Услуга «Продажа IP-трафика»

Адырраҭарақәа реимдаразы зцәаҳәақәа ҭбаау аканалқәа ахархәара рзуны Шәхеилак аофисқәа рҿы Аинтернет аҿакра.

«АҞӘАФОН-GSM»  ишәыднагалоит иҳараку арласрала, зцәаҳәа ҭбаау аканалқәа ахархәара рзуны, зымҽхак ҭбаау аинформациа шәымҭакала аиура алзыршо Аинтернет Шәхеилак аофисқәа рҿы аҿакра.

Амаҵзура “Аинтернет аҳа ашҟа анеира” – ари:

  • Аканал аушьҭратә лшара ду;
  • Инашьҭу аинформациа иадҳәаламкәа, Аинтернет аҳа еснагь иалхны аҧшьызаара;
  •  Аканал арезервтәразы алшара;
  • IP-аҭыӡҭыҧқәа иаҭаху рхыҧхьаӡара рыҭаразы алшара.

Ахеилак “АҞӘАФОН- GSM ахархәаҩцәа ирынаҭо амаҵзура “IP-трафик аҭира” азы иҟазшьарбаганы иҟоуп:

  • Иҳараку ақәгәыҕра;
  • Ахәдықәҵара змоу арласрала зымҽхак ҭбаау адырраҭарақәа реимдаразы алшара;
  • Иаҭаху аинтерфеис аҿакра алхразы алшара;
  •  Иахьынӡаҭаху аҩаӡара аҟынӡа ихиоу амаҵзура рыҭаразы алшара;

.  Иҧхасҭахаз 24х7 арежим аҿы аамҭа кьаҿла  арҽеиразы амаҵзура рыҭара.

Ҳара ҧыжәарақәас иҳамоу:

  • зыласра ҳараку амагистралтә аҳа;
  • Зыҩаӡара еиҳау амаҵура алзыршо амаҵзура рыҭаразы алшара(SLA);
  • Ҳаамҭа иашьашәалоу амаҭәахәқәа рхархәарала, зықәгәыҕра ҳараку амаҵзура алыршара;
  • Итаруа иҟоу атарифтә политика.

Анашьҭра еиҿкаазар алшоит:

  •  Ацыхәтә-оптикатә кабель ала;
  • Арадио-релеитә цәаҳәақәа рыла.

Атарификациа:

Амаҵзуразы есымзатәи ахәшәара зыдҳәалоу ирҭаху атрафик амҽхаки аканал арезервациатәра аҭаххареи роуп.

Аҿакреи ахархәареи рыҧҟаррақәа

Аҿакразы алшарақәеи аҿҳәарақәеи рҳәаақәҵаразы иаҭахуп аелектронтә почҭа: info@aquafon.com  ала азыҳәамҭа адәықәҵара

Адырраҭарақәа реимдаразы зцәаҳәақәа ҭбаау аканалқәа ахархәара рзуны Шәхеилак аофисқәа рҿы Аинтернет аҿакра.

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99