Акция "Новогодний Супер роуминг"

Акция «Новогодний Супер Роуминг» предоставляет абоненту возможность при использовании опции «Супер Роуминг» - использовать входящие вызовы по стоимости 0,00 руб.

25-12-2018 г.
АҞӘАФОН ИМҨАҦНАГОИТ АВИДЕОКОНКУРС «АҞӘАФОН 15 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ»

Ҳара сынтәа 15 шықәса ҳхыҵуеит. Амшира – ҽыҵга хазыноуп ҳара ҳабонентцәеи ҳнапаҵаҩцәеи рзы аконкурс амҩаҧгаразы! Аконкурс аҧхьахә - MacBook AIR 2017.

28-06-2018 г.
Аиахт-клуб «АМРА» азы АҞӘАФОН иаанахәеит аҧра.

АҞӘАФОН аусзуҩцәа ибзианы еилыркаауеит ахәыҷқәа аспорт ашҟа ирымоу агәазыҳәара рымарҽхәара заҟа аҵанакуа! Убри азы ҳара ацхыраара рзыҟаҳҵоит еиуеиҧшым аспорттә хырхарҭақәеи аусмҩаҧгатәқәеи.

08-06-2018 г.
Афотоконкурс#АҞӘАФОНагәалаҟазаарааҧшшәыиаҵәа аҧхьахә iPhone X лыҭоуп аиааира згаз.

Абар иааит афотоконкурс #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа амҩаҧгараҿы зегь реиҳа иззыҧшыз ашәымҭа – уи аҧхьахә - iPhone X – анашьара. Аконкурс аҿы аиааира лгеит Саломеиа Агрҧҳа. Уи лфото еизнагеит INSTAGRAM аҿы aquafon4g адаҟьа аҟны 2813 аҵаҩцәа рлаикқәа!

05-06-2018 г.
АУЕ“Кьараз” зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы “Ахәыҷқәа рыхьчара амш” аныҳәа азгәаҭара.

Ихадоу ахатә усура аамышьҭахь, АҞӘАФОН азы акрызҵазкуаны иҟоу иреиуоуп асоциалтә хырхырҭа Ҳара ҳхеилак абар уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН АУЕ “КЬАРАЗ” официалтә партниорс иҟоуижьҭеи.

01-06-2018 г.
Афотоконкурс “АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа” хыркәшоуп.

Лаҵара 31 рзы зегьы ираҳаит аиааира згаз аҧҳәызба лыхьӡ. Аконкурс аҧхьахә хада iPhone X лгеит Саломеиа Агрҧҳа. (mimichellle_)

31-05-2018 г.
Амузыкатә проект “Асаркьал” афиналтә ҭыхрақәа Афон Ҿыц рымҩаҧгара.

Анаҟәаҧиа имҩаҧысит ииашаҵәҟьаз атеатртә қәыргылара! Аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа культура аеҵәақәа – аколлектив “Ахьышьҭра”, ансамбль “Анаҟәаҧиа”, Кьасоу Ҳагба, Баҭал Џьапуа, Хьыбла Мықәҧҳа, Дыжын Чуреи, Софиа Кисекова. Иара убас аҭыхрақәа ирылахәын аҧсуа милаҭтә маҭәақәа змаз ҳтәылауаа. Аҭыхратә процесс рбар алшон асоциалтә аҳа INSTAGRAM ахархәаҩцәа @aquafon4g аофициалтә даҟьаҿы.

21-05-2018 г.
АҞӘАФОН еиҿнакаауеит аконкурс АҞӘАФОНАГӘАЛАҞАЗААРАҦШШӘЫИАҴӘА

АҞӘАФОН ихаҧшьнаго аконкурсқәа зегьы Аҧсны иқәынхо ауаа аинтерес ду рызцәырнагоит. Ҳара иҳалҳаршаз аихьӡарақәа рҿы ианакәзаалак ҳаангылом. АҞӘАФОН имҩаҧнагоит иҿыцу, иуникалтәу аконкурс #АГӘАЛАҞАЗААРАҦШШӘЫИАҴӘА. Уара алшара бзиа умоуп IPHONE X ( акосмос ҧшшәы, 64 GB) аиуразы.

