07-08-2023

Актәи Ԥицундатәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль

news_name

Ԥхынгәымза 31 рзы Ԥицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә Зал аҿы имҩаԥысит Актәи Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль аартра. Ари афестиваль хацнаркит «Асоциалтә-культуратә хацыркрақәа Ргәыҳалалратә фонд».  Асахьаркыратә напхгаҩы – Барас Кәыџьба. 

Аҟәафон ахахьы иагеит  уи амузыкатә хҭыс аспонсорра азура. 

 Ари афестиваль аҭоурых ҳхьанарԥшуеит  2014 шықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа рышҟа. Усҟан раԥхьаӡа акәны еиҿкаан Акультуратә-Гәыҳалалратә фонд «Ашана» хылаԥшра зызнауа,  ҳтәылаҿы ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыцхыраара иазкны аклассикатә музыкала ишьақәгылаз  раԥхьатәи  Агәыҳалалратә концерт.   

2019 шықәсазы имҩаԥган аҵыхәтәантәи агәыҳалалратә концерт. 2020 шықәсазы  апандемиа аамҭазы  ҳтәылаҿы иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны, есышықәсатәи ари аконцерт амҩаԥгара аамҭала иаанкылан. 

Сынтәа апроект дырҩегьых иалыршахоит, аха уажәшьҭа ирҿыцу аформат ала.  Акыр аҽарҭбааит уи амҽхак,  еиҵыҵит агеографиагьы, иаднаԥхьалеит аҳәаанырцәтәи анагӡаҩцәа, иагьаиуит жәларбжьаратәи астатус. 

 Афестиваль рҽаладырхәит Урыстәылеи, Еиду Америкатә Штатқәеи, Канадеи, Ҭырқәтәылеи, Ермантәылеи уҳәа рҟынтәи амузыкарҳәаҩцәа. 

  Ари афестиваль аҿы Аԥсны амузыкатә ҟазара цәырыргоит аклассикатә музыка абзиабаҩцәа еицырдыруа артистцәа: Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капелла, адирижиор, апианинорҳәаҩы Барас Кәыџьба,  Аԥсны жәлар рартист Марина Шам-ԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Кристина Еш-ԥҳа, Валери Барганџьиа, Лана Адлеи-ԥҳа, Нана Черқьезиа-ԥҳа, Альдона Цкәуа-ԥҳа, Мариа Емилиа-Терзиан, Саид Гобечиа, Алхас Ферзба.  

Хәымш,  афестиваль мҩаԥысуанаҵы, Ԥицундатәи аныхабаа аконцертә зал  иҩныҩлоит адунеитә музыкатә классика аҟнытә иреиӷьу арҿиамҭақәа. 

Афестиваль еизнаго аԥарақәа рыхәҭак, ԥыхьеиԥш, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраара рзуразы Акультуратә гәыҳалалратә фонд «Ашана» иахыԥхьаӡалахоит. Иара убас еизырго аԥарақәа рыхәҭакгьы Ԥицундатәи аконцерттә зал азы ароиаль аахәара иазыркуеит.