03-10-2023

Афотоальбом «Ҳара Ҳаруаа реиҳабы. Ҳиааира ду ашәақәа» аӡыргара

С. И. Чанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы  цәыббрамза 26 рзы имҩаԥысит  афотоальбом «Ҳара ҳаруаа реиҳабы. Ҳиааира ду ашәақәа» аӡыргара. 

Афотоальбом азкуп Ареспублика Аԥсны  Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба игәалашәара. 

Уи аԥҵареи аӡыргареи алыршан аилахәыра Аҟәафон иҟанаҵаз  ахадаратә спонсоррала.

Ари афотоальбом ала ихыркәшан 2013 шықәсазы ихацыркыз зымҽхак ҭбааз апроект ду «Ҳара ҳаруаа реиҳабы. Ҳиааира ду ашәақәа». Емма Хәаџьаа-ԥҳаи Ҭемыр Қәычбериеи авторцәас измаз ари апроект иҭагӡаны иалыршан амузыкатә фильмқәа хԥа раԥҵара. Урҭ афильмқәа шьаҭас ирымоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ииз ашәақәа.

Афильмқәа рҿы ахархәара азун аибашьра аан, ишиашоу афронт аҿы иаԥҵаз ашәақәа равторцәеи раԥхьатәи анагӡаҩцәеи ианырҳәо ҳзырбо аибашьратә хроника. Афильмқәа рҿы афронт аҿы иҭыхыз архивтә кадрқәеи Аиааира зхы ақәызҵаз афырхацәа рыхшара урҭ ашәақәа  ахьынарыгӡо ҳаамҭазтәи ақәыргыларатә ҭыхрақәеи еиццәырганы иҟаҵоуп.  

Ашәақәа аранжировка рзыҟаҵара аус адырулон амузыкарҳәаҩцәа Анри Гәымба, Алхаси Алмасхани Марколиаа. Урҭ ирылшеит еиуеиԥшым амузыкатә жанрқәа реилагӡарала, кыршықәсала зегьы бзиа иаабо аибашьратә хитқәа ҳаамҭазтәи абжьы рхаҵара

Арҭ афильмқәа ахәаԥшцәа убриаҟара гәыблыла ирыдыркылеит азы раԥхьатәи аӡыргара ашьҭахь   урҭ Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рышҟа агастрольтә турқәа мҩаԥганы,  ахәаԥшцәа дырбара азыӡбан. Иара убас амузыкарҳәаҩцәа хазы аконцертқәа мҩаԥыргеит Ҟабарда-Балкариеи Ҭырқәтәылеи. 

Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы иӡыргаз афотоальбом  зымҽхак ҭбааз, иҟалап, Аԥсны зегь реиҳагьы апатриотра зныԥшуаз ари апроект иакульминацианы иҟалеит. Уи иагәылалеит апроект аҭыхраан иаԥҵаз афотоҭыхымҭақәа 100 инареиҳаны, ашәақәа равторцәеи рынагӡаҩцәеи рбиографиақәа, рҭоурыхқәа, иара убас амузыкатә композициақәа ртекстқәеи рнотақәеи. 

Афотоальбом аӡыргара мҩаԥысит зымҽхак ҭбаау театртә қәгыларак аҳасабала. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршан 30 шықәса уажәаԥхьа аҭыԥ змаз аибашьратә хроника аҟнытә хазхҭыск аиҭашьақәыргылара, иара убас амузыкатә фильм «Хара ҳаруаа реиҳабы» аҟнытә ашәақәа жәба рынагӡара. Амузыкатә-хореографиатә қәыргыламҭа-аиҭашьақәыргылара рҽаладырхәит аибашьра аветеранцәагьы – апроект алахәцәа ҿарацәа ирыцықәгылеит аҭоурыхтә хроника афырхацәа.  

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» Аҟәафон азы еснагь иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.  Уи ҳтәыла ахақәиҭра азаазгаз афырхацәа ргәалашәареи рҿаԥхьа ахырхәареи иазҳәоу музыкатә дырганы иҟалеит. 

 Абар уажәшьҭа 10 шықәса инареиҳаны, ари апроект ахыҵхырҭа инаркны адгылара азызуа раԥхьатәи амобилтә аоператор иахьагьы еиқәырханы иаанагоит уи Ахадатә спонсор ҳәа астатус, уи анагӡара 1992-1993 ш.ш. рзтәи аибашьраҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаԥырҵаз жәлар реибашьратә музыкатә епос аиқәырхара аус аҿы акрызҵазкуа мзызуп ҳәа иԥхьаӡаны. 

 

«Аҟәафон-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша