19-10-2023

Аза Аргәынԥҳа лышәҟәы «Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа» аӡыргара

news_name

Жьҭаарамза 17 Аҟәатәи Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа Рцәыргақәҵатә Зал Хадаҿы имҩаԥысит «Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа» зыхьӡу ашәҟәа аӡыргара. Уи авторс дамоуп Аԥснытәи Амилаҭтә Сахьаҭыхратә галереиа аусзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз – Аза Аргәынԥҳа.

Ари ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит Ареспублика Аԥсны акультура аминистрреи аимадара Аҟәафони иҟарҵаз адгылареи ацхыраареи рыла.

Ашәҟәы аӡыргара мҩаԥган Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хәыҷы аҿы еиҿкааз ҽнактәи ацәыргақәҵа инамаданы. Уи ацәыргақәҵа аеқспозициа шьақәыргылан «Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа» зыхьӡу А. Аргәынԥҳа лышәҟәқәа рсериаҿы ицәыргоу асахьаҭыхҩцәа рырҿиамҭақәа рыла. 

Уи асериа аҟнытә араҟа иӡырган автор ахԥатәи лышәҟәы. Уи – аԥхьатәи ҩ-ҭыжьымҭак ирыцҵаны иҟаҵоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩцәа иднардыруеит ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рырҿиара. Иара убасгьы ашәҟәаҿы иаарԥшуп еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны 1980-1990 шықәсқәа рзы Аԥсны иалҵны егьырҭ атәылақәа рахь нхара ицаз еицырдыруа аҿыханҵаҩцәеи  аграфикцәеи рҟазара.    

Автор лусумҭаҿы лхы иалырхәеит дзыхцәажәо аҟазацәа ирызкны адокументтә материалқәа маҷымкәа, иара убас ашәҟәы аҿы иубоит урҭ асахьаҭыхҩцәа ирзааигәаз рҩызцәеи рколлегацәеи рҟнытә еизгоу  аматериалқәагьы. 

 

 «Аҟәафон-GSM» адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша