Иманшәалоу аимадара

Иманшәалоу аимадара

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Амобилтә Интернет

Аинтернет шәара шәтелефон аҿы

*199*01# - «Амобилтә Интернет» амаҵзура аҿакра

«Амобилтә Интернет» амаҵзура аҿакра ахә – 0 мааҭ.

Цыралатәи атрафик

Тарифный план

           1 МБ цыралатәи атрафик ахә

Мышкы 2 МБ рҟынӡа

Мышкы 2 МБ рнаҩс

МОРЕ, ФРЕШ, Ауниверсалтә, АПЕЛЬСИН, АҞӘАМАРИН, АҞӘАМАРИН ЛАИТ,  АкваКлассик, Базовый, Кавказ-60, Кавказ-180, Твой тариф-Classic, Твой тариф-12/12, Твой тариф-150, Час Пик, Эконом

6,50 мааҭ

5,50 мааҭ

АҾЫЦ 300, ЛИМИТДАТӘИ, ЧАИХАНА, Акорпоративтә+, БИЗНЕС, Премиум

5,50  мааҭ

3G-ДРАИВ

5,00  мааҭ

Онл@йнер

0,50  мааҭ

РАЗГОВОРНЫЙ

2,50  мааҭ

АКВАТОРИЯ

1,00  мааҭ

Афыртын

0,45  мааҭ

Онлайн MAXI

0,40  мааҭ

Есымша аимадараҿы S

0,25  мааҭ

Есымша аимадараҿы M

0,20  мааҭ

Есымша аимадараҿы L

0,15  мааҭ

 

С 08:00 до 00:00

С 00:00 до 08:00

ИНФИНИТИ

4,00  мааҭ

2,00  мааҭ

 

Амобилтә  Интернет ахархәарала аинтернет пакетқәа «Aquanet»  руак аҿакны Шәара ишәылшоит шәԥара акыр аиҷаҳара.

Амаҵзура «Амобилтә Интернет» аусуразы аҭагылазаашьақәа.

1.Амаҵзура «Амобилтә Интернет» аҿыхра аҳәаа цыралатәии апакеттәи трафикқәа рзы – 0 мааҭ.

2.Атрафик иалало/иалҵуа амҽхак 10 Кб иеиҵоу 10 Кб аҟынӡа ихаҭәаахоит. Атрафик амҽхак 10 Кб иеиҳау хаҭәаахом, ахәгьы шьақәыргылахоит иалху амаҵзуратә (пакетла/цырала) хкы ахә инақәыршәаны.

3.«Амобилтә Интернет» амаҵзура ахәхшәаара ҷыдарас иамоуп  – аимадара аамҭа акәӡам зыхә шәатәу, ишәоузи ишәышьҭызи  адыррақәа рымҽхак азы ауп.

4.«Амобилтә Интернет» амаҵзура рхы иадырхәоит аус зуа акоммерциатә ахәхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы.

 

 

GPRS/EDGE/3G/4G

Адыррақәа пакетла рышьҭра атехнологиа

GPRS (General Packet Radio Service) иеиҳау аласрақәа рыла, астандартә абжьытә канал GSM (9,6 Кбит/с) иаҿырԥшны, амобилтә телефон ацхыраарала аинформациа аиуреи аҭареи алзыршо адыррақәа пакетла рышьҭра атехнологиа ауп. GPRS иалнаршоит адыррақәа рышьҭра 115 Кбит/с рҟынӡа аласрала. Ателефон аекран аҿы GPRS арежим анбан  G ала иарбахоит.

 

Атехнологиа GPRS иалнаршоит:

  • Аинтернет ахь анеиразы алшара наӡа аиура;
  • аелектронтә почтала аусура;
  • ачати  ICQ-и рыҟны аицәажәара;
  • адыррақәа рышьҭраан асреи аҭакҟаҵареи;
  • аполифониатә мелодиақәа, ахәмаррақәа, амузыка, асахьақәа рҭагалара.

Иахьатәи аамҭазы иеиқәыршәоуп иаҳа еиӷьу адыррақәа рышьҭра атехнологиа – EDGE.

 

EDGE  закәи?

EDGE (Enhanced Data-Rates For GSM Evolution) – аканал иеиҳау амҩангара лшарақәа рыла иеиқәзыршәо, ашьҭра иҳараку аласра – 260 Кбит/с рҟынӡа алзыршо адыррақәа зышьҭуа технологиоуп. Ателефон аекран аҟны EDGE арежим аарԥшхоит анбан «Е» ала.

 EDGE атехнологиа адыррақәа рышьҭра аласра иацхраауеит, бжьаратәла GPRS алшарақәа реиҳа хынтә еиҳаны, аласратә лшарақәа еиҳа лҵшәала рхархәара алнаршоит.

EDGE ахархәаҩцәа ирыднагалоит GPRS ирыднагало амаҵзурақәа рҩызцәагьы, аха акыр иҳараку ласрала.

EDGE ахархәаразы иаҭахуп  уи атехнологиа змоу ателефон, амаҵзура GPRS ала аусура иазырхиоу. Ҳаамҭазтәи ателефонқәа реиҳарак уи рымоуп. EDGE аусуразы изыцҵоу архиарақәа аҭахым, абазатә станциа иахьаднакыло аҳәааҟны ианыҟоу ателефон иара ахала ииасуеит EDGE ахь.

 

3G – амобилтә еимадара  ахԥатәи абиԥара ауп.

3G (UMTS) – хаҭабзиарала аицәажәареи Аинтернет-сервисқәеи рымҩаԥгаразы ахԥатәи абиԥара рмобилтә еимадара ауп! АҞӘАФОН иунаҭоит алшара  3G аимадара   иаҵанакуа амаҵзурақәа рхархәара мацара, «Авидеоасра» еиԥш иҟоу, насгьы ласра ҳаракыла адыррақәа рышьҭра EDGE атехнологиа ашьаҭала иҟоу амаҵзурақәа реиҳа жәантә ласрала иеиҳау.

UMTS (Universal Mobile Telecommunications Systems) – амобилтә еимадара, астандарт GPRS иарҿиаз 3G астандарт ауп, аха иамоуп ареволиуциатә  лшара ҿыцқәа. Уи абжьы бзиалеи, авидеокоммуникациатә лшарақәеи, ласра ҳаракыла – 384 Кбит/с Аинтернет ахь ацәырҵреи рыла иеиқәнаршәоит. Ари еиҳа иццакуп, имариоуп, иманшәалоуп GSM аҟны аасҭа.

Иахьа Аҟәафон абонентцәа ирнаҭоит UMTS астандарт  аимадара алшарақәа рхархәара. Аимадараҟны  астандарт UMTS атехнологиа HSDRA ахархәарала Аҟәафон абонентцәа ирыднагалоит 3,5G амаҵзурақәа – амобилтә еимадара аҿиара аеволиуциатә хәҭа  иашьҭанеиуа ахԥатәи абиԥара.

 

HSDPA (High Speed Downlink Packet Access) – ари астандарт  UMTS ԥсабаратәла аҿиара иацу,   амчхара  змоу технологиоуп.

 HSDPA атехнологиа ахархәарала аимадара UMTS аҟны  адыррақәа рышьҭра аласра акырӡа иазҳауеит – иахьатәи аамҭазы АҞӘАФОН аимадараҟны – 7,2 Мбит/c * рҟынӡа.

* Абонент  адыррақәа рышьҭра аласра мҩаԥысуеит атехнологиа  GPRS/EDGE  ала 256 Кбит/с -  иеиҳамкәа, атехнологиа 3G  (UMTS/HSDPA) ала 7,2 Мбит/сек рҟынӡа. Адыррақәа рышьҭразы иарбоу аласрақәа рыла аҵакырадгьыл зегьы аҟны изеиқәыршәахом, изхьыԥшугьы аҭыԥ ахаҿреи, иаакәыршаны иҟоу аргыларақәа рыжәпареи, аимадара амчхареидареи аинтернет ахь ацәырҵразы ахархәара змоу амаҭәахәқәа ртехникатә ҟазшьарбагақәеи (ателефон, амодем уҳәа уб.иҵ.) уҳәа егьырҭ адәныҟатәи афакторқәа роуп.

Аконференц-еимадара

Аконференц-еимадара» амаҵзура иалнаршоит аамҭакала гәыԥҩык реицәажәара

«Аконференц-еимадара» амаҵзура иалнаршоит:

  • аамҭакала гәыԥҩык реицәажәара, уи иалахәу 6-ҩык рҟынӡа иҟалар ауеит,  аицәажәара аԥшьгаҩцәагьы уахь иналаҵаны;
  • алахәцәа рацҵареи  ралхреи;
  • аконференциа аанымкылакәа иалалои иалҵуеи асрақәа рыдкылара.

 

 «Аконференц-еимадара» амаҵзурала аусуразы иахәҭоуп асра афункциа азыԥшра/аанкылара ашьақәыргылара. Ари амаҵзура алшара унаҭоит ацәажәара ушаҿу аҩбатәи асра адкылара, мамзаргьы даҽа абонентк иахь  асра иара данцәажәо аамҭазы.

 

Азгәаҭа

«Аконференц-еимадара» амаҵзура рыдгалахом  «Аҟәамшы» амаҵзура ахархәара анамоу.

 

Изыԥсои?

Гәыԥҩык реимадарақәа рхархәараан (азыԥшра/анкылара, аконференц-еимадара) асрақәа рыхә шәахоит Шәара шәыхәхшәааратә плани ишьақәыргылоу аимадарақәа рхыԥхьаӡареи инарықәыршәаны.

«Аконференц-еимадара» амаҵзуразы абоненттә хәыхшәаара ахыххом.

Амаҵзура шьаҭаркуп, аимадара АҞӘАФОН аҿакраан алагарҭатә пакет иалоуп.

Асра азыԥшра/аанкылара

Амаҵзура «Асра азыԥшра/аанкылара» алшара шәнаҭоит Шәара ишәзасыз аҭак иҭара, уаанӡатәи шәцәажәара аанымкылакәа.

Асра ҿыц аан Шәара ишәаҳауеит абжьы. Усҟан Шәара ишәылшоит иалало асра аҭак аҟаҵара, мамзаргьы мап ацәкра, ацәажәара ацҵара.

 

Ацәажәара аанымкылақәа аҭак шԥаҟаҵатәу?

Шәара ишәылшоит ишәзасыз аҭак иҭара, уаанӡатәи шәцәажәара аанымкылакәа.

Илышәх 2.

Актәи асрахь шәгьежьырц азы даҽазнык илышәх аномер 2. Уажәтәи шәцәажәара хшәыркәшарц азы илышәх 1.

Шәара ишәзасыз аҭак иҭара шәҭахымзар – илышәх 0, усҟан Шәара ишәзасыз абонент иаҳауеит аҭак «деилахоуп».

«Асра азыԥшра/аанкылара» арежим  аҿакразы илышәх: *43#.

«Асра азыԥшра/аанкылара» арежим аҿыхзар ҟалоит,  #43#  алхрала.

 

 Изыԥсои?

Амаҵзура «Асра азыԥшра/аанкылара» азы абоненттә хәыхшәаара ахыххом.

Асрақәа рыҩбагьы – ахархәара змоугьы иаанкылоугьы – рыхә ахшәаахоит Шәара иалшәхыз ахәхшәааратә план инақәыршәаны.

Амаҵзура шьаҭаркуп, аимадара АҞӘАФОН аҿакраан алагарҭатә пакет иалоуп.

Азгәаҭа:  Уажәтәи аамҭазы АҞӘАФОН аимадараҿы ахархәара рымоуп иаанкылоуи ахархәара змоуи  асрақәа акака. Ахԥатәи иалало асра аҭак аҟаҵаразы уаанӡатәиқәа руак хыркәшатәуп.

 

Шәара ишәзасуан

Амаҵзура «Шәара ишәзасуан» ишәнаҭоит алшара ибжьашәыжьыз асрақәа рзы аинформациа аиура, иара убас Шәара шәзы абжьытә аацҳамҭа ааныжьра алнаршоит, шәара шәаппарат аимадара аднакыларатә аҭагылазаашьа амамкәа иҟанаҵы.

Амаҵзура «Шәара ишәзасуан» ишәнаҭоит алшара ибжьашәыжьыз асрақәа рзы аинформациа аиура, иара убас Шәара шәзы абжьытә аацҳара ааныжьра алнаршоит, шәара шәаппарат аимадара аднакыларатә аҭагылазаашьа амамкәа иҟанаҵы.

 

  • 72 сааҭ раԥхьа иааныжьыз аҵыхәтәантәи аацҳамҭақәа рыҟнытәи 10 рзыӡырҩра алыршахоит.
  • Аацҳамҭа иеиҳау анаӡара 60 секунд артәоит.
  • Аацҳамҭа иеиҵоу анаӡара 3 секундк иартәоит.

 

Иааныжьу абыжьтәы аацҳамҭақәа мамзаргьы  ибжьашәыжьыз асрақәа рзы аинформациа шәоуеит SMS-аацҳамҭа  ацхыраарала, ишәзасуаз абонентцәа рномерқәеи ианасуаз аамҭеи арбаны.

 

Ишәоуз абыжьтәы аацҳамҭа ишԥазыӡырҩтәу?

Иааныжьу абжьтәы аацҳамҭа азыӡырыҩразы амаҵзуратә номер 0585 ахь иастәуп, усҟан АҞӘАФОН аимадара амаҵзура аҳәааҟны шәаныҟоу, иара убас автоинформациаҭаҩ иазгәаҭақәа ирықәныҟәалатәуп.

