16-02-2017

Аӡыргаратә кампаниа «Ааҧынразы АҞӘАФОН!»

news_name

Аӡыргаратә кампаниа «Ааҧынразы АҞӘАФОН

Ҳара ҳаигәырҕьаны ишәылаҳҳәоит аконкурс иқәыҧшу, иаҧхьагылаҩцәоу, здунеихәаҧшыреи, зинтересқәеи ҭбаау,  креатив ҟазшьала ихәыцуа аҭыҧҳацәа рзы!

Хаҭала бара бҟалар алшоит зимиџь бзиоу акампаниа “Ааҧынразы АҞӘАФОН” иҿыцу хаҿны!

Аконкурс рҽаладырхәыр рылшоит:

  • 18 шықәса ирҭысхьо, Аҧсны атәылауаҩра змоу, аконкурс анымҩаҧысуа аамҭазы ҳтәыла аҵакырадгьыл аҿы инхо аҭыҧҳацәа;
  • Аконкурс зҽалазырхәуа аҭыҧҳацәа рҭеиҭҧштә хаҿсахьа 2016 шықәсазтәи  аимиџь бзиа змоу акампаниа “Ашықәс аамҭақәа  АҞӘАФОН” иашьашәало иҟазароуп.

Аконкурс аҿы ишьақәыргылоу аҧҟаррақәа. Аконкурс мҩаҧысраны иҟоуп етап-етапла ишаны:

Актәи аетап.

 16.02.2017ш. инаркны  26.02.2017 (алаҵаны) рҟынӡа.

  • АҞӘАФОН 4g  Instagram адаҟьаҿы анапаҵаҩра;
  • Апубликациа арепост аҟаҵара(адаҟьа аартра);
  • Ахатәы даҟьа аҟны ахатәы фотографиа иуникалтәу ахештег #Ааҧынразы АҞӘАФОН ацҵаны аҭаҵара, иара убасгьы aquafon4g азгәаҭара.

Аҩбатәи аетап.

  • Аилак АҞӘАФОН аусзуҩцәа рхаҭарнакцәа иалырхуеит жәаҩык аконкурс алахәцәа, хыхь иаҳарбаз акритериақәа шьаҭас иҟаҵаны;
  • Иалырхыз аконкурс алахәцәа ааҧхьахоит АҞӘАФОН Аҟәатәи аофис хада ашҟа, уаҟа урҭ аселф-ӡыргара (хақәиҭтәрала) иҟарҵоит.

Ахҧатәи аетап

  • Аӡыргара алҵшәақәа рыла акомиссиа иалнахуеит афиналбжа ашьҭахь инарышьҭуа 5-ҩык аҭыҧҳацәа.

Аҧшьбатәи аетап.

  • Анапанҵаҩцәа зегьы рзы иаартхоит абжьыҭира.
  • Абжьыҭира алҵшәақәа рыла дҳәаақәҵахоит аиааира занашьахо!

 

* «АҞӘАФОН-GSM» аусзуҩцәа аконкурс рҽаладырхәӡом