18-10-2023

XI-тәи Жәларбжьаратәи Ашахматтә турнир «Аҟәафон-OPEN»

news_name

Жьҭаарамза 14-15 рзы Аҟәатәи ашахматтә клуб аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәафон-OPEN 2023». Традициала ишышьақәгылахьоу ала, аимадара Аҟәафон сынтәатәи атурниргьы спонсор Хадас иҟан. Атурнир еиҿкаан Аԥснытәи ашахматтә Федерациа абзоурала.

Аицлабра рхы аладырхәит қәрала еиуеиԥшым, Аԥсны араионқәа зегьы рыҟнытәи, 200-ҩык инареиҳаны ашахмат асҩцәа. Уи рҽаладырхәит Урыстәылантәи асасцәагьы.

Аицлабрақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥган атурнирқәа ԥшьба: ахәыҷқәа ртәы МД8, МД10, МД14 , иара убас адуцәа ртәы – атурнир А.

Раԥхьатәи амш азы еицлабуан 8ш. инаркны 10ш. рҟынӡа зхыҵуаз ахәыҷқәа.

Аицлабраҿы иаиааиз, иара убас априз згаз ахәыҷқәа иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, акубокқәеи, амедалқәеи.

 

8 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз 

  Аҷкәынцәа рыбжьара                                       Аӡӷабцәа рыбжьара                

1

Гаврилов Павел (Аҟәа)​    

1

Агрԥҳа Амира (Гәдоуҭа) 

2

 Бганба Данил (Аҟәа) 

2

Бганԥҳа Нила (Гагра)

3

Шамба Саиаҭ (Аҟәа)​​

3

Гулария Емили (Гәдоуҭа)

 

9 шықәса рҟынӡа зхыҵуа

Аҷкәынцәа рыбжьара                                           Аӡӷабцәа рыбжьара               

1

Канџьариа Кристиан (Гәдоуҭа)

1

Аҩӡԥҳа Софиа (Гәдоуҭа)

2

 Кузнецов Данил (Гәдоуҭа) 

2

Ҭарԥҳа Лана (Аҟәа)

3

Валихов Мақсим (Гәылрыԥшь)

3

Хаҳәбиаԥҳа Садика 

 

10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 

Аҷкәынцәа рыбжьара                                          Аӡӷабцәа рыбжьара                         

1

Топчиан Армен (Гәылрыԥшь)

1

Шалина Дариа (Аҟәа)

2

Тос-оӷлы Қьамал (Гагра)

2

Сақаниаԥҳа Саниа (Аҟәа)

3

Ҳалуашь Дамир (Гәдоуҭа)

3

Џьамалова Аигиуль (Гагра)

 

Аҩбатәи амш азы еицлабуан 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ахәыҷқәеи атурнир А аҿы иҟаз адуцәеи.

14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 

Аҷкәынцәа рыбжьара                                               Аӡӷабцәа рыбжьара                  

1

Багаҭелиа Нестор (Аҟәа)

1

Марченко Полина (Аҟәа) 

2

Абанос Дамир (Пицунда)

2

Лакоба Сариа (Гәдоуҭа)

3

Турков Богдан (Аҟәа)

3

Гунԥҳа Лана  (Гәдоуҭа)

 

 

Иара убас аимадара Аҟәафон аҟнытә азгәаҭаратә ҳамҭақәа рыла иалкаан атурнир иалахәыз рҟнытә зегь реиҳа еиҵбацәаз ахәыҷқәа. 

7 шықәса рҟынӡа

Аҷкәынцәа рыбжьара                                            Аӡӷабцәа рыбжьара

1

Кәыҵниа  Гьаргь (Аҟәа)

1

Папба Адель (Аҟәа) 

2

Хынҭәба Глеб (Гәдоуҭа)

2

Осипова Алиса (Гагра)

3

Шалин Иван (Аҟәа)​​

3

Лазарева Сара (Гәдоуҭа)

 

Атурнир А аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Табариан Артиом (Аҟәа), аҩбатәи – Кәарацхьелиа Тристан (Аҟәа), ахԥатәи – Шьанаа Ҭенгьиз (Очамчыра).

Амилаҭтә реитинг ала актәи аҭыԥ ааникылеит Ӡаԥшьба Руслан (Гәдоуҭа), аҩбатәи – Сабекьиа Саиат (Аҟәа), ахԥатәи – Турков Богдан (Аҟәа).

Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Миносиан Сергеи (Очамчыра), аҩбатәи – Пак Леонид (Гагра), ахԥатәи – Ҭыжәба Константин (Аҟәа). 

Арԥарацәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Багаҭелиа Нестор (Аҟәа), аҩбатәи – Кәакәасқьыр Адамыр (Гагра), ахԥатәи – Аџьынџьал Асқар (Аҟәа). 

Аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ ланашьан – Лакәатааԥҳа Сарида (Аҟәа), аҩбатәи – Марченко Полина (Аҟәа). 

 

Сынтәа имҩаԥысыз атурнир хыԥхьаӡарала ижәафтәиин. Ус анакәха, Аԥсны раԥхьатәи аоператор уажәшьҭа жәаф шықәса ҵуеит хыԥхьаӡара рацәала апрофессионалцәеи абзиабаҩцәеи здызыԥхьало ари аинтеллектуалтә спорттә  хкы аизҳара иацхраауеижьҭеи.

Аԥсны ашахматтә Федерациа Ахада Ҭыжәба Константин Андреи-иԥа атурнир ахыркәшамҭазы  иқәгылараан ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит аимадара Аҟәафон аусзуҩцәа шықәсырацәала иҟарҵо ацхырааразы. Уи ишазгәеиҭаз ала, афестиваль «Аҟәафон-Open 2023»  ҽазыҟаҵара бзианы иҟалеит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рышҟа атурнирқәа рыҽрылархәразы ицо ҳҽарацәа ашахмат асҩцәа рзы.                   

 

 «Аҟәафон-GSM» адәныҟатә еимадарақәа рыҟәша