Абыжьтәы аацҳамҭа аҭаҩра ахә ахшәаатәхоит  иасуа абонент изы АҞӘАФОН аимадара абонент иасра ахә ала.

Иалҵуа бжьылатәи асрақәа рзы асервистә номер 0585 ахь 1,99 мааҭ шәатәхоит.

 

Исзасуа ахә зхишәаауа арбану?

Шәара шәаппарат аимадара ахьзымнаӡо иҟазар, мамзаргьы ирцәазар, ишәзасуа ауаҩы иаҳауеит асистема аԥсшәаҳәареи абыжьтәы аацҳамҭа ааныжьразы ааԥхьареи. Аԥсшәаҳәаратә аацҳамҭа азыӡырҩра аамҭа ахә ахшәаатәым. Ахәхшәаара иалагоит ишәзасуа абонент иҟынтә асигнал аншәоу нахыс иаанижьыз  абыжьтәы аацҳамҭа анҵара ианалага инаркны, ахәхшәаара АҞӘАФОН аимадара абонент иномер аҟнытә иалҵуа асра ахә иаҟароуп, иалихыз ахәхшәааратә план инақәыршәаны.

 

Ахшыҩзышьҭра! Амаҵзура ароуминг аҿы ирыдгалахом.

Амаҵзура ахә

Амаҵзура аҿакра/аҿыхра азы ахә ахшәаатәым. Амаҵзуразы абоненттә хәыхшәаара ахыххом.

 

Амаҵзура аҿакра

Амаҵзура аҿакра/аҿыхра мҩаԥгахоит:

  • USSD-амениу *100# ала: апункт амениу 3 ала. Амаҵзура – > 1 ала. Амаҵзурақәа ирыцу – > 9. Шәара ишәзасуан;
  • ишиашоу адҵа:  *100*3*1*4*8*9# ала;
  • асервис «Ахаламаҵзура асистема», Аилахәыра асаит аҟынтә ишәоуа, «Амаҵзурақәеи ахәхшәаарақәеи» рыҟәшаҟны «Изыцҵоу амаҵзурақәа» рызхьаԥшрала;
  • абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  адҵааларала.

Амаҵзура «Шәара ишәзасуан» ишыҟаҵәҟьоу ала ирзаҿакуп акоммерциатә ахәхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы.

Аномер аилыркаага

Амаҵзура «Аномер аилыркаага» ацхырааарала Шәара еснагь ижәдырларц шәылшоит ишәзасуа дызусҭоу, шәиацәажәару мамзаргьы даҽа аамҭак ахь ииажәгару шәеицәажәара шәыӡбарц шәылшоит.

Амаҵзура «Аномер аилыркаага» ацхырааарала Шәара еснагь ижәдырларц шәылшоит ишәзасуа  дызусҭоу, шәиацәажәару мамзаргьы даҽа аамҭак ахь ииажәгару шәеицәажәара шәыӡбарц шәылшоит.

 

Амаҵзура шәхы иархәаны Шәара ишәылшоит:

  • ишәзасуа абонент иномер абара;
  •  иалалаз аҵыхәтәантәи аномерқәа рыхәаԥшреи дара рзасреи, ихадаз акы шәцәыбжьахазар;
  • иҷыдоу амелодиа абонентцәа ргәыԥ азы шәҭаҩратә шәҟәы аҿы ашьақәыргылара.

 

Шәара ишәзасуа абонент иномер аилкаара афункциа алыршахоит АҞӘАФОН аимадара ахьынаӡо шәтелефон ыҟазар, шәыззасуа абонент амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» анизаҿаку аламҵакәа.

Амаҵзура «Аномер аилыркаара» азы абоненттә хәыхшәаара ахыххом.

Амаҵзура шьаҭаркуп, аимадара АҞӘАФОН аҿакраан алагарҭатә пакет иалоуп.

Авидеоасра

«Авидеоасра» – ари аамҭакала ацәажәареи асахьеи ашьҭра алзыршо маҵзуроуп.

  • Ишәыршанха, ишәыргәырӷьа ааигәа ишәымбац!
  • Агәалаҟазаара бзиеи ахҭыс гәырӷьахәқәеи еицеиҩышәшала!
  • Шәхархәаҩцәеи, аус шәыцызуеи, шәҩызцәеи идшәырбала шәусура амҩаԥысшьа, иахьымҩаԥысуа,  ашьақәгылашьа!
  • Шәеибадырла,  шәеиҭеиқәшәала!

«Авидеоасра» – ари аамҭакала ацәажәареи асахьеи ашьҭра алзыршо маҵзуроуп. Амаҵзура ахархәарала Шәара ишәоуеит алшара шәзацәажәо изыӡырҩра мацара адагьы аамҭакала ибарагьы.

Аамҭакала амобилтә телефон аекран аҿы аӡәи-аӡәи шәеицәажәои, шәеибабои аҟаларазы иақәнагоуп аппарат амениу аҿы иалҵуа «Авидеоасра» ахкы алхра, насгьы ателефон быжь дула аимадара мамзаргьы агарнитура аҿакра.

Ателефон аппарат иамоу авидеокамера авидеоасраан Шәара шәахь ихазароуп.

Асахьа абара ианаауҭаххалак иаҿыхны нас ҿыц иаҿоукыр ҟалоит.

АҞӘАФОН абонентцәа амаҵзура рхы иадырхәар ҟалоит амобилтә телефон 3G аимадара иахьаҵанакуа,  шәыззасуа абоненти шәареи шәмобилтә телефонқәа   UMTS/3G астандарт рымазар, уи ацхыраарала.

Абонент иномер ахь авидеоасраан амобилтә телефон UMTS/3G астандарт ацхыраара анамам  аимадара зышьақәыргылахом. «Авидеоасра» афункциа аусура аҷыдарақәа еилкаазар ҟалоит Шәара шәмобилтә аппарат амҩақәҵагаҿы.

Авидеоасразы даҽа шьақәыргыларақәак аҭахӡам.

 

Изыԥсои?

Иалҵуа авидеоасрақәа рымҩаԥгара иахьазы иахьыҟало АҞӘАФОН аномерқәеи Аԥсны егьырҭ амобилтә номерқәеи рахь мацара ауп.

Аҿакра

0 мааҭ

Ахәхшәааратә план аҿакразы иаарту АҞӘАФОН аномерқәеи   Аԥсны егьырҭ амобилтә номерқәеи рахь иалҵуа авидеоасра

3 мааҭк/минуҭк

 

Архивтә ахәхшәааратә планқәа рҿы иҟоу АҞӘАФОН аномерқәеи  Аԥсны егьырҭ амобилтә номерқәеи рахь иалҵуа Авидеоасра

7 мааҭк/минуҭк

 

Иалало Авидеоасра

0 мааҭ

 

Авидеоеимадара актәи асекунд инаркны ахәхшәаара минуҭлатәиуп.

SMS

Атексттә аацҳамҭақәа рыдкылареи рышьҭреи алшара

SMS ахархәарала Шәара ишәылшоит:

  • гәыԥҩык иаразнакла аинформациа рыҭара;
  • ацәажәара аныманшәалам, мамзаргьы ианаҭыԥым аҭак аҟаҵара;
  • ԥымкрада ацәажәара  ахархәагақәа реиҷаҳарала;
  •  аацҳамҭа ашьҭра, иззышәышьҭуа аамҭала аимадара иаднакыларатә аҭагылазаашьа амамзаргьы (SMS-аацҳамҭа абонент изнеиуеит иаразнак аимадара анышьақәыргылахалак).

Амаҵзура «SMS» (Short Message Service) иунаҭоит алшара атексттә аацҳамҭақәа  рыдкылареи рышьҭреи 160 символ  латиницалеи, мамзаргьы 70 символ кириллицалеи рҟынӡа инаӡо.

 

Аацҳамҭа шԥашьҭтәу?

Шәтелефон ихадоу амениу аҟны ишәыԥшаа аҭаӡ (апапка) «Аацҳамҭақәа», нас шәрықәныҟәа имариоу аҵаҳәарақәа:

Аацҳамҭақәа  -> Атекст ->  Аацҳамҭа ҿыц аԥҵара -> Аацҳамҭа атекст алажәгала -> Ацҵара  -> Ателефонтә номер -> Ашьҭра

Аацҳамҭа ззышәышьҭуа абонент иномер ылхтәуп жәларбжьаратәи аформат ала:

+ (атәыла акод) (аимадара ахь уназышьҭуа акод) (абонент иномер): +7 940 ХХХХХХХ

Атексттә аацҳамҭақәа рыдкылареи рышьҭреи амаҵзура шәхы иашәырхәаларц азы шәаппарат агәынкылара иашьашәалоу аҟәшаҿы иара ахала иҭанаҩуеит атексттә аацҳамҭақәа Рцентр аномер:

+7 940 990 00 00

  • SMS-аацҳамҭа шәоузар, аашьҭҩык иаҳасабала иарбазар «WWW», усҟан уи АҞӘАФОН асаит аҟынтәи иаашьҭуп. Иара убас шәаргьы шәхы иашәырхәар ҟалоит амаҵзуреи SMS-аацҳамҭа ашьҭреи АҞӘАФОН дарбанзаалак абонент иахь, www.aquafon.com  «SMS ашьҭра» аҟәша  шәҭалар.
  • SMS-аацҳамҭа ашьҭҩык иаҳасабала «AQUA_INFO» гылазар, усҟан АҞӘАФОН аилыркаага-информациатә маҵзура иаанашьҭит ауп иаанаго.
  •  Шәара ишәышьҭуа SMS-аацҳамҭа зауа ителефон ырцәазар, мамзаргьы аимадара иаднакылартә иҟамзар, усҟан ителефон анаҿеиклак инаркны 48 сааҭ ирылагӡаны Шәара ишәышьҭыз SMS-аацҳамҭа иоуеит.

Аномер аиқәырхара

Аномер аиқәырхара алшара

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аус зуа ахәхшәааратә планқәа (Ахәхшәааратә план «МОРЕ» аламҵакәа) рабонентцәа зегьы рзы аус ауеит анаҩстәи аҭагылазаашьақәа:

90 (ԥшьынҩажәи жәаба) мшы ирылагӡаны абонент хәыда-ԥсадатәи/ахәхшәааратәи аимадара амаҵзурақәа ихы иамырхәазар, иара ихаҿытә ԥхьаӡара абаланс:

  • иҭацәызар (мамзаргьы аҿыхра аҳәаа ианаҟароу), усҟан амобилтә еимадареи абоненти амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥыхуп ҳәа иԥхьаӡоуп ганкы амацарала, абонент иномергьы аркхоит;
  •  аҽаԥсахӡом аус шауагьы иаанхоит, усҟан иарбоу аҿҳәара аниаслак иаразнак амаҵзура «Аномер аиқәырхара» аҿакхоит, уи абонент ихатә номер аиқәырхара алшара инаҭоит, иара ихаҿытә ԥхьаӡара баланс аҟны аԥаратә хархәагақәа изҭанаҵы.

 

Амаҵзура «Аномер аиқәырхара» аус анауа абонент иоуеит алшара:

  • иалало аимадара амаҵзурақәа (бжьылатәи асрақәа, а-SMS) рхархәара;
  • ашәатәқәа ралагалара алыршара;
  • абонент иномер аусура аиҭаларгара уаанӡатәи аҭагылазаашьақәа рыла, хәыда-ԥсадатәи USSD-адҵала: *170*02#.

 

Амаҵзура ахә: 10 мааҭк/мышкы

Амаҵзура «Аномер аиқәырхара» аусураан абонент ихы иаимырхәазар хәыда-ԥсадатәи USSD-адҵа  иара абоненттә номер аусура аиҭаларгара *170*02#,  амаҵзура аусура иахҟьаны иара ихаҿытә ԥхьаӡара абаланс ҭацәхазар, амобилтә еимадареи абоненти амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥыхуп ҳәа иԥхьаӡоуп ганкы амацарала, абонент иномергьы аркхоит.

Амаҵзура «Аномер аиқәырхара» азы USSD-аилыркаага: *170*00#.

Абаланс агәаҭара

Абаланс агәаҭара *0500#

Шәара ианаашәҭаххалак ишәылшоит шәхаҿытә ԥхьаӡара абаланс аилкаара:

  • аномер 0500 ахь асрала;
  • USSD-адҵа *0500# ылхны;
  • иҭацәу SMS-аацҳамҭа хәыда-ԥсадатәи асервистә номер 0500 ахь ашьҭрала;
  • USSD-амениу *100# ала;
  • асервис «Ахаламаҵзура асистема» ала.

 

Ишԥагәаҭатәу ароуминг аҿы абаланс?

  • USSD-адҵа *0500# ылхны;
  • USSD-амениу *100# ала.

Ахәхшәааратә план аԥсахра

Шәыхәхшәааратә план аҟынтәи ахәхшәааратә план ҿыц ахь аиасра алшара

Атарифтә план аҧсахра. *111*00#   – аилкаагатә информациоуп абонент иҭел аномери,  имоуи иоураны иҟоуи атарифтә плани рзы (уи атарифтә план ҿыц ашҟа аиасразы аҿаҵахьа ҟаиҵазар)

(Изменение ТП)

Ишҧамҩаҧысуа атарифтә план аҧсахра?

