-ԥсада иҟоуп, абонент ихацыркрала ианымҩаԥысуауи азы Аоператор ишьақәиргылоу ахәԥса шәатәуп.
15.11. Аоператор ихала аӡбара азин имоуп аҭыӡҭыԥтә қәыԥшылара араӡара, ма аблокада азура. Иара убас Аинтернет аҳаҿы арҭ, ма егьырҭ афрагментқәеи, аобиектқәеи, аинформациатә ресурсқәеи, Аинтернет аҳа Амаҵзурақәеи (аҭыӡҭыԥқәеи, аҳақәеи, асерверқәеи, ателеконференциақәеи, асиақәа еихшаны рышьҭра  уҳәа иара убас егьырҭ амаҵзурақәеи) рышҟа Абонент инашьҭра аԥкра. Аоператор Аинтернет аҳа аресурсқәа рышҟа Абонент инашьҭра аԥикуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟараҿы  иазԥхьагәаҭо аҭагылазаашьақәеи, аиҿкаашьақәеи  аԥҟарақәеи инарышьашәаланы.  
15.12. Аоператор ахәдықәҵара (агарантиа) ҟаиҵаӡом:
15.12.1. Аинтернет аҳала аамҭала, ма еснагь изымнеиуа  аиҿаԥсарҭақәеи, мамзаргьы асерверқәеи рҿы аинформациатә еимадара алыршаразы;
15.12.2. Амаҵзурақәа рышҟа абсолиуттә еиԥҟьарада анашьҭразы;
15.12.3. Иахьынӡалшо мақсималла иҟоу арццакрала Аинтернет аҳа амадара ашьақәыргыларазы;
15.13. Абонент SIM – карта аницәыӡ (ма ианицәырӷьыч) аамҭазы Аоператор уи и- SIM – карта аамҭала – 10 (жәамш)  аблокада азиуеит. Уи аамҭа иалагӡаны Абонент ицәыӡыз (ицәырӷьычыз) SIM – карта ацынхәра ҟаимҵазар, уи иазыԥҵәоу аамҭа анынҵәалакь,  SIM – карта автоматла аусура иалагоит.

 16-тәи ахәҭаҷ.  Аоператор иԥхықәрақәа
Аоператор ԥхықәрақәас имоуп:
16.1. Аоператор Абонент изыҟаиҵаларц уи изыҟаҵаразы алицензиа зызимоу Амаҵзурақәа, урҭ рыҟаҵаразы атехникатә лшара аныҟоу, иара убас Абонент Амаҵзурақәа изыҟаҵара Аоператор ирҭаз алицензиақәа рҿы ишазԥхьагәаҭоу ала,  алицензиатә ԥҟаррақәа инарышьашәаланы.
16.2. Абонент, иара убасгьы дарбанзаалак даҽаӡәы  азин зызимоу  Аԥҟарақәеи, аус зуа Аоператор итарифқәеи, Амаҵзурақәа зегьы рыхцәажәареи, иара убас Амаҵзура иадҳәалоу егьырҭ  адыррақәа рзы ихымԥадатәиу, ииашоу аинформациа    Абонент, иара убас иазыҳәо дарбанзаалак даҽаӡәы иҭара.
16.3. Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩреи анагӡареи рзы ихымԥадатәиу аинформациа рыҭара. Иарбоу аинформациа лабҿаба, аилкаара марианы Абонентцәа ирызнаргоит Аоператор и-Абоненттә маҵзуратә ҭыԥқәеи аҭирҭақәеи рҿы.  
16.4. Хәыда-ԥсада абарҭ аинформациатә-еилкааратә маҵзурақәа рыҟаҵара:
 а) Амаҵзурақәа ртарифқәеи аимадаратә аҳа амаҵзуратә Зонеи ирызку аинформациа рыҭара ;
б) Абонент Ихатәы ԥхьаӡара аҭагылазаашьеи уи Амаҵзурақәа рыхә азы иуалқәхақәеи ирызку аинформациа иҭара;
в) Амаҵзурақәа рхархәара ԥызкуа атехникатә еиқәымшәарақәа ирызкны Абонент иҟынтәи аинформациа адкылара;
16.5. Аԥҟаррақәа рпунктқәа 11.16, 11.17. инарышьаршәаланы, ирласу аоперативтә маҵзура ааԥхьаразы Абонент алшара иҭара;
16.6. Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа анаанкылаха, урҭ реиҭахацыркра алыршахароуп Абонент иҟаиҵаз аилагарақәа анириаша, Аоператор иҿы имоу ауалқәха ашәарагьы уахь иналаҵаны, мамзаргьы уи иқәыз ауал шишәаз зырҵабыргуа адокументқәа аннеига, убасгьы Абонент итарифтә план иашьашәаланы иахәҭоу ашәатәқәа аналаигала ашьҭахь - 1 мышкы (1амзартә мшы)  иалагӡаны.
16.7. Аоператор ԥхықәрас имоуп Абонент иҭахрала, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟараҿы ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны, Амаҵзурақәа рыҟаҵара иадҳәаланы ихарҭәаау аинформациа Абонент иҭара.
16.8. Аоператор ԥхықәрас имоуп  аус зуа Аԥҟаррақәа Абонентцәа  дырдырра,  урҭ кьыԥхьны Аоператор иабоненттә маҵзуратә ҭыԥқәеи аҭирҭақәеи рҿы, Аинтернет аҳа аҿы, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟара иаҿамгыло даҽак знеишьак ала рызнагаразы алшара аҟаҵара.   

16.9.
Аоператор ԥхықәрас имоуп Амаҵзурақәа рхархәара иаԥырхагоу аиқәымшәарақәа рырҽеира, Аоператор ишьақәиргылаз аҿҳәара иалагӡаны. Амаҵзурақәа рхархәара иаԥырхагоу аиқәымшәарақәа раԥыхразы аҿҳәара иазку аинформациа ҭарҵоит Аоператор исаит аҿы.
16.10. Аоператори Абоненти, иара убас/мамзаргьы Абонент ихьӡала аус зуа даҽа хаҿыки   аимадара амаҵзуразы ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭрақәа ирызку адыррақәа Абонент изнагара алдыршоит Ахатәы кабинет аҿы, аинформациатә-телекоммуникациатә «Аинтернет»  аҳа ахархәарала, иара убасгьы/мамзаргьы аелеқтронтә пошьҭа аҭыӡҭыԥ ашҟа ашьҭрала, адыррақәа риуразы уи абонент ихаҭа иалихуазар.


 VI-тәи аҟәша.  Егьырҭ аԥҟарақәа
 17-тәи ахәҭаҷ.  Аоператор иҭакԥхықәра.
17.1. Аиқәышаҳаҭреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аус зуа азакәанԥҟареи инарышьаршәаланы, Аоператор аҭакԥхықәра идуп ихахьы иигаз ахыдҵақәа рынамыгзара, мамзаргьы ишахәҭоу еиԥш рынамыгӡара аан.  
17.2. Аоператор ихыдҵақәа рынамыгӡара, мамзаргьы  ишахәҭоу еиԥш рынамыгӡара азы аҭакԥхықәра аҟнытә ихы дақәиҭтәхоит урҭ ахыдҵақәа рынамыгӡара иара ихарамкәа, имч зқәымхо аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, мамзаргьы  Абонент ихарала иҟалазар. Хәҭакахьала, аимадара ахаҭабзиара ахьылаҟәхаз азы Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игаӡом: Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟарала ишьақәыргылоу ихымԥадатәиу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәалам ибжьысу, ма еиқәшәам Абоненттә шьақәыргыламҭа ахархәара инадҳәаланы, Аоператор иеимадаратә аҳа аусура еицәахазар, ма зынӡа иаҟәыҵзар. Иара убасгьы Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игаӡом,  аҭыжьҩы дақәшаҳаҭымкәа иԥсахыз, ма амодификациа зызуз ашьақәыргыламҭақәа рхархәараан, насгьы Абонент ишьақәыргыламҭа/ишьақәыргыламҭа иамоу апрограмматә еиқәшәара зиндарала ахԥатәи ахаҿқәа ахархәара ахьазыруа иахҟьаны, иеимадаратә аҳа аусура ахаҭабзиара ахьылаҟәхаз азыҳәан. Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игаӡом  егьырҭ аоператорцәа  реимадаратә маҵзурақәа рхаҭабзиаразы.
