Архиагақәа

Архиагақәа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Ателефон аҟны аинтернет шԥархиатәу?

 Аинтернет ахала архиагақәа аҿашәҵар шәылшоит SMS-аацҳамҭа аномер 5049 ахь атекст ашьҭрала:

 «1» - Аинтернет

 SMS-аацҳамҭа атекст аҟны архиага аномер ашәырба арҵәиқәа ирҭамккәа.

 Ахала рхиагақәа рызҵаатәы рыдгалахоит хәыда-ԥсада.

Шәтелефон иамамзар ахала рхиагақәа, асаит аҟны ателефон амодель ылхны шәхала ишьақәшәыргыл ателефон, мамзаргьы шәтелефон  амодель азы напылатәи архиагақәа риуразы info@aquafon.com ахь азҵаатәы-шәҟәы шәышьҭы.

 

MMS шԥархиатәу?

1. MMS ашьҭразы MMS Шәаргьы иззышәышьҭуагьы ирзаҿакызароуп амаҵзура «Амобилтә Интернет», ателефон аҟны MMS ииашоу архиагақәа, абаланс «Амобилтә Интернет» аҿыхра  аҳәаақәа иреиҵамзароуп – 50 мааҭ.

2. Шәара иҿашәҵар ҟалоит  MMS ахала архиагақәа, SMS-аацҳамҭа ашьҭрала аномер 5049 ахь атекст «2» анҵаны.

 SMS-аацҳамҭа атекст аҟны архиага аномер ашәырба арҵәиқәа ирҭамккәа.

 Ахала рхиагақәа рызҵаатәы рыдгалахоит хәыда-ԥсада

 3. Шәтелефон иамамзар ахала рхиагақәа, шәхала иазшәырхиа MMS, шәтелефон амодель алхны шьаҿа-шьаҿала шәықәныҟәа MMS архиага алгоритм Шәара шәтелефони, шәсмартфони, мамзаргьы шәкоммуникатори рмодельқәа рзы.

 Абри ахьӡынҵаҟны шәтелефон амодель шәзымԥшаазар, усҟан шәаппарат напыла ишәырхиа, архаиага хкқәа шәхы иархәаны.

 Ҳара ҳсаит аҟны ишәҭаху ателефон амодель шәзымԥшаазар MMS архиагақәа, ижәҩы ашәҟәы-зҵаатәы архиагазы Шәара шәтелефон амодель арбаны info@aquafon.com ахь.