Ашықәс ҿыцазтәи акциа “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” аихшьаала.

Ҧхынҷкәын 29 инаркны жьырныҳәа 20 рҟынӡа Раҧхьатәи амобилтә оператор имҩаҧнагеит “Еиҳагьы улаша АҞӘАФОН уацны” зыхьӡу Ашықәс ҿыцазтәи акциа.

22-01-2016 г.
Ашықәсҿыцазтәи акциа “АҞӘАФОН уацлашо уҟаз!”

2015 ш. ҧхынҷкәын 29 инаркны 2016ш. жьырныҳәа 20 рҟынӡа асоциалтә ҳақәа Facebook, ВКонтакте, Instagram рҿы раҧхьатәи амобилтә оператор имҩаҧнагоит “АҞӘАФОН уацлашо уҟаз!” зыхьӡу акциа.

29-12-2015 г.
АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы аныҳәатә ҿакрақәа

2015 ш. ҧхынҷкәын 29 инаркны 31 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы 4G-атарифқәа: «Афырҭын», «Сара иалысхит 4G», «Онл@инер», «Онлаин MAXI», «АКВАТОРИА”, “Злимит ҧкым Аинтернет 1250”, “Злимит ҧкым Аинтернет 1750”, “Аицәажәаратә” раҿакраан ҳамҭас абонент ирҭоит “Ишьхатәылоу Аҧсны» амзарқәа ркомплект.

28-12-2015 г.
Адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара

Ҧхынҷкәын 22 Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” зыхьӡу ахәылҧаз. Уи азкын апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵоу адокументалтә фильм “Ишьхатәылоу Аҧсны. Аӡын” аӡыргара.

23-12-2015 г.
Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла

Ҧхынҷкәын 22 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысуеит “Аҧсабара адоуҳа маӡа атәыла” зыхьӡу ахәылҧаз.

22-12-2015 г.
Ашықәсҿыцазтәии Қьырса аныҳәазтәии амелодиақәа́

2015 шықәса, ҧхынҷкәын 15 инаркны 2016 шықәса жьырныҳәа 15 рҟынӡа ашықәсҿыцазтәии Қьырса аныҳәазтәии амелодиақәа амаҵзура “АКВАТОН” аҿы хәыда-ҧсада иҟоуп! Абоненттә хәыхшәаара ҧсахрада иаанхоит – 1,5 мааҭ уахыки-ҽнаки рзы.

16-12-2015 г.
Агәыҧ «POMPEYA» аконцерт Аҧсны

GA creative club ицәырнагоит алаҵәара змоу new-wave агәыҧ «POMPEYA», «The Independent Music Awards» апремиа аноминантцәа, альбомқәа хәба равторцәа. Урҭ рахьтә акы иалоуп “Пицунда” зыхьӡу акомпозициа.

16-12-2015 г.
АҞӘАФОН астипендиақәа рыҭан иреиҕьу ААУ астудентцәа

Ҧхынҷкәын 2 рзы Аҧсуа ҳәынҭқарратә институт аҿы ныҳәаҵас иеиҿкааны имҩаҧган Иреиҳаӡоу ари аҵараиурҭа иреиҕьу астудентцәа «АҞӘАФОН-GSM» аҟнытә хаҭалатәи астипендиақәа рыҭара иазкыз ацеремониа.

02-12-2015 г.
АҞӘАФОН еиҿнакааит зымҽхак ҭбаау аусмҩаҧгатә “Абиҧарақәа реимадара”

Абҵара 18 рзы аҭоурыхтә центр Лыхнашҭа имҩаҧысит АҞӘАФОН еиҿнакааз зымҽхак ҭбаау аетнокультуратә усмҩаҧгатә ”Абиҧарақәа реимадара”.

19-11-2015 г.
Агәыҳалалратә Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” аофициалтә партниорс иамоуп – АҞӘАФОН

Жьҭаара 16 инаркны 18 рҟынӡа ААЕ "Кьараз" ихацнаркит “Агәы аҧхарра” зыхьӡу акциа ҿыц.