 Амаҵзура «Атарифтә план аҧсахра» азин  имоуп абонентцәа рмаҵзуратә Центр аҿы «АКӘАФОН-GSM» арадиотелефонтә еимадара амаҵзуразы Аиқәышаҳаҭра зыхьӡала иҟаҵоу абонент, уи ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент(атәылауаҩшәҟәы) анимоу. Мамзаргьы ахатәы  тарифтә план аҧсахра алшоит  USSD-акоманда, USSD-амениу, Амобилтә Ацҵа «AQUAFON амаҵзура», Ахатәы акабинет  ишиашоу рыцхыраарала

 

 USSD-акоманда ацхыраарала атарифтә план аҧсахра:

1. *111*02#  - «АКВАМАРИН» атарифтә план ашҟа аиасра

2. *111*11# - «ИУНИВЕРСАЛТӘУ» атарифтә план ашҟа аиасра

3. *111*17# - «ЧАЙХАНА» атарифтә план ашҟа аиасра

4. *111*07# - «Злимит ҧкым Аинтернет 1250» атарифтә план ашҟа аиасра

5. *111*08# - «Злимит ҧкым Аинтернет 1750» атарифтә план ашҟа аиасра

6. *111*12# - «Сара салхра 4G» атарифтә план ашҟа аиасра

7. *111*15# - «АИЦӘАЖӘАРАТӘ» атарифтә план ашҟа аиасра

8. *111*22# -   атариф «КОНСТРУКТОР S» аизгара ахь аиасра

9. *111*22# -   атариф «КОНСТРУКТОР M» аизгара ахь аиасра

10. *111*23# -   атариф «КОНСТРУКТОР L» аизгара ахь аиасра

11. *111*24# -   атариф «КОНСТРУКТОР XL» аизгара ахь аиасра

12. *111*25# -   атариф «КОНСТРУКТОР XXL» аизгара ахь аиасра

 

  • Атарифтә планқәа: «АКВАМАРИН ЛАЙТ»- и  «АМШЫН»- и ирыҭаӡам азин егьырҭ атарифтә планқәа рҟнытә аиасра. Иҟалоит урҭ ҿыц рҿакра мацара.  
  • Аҿакразы иаарту, иарбанзаалак аус зуа акоммерциатә тарифтә планқәа рышҟа (атарифтә планқәа “АМШЫН”, “ИУНИВЕРСАЛТӘУ” рыда)  абонент итарифтә план аҧсахра ауеит уи атарифтә план аҧсахразы аҿаҵамҭа аныҟаиҵа адырҩаҽны.  Уахыки-ҽнаки аҩныҵҟала иҟалоит тарифтә планк аҧсахра.
  • Атарифтә план «АМШЫН»  иарбанзаалак аус зуа акоммерциатә тарифтә план ашҟа аҧсахра мҩаҧысуеит ХӘЫДА-ҦСАДА,  амаҵзура «Аномер ахьчара» аус анауа аамҭазы USSD-акоманда аныҟаҵаха ашьҭахь  адырҩаҽны. Ихадоуи иацҵои аҿҳәара аус анауа  аамҭазы атарифтә план «АМШЫН» аҧсахразы ишәатәуп аҧара – 50 мааҭ, уи алыршахоит  абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа рҿы мацара,  абонент ихаҭара шьақәзырҕәҕәоу адокумент (атәылауаҩшәҟәы) иманы даннеилак.
  •  Асервистә командақәа рыхә шәатәуп – азыҳәанҵа анҭагалаха ашьҭахь аклиент ихаҿытә ҧхьаӡара аҟнытә 50 мааҭ ахырхуеит.
  • Амаҵзура рыҭахаӡом акорпоративтә тарифтә планқәа ргәыҧқәа рҿы.
  • Шәара шәтарифтә план анышәыҧсахуа, иқәгахоит иаҿаку аминуҭқәа рпакетқәа, SMS, МБ, злимит ҧкым «АКВАДЕНЬ» апакетқәа.
  • Тарифтә план “КОНСТРУКТОР” ашҟа аиасра алшоит амза иарбан мшызаалак азы. Атарифтә план аҧсахразы аҿаҵахьа аныҟаҵаха ашьҭахь адырҩаҽны атариф ҧсаххоит. Атариф “КОНСТРУКТОР” аҟнытә аиасрагьы  иара убас имҩаҧысуеит,  атариф аҧсахразы  аҿаҵахьа аныҟаҵаха ашьҭахь адырҩаҽны. Атариф “КОНСТРУКТОР” аҩныҵҟа аизгарақәа рыҧсахра хәыда-ҧсада имҩаҧысуеит.

Амаҵзура «Атарифтә план аҧсахра» аиуристтә хаҿқәа ирыҭахоит «АКӘАФОН-GSM» арадиотелефонтә еимадара амаҵзуразы Аиқәышаҳаҭра  Аиҿкаара ахьӡала гәрагаҩыс знапы аҵазҩыз   иарзаҳал ала,  уи ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент (атәылауаҩшәҟәы) анимоу. Мамзаргьы Шәара ишәылшоит шәхатәы тарифтә план ишиашоу USSD-акомандала аҧсахра.

Атарифтә план аҧсахра

Ахәҧса

Атарифтә планқәа рҿакразы иаарту абонентцәа рзы

50  мааҭ

Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериа аҩныҵҟа атариф аҧсахра,  атариф “КОНСТРУКТОР” аҩныҵҟа аизгарақәа рыҧсахра, атариф “Иуниверсалтәу” аҟнытә аҧсахра*.

0 мааҭ

Архивтә тарифтә планқәа рабонентцәа рзы

0 мааҭ

 

*Адилертә ҭирҭа ҭыҧқәа рҿы иаахәоу SIM-картақәа рзы атарифтә план “Иуниверсалтәу” аҟнытә атариф аҧсахра ауеит ишиашоу USSD-акоманда  ацхыраарала, атарифтә план аҧсахразы азыҳәамҭа аныҟаҵаха ашьҭахьҵәҟьа, амза аҩныҵҟа  иарбан мшызаалак азы . Атарифтә план “Иуниверсалтәу” аҟнытә  уи аҧсахра – 0 мааҭ иаҧсоуп. Уи  алшара знык  ауп иахьыҟоу.

Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп

Амаҵзура Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп хәарҭара алоуп Шәара шәтелефон анырцәоу, мамзаргьы аҳа аус ахьауа анҭыҵ ианыҟоу.

Амаҵзура Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп хәарҭара алоуп Шәара шәтелефон анырцәоу, мамзаргьы аҳа аус ахьауа анҭыҵ ианыҟоу. Уи аамҭазы Шәара шәҟынӡа изамысыз абонент, SMS-дырраҭара иҭахоит, Шәара дырҩегьых аҳаҿы шәшыҟоу ала, еиҭах дышәзасырц азы. 

Амаҵзура ахәҧса

 Ари амаҵзура Абонентцәа зегьы ирыҭоуп хәыда-ҧсада, иаҿаркуеит ҿымҭрала.

 

Амаҵзура аҿакреиаҿыхреи

 

Амаҵзура “Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп” абонентцәа Зегьы ҿымҭрала ирзаҿаркуеит. 

