АҟәаТОН

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

АкваТОН – ари абонент аҭак даназыҧшу, аҭелбжьы ацынхәрас амузыкеи алафи аниаҳауа ауп. Иалышәх, Шәара  шәҩызцәеи шәдырцәеи шәтелефон аномер анылырхуа ираҳараны иҟоу, иарбанзаалак еиҳа ишәгәаҧхо алафи амелодиеи.

 Амелодиа ақәыргыларазы авариантқәа

  •  Амелодиа ишыҟоу еиҧш  - амаҵзура аус арура аан, аоператор хәыда-ҧсада иқәиргыло  истандарттәу амелодиа.
  • Абонентцәа зегьы ирзеиҧшу амелодиа -  абонентцәа зегьы ирзеиҧшны  Шәара иалышәхыз амелодиа аҿаҵареи ақәыргылареи.
  •  Конкретла абонентк изы амелодиа -  конкретла абонентк изы  Шәара иалышәхыз амелодиа аҿаҵареи ақәыргылареи.

 Амаҵзура ахәҧса

Амаҵзура аҿакра  – 0 руб.

Абоненттә хәҧса  – 1,5 руб./сутки

Амелодиа аҿаҵаразы ахәҧса

 Амелодиақәа зегьы, (абжьы ацынхәрас абонент иқәиргылар алшо),  алафқәа рыхә х-категориакны ишоуп:

  • 1 акатегориа – 33 мааҭ.
  • 2 акатегориа – 50 мааҭ.
  • 3 акатегориа – 65 мааҭ.

 

 Амаҵзура анапхгара

Абонент  изы иҟоуп анапхгара амҩаҧгашьақәа хҧа:

1.      Абжьтәы мениу   0880

Илышәх икьаҿу аномер  0880, насгьы ишәоуа аҵаҳәарақәа шәрықәныҟәаны  шәца.

 

Ааҧхьара раҧхьатәи  2 минуҭк

Ааҧхьара  3 аминуҭ  инаркны

 0880 ашҟа ааҧхьара аҟаҵаразы ахәҧса

0 руб.

1 мааҭ.

2.      Амаҵзура анапхгаратә USSD-акомандақәа

:

  • *188# – амаҵзуразы аилкаага;
  • *188*01# – амаҵзура аҿакра;
  • *188*02# – амаҵзура аҿыхра;
  • *188*03# – амаҵзура аусура аамҭала  аанкылара;
  • *188*04# – амаҵзура аусура аиҭахацыркра;
  • *188*05# –  Атоп  мелодиақәа  5 рышҟа анашьҭра;
  • *188*00# – Амелодиақәа рперсоналтә галереиақәа рышҟа анашьҭра;
  • *188* амелодиатә код# – абонентцәа зегьы ирзеиҧшу амелодиа ақәыргалара ;
  • *188* мелодиатә код* абонента иномер# –  конкретла абонентк изы амелодиа ақәыргылара;
  • *188*06*иқәырго амелодиа акод# – агалереиа аҟнытә амелодиа ақәгара;
  • *188*07* амелодиа акод*7940ххххххх# – амелодиа ҳамҭас.

3. Амаҵзура анапхгара асаит аҿы   веб-интерфейс https://aquaton.aquafon.com

Аопциа «Амелодиа ҳамҭас» алшара унаҭоит USSD-акоманда ацхыраарала, ҳамҭас АкваТОН амелодиа уи амаҵзура знапы аҵаҩу даҽа  абонентк  иҭара.

Аопциа «Амелодиа ахҩылаара» абонент илнаршоит арыд зныктәи ақәыӷәӷәарала  «*», егьырҭ  абонентцәа зегьы ирзеиҧшу, аҭел данасуа, аҭак дазыҧшнаҵы иаҳауа амелодиа аахәареи ақәыргылареи.

Азгәаҭарақәа:

1.       Абонент иҿаиҵаз амелодиақәа зегьы ҵәахызаауеит уи ихатәы галереиаҿы.

2.      Амаҵура знапы аҵазҩыз аӡәы  ианеиҳаӡоу -   10 мелодиак ҿаиҵар ҟалоит.

3.      Амелодиа ахҩылаареи ақәыргылареи рзы ихымҧадатәиӡам абонент амаҵзура «АкваТОН» инапы аҵаҩҩны иҟазаара. Уи амаҵзура инапы аҵаҩымзар, амелодиа ахҩылаара анцо, аамҭакала  амаҵзура анапаҵаҩрагьы мҩаҧысуеит. 

4.       Ихҩылаау амелодиа аамҭакала абонентқәа зегьы рҿы иқәыргылахоит.

5.        Акорпоративтә клиентцәеи аиуристтә хаҿқәеи рзы амаҵзура аус арура алыршахоит Aquafon ацентр ашҟа иаларҵо арзаҳал ала.  Архивтә тарифттә планқәа рабонентцәа уи амаҵзура рыҭахаӡом.

6.       Атарифтә план аҧсахраан даҽазнык аҿакра аҭаххаӡом, избанзар заа иаҿаҵаз амелодиақәа зегьы аанхоит абонент ихатәы галереиаҿы.