Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара

Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Абаланс аиагара ОСС ахь

Амаҵзура «Абаланс аиагара» ишәынаҭоит алшара шәхаҿытә ҧхьаӡараҿы иҟоу аҧарақәа рыхәҭак ОСС иабоненту даҽаӡәы ихыҧхьаӡара ашҟа аиагара.

Аԥаратә хархәагақәа рыиагара

Амаҵзура «Аԥаратә хархәагақәа рыиагара» Шәара ишәнаҭоит алшара аԥаратә хархәагақәа аӡәы ихаҿытә ԥхьаӡара аҟнытә даҽаӡәы ихаҿытә ԥхьаӡарахь аиагара.

Амаҵзура «Аԥаратә хархәагақәа рыиагара» Шәара ишәнаҭоит алшара аԥаратә хархәагақәа аӡәы ихаҿытә ԥхьаӡара аҟнытә  даҽаӡәы ихаҿытә ԥхьаӡарахь аиагара.

Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»   арадиотелефонтә еимадара Амаҵзурақәа рыдгаларазы аиқәшаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонентзаҵәык иоуп изыдгалахо амаҵзура, абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

Аԥхьаӡара ахәхшәаараан Шәара ииашамкәа аномер ашәырбазар, усҟан шәԥаратә хархәагақәа ииашоу аномер ахь аиагара алыршахоит абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны акассабӷьыц аныдшәырбалак ашьҭахь.

Аԥхьаӡара детальла аилыргара

Аимадара амаҵзурақәа рзы детальла аҳасабырба

Амаҵзура «Аԥхьаӡара детальла зныктәи аилырга» – аимадара амаҵзурақәа рзы детальла аҳасабырба ауп. Шәара ишәоур ҟалоит аҵыхәтәантәи 6-мыз рзы амаҵзура детальла иаарԥшны.

Хазы ишәыдгалахоит ароуминг аҟны асрақәа рсиа.

Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»   арадиотелефонтә еимадара амаҵзурақәа рыдгаларазы аиқәшаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонентзаҵәык иоуп изыдгалахо, абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны «Аԥхьаӡара детальла зныклатәи аилырга» захьӡу амаҵзура, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

 

Аинтернет ала детальла аилырга аиура

«Ахаламаҵзура асистема» ацхыраарала Шәара ишәоуеит алшара зныктәи детальла аилырга шәызнаргаратәы  аҿаҵара шәелектронтә почта адрес ахь.

 

Аԥхьаӡара детальла зныктәи  аилырга

Ахәԥса

 

Ахәхшәааратә планқәа зегьы рабонентцәа рзы 

50 мааҭ/амзартә мзак азы

 

 

Амаҵзура «Аԥхьаӡара  есымзатәи детальла аилырга» – иҳаҩсыз амзартә мзазы аимадара амаҵузарақәа ишәыҭаз рзы детальла иаарԥшу аҳасабырбоуп, Шәара есымза знык ишәоулоит.

Хазы ишәыдгалахоит ароуминг аҟны асрақәа рсиа.

 

Детальла аилырга аиура

Амаҵзура «Аԥхьаӡара  есымзатәи детальла аилырга» аҿаҵаразы шәадҵаалароуп абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ, насгьы амаҵзура аиуразы иалашәҵароуп арзаҳал.

Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны аиуристтә хаҿқәа ирыдгалахоит амаҵзура «Аԥхьаӡара  есымзатәи детальла аилырга», агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала иара дызхаҭарнаку  аиҿкаареи Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә радиотелефонтә  еимадара  амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

 

Аԥхьаӡара  есымзатәи детальла аилырга

Ахәԥса

 

Ахәхшәааратә планқәа зегьы рабонентцәа рзы 

30 мааҭ/амзартә мзак азы

Хатәгәаԥхарала аанкылара

Шәгәы иҭоума џьарацара, шәмобилтә телефон аҩны иааныжьны? Ус анакәха шәномер аусура аанышәкыл.

Уномер аусура шԥаанкылатәу?

Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»   арадиотелефонтә еимадара амаҵзурақәа рыдгаларазы аиқәшаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонентзаҵәык иоуп абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны  «Хатәгәаԥхарала аномер аусура аанкылара»  зыхьӡу амаҵзура изыдгалахо, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны аиуристтә хаҿқәа ирыдгалахоит амаҵзура «Есымзатәи аԥхьаӡара», агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала иара дызхаҭарнаку  аиҿкаареи Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә арадиотелефонтә  еимадара  амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

 

Аимадара аҿаҵараан Шәара иашәырбароуп Шәномер аусура ианалаго.

Уи аҿҳәара нҵәаанӡа Шәара ателефон ахархәара шәҭаххар, усҟан  абоненттцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны шәнеироуп, ишәымазароуп шәхаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт), шәнеироуп Иарку Акционертә Еилазаара «АҞӘАФОН-GSM» амобилтә радиотелефонтә  еимадара амаҵзурақәа рыдгаларазы  аиқәшаҳаҭра зыхьӡ ала иҟоу абонент иҿы, усҟан Шәномер аусура иалагоит.

Амаҵзура «Хатәгәаԥхарала аномер аусура аанкылара» рыдгалахоит аиуристтә хаҿқәа абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны,  агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала уи дызхаҭарнаку аиҿкаареи, Иарку Акционертә Еилазаара «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә радиотелефонтә  еимадара Амаҵзура адгаларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьазар, ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь, мамзаргьы Амаҵзура ҿаҵазар ҟалоит, акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа зегьы ирымоу «Ахаламаҵзура асистема» ахархәарала.

«Хатәгәаԥхарала аномер аусура аанкылара» амаҵзура рыдгалахом ахәхшәааратә планқәа: МОРЕ, Лимитдатәи аинтернет 1250, Лимитдатәи аинтернет 1750.

 

Хатәгәаԥхарала аусура аанкылара (есымза)      

40 мааҭ

 

 

 

Есымзатәи аԥхьаӡара

Аимадаразы шәхарџьқәа детальла реилыргара

Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»   арадиотелефонтә еимадара Амаҵзурақәа рыдгаларазы аиқәшаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонентзаҵәык иоуп изыдгалахо амаҵзура «Есымзатәи аԥхьаӡара» абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны захьӡу уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны аиуристтә хаҿқәа ирыдгалахоит амаҵзура «Есымзатәи аԥхьаӡара», агәрагаратә хаҿы иарзаҳал ала иара дызхаҭарнаку  аиҿкаареи Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM»-и  амобилтә радиотелефонтә  еимадара  амаҵзурақәа рыдгаларазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, уи ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анцәыригалак ашьҭахь.

 

Аинтернет аҟынтәи аԥхьаӡара аиура

Асервис «Ахаламаҵура асистема» ацхыраарала Шәара иҿашәҵар ҟалоит есымзатәи аҵыхәтәантәи 6-мыз рзы шәыԥхьаӡара аашьҭра, иарбоу шәелектронтә почта адрес ала. Амаҵзура «Есымзатәи аԥхьаӡара» рыдгалахоит хәыда-ԥсада.