  • Абонент ихацыркрала амаҵзура анаҿыхха, уи дырҩегьых аҿакра алшоит USSD-акоманда:*103*01# ала, иара убасгьы абонентцәа Рмаҵзуратә Центри Аконтакттә Центри рышҟа ааҧхьара аныҟаҵаха ашьҭахь.
  • Амаҵзура “Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп” аҿыхра алшоит USSD-акоманда:*103*02# ала, иара убасгьы абонентцәа Рмаҵзуратә Центри Аконтакттә Центри рышҟа ааҧхьара аныҟаҵаха ашьҭахь.
  • Амаҵзура астатус агәаҭара шәылшоит USSD-акоманда:*103*00# ала
  • Амаҵзуразы аилкаага: *103#

Аамҭа иашаҵәҟьа

Амаҵзура «Аамҭа иашаҵәҟьа» Шәара алшара шәнаҭоит аамҭа иашаҵәҟьеи амза амши реилкаара

 Амаҵзура «Аамҭа иашаҵәҟьа» Шәара алшара шәнаҭоит аамҭа иашаҵәҟьеи амза амши реилкаара.

Аинформациа аиуаразы, иаҭахуп ателефон аҿы адҵа алхра: *060#

Амаҵзура ахә USSD-зҵаатәык 1 азы- 0,60 мааҭ.

Амаҵзура «SMSқәа-рышьҭра «AQUAFON»

Амаҵзура «SMSқәаышьҭра дарбанзаалак АКӘАФОН абонент(акорпоративтә тарифқәа рабонентцәеи аиуристтә хаҿқәеи уахь иналаҵаны)  алшара инаҭоит «AQUAFON» ахьӡала инашьҭу SMSқәа-рышьҭра аҿыхреиаҿакреи.

SMSқәа-рышьҭра «AQUAFON»*иаҵанакуеит АҞӘАФОН еиҿнакаауа акультуратә, агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа, еиуеиҧшым аконцертқәеи, агәаларшәагатә рыцхәқәеи  уҳәа убас егьырҭгьы ирызкны аинформациатә SMS-дырраҭарақәа

Амаҵзура аҿакреиаҿыхреи

  • Дарбанзаалак абонент ҿыц ари амаҵзура аҿаикыр илшоит автоматла..
  •  Амаҵзура « «AQUAFON» SMSқәа-рышьҭра” аҿыхреи, мамзаргьы даҽазнык аҿакреи алыршахоит абонентцәа Рмаҵзуратә Центр аҿы «АКӘАФОН-GSM» арадиотелефонтә еимадаразы амаҵзура иҭаразы аиқәышаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонент, ихаҭара зыршаҳаҭуа ашәҟәы анимоу (апаспорт).  
  •  «AQUAFON» «SMSқәа-рышьҭра” амаҵзура  аҿыхра алыршахоит иара убасгьы Аконтактә Центр ашҟа ааҧхьара аныҟаҵаха ашьҭахь. Аконтактә Центр ашҟа ааҧхьара ҟаҵаны амаҵзура аҿыхра  - 10 мааҭк иаҧсоуп.
  • Амаҵзура аҭара алыршахоит хәыда-ҧсада.

*  Атарифтә план ҿыцқәеи, акциақәеи, АҞӘАФОН амаҵзураҿы аҧсахрақәеи ралагалара иазку «AQUAFON»  аҟнытә аинформациатә дырраҭарақәа абонент изнагахоит.

Амаҵзура «SMS-сервис»

Амаҵзура «SMS-сервис» АҞӘАФОН абонентцәа ахәхшәааратә карта асистема АПРА змоу ирнаҭоит алшара афинанстә операциақәа рынагӡара аномер кьаҿ 7007 ахь SMS-аацҳамҭа ашьҭрала.

Амаҵзура «SMS-сервис» АҞӘАФОН абонентцәа ахәхшәааратә карта асистема Апра змоу ирнаҭоит алшара афинанстә операциақәа рынагӡара аномер кьаҿ 7007 ахь SMS-аацҳамҭа ашьҭрала. 

«SMS-сервис» Аԥсны раԥхьатәи сервистә аалыҵуп, уи иулнаршоит абанктә ԥхьаӡараҿы ахархәагақәа харантәи напхгара рыҭара.

 

Абонент илшоит абанкомат ала ихала амаҵзура «SMS-сервис» ахархәара, мамзаргьы акарта изҭаз абанк-емитент аҿы амаҵзура аҿакразы арзаҳал ахарҭәаарала. Амаҵзура аҿакра ашьҭахь, иахәҭоу SMS-адҵа аномер 7007  ашҟа ашьҭрала имҩаԥугарц иуҭаху аоперациа ахкы уаҳәоит:

  • абанктә хыԥхьаӡалара абаланс шаҟа ыҟоу аилкаара;
  • акарта аркра;
  • акарта аартра;
  •  акарта аҟынтә даҽа картак ахь аԥара аиагара;
  • ахыԥхьаӡалараҿы имҩаԥгаз аоперациақәа шаҟа рықәырӡыз аилкаара. 

Ахә:

  • Амаҵзура «SMS-сервис» ахархәара мызктәи абоненттә хәыхшәаара – 25 мааҭ.
  • Иалҵуа SMS-к аномер 7007 ахь ахә – 0 мааҭ,

Аоперациақәа рынҵадырга

1. Аклиент икартала инагӡоу афинанстә операциа авторизациа:

·         аахәара;

·          АТМ/ПВН напынҵалатәи рыҭара

·          акарта аҟынтә акартахь аиагара (акарта-ахыҵхырҭала аинформациа рыҭара, убасгьы акарта-дкыларала);

·           АТМ/ПВН акартԥхьаӡара ахарҭәаара;

·          акарта аусура аанкылара, акарта аусура аужьра.

2. Аклиент икартала афинанстә операциа аԥсахра;

3. Акарта аусура аҿщәара анынҵәа (аҿщәара мызкы шагу).

4. SMS-сервисқәа раҿакра/раҿыхразы аацҳамҭақәа.

 

SMS-сервис амаҵзура аоперациақәа рынҵадырга:

1. Акартԥхьаӡара абаланс азы аинформациа ааира;

2. Акарта аусура аанкылара (транзакциала);

3. Акарта аусура аужьра (транзакциала);

4. Акарта аҟынтә акартахь ахархәагақәа риагара анагӡара (транзакциала)

5. Аҵыхәтәантәи 7 операциак ирызку аинформациа ааира (амини-алҩаа).

 

Иҷыдоу  аҭагылазаашьақәа:

  • Ароуминг аҟны иқәдыргылоит SMS-анотификациа
  • Ароуминг аҟны абонент иаԥшьиго SMS-аацҳамҭақәа рынашьҭра асервистә номер 7007 ақәыргылара залыршахом.