17.3. Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игаӡом Абонент ишҟа инаицҳауа адыррақәа, ардыргақәа, иара убас иарбанзаалак даҽа информациак Абонент иахьимоуз азы, уи Абонент Аԥҟарақәа  рпунктеиҵа 14.1.4 аҿы иарбоу аԥҟара дықәымноҟәозар.
17.4. Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игоит  аиҿаԥсарҭақәеи аҳа/аҳақәа (Аинтернет аҳагьы уахь иналаҵаны( Аоператор иеимадаратә Аҳа, убас ахԥаҭәи ахаҿқәа р-аҳа, мамзаргьы азеиԥштә хархәара аҳа аҭыԥ аҟынӡа анашьҭреи, урҭ  реидҳәалареи ралыршаразы.  
Аоператор ихарам амзызқәа ирыхҟьаны иарбоу аиҿаԥсарҭақәа, ма аресурсқәеи рзымнеирақәа – ари Аԥҟарра апункт 16.9 инашьашәаланы, аимадара аиԥҟьара, мамзаргьы аиқәымшәарақәа рышҟа иаҵанакӡом.
17.5. Аоператор аҭакԥхықәра ихахьы игаӡом Абонент аимадара ателематикатә маҵзурақәеи адырраҭарақәа реимдаразы аимадаратә маҵзурақәеи рыла инарышьҭуа аинформациа аҵаки ахаҭабзиареи рзыҳәан.


 18-тәи ахәҭаҷ. Абонент иҭакԥхықәра
18.1. Аиқәышаҳаҭра ала иазԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа  рынамыгӡаразы, ма ишахәҭоу еиԥш рынамыгӡаразы Абонент аҭакпхықәра идуп абарҭ аҭагылазаашьақәа раан:
а) Амаҵзурақәа рыхә амшәара, ихарҭәаамкәа ашәара, ма ианаамҭоу амшәара;
б) Абоненттә шьақәыргыламҭа  аеқсплуатациа азураан аԥҟаррақәа рықәымныҟәара;
в) Иазԥхьагәаҭоу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәалам Абонент ишьақәыргыламҭа Аоператор иеимадаратә Аҳа аҿакразы иҟоу ақәиҭымтәра аилагара;
г) Аинформациа маӡала аиура иазку ҷыдалатәи атехникатә хархәагақәа Аоператор иеимадаратә Аҳаҿы рхархәара алыршара;
д) Ари Аԥҟарра апунктқәа 14.1.13., 14.3., 14.4., 14.5.,14.6. рҿы иарбоу ашәымҭақәа раан Амаҵзурақәа рхархәара ;
е) Амаҵзурақәа  риура хықәкыс иҟаҵаны, Абонент и- SIM-карта, мамзаргьы уи и-eSIM ахԥатәи ахаҿқәа рхы ианадырхәо.
18.2. Абонент изыҟарҵо Амаҵзурақәа рыхә анимшәо, ма инагӡаны, иара убасгьы ианаамҭоу ианимшәо, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанаԥҟарра инашьашәаланы,  Аоператор ахараԥса изишәоит. Иара убри аамҭазы  иишәо ахыԥхьаӡара шәатәыс имаз ахәԥса иеиҳамзароуп.