05-11-2015 г.
Аинтернет-пакетқәа «Aquanet» рырҿыцра

АҞӘАФОН ишәыднагалоит ирҿыцу Аинтернет-пакетқәа «Aquanet» рыхә еиҵатәны, насгьы, зегьы ирыцку - русура аҿҳәара ԥкымкәа!

02-11-2015 г.
Лимитдатәи ахәхшәааратә план «АИЦӘАЖӘАРАТӘ»

АҞӘАФОН ишәыднагалоит иҿыцу ахәхшәааратә план «АИЦӘАЖӘАРАТӘ».

26-10-2015 г.
Асамбо азы XII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Цәыббра 27 рзы Аҟәатәи аспорттә школ “Спартак” аҿы аӡҕабцәеи аҷкәынцәеи рыбжьара имҩаҧысит асамбо азы Х11 Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”.

28-09-2015 г.
АҞӘАФОН аспонсоррала Мықә ақыҭа аҭыҧ змаз аусмҩаҧгатәқәа

Цәыббра 30 рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭараны иҟоуп ихадоу аныҳәа – Аиааира амш, Ахьыҧшымра амш.

28-09-2015 г.
АҞӘАФОН аусзуҩцәа Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә лицеи-аинтернат аҵаҩцәа Аҧсны Ахьыҧшымра Амш рыдырныҳәалеит

Цәыббра 30, 1993 шықәсазы зхы иақәиҭтәыз Аҧсны иахашәыршәырит АИААИРА абираҟ. Уи амш азы республика иаиуит аныҳәа хада – Ахьыҧшымра Амш.

25-09-2015 г.
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра амшныҳәа иақәыршәаны АҞӘАФОН имҩаҧнагеит комплексла еизаку аусхкқәа

Цәыббра 30, 1993 шықәсазы, шьаарҵәырала имҩаҧысыз 413 мши-ҵхи рышьҭахь зхы иақәиҭтәыз Аҧсны иахашәыршәырит Аиааира абираҟ.

25-09-2015 г.
Саида Агрба раҧхьатәи лсолатә концерт

Цәыббра 4, асааҭ 19:00 рзы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысуеит амузыкатә проект "Аҧсны Star" аҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ Саида Агрба раҧхьатәи лсолатә концерт.

02-09-2015 г.
Очамчыра имҩаҧысит ҳаамҭазтәи Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos"

Нанҳәа 23 инаркны 25 рҟынӡа АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала Очамчыра ақалақь аҿы имҩаҧган Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos".

26-08-2015 г.
Ҧицундатәи ауахәамаҿы имҩаҧысит аклассикатә музыка Агәыҳалалратә концерт

АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала нанҳәа 24 рзы Ҧицунда имҩаҧысит ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы аҧара еизгара иазку Агәыҳалалратә хәылҧазы.

25-08-2015 г.
Акциа “Жәаҩа ҳамҭа” аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара

АҞӘАФОН амаҵзура “Азҵаарақәа рпарад” аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩымчыбжь рахьтә знык имҩаҧыргоит аҧхьахәқәа рырхәмарра ахьеиҿыркаауа акциа. Ари акциа алахәылацәа – АҞӘАФОН абонентцәа, есымша рҭак ҟарҵоит еиуеиҧшым атемақәа ирызку азҵаарақәа.

18-08-2015 г.
Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

Нанҳәа 10 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестр злахәу аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт - "Grand Opera Gala".

07-08-2015 г.
Аҧсны Арок-Фестиваль мҩаҧысраны иҟоуп

Нанҳәа 7-и 8-и рзы Цандрыҧшь аҳабла Аҧсшьарҭатә база “Спорт” аҵакырадгьыл аҿы имҩаҧысраны иҟоуп арок-фестиваль “Аҧсуа ԥшаҳәа 2015”.

06-08-2015 г.
Раҧхьаӡа акәны Аҧсны – Мариам Мерабова!

Нанҳәа 21 рзы Аҟәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит зеиҧш дыҟам аџьазтә сцена аеҵәахә Мариам Мерабовеи агәыҧ Miraif-и рықәгылара.

