30-06-2023

Акциа «Аҟәафон Ацентртә Маҵзураҿы аҿакраан Абоненттә хәԥса агырхара».

                                                                  Акциа алахәхаразы афициалтә ԥҟарақәа.

 

1. Аныҳәатә акциа «Аҟәафон Ацентртә Маҵзураҿы аҿакраан Абоненттә хәԥса агырхара» (анаҩс – Акциа) рҽаладырхәырц рылшоит ари Акциа анымҩаԥсуа аамҭазы  Аҟәафон  Амаҵзуратә центр аҿы атарифтә план «Конструктор 2.0» аҿазкуа иҿыцу абонентцәа.

2. Акциа амҩаԥгара ҿҳәарас иамоуп: 2023 ш.  01.07. инаркны  2023ш. 31.07.  рҟынӡа.

3. Акциа аԥҟарақәа: 

• 2023 ш. 01.07. инаркны  2023 ш.31.07. аҟынӡа  Аҟәафон амаҵзуратә центрқәа иарбанзаалак руак аҟны  атарифтә план «Конструктор 2.0»  аҿы 550 мааҭ иреиҳаны абоненттә хәԥса (анаҩс АХә)  аҿазкыз  абонентцәа зегьы ахәԥса 50%   агырханы ирыҭахоит. 

• 50% изгырхоу АХә инеишьҭаргыланы ахархәара амоуп  хынтә абонентә хәԥса аныхраҿы, аха урҭ зегьы еицҵаны 90 мзартә мшы иреиҳамзароуп.   АХә  змоу атарифтә план «Конструктор 2.0» аҿы  550 мааҭ еиҳаны иҭаҵаны,  хымз рыҩныҵҟала аизга имԥсахуазар, 90 мшы ахә агырхара алыршахоит. Анаҩс АХә аныхра мҩаԥгахоит абонент итарифтә план инашьаршәаланы – изыԥсаҵәҟьоу ала.  

• Иазыԥҵәоу аҿҳәара  (90 мшы) анынҵәо аамҭазы, абонент хынтәны ахә агырхара дахьымӡазар (ианаамҭаз ахә ахьимшәаз иахҟьаны, мамзаргьы, иаҳҳәап, хатәгәаԥхаралатәи аблок аҿакызар) – ахә агырханы ИОУӠОМ, избанзар аныхра аамҭазы ахә агырхаразы иазыԥҵәоу   аҿҳәара нҵәоит.