Супер АОН

«Имаӡоу аномерқәа» рыла иасуа абонентцәа рномерқәа реилкаара алшара

Амаҵзура «СуперАОН» алшара шәнаҭоит «имаӡоу аномерқәа» рыла иасуа абонентцәа  рномерқәа реилкаара, даҽакала иуҳәозар, амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» ззаҿаку абонентцәа рномерқәа.

Амаҵзура «СуперАОН» анаҿаку «имаӡоу аномер» шәтелефон аекран аҿы ицәырҵуеит аформат +# шәыззасуа абонент иномер жәларбжьаратәи аформат аҟны# ала.

Амаҵзура «СуперАОН» рыдгалахоит Иарку Акционертә Еилазаара «АҞӘАФОН-GSM» ахәхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы, архивтәқәа, хаҭалатәи, иара убас аиуристтә хаҿқәа уахь иналаҵаны.

 

Амаҵзурақәа рыхә

Амаҵзура аҿакра/аҿыхра – 0 мааҭ.

Абоненттә хәыхшәаара – 350 мааҭ/мызкы.

Амаҵзуразы абоненттә хәыхшәаара ахыххоит уахынлатәи аамҭазы, есыҽны амза амшқәа иеиҟараны ирызшаны.

 

Амаҵзура анапхгараҭара

«СуперАОН» амаҵзура аҿакра/аҿыхра ҟалоит иарбан мшызаалакгьы. Амаҵзура аус ауеит, абоненттә хәыхшәаарагьы ахыхлахоит абонент амаҵзура аҿихаанӡа.

Акорпоративтә абонент амаҵзура аҿакра/аҿыхра илшаӡом икьаҿу USSD-адҵақәа рыла, ма «Ахаламаҵзура асистема» ала.

 

Иҷыдоу аҭыгылазаашьақәа

1. Амаҵзура аҿакра/аҿыхра  аиуристтә хаҿқәа рзы имҩаԥгахоит  агәрагаратә хаҿы абонентцәа Рмаҵзуратә Центр ахь арзаҳал аналеиҵалак

2. Амаҵзура аҿакра/аҿыхра  акорпоративтә абонентцәа рзы имҩаԥысуеит  агәрагаратә хаҿы акорпоратив хархәаҩцәа рменеџьер ихьӡала арзаҳал аналеиҵалак.

 

Ахшыҩзышьҭра!

СуперАОН амаҵзура  ҳаҭырбарала аусура рзалышахоит АҞӘАФОН абонентцәа рыҟнытә мацара иалало асрақәа. Егьырҭ аоператорцәа рыҟнытә  иалало асрақәа раан рномер аилкаара алыршахоит, аха уи азы аҭакԥхықәра ахы иаднаҵом.

Ателефонқәа рмодельқәа зегьы ари амаҵзура рызрыдкылаӡом. Ус еиԥш иҟоу амодельқәа рыҟны амаҵзура «Аилыркааҿагыла аномер»  змоу аномерқәа рҟынтәи   асрақәа   зеилкаахом.  Амаҵзура здызымкыло ателефонқәа рмодельқәа реиқәыԥхьаӡа рҿыцлахоит.

 

Аҭыжьыҩ

Амодель

Siemens

CX1, ST60

Samsung

 

B 140, E 350, E 370, E 380, E 390, E 480, E 630, E 700, E 730, E 760, E 820, Е 200, Е 2152, B 600, C230, D 500, D 600, D800, D 820, D900, X70, Х100, X450, E840, E870, Gt-s 5230, С 110, U 300, Е720, E530, D 840, L 840, Е570, E 210, Е790, E 490, Е 950, X 670, L700, Х 210, D 830, L870, S 3650, L 320, С 3110, С 200, С-520, S 3500i, Х480, X481, S5230, S5200, X160, J600E, GT-Е 2120, GT S3650, GT-S 3510, Е1070, x510, 3510, SGH-Z 540, S5233T, S7070

Sony-Ericsson

 

К610i, W 510i, W 850i, K790i,

W610i, К310i, AB W580i/c, S302

Fly

E300, MX200

Philips

598, S220, Xenium 9@9 h

КПК

T Mobile MDA Compact II

Nokia

1200, 1209, 1208, 1650, 1661, 1202, 7310, 5610, 6200, 6233, 6320, E51, Х6

 

 

«Имаӡоу аномерқәа» рыла иасуа абонентцәа рномерқәа реилкаара алшара

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99