05-08-2015 г.
Аицлабра “Иреиҕьу еидкыло” аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН аҿы иазгәарҭон акомпаниа аҧҵоуижьҭеи 12 шықәса аҵра. Аҧсны раҧхьатәи амобилтә еимадара 12 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, АҞӘАФОН анапаҵаҩцәа рзы асоциалтә ҳақәа рҿы еиҿнакааит аицлабрақәа хәба.

05-08-2015 г.
Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҧхынтәи аетап хацыркуп

2015 шықәса жәабран мзазы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала ихацыркын апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа”. Ари аспонсорра раҧхьатәи усеицурам АҞӘАФОНи апроект автор Ҭенгьиз Ҭарбеи рзы. Ҧшьышықәса уажәаҧхьа АҞӘАФОН адгылеит анаҩс уи миллион рацәала аудиториа зымҽхазкыз проект дуны иҟалаз автор ҿа раҧхьатәи ишьаҿақәа.

31-07-2015 г.
Апланшетқәа Huawei 4G (LTE) рыхәҧса аиҵатәра

2015 шықәсазы, ҧхынгәы 22 инаркны АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы еиҵартәуеит Huawei 4G (LTE) апланшетқәа рыхәҧса.

22-07-2015 г.
Аҟәа имҩаҧысит иухамышҭуа аплиажтә хәылҧазы – АҞӘАФОН Party!

Ҧхынгәы 18 рзы ари аҧхынразы раҧхьаӡа акәны Аҟәа имҩаҧган ахәылҧаз – АҞӘАФОН Party!

21-07-2015 г.
Шәача имҩаҧысуа Александр Семенцов ицәыргақәҵа

Ҧхынгәы 16 рзы Шәачатәи Асахьаркыратә музеи аҿы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны акыраамҭа инхоз, уи иааигәаны иадҳәалаз аурыс сахьаҭыхҩы Александр Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа аартра. АҞӘАФОН уи ацәыргақәҵа аинформациатә партниорс иқәгылеит.

16-07-2015 г.
Аицлабраҿы иаиааиз – АҞӘАФОН аҟнытә аҳамҭақәа рыҭан

АҞӘАФОН амшира аламҭалазы аҳамҭақәа рзыҟанаҵеит “АҞӘАФОН-12 шықәсеи” “АҞӘАФОН алоготип - иреиҕьу аҧшаамҭеи” зыхьӡыз аицлабрақәа ирылахәызи урҭ рҿы аиааира згази абонентцәа. Арҭ аицлабрақәа аҩбагьы мҩаҧысуан асоциалтә ҳа Instagram аҿы.

15-07-2015 г.
АҞӘАФОН Party Мокко аплиаж аҟны!

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵит. Традициала ишаҧу еиҧш, амширазы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит абонентцәа рзы аныҳәа.

15-07-2015 г.
Акциа “4G аҿы амшира”

2015 шықәса, Ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 15 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы имҩаҧыргоит “4G аҿы амшира” зыхьӡу акциа.

15-07-2015 г.
Аицлабра “АҞӘАФОН – 12 шықәса” аихшьаала

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵуеит. Амширатә ныҳәа амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ахеилак аҿы ирыӡбеит уи иақәлацәоу – 12 шықәсанӡа зхыҵуа ақәыҧшцәа рбаҩхатәрақәа раартразы алшара рырҭарц.

07-07-2015 г.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70-шықәса ҵит

Лаҵара 14 рзы Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо иазгәарҭеит Аҧсны Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра. Қалақьцыҧхьаӡа имҩаҧыргон Владислав Григори-иԥа игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

15-05-2015 г.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70-шықәса аҵразы Аҟәеи Тҟәарчали имҩаҧысит “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аконцерт

Раҧхьаӡатәи Ахада диижьҭеи 70 шықәса аҵра аламҭалазы АҞӘАФОН еиҿнакааит “Ҳара ҳаруаа реиҳабы» аконцертқәа иаразнакала ҳреспублика ақалақьқәа ҩба рҿы.

13-05-2015 г.
Очамчыра ақалақьтәи ашкол-интернат аҿы имҩаҧган В.Г. Арӡынба игәалашәара иазку ахәылҧаз

Мшаҧы 28 рзы Очамчыра ақалақьтәи ашкол-интернат аҿы имҩаҧысит Аҧсны Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз алитература-сахьаркыратә хәылҧазы.