18.3. Абонент абоненттә шьақәыргыламҭа аеқсплуатациа азураан иҟоу аԥҟаррақәа данрықәымныҟәо, мамзаргьы иазԥхьагәаҭоу атехникатә ҭахрақәа ирышьашәалам Абонент ишьақәыргыламҭа Аоператор иеимадаратә Аҳа аҿакразы иҟоу ақәиҭымтәра анеилеиго,  Аоператор азин имоуп Абонент иҟаиҵаз аилагарақәа ирыхҟьаны иоуз азарал ашәара Абонент идҵара.
18.4. Апункт аҵа 14.1.10.5 аҿы иарбоу Аԥҟарра Абонент  ианынаимыгӡа аамҭазы, уи ицәыӡыз  SIM-карта, мамзаргьы  eSIM ахархәарала иоуз Амаҵзурақәа, иперсоналтәу аидентификациатә номер (PIN-код) ала даҽа џьоукы Амаҵзурақәа рхы ианадырхәогьы уахь иналаҵаны, Абонент уи шицәыӡыз ала  Аоператор адырра ииҭаанӡа.
18.5. Арҭ Аԥҟаррақәа, апунктқәа 14.1.10.5., 14.1.10.6. иара убас 18.1. уахь иналаҵаны, Абонент данрықәымныҟәа аамҭазы, Аоператор азин имоуп Абонент ихарала иоуз аԥхасҭа, мамзаргьы шәҟәыла ишьақәырӷәӷәо азаралқәа рыхә ахшәаара Абонент идҵара.


Статья 19-тәи ахәҭаҷ. Аҽԥынкыларақәеи азыҳәарақәеи рцәыргашьа
19.1. Абонент имоу аҽԥынкыларақәа рыхәаԥшра мҩаԥыргоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазԥхьагәаҭоу еиҿкаашьала.
19.2. Абонент Имаҵзурақәа рымҩаԥгаразы Аоператор ихахьы иигаз ахыдҵақәа рынамыгӡара, мамзаргьы ишахәҭоу еиԥш рынамыгӡара аан Аоператор Аӡбарҭа ашҟа аҳәара ҟаиҵаанӡа, Аоператор иахь имоу агәала хымԥада уи иеиҳәарц ихәҭоуп.
19.3. Аҽԥынкылара цәыргатәуп ҩыратә формала, уи Аоператор ишҟа иаанеи аҽны ашәҟәы иҭагалатәуп.
19.4. Аиқәышаҳаҭра иарбоу Амаҵзурақәа рыҟаҵара мап ацәкра, урҭ ианаамҭоу, ма ишахәҭоу рыҟамҵара иадҳәалоу аҽԥынкыларақәа ирыхәаԥшуеит урҭ Амаҵзурақәа аныҟаҵоу, ма рыҟаҵаразы мап анку, мамзаргьы рыхәԥсазы аԥхьаӡара анықәыргыло нахыс 6 (фымз) мзы ирылагӡаны.
19.5. Аҽԥынкылара иацзароуп Аиқәышаҳаҭра ахҩылаа, иара убасгьы Аиқәышаҳаҭраҿы иазԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа рынамыгӡара, мамзаргьы ишахәҭоу еиԥш рынамыгӡара иазкны адыррақәа ртәы зну – иҟаҵоу аԥхасҭа афакти ԥарала заҟа ҟанаҵои реилыргаразы ихымԥадатәиу егьырҭ адокументқәа.
19.6. Аоператор уи аҽԥынкыла еилиргоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иарбоу аҿҳәара инақәыршәаны.
19.7. Абонент иҟаиҵаз аҽԥынкыла аилыргара лҵшәас иаиуз атәы Аоператор уи ҟазҵаз Абонент изицҳауеит ҩыратә формала.
19.8. Аоператор уи аҽԥынкыла ҵаҵӷәыркуп ҳәа ианазхеиҵа, иаарԥшу агха-ԥхақәа риашатәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҟараҿы  ишьақәыргылоу аҽҳәара инақәыршәаны.
19.9. Аҽԥынкылара ишынеибакәу, мамзаргьы хәҭакахьала мап ацәкра, мамзаргьы  уи аилыргаразы иазыԥҵәоу аамҭа иалагӡаны аҭак анимоу аамҭазы Абонент азин имоуп  аӡбарҭа ашҟа аҳәара аҟаҵара.
19.10. Аимак Аӡбарҭа ашҟа адәықәҵара алыршахоит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 55-тәи ахәҭаҷ  инашьашәаланы, Абонент аӡбарҭа аҟынӡа (аҽԥынкыларатә ӡбара) иаҭаху данықәныҟәо аамҭазы.
19.11. Аиқәышаҳаҭра инапы анаҵаиҩуа, Абонент дақәшаҳаҭхоит Аиқәышаҳаҭра аҿҳәара зегьы иалагӡаны, уи изыҟаиҵо амаҵзурақәа рыхә ашәаразы ихахьы иигоу ахыдҵақәа рынагӡара аамҭа иалагӡаны, Абонент иперсонлатә дыррақәа, иара убас уи иуалқәхарақәа ирызку адыррақәа Аоператор иҭаразы, мамзаргьы  иҟалаз ауалқәха Абонент иршәаразы, Аоператор ихьӡала уи интересқәа назыгӡо ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара. Абонент азин имоуп иперсоналтә дыррақәа рыҭаразы иҟаиҵаз ақәшаҳаҭхара мап ацәкра. Уи азыҳәан Абонент уи мап шацәикуа ала, Аоператор ишҟа ашәҟәы иҩыроуп.


 20-тәи ахәҭаҷ. Аиқәышаҳаҭра аԥсахра амҩаԥгашьа
20.1. Аиқәышаҳаҭра аԥсахра иара убас/мамзаргьы ахарҭәаара (анаҩс – аԥсахрақәа)  алзыршо акәны иҟоуп Аоператор иажәалагала ала, арҭ Аԥҟаррақәагьы уахь иналаҵаны,  Аԥсахрақәа ртекст Аоператор исаит аҿы акьыԥхьра, иара убас иарбоу аԥсахрақәа ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа зинла аусура иалагаанӡа 10 (жәаба) мзартә мшы шыбжьоу Аоператор и-Абоненттә Маҵзуратә ҭыԥқәеи аҭирҭақәеи рҟны зегьы ирдыруа аҟаҵара.
20.2. Принятием Абонентом предложения, указанного в пункте 20.1 настоящих Условий, являются конклюдентные действия по использованию и/или оплате Услуг, оказываемых Оператором на новых условиях, после вступления изменений в силу, а также отсутствие отказа от таких изменений, направленного Абонентом в адрес Оператора в течение 10 (десяти) календарных дней с момента опубликования изменений Договора.
Арҭ Аԥҟаррақәа рпункт 20.1 аҿы иарбоу ажәалагала  Абонент идикылеит ҳәа иԥхьаӡоуп  аԥсахрақәа зинла аусуразы амч анроу ашьҭахь иҿыцу Аԥҟаррақәа рыла Аоператор иҟаиҵо Амаҵзурақәа рхархәара, иара убас/мамзаргьы Амаҵзуарқәа рыхә ашәара аганахьала имҩаԥырго аконклиуденттә усқәа. Иара убасгьы Аиқәышаҳаҭрақәа рыԥсахра атәы зҳәо аинформациа аныркьыԥхь ашьҭахь, Абонент ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа дышрықәшаҳаҭым ала, Абонент иҟнытә Аоператор ишҟа инашьҭу ашәҟәы 10 (жәаба) календартә мшы ирылагӡаны ианыҟамла аамҭазы.