 

 SMS-адҵақәа рахь ахыдҵақәа:

Аԥсны Абанк ПЦ ахь инарышьҭуа SMS-адҵақәа ирықәшәозароуп анаҩстәи ахыдҵақәа.

1)      Абаланс азыҳәамҭа адҵа

BAL 12345%67890

Араҟа: 12345%67890– акарта аномер  SMS-сервис зыдщәалоу;

BAL – абаланс азыҳәара адҵазы ихымԥадатәиу апрефикс.

 

2)      Акарта аусура аанкыларазы адҵа

BLOCK 123456%7890

Араҟа: 12345%67890– акарта аномер  SMS-сервис зыдщәалоу;

BLOCK- акарта аусура аанкыла адҵазы ихымԥадатәиу апрефикс.

 

3)      Акарта аусура аужьразы адҵа

UNBLOCK 123456%7890

Араҟа: 123456%789 акарта аномер  SMS-сервис зыдщәалоу;

UNBLOCK – акарта аусура аужьразы ихымԥадатәиу апрефикс.

 

4)      Акарта аҟынтә акартахь аиагаразы адҵа

P2P 123456%7890 1234XXXXXXX7890 YYMM SUM.XX

Араҟа: 123456%7890 – аиагара ахьынтәимҩаԥырго акарта аномер;

123ХХХХХХХ7890– ихарҭәау акарта аномер аиагара ахьымҩаԥырго;

YYMM- акарта  1234ХХХХХХХ7890 аусура аҿшәара  (азгәаҭа: раԥхьа ицоит ашықәс, нас амза);

SUM – аиагара ахыԥхьаӡара ихарҭәаау ахәҭа, ХХ – акопеика, ахыԥхьаӡара акопеика аиҟәыҭхага – латинтәи акәаԥ. Акопеика анольқәа иарбазароуп.

P2P –  акарта аҟынтә акартахь аиагара адҵазы ихымԥадатәиу апрефикс.

 

5)      Амини-алҩаа азыҳәамҭа адҵа

REP 123456%7890

Араҟа: 123456%7890 – SMS-сервис акарта аномер

REP – амини-алҩаа азыҳәара адҵазы ихымԥадатәиу апрефикс.

 

SMS-адҵақәа рышьҭуеит иаку икьаҿу аномер ПЦ Аԥсны Абанк ахь – 7007.

 

Азгәаҭа:

  • Адҵа апрефиксқәа (BAL BLOCK UNBLOCK P2P REP) иаларгалоит ажәала (хыхьтәи аҭаҩҩра) алатинтә символ акодировкала ANSII.  Апрефикс анаҩс иалаугалоит хымԥадатәи абжьажь, анаҩс иалаугалоит абжьажь ҟамҵакәа акарта аномер аԥхьатәи ф-цифрак+ асимвол + аҵыхәтәантәи акарта аномер ԥшь-цифрак.
  • Адҵаҟны имыцхәу асимволқәа залыршахом, убасгьы абжьажьқәа рсимволқәагьы.
  • Акарта аномерқәа аус руазароуп.
  • Асимвол % ылухроуп алатинтә кодировка ANSII ала.
  • Инықәырԥшу атехнологиатә аанҿасра SMS-центр аҭак – 10 секундк еищамзароуп.
  • Еишьҭаргыланы SMS-адҵақәа ҭелк аҟынтәи алагалара ахәҭоуп аминималтә аамҭатә бжьарала 10 секундк рыла.
  • Адҵақәа мҩаԥыргоит Аԥсны Абанк ПЦ ианаларгала аамҭазы. Адҵақәа ақәшәазароуп иарбоу ахыдҵақәа.
  • Акоманда агха аҭаны иарбазар, аацҳамҭа  «error» рышьҭуеит.

SMS-информ

Шәара ишәымазар шәхатәы бизнес, насгьы Шәара SMS-аацҳамҭа шәхархәаҩцәа рмобилтә телефонқәа рахь ишәышьҭыр акәзар, усҟан шәхы иашәырхәар ҟалоит SMS-информ.

Шәара ишәымазар шәхатәы бизнес, насгьы Шәара SMS-аацҳамҭа шәхархәаҩцәа рмобилтә телефонқәа рахь ишәышьҭыр акәзар, усҟан шәхы иашәырхәар ҟалоит SMS-информ.

Амаҵзура «SMS-информ» – анашьҭымҭақәа  рыдкылара иақәшаҳаҭхаз шәхархәаҩцәа рахь хыԥхьаӡара рацәала SMS-шьҭымҭақәа рзышьҭразы лшароуп. Амаҵзура рыдгалахоит АҞӘАФОН аимадара иахьаднакыло Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл зегьы аҿы, аҿакразгьы алшара рымоуп хаҭалатәи ахаҿқәа реиԥш аиуристтә хаҿқәагьы. Амаҵзура аҿакразы шәадҵаалароуп иаҳа ишәзааигәоу  абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ.

 

SMS-информ амаҵзура аҿакразы иаҭаху аҭагылазашьақәа:

  • SMS-шьҭымҭа здызкылараны иҟоу абонентцәа рыҟнытә анкетақәа Аоператор идгалара. Анкетақәа  ирнызароуп абонент-аашьҭҩы иҟнытә SMS-ашьҭымҭа  аиура абонент дшақәшаҳаҭу атәы зҳәо  аинформациа. Абонентцәа ҿыцқәа рхыԥхьаӡара ашьҭымҭа асиаҿы иазҳацыԥхьаӡа, абонент-ашьҭҩы абонентцәа ранкетақәа  ирҿыцуеит;
  • амаҵзура аҿакразы АҞӘАФОН абоненттә номерқәа  рыдгалара;
  • абонентцәа рсиа атексттә документқәа рҿы  адгалара (иаҳҳәап, аблокнот);
  • SMS-ашьҭымҭа атексти ианымҩаԥгахо (аԥхьатәи) арыцхәи Аоператор идгалара, аҩбатәии анаҩстәии ашьҭымҭақәа раан абонент-ашьҭҩы атексти арыцхәи идигалоит електронла  аҭакзыԥхықәу  аусзуҩы *иелектронтә почтахь;
  • ашьҭҩы хаҭалатәи инапынҵамҭа аҳасабала ахархәара зауа асимволқәа рылхра адгалара;
  • Аоператор иааникылом абонент-ашьҭҩы изы аимадара амаҵзурақәа.

Абонент-ашьҭҩы амаҵзура изаҿакхоит ҩралатәи адҵаалара мацарала, уи иарҵабыргуеит  абонент-ашьҭҩы амаҵзура адгалара аҭагылазаашьақәа дышрықәшаҳаҭу. АҞӘАФОН акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа зегьы рабонентцәа алшара рымоуп  амаҵзура аҿакра.

*SMS-ашьҭымҭа атекст рыдигалоит иара убас абонент-ашьҭҩы. Аоператор аҭакԥхықәра идым абонент-ашьҭҩы иишьҭуа аацҳамҭа аҵаказы. Аацҳамҭа аҵакы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа ирҿамгылозароуп.