29-04-2015 г.
АҞӘА ИМҨАҦЫСИТ VI ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ТУРНИР “АҞӘАФОН-ОПЕН”

Мшаҧы 25 инаркны 26 рҟынӡа Аҟәатәи асахьаркыратә гимнастика ашкол аҿы имҩаҧысит VI Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-ОПЕН”.

27-04-2015 г.
АҞӘАФОН – апроект “Аиааира ахаҿқәа” аинформациатә спонсорс иҟоуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәса аҵра инақәыршәаны иаҧҵоу апроект “Аиааира ахаҿқәа” аҩбатәи аетап хацыркын мшаҧы 23 рзы.

23-04-2015 г.
Ш. Д. Инал-иҧа иҭоурых-етнографиатә очеркқәа “Асаӡқәа” аҩбатәи аҭыжьымҭа

2014 шықәса анҵәамҭазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иҭыҵит еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ Шь.Д. Инал-иҧа иҭоурых-етнографиатә очеркқәа “Асаӡқәа” аҩбатәи аҭыжьымҭа.

09-04-2015 г.
«Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” абжьазаратә еихшьалақәеи аҧхьаҟатәи аҧеиҧши» ирызку Астол гьежь

Хәажәкыра 11 рзы ихыркәшан апроект “Аԥсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” алахәцәа ахҧатәи рекспедициа. Уи иаанаго, аетап Аӡын-Ааҧын абжеиҳара рышьҭахьҟа ишынрыжьыз ауп.

03-04-2015 г.
Акциа “Сышьхатәыла” алҵшәақәа

Хәажәкыра 30 рзы ихыркәшан апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН еиҿнакааз акциа “Сышьхатәыла”.

31-03-2015 г.
Хәажәкыра 31 инаркны мшаҧы 15 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы Huawei 4G (LTE) - ҧыхьатәи ахәқәа рыла!

Хәажәкыра 31 инаркны мшаҧы 15 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы Huawei 4G (LTE) - ҧыхьатәи ахәқәа рыла! Иахьарнахыс зегь аҭира хацыркуп! Иуаҩумыжьын!

31-03-2015 г.
АҞӘАФОН аусзуҩцәа асабшазы ақалақь арыцқьара иҭыҵит

Хәажәкыра 28 рзы АҞӘАФОН аусзуҩцәа рхы аладырхәит асоциалтә ҳа Facebook аҿы “Сықалақь цқьазар сҭахуп” иалахәу ргәыҧ асабшаҽны еиҿыркааз арыцқьаратә усурақәа. Ахеидкыла аусзуҩцәа 70-ҩык инареиҳаны Аҟәа ашьха (афуникулиор) арыцқьара иҭыҵит.

30-03-2015 г.
АҞӘАФОН – адомино азы Иаарту ареспубликатә жәларбжьаратәи аицлабра спонсорс иамоуп

Хәажәкыра 28 инаркны 29 рҟынӡа Аҟәа ақ. аҿы имҩаҧысит адомино азы Иаарту жәларбжьаратәи ареспубликатә еицлабра.

30-03-2015 г.
Асоциалтә ӡыргара “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” Актәи афестиваль ахыркәшара

Хәажәкыра 26 рзы, Лакоба имҩаду, 106 аҭыӡҭыҧ ала иҟоу ацәыргақәҵатә зал аҿы ныҳәаҵас имҩаҧысит асоциалтә ӡыргара “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” Актәи афестиваль ахыркәшара иазкыз аусмҩаҧгатә.

26-03-2015 г.
«Сышьхатәыла» - АҞӘАФОН акциа ҿыц

Хәажәкыра 18 инаркны 30 рҟынӡа “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН имҩаҧнагоит акциа “Сышьхатәыла”.

19-03-2015 г.
4G-амодем HUAWEI Е3372s уажәшьҭа аҭирҭақәа рҿы иҟоуп

2015 шықәса хәажәкыра 13 инаркны шәыццакы АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыпқәа зегьы рышҟа - иеиқәҷабу, иеиҿкаау 4G-амодем HUAWEI Е3372s аахәаразы.

