20-12-2017

Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз»

news_name

Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз»

2017 ш. ҧхынҷкәын 20 инаркны 2018 ш. жьырныҳәа 5 рҟынӡа АҞӘАФОН имҩаҧнагоит акциа “Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз”. Акциа алахәхаразы иаҭахуп аҭелефон аҿакра, мамзаргьы  абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа руак аҿы 200 мааҭ, ма инареиҳаны ахаҿытә хыҧхьаӡара аҿы аҧара аҭаҵара. Усҟан абонент иоуеит алшара, Apple iPhone X ҧшьба рҟнытә акы аиура.

 

 Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз» алахәхаразы иофициалтәу аҧҟаррақәа:

1.Аҳамҭатә акциа “Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз” (анаҩс – акциа) рызкуп Аҧсны Ареспублика атәылауаҩра  змоу «АҞӘАФОН-GSM» абонентцәа (атарифтә план “МОРЕ”, “ЧАИХАНА”, иара убас убас акорпоративтә тарифқәа рабонентцәеи, аиуристтә хаҿқәеи, «АҞӘАФОН-GSM» аусзуҩцәеи аламҵакәа).

2.Акциа амҩаҧгара аҿҳәара:  2017 ш. ҧхынҷқәын 20, 12:00 сааҭ инаркны,  2018 ш. жьырныҳәа 5, 12:00 сааҭ рҟынӡа.  

3.Акциа аҧхьахәқәа:  асмартфонқәа 4 (ҧшьба), амодель iPhone Х 256 ГБ.

4.Акциа мҩаҧысуеит ҩ-етапк рыла! Раҧхьатәи аетап мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 28, 2017ш. азы; аҩбатәи – жьырныҳәа 5, 2018 ш. азы.

5. «АҞӘАФОН-GSM» абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа 15 рҟнытә акаҿы зныкала абонент 200 мааҭ, ма еиҳаны аҧара анҭеиҵа нахыс, уи Акциа алахәцәа рсиа далашәоит.  Автоматтә система ас еиҧш иҟоу зныказтәи ахәшәара ианаҭоит аидентификациатә код, иара уи алагьы абонент Акциа алахәхаразы арегистрациа дахысуеит. Ари акод асистема “иакуеит”, насгьы  абонент изышьҭхо  SMS-дырраҭара иҭанаҵоит:

“Ишәыдаҳныҳәалоит, Шәара Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз» шәалахәхеит!  Шәара шәиндетификациатә код******. Иаиааиуа абонент  иалхра мҩаҧысуеит 29.12. Ишәзеиҕьаҳшьоит ақәҿиара!

 “Ишәыдаҳныҳәалоит, Шәара Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз» шәалахәхеит!  Шәара шәиндетификациатә код******. Иаиааиуа абонент  иалхра мҩаҧысуеит 05.01. Ишәзеиҕьаҳшьоит ақәҿиара!

 

Абасала, акциа анымҩаҧысуа аамҭазы, Амаҵзуратә Центр акассаҿы 200 мааҭ, ма инеиҳаны зныкалатәи ахәшәара, автомат ҳасабла абонент Акциа далахәны дҟанаҵоит.              

6.Дарбан абонентзаалак, Амаҵзуратә Центр акассаҿы 200 мааҭ, ма инеиҳаны зныкалатәи ахәшәара мҩаҧызгаз,  Акциа алахәҩык иаҳасабала арегистрациа изырур алшоит 10 (жәантә) иреиҳамкәа. Убарҭ 10(ажәабатәи) зныкалатәи ахәшәарақәа зегьы асистема игәанаҭоит, уи абонент аиааиразы имоу ашансқәа ирыцырҵоит.

7.Уи аамҭазы “Абаланс аиагара” ҟаҵазар, Акциа алахәхара иахыҧхьаӡалахаӡом.

8.Акциа амҩаҧгараан АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр акассаҿы иҟаҵаз 200 мааҭ, ма еиҳаны,  зныкалатәи ахәшәарақәа зегьы автомат ҳасабла иҷыдоу аиқәыҧхьаӡарахь иҭагалахоит, уи алагьы ишьақәыргылахоит Акциа алахәцәа рзеиҧштә сиа. Асистема ирыхнаҵаз акодқәа аамҭакала  иарбанзаалак зныкалатәи ахәшәара аишьҭагыларатә номерқәаны иҟалоит.  Урҭ аишьҭагыларатә номерқәа 2017ш. 28.12. 13:00 сааҭ рзи 2018 ш. 05.01. 16:00 сааҭ рзи машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор диапазонк аҳасабала иаҭахоит. Уи иалнахуеит  Акциа аетапқәа аҩбагьы рҿы ҩыџьа аиааира зго.  Абонент идентификациатә код Акциа ишалаху аилкааразы, абонент  идәықәиҵоит  USSD- азыҳәамҭа:*107#. Уи изҵаара аҭакс изаауеит Акциа ииашаҵәҟьаны  иалахәу  аидентификациатә кодқәа рсиа зегьы.