 

Амаҵзура ахә

Амаҵзура  ахә иалоуп амаҵзура аҳәаа иҭагӡаны ишьҭу SMS-қәа  рыхә, иара убас аҿакра ахә,  ашьҭҩы  Хаҭалатәи инапынҵамҭа ахархәаразы абоненттә хәыхшәаара.

Иалҵуа SMS амаҵзура SMS-аинформ иҭагӡаны (аказы) –1 мааҭк.

Напынҵамҭак аҿакразы [1] – 4000 мааҭ.

Напынҵамҭак азы [2]  есымзатәи абоненттә хәыхшәаара  – 2200 мааҭ.

 

Азгәаҭа:

1.Напынҵамҭаны иҟалар ҟалоит аилахәыра ахьӡ, мамзаргьы Ахархәаҩ иаалыҵ, урҭ  ракәхар ҟалоит англыз алфавит анбанқәеи аԥхьаӡацқәеи, хыхьтәи арегистр аҟны мацара  12 символ иреиҳамкәа.

2. Абонент ихаҿытә ԥхьаӡара аҟынтәи есымза аԥара заа  иахыххоит, амза 1 азы.

 

Азгәаҭа: Ишьҭу SMS цыԥхьаӡазы абонент-ашьҭҩы ихаҿытә ԥхьаӡара  иахыԥхьаӡалахоит аԥаратә хархәагақәа, ашьҭымҭақәа рышьҭра ианалага инаркны аплатформа имҩаԥнагоит иара ахала.

 

Амаҵзура аҿыхра

Амаҵзура аҿыхразы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  иадҵаалатәуп.

Аҵыхәтәантәи хымз рзы ахыԥхьаӡаларақәа ирызку аинформациа

Ахыԥхьаӡаларақәа аҵыхәтәантәи 3 мзы рзы аинформациа ахәаԥшра алшара.

Амаҵзура «Аҵыхәтәантәи хымз рзы ахыԥхьаӡаларақәа ирызку аинформациа» АҞӘАФОН абонентцәа ирыднагалоит алшара ахыԥхьаӡаларақәа аҵыхәтәантәи 3 мзы рзы аинформациа ахәаԥшра.

 

Ахархәашьа

*166*01# - азыҳәарала ахыԥхьаӡаларақәа аҵыхәтәантәи 3 мзы рзы аинформациа аиура.

*166*01# адҵала ахә азыҳәара – 0 мааҭ.

 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа:

1. Амаҵзура аҿакра аҭахым, аимадара аҩныҵҟеи ароуминг аҿы иҟоу абонентцәа ахархәара рылшоит.

2. Амаҵзура ишыҟаҵәҟьоу рыдгалахоит хаҭалатәи ахаҿқәа аус зуа акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа зегьы рҿы, иара убас, акредиттә абонентцәа зегьы.

3. Амаҵзура аҿакразы аиуристтә хаҿқәа АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  ахь  иадҵаалароуп.

4. Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа амаҵзура аҿакразы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы (Аҟәа ақ. Аҭынчра апроспект, 80) акорпоративтә хархәаҩцәа рзы аменеџьер идҵаалароуп.

Ҳазҭоу амзазы ашәарақәа ирызку аинформациа

Ҳазҭоу амзазы ашәарақәа рыхәаԥшра алшара

Амаҵзура «Аҵыхәтәантәи хымз рзы ахыԥхьаӡаларақәа ирызку аинформациа» АҞӘАФОН абонентцәа ирыднагалоит алшара ахыԥхьаӡаларақәа аҵыхәтәантәи 3 мзы рзы аинформациа ахәаԥшра.

 

Ахархәашьа

*166*01# - азыҳәарала ахыԥхьаӡаларақәа аҵыхәтәантәи 3 мзы рзы аинформациа аиура.

*166*01# адҵала ахә азыҳәара – 0 мааҭ.

 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа:

1. Амаҵзура аҿакра аҭахым, аимадара аҩныҵҟеи ароуминг аҿы иҟоу абонентцәа ахархәара рылшоит.

2. Амаҵзура ишыҟаҵәҟьоу рыдгалахоит хаҭалатәи ахаҿқәа аус зуа акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа зегьы рҿы, иара убас, акредиттә абонентцәа зегьы.

3. Амаҵзура аҿакразы аиуристтә хаҿқәа АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  ахь  иадҵаалароуп.

4. Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа амаҵзура аҿакразы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы (Аҟәа ақ. Аҭынчра апроспект, 80) акорпоративтә хархәаҩцәа рзы аменеџьер идҵаалароуп.

Амаҵзура «Атуристцәа рзы абжьгарақәа»

Ишәыдышәкыл хәарҭа злоу абжьгарақәа ишиашоу шәмобилтә телефонқәа рышҟа

«Море» ацәаҳәа еиднакыло («Море», «Море Maxi»)  ахәхшәааратә план змоу Аҟәафон абонентцәа амаҵзура «Атуристцәа рзы абжьгарақәа»   ирынаҭоит рныҟәараан рхы иадырхәаша абжьгарақәа ишиашоу рмобилтә телефонқәа рышҟа.   Аҭааразы иреиӷьу аҭыԥқәа ирызку аинформациа  инаркны, ашәарҭадаразы абжьгарақәа рҟынӡа. Ҳара ҳ-смс-маҵзура шәыцхраауеит  шәара  шәныҟәара иманшәаланы, хашҭра ақәымкәа иҟаларц азы. 

Ахәхшәааратә план «Море» ацәаҳәа еиднакыло («Море», «Море Maxi» асим-картақәа рактивтәра аан абонент изаҿакхоит амаҵзура «Атуристцәа рзы абжьгарақәа». Раԥхьатәи ҩымш – уи хәыда-ԥсада ирыҭахоит, анаҩс – амаҵзура ахәԥса 39 мааҭ ыҟоуп. (Амаҵзура аусура аҿҳәара ԥкӡам).

  • Хәыда-ԥсадатәи аамҭа иалагӡаны абонент уи амаҵзура аҿыимхыр, абоненттә хәԥса - 39 мааҭ анырхуеит. 
  • Абонент хәыда-ԥсадатәи аамҭа иалагӡаны уи амаҵзура аҿыихыр, аха анаҩс еиҭа иаҿаикыр, абоненттә хәԥса аныххаӡом. Аха аиҭаҿакра хәыда-ԥсадатәи аамҭа анцалакь ашьҭахь имҩаԥгазар, абоненттә хәԥса – 39 мааҭ аныххоит.  

 

Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа:

 

  • Амаҵзура аҿакра *5557#
  • Амаҵзура аҿыхра *5557*03#
  • Амаҵзура астатус *5557*02#
  • Амаҵзура аилкааразы *5557*01#

int(0)