13-03-2015 г.
Аҧсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа рнапхгараҿы имҩаҧысит В. Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылҧаз

Хәажәкыра 12 рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаҩцәа рнапхгараҿы еиҿкаан Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаҧгатәы.

13-03-2015 г.
Асоциалтә ӡыргара афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа”

Аҟәа ақалақь Лакоба имҩа, 107 аҭыӡҭыҧ ала хәажәкыра 12 рзы имҩаҧысраны иҟоуп асоциалтә ӡыргара 1-тәи афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа”.

12-03-2015 г.
АҞӘАФОН аҟнытә ааҧынтәи акциа

Хәажәкыра 8 рзы Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы ихацыркхоит “Ааҧынтәи акциа”!

06-03-2015 г.
Март 8 аныҳәа инақәыршәаны, АҞӘАФОН имҩаҧнагеит есышықәсатәи акциа

2009 шықәса раахыс АҞӘАФОН аҿы ишьақәгылеит атрадициа бзиа – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш аламҭалазы ззанааҭ асоциалтә ҵакы ҳараку аҳәсақәа уи аныҳәа рыдныҳәалара.

06-03-2015 г.
Гагра ақалақь иаартуп АҞӘАФОН абонентцәа рзы аҩбатәи Амаҵзуратә Ҭыԥ

Хәажәкыра 5 рзы Гагра ақалақь Нарҭаа рымҩаду, аҭыӡҭыҧ 93а ала иаартын АҞӘАФОН абонентцәа рзы Амаҵзуратә Ҭыԥ ҿыц.

06-03-2015 г.
Акциа «АҞӘАФОН Check-in»

Хәажәкыра 5 инаркны Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор ихацнаркуеит акциа «Check-in АҞӘАФОН».

05-03-2015 г.
ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә ҳәамҭа

Нидерланды иҟоу, SIM-картақәа рҭыжьразы адунеи аҿы зегь иреиҳау ахеидкыла Gemalto асерверқәа рыҧҽра иазкны адунеитә таблоидқәа иҟарҵаз адыррраҭара инадҳәаланы, АҞӘАФОН официалла аҳәахьа ҟанаҵоит иахьатәи аамҭазы «АҞӘАФОН-GSM» азы SIM-картақәа аазышьҭуа рсиаҿы ахеидкыла Gemalto шарбам ала.

27-02-2015 г.
АҞӘАФОН спонсорс иамоуп “Аамҭа ахыҧштәык” зыхьӡу апроект

Хәажәкыра 3 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысуеит Ельвира Арсалиа авторс дызмоу арҿиаратә проект “Аамҭа ахыҧштәык”. Уи алыршоуп АҞӘАФОН иҟанаҵаз ахадаратә спонсоррала.

25-02-2015 г.
АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рзыҟарҵеит астудиа «АМА RECORDS» иалахәу аҵара дырҵараҿы

Абар уажәшьҭа 4 шықәса ҵуеит АҞӘАФОН-и Аҧсны апрофессионалтә бжьҭаҩырҭатә студиа заҵәы «АМА RECORDS»-и аус еицыруеижьҭеи.

25-02-2015 г.
Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” аихшьаала

Жәабран 15 рзы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧысит аицлабра “Ҩыџьа еинаало” алахәцәеи аиааира згази аҧхьахәқәа рыҭара иазкыз аныҳәатә хәылҧазы.

16-02-2015 г.
АҞӘАФОН аспонсорра азнауеит аицлабра «Ҩыџьа еинаало» амҩаҧгара

АҞӘАФОН аспонсортә цхыраарала жәабран 15 рзы иҟалоит аицлабра “Ҩыџьа еинаало” афинал амҩаҧгара иазку аныҳәа. Уи еиҿкаан “Аҭаацәаратә мазарақәа” зыхьӡу асоциал-культуратә ҿиара афонди ажурнал “Ачаратә сезони” русеицурала.

09-02-2015 г.
АҞӘАФОН – апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” спонсор Хадас иамоуп

Сынтәа АҞӘАФОН еиҭах иадгылеит Ҭенгьыз Ҭарба иҟаиҵаз ахацыркра, иагьықәгылеит даҽазныкгьы апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” спонсор Хадас.

03-02-2015 г.