9.Агха аҭаны иҟаҵоу зныказтәи ахәшәара аҧырхраан ( агха аҭаны иҟаҵоу зныказтәи  ахәшәара – уи абонент аҧара ахаҿытә хыҧхьаӡара аҟынтәи  иаирбаз аномер ашҟа аиагаразы,  ателефон аномер иашаӡамкәа иарбаны иҟаиҵаз зныказтәи ахәшәара ауп). Ари апроцедуразы  абонент днеироуп АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы, арзаҳал иҩыроуп, аҧара шыиаиго ала. Уи ашьҭахь хымҧада   Амаҵзуратә Центр Аиҳабы имҩаҧигоит ииашамкәа иарбаз ахаҿытә хыҧхьаӡара аҟнытә абонент иаирбаз ателефон аномер   ашҟа аҧара аиагара .

10.Аҧара зҭарҵаз ахаҿытә хыҧхьаӡара ателефон аномер ашҟагьы  инашьҭхоит уи аномер иаиуз иуникалтәу аидентификациатә код зну SMS-дырраҭара.

11.Агха аҭаны иҟаҵоу зныказтәи ахәшәара аҧырхраан, абонент  уаанӡа изынарышьҭхьаз иуникалтәу Акциа акод шьҭахьҟа идыргьежьуеит. Уи азы зныкалатәи ахәшәараҿы агха ҟазҵаз абонент абас еиҧш иҟоу  SMS-дырраҭара  изынарышьҭуеит: “Шәара ишәыҭаз аиндетификациатә код  Акциа иалхуп, агха змаз ахәшәара ахьаҧырху инадҳәаланы”.

12.Иаҧырху зныказтәи ахәшәарақәа ркодқәа зегьы, Акциа иалахәымхо, хазы игоу асиаҿы еизыргоит (акодқәа “рсиа еиқәаҵәа” ҳәа изышьҭоу). Урҭ асиақәагьы  Аилак аофициалтә интернет-даҟьаҿы иркьыҧхьуеит, дарбанзаалак абонент икод акциа иалахәу, мамзаргьы иалахәыму гәеиҭарц азы.

13.Егьырҭ иаанхаз акодқәа реиқәыҧхьаӡарала ишьақәдыргылоит  алахәцәа рсиа.  Уи асиа аелеқтронтә пошьҭала 28.12.2017ш. и 05.01.2018ш. рзы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центрқәа Рхадацәа ирзырышьҭуеит, аинтерес змоу абонентцәа иддырбарц азы.

14.2017 ш. 28.12. асааҭ 13:00 рзы «АҞӘАФОН-GSM»Амаҵзуратә Центр аҿы (ақ.Аҟәа, Аиааира амҩаду, 80) имҩаҧысуеит Акциа актәи аетап аҿы аиааира згаз ҩыџьа абонентцәа ралкааразы  машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аус арура.

15.2018ш. 05.01. асааҭ 16:00 рзы «АҞӘАФОН-GSM»Амаҵзуратә Центр аҿы (ақ.Аҟәа, Аиааира амҩаду, 80) имҩаҧысуеит Акциа аҩбатәи аетап аҿы аиааира згаз ҩыџьа абонентцәа ралкааразы  машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аус арура.

 

Акциа аҧҟаррақәа инарықәыршәаны, абонентцәа ирзышьҭу SMS-дырраҭарақәагьы  инарықәыршәаны, агенератор азы  иаушьҭхоит зныкалатәи ахәшәарақәа рхыҧхьаӡара  иаҟароу ахыҧхьаӡарақәа рдиапазон.

16.Аиааира згаз иалхра апроцедура дырбахоит ишиашоу ицо аефир ала«АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә аккаунт (асоциалтә аҳа - Instagram) аҿы. Иара убасгьы машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аушьҭра апроцедура авидеонҵамҭа ҟаҵахоит, уи  анаҩс «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә аккаунт асоциалтә аҳақәа - Instagram,  Facebook, ВКонтакте рҿы аҭаҵаразы.

17.«АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центр аҿы машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор аус арура апроцедура аан иҟазароуп ҳреспубликатәи ателехәаҧшра аканалқәа ҩба  рҟнытә ажурналистцәа.

18.Аиааира згаз акод асиаҿы иҟалар иаҧырхыз, ииашамкәа акциа иалаҵаз, “асиа еиқәаҵәа” ҳәа изышьҭоу аҟнытә акод,  аиааира згаз ҳәа иҧхьаӡоуп  аҧсахра зықәшәаз  иашьҭанеиуа акод .

19.2017ш. 28.12, иара убас 2018 ш. 05.01, машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор андырхәмар ашьҭахьҵәҟьа, Акциаҿы аҧхьахә згаз ауаа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи анҵахоит “АҞӘАФОН” аофициалтә аккаунт, асоциалтә аҳақәа - – Instagram,  Facebook, ВКонтакте рҿы.

20.2017ш. 28.12. асааҭ 16.00, иара убасгьы  2018ш. 05.01. асааҭ 19:00 ирхымгакәа, дарбанзаалак аҧхьахә згаз адырраҭара иҭахоит ҭелла, Аилак аусзуҩцәа рҟнытә, иара убасгьы изынашьҭхоит SMS-дырраҭара  абас  атекст ацҵаны:

Ишәыдаҳныҳәалоит! Шәара Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз» аҿы аиааира шәгеит! Шәара шәаҧхьахә iPhone Х.  28.12. - 29.12  асааҭ 12:00 рҟынӡа – аиааира згаз арегистрациа изыҟарҵоит АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центрқәа иарбанзаалак руак аҿы”.

Ишәыдаҳныҳәалоит! Шәара Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз» аҿы аиааира шәгеит! Шәара шәаҧхьахә iPhone Х. 08.01. - 09.01  асааҭ 12:00 рҟынӡа – аиааира згаз арегистрациа изыҟарҵоит АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центрқәа иарбанзаалак руак аҿы”.

 

Аҧхьахә аиуразы аиааира згаз дарбанзаалак днеироуп 16:00 28.12.инаркны  - 12:00 29.12рҟынӡа;  10:00  08.01инаркны – 12:00 09.01 рҟынӡа «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа 15 рҟнытә иарбанзаалак акаҿы аиааира згаз арегистрациа изура апроцедура ахысразы. Уи азыҳәан аиааира згаз инапаҿы имазароуп Аҧсны атәылауаҩра апаспорт, Амаҵзуратә Центр аиҳабы иирбароуп  Акциа анцоз USSD-зыҳәамҭа ала иахырҵаз акодқәа зегьы ахьынарышьҭуаз SMS –дырраҭарақәа. Абонент изыхҟьазаалак, арегистрациа аҟаҵара апроцедураҿы хаҭала дзыҟамлозар, уи иааицҳароуп абри аномер ала: 999-99-99.

21.Аиааира згаз абонент инапы аниҵоит  Акциа амҩаҧгара аофициалтә ҧҟаррақәа шидырыз ала, иара убасгьы автомат ҳасабла дақәшаҳаҭхоит аиҿкааҩцәа идыргало аҧҟаррақәа зегьы.

22.Арегистрациатә процедура данахыслакь ашьҭахь, аиааира згаз изыҧшуп аҧхьахә аиура иадҳәалоу ацеремониа -2017 ш. 29.12, асааҭ 14:00 рзы, иара убас 2018ш. 09.01. асааҭ 14.00 рзы Аиааира амҩаду аҿы иҟоу Амаҵзуратә Центр аҿы.

23.Акциа аҧҟаррақәа реилкаара алшоит USSD-азыҳәамҭа: *150*05# ала.

 

Аҧҟарра ҷыдақәа:

1.Абонентк игар илшоит ҧхьахәык мацара.

2.«АҞӘАФОН-GSM» аусзуҩцәа рҭаацәа Акциа аҽалархәра рылшоит.

3.«АҞӘАФОН-GSM» аусзуҩцәа Акциа иалахәу зегьы заа адырра рырҭоит, аҧхьахәқәа рыҭара ацеремониа анымҩаҧысуа аамҭазы -  2017ш., 29.12., иара убас 2018ш., 09.01. рзы – аҧхьахә зауз дарбанзаалак акьыҧхь ахаҭарнакцәа аинтервиу рыҭара шиуалу, хәҭакахьала Аҧсны иҟоу ателехәаҧшратә каналқәа аҩбагьы рҿы.

4.Амшцәгьа иахҟьаны аҧхьахә рыҭара иазку ацеремониа ахыгазар ҟалоит.

5.Аҧхьахә рыҭара арыцхә наскьагахар ҟалоит.

 

Хырҩа ашәҭа! .Шәара шәпланшет аҿы ишьақәыргылоу SIM-картаҿы ахаҿытә хыҧхьаӡара хашәырҭәаазар, уи хымҧада ииажәгароуп шәмобилтә телефон ашҟа аидентификациатә код шәоурц азы , иагьышәышьҭыроуп USSD-азыҳәамҭа: :*107#