15-05-2018 г.
Амузыкатә проект «АСАРКЬАЛ» аҭыхрақәа.

Лаҵара 21 рзы Афон Ҿыц Анаҟәаҧиа ашьхаҿы имҩаҧысуеит апроект “АСАРКЬАЛ” ателехәаҧшратә версиа аҭыхрақәа.

15-05-2018 г.
Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир «АҞӘАФОН -OPEN 2018»

Лаҵара 12-13, 2018 ш. азы имҩаҧысит Ашахмат асразы Х1 жәларбжьаратәи атурнир “АҞӘАФОН - OPEN 2018». Аҧсны ашахмат асразы Афедерациа еиҿнакааз ари атурнир хадаратә спонсорра азнауеит Ахеилак АҞӘАФОН.

15-05-2018 г.
Лыхны игылоу Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рмемориалтә баҟаҿы аҳәынҭқарратә бираҟ ашьақәыргылара.

Хәажәкыра 16 – ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь реиҳа илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. Марттәи ажәылара ҟалеижьҭеи 25 шықәса аҵра аламҭалазы, Лыхны ақыҭан, Афырхацәа рымҩаду алагамҭаҿы, 1992-1993шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рыхьӡала иргылоу амемориалтә баҟаҿы АҞӘАФОН ишьақәнаргылеит аҳәынҭқарратә бираҟ.

16-03-2018 г.
Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” VII-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара.

Хәажәкыра 14 рзы имҩаҧысит Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” У11-тәи есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара. Уаҟа Ахеилак АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит зегь реиҳа активла “Ҳаицхырааны еиқәҳархап аҧсҭазаара” зыхьӡыз акциа зҽалазырхәыз абонентцәа.

14-03-2018 г.
Марттәи ажәылара 25 шықәса ахыҵразы АҞӘАФОН имҩаҧнаго акциа.

Хәажәкыра 15-16 рзы АҞӘАФОН Абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы изҭаху дарбанзаалак ирҭоит 1992-1993 шш.рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахьӡала иҭыжьу амзар.

12-03-2018 г.
Ааҧынтәи акциа “100 МБ зҵазкуа аҳамҭатә купон”.

Амаҵзуратә Центр аҿы АҞӘАФОН абонентцәа рхатәы смартфон азы иаархәарц рылшоит иарбанзаалак ирҭаху ақсессуарқәа , иара уи иабзоураны ироуеит ҳамҭас 100 МБ.

06-03-2018 г.
Аконкурс Аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН2018 ахыркәшара

Аконкурс #аҧшӡара асезонқәа_АКӘАФОН2018 хыркәшан Кристина Лазҧҳа (@tika_kazba) лаиааирала.

24-02-2018 г.
Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018» афиналбжа.

Афиналбжа аҟны инеит: Викториа Ҵәыџьҧҳа (@mistefami), Тома Агрба-Чакриан (@toma_agrba), Кристина Лазҧҳа (@tika_lazba), иара убас Хьыбла Ҵәыџьҧҳа (@tsvizhba_khibla).

23-02-2018 г.
Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018»

ҲДАҞЬА АНАПАҴАҨЦӘЕИ ҲАРЕИ ДЕИЦАЛАҲХУЕИТ апроект «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» иахаҿхараны иҟоу аҭыҧҳа.

12-02-2018 г.
Акциа “Ашықәс Ҿыцтәи асиурприз” аихшьалақәа

Аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧган ҩ-етапкны. Ҧхынҷкәын 29 рзы iPhone X рыҭан Аџьба Адгәыри Арутиун Арзуманиани, жьырныҳәа 9 рзы Амаҵзуратә Центр аҿы ргәы хыҭ-хыҭуа иззыҧшыз аҳамҭақәа роуит Лиана Ҷҟониаҧҳаи Лаура Чыкәбарҧҳаи.

09-